Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/4 ад. 4—7
  • Абиблиа арҵара апрограмма зегьы рзы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиа арҵара апрограмма зегьы рзы
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИМҨАԤАҲГО АБИБЛИАТӘ РҴАРАТӘ ПРОГРАММА ИАЗКНЫ ЛАССЫ-ЛАССЫ ИЦӘЫРҴУА АЗҴААРАҚӘА
  • Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
    Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
  • Ишәгәаԥхама еилышәкааз?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс раԥхьатәи аурокқәа
  • Ишәҭахума Абиблиа еиҕьны еилышәкаарц?
    Ишәҭахума Абиблиа еиӷьны еилышәкаарц?
  • Изаҭахузеи Абиблиа аҵара?
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/4 ад. 4—7

АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИШӘҬАХУМА ШӘАРА АБИБЛИА АҴАРА?

Абиблиа арҵара апрограмма зегьы рзы

Иегова ишаҳаҭцәа еицырдыруеит излахәу ажәабжьҳәаратә ус ала. Аха ижәдыруама шәара ҳара ишҳамоу адунеизегьтәи Абиблиа арҵара апрограмма?

2014 шықәсазы 8 000 000-ҩык инареиҳаны Иегова ишаҳаҭцәа 240 тәыла рҿы есымза имҩаԥыргон 9 250 000 раҟара абиблиатә ҵарақәаa. Шәазхәыц, Абиблиа зҳарҵо ауаа рхыԥхьаӡара ирацәаны аҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ауаа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳауп, ус еиԥш иҟоу атәылақәа 140 раҟара ыҟоуп!

Ари арҵаратә программа азы Иегова ишаҳаҭцәа есышықәса иҭрыжьуеит миллиардки бжаки раҟара Абиблиақәа, ашәҟәқәа, аброшиурақәа, иара убас егьырҭ абиблиатә рҵагақәа — 700-ҟа бызшәа рыла! Ари акы иузадымкыло аҭыжьратә ус ауаа рхатәы бызшәала Абиблиа аҵара алшара рнаҭоит.

«Сара ахаангьы аҵара бзиа избаӡомызт. Аха ари аҵара даара аинтерес аҵан. Сара еилыскааз агәҭынчра иашаҵәҟьа сзаанагеит!» (Катлего, Аладатәи Африкатәи Аҳәынҭқарра)

«Ари акурс сызҵаарақәа зегь рҭак ҟанаҵеит, уи даара иџьасшьеит» (Берта, Мексика)

«Абиблиатә ҵара мҩаԥысуан сара сыҩны, ианысзыманшәалаз аамҭазы. Ари аҩыза сақәгәыӷуамызт!» (Есекьель, Бразилиа)

«Аурокқәа мҩаԥысуан 15—30 минуҭ, зны-зынла еиҳаны, ишысзыманшәалаз еиԥш» (Виниана, Австралиа)

«Сара хәыда-ԥсада исдырҵон. Уи даара иџьашьахәын!» (Еими, Бенин)

«Сара Абиблиа сзырҵоз даара ачҳареи ақьиареи аалырԥшуан. Ҳара ҳаиҩызцәа бзиахеит» (Карен, Аҩадатәи Ирландиа)

«Абиблиа зҵоз аӡәырҩы Иегова ишаҳаҭцәа ракәымхаӡеит» (Дентон, Англиа)

ИМҨАԤАҲГО АБИБЛИАТӘ РҴАРАТӘ ПРОГРАММА ИАЗКНЫ ЛАССЫ-ЛАССЫ ИЦӘЫРҴУА АЗҴААРАҚӘА

Ишԥамҩаԥысуеи арҵара?

Ҳара Абиблиа аҟынтә темак алхны, уи иадҳәалоу абиблиатә жәеинраалақәа ҭаҳҵаауеит. Иаҳҳәап, Абиблиа рҭак ҟанаҵоит абарҭ азҵаарақәа: дызусҭада Анцәа? Дзеиԥшроузеи иара? Имоума иара ахьӡ? Дабанхо иара? Иҳалшома иара ҳаизааигәахар? Ишԥеилкаатәу иарбан библиатә жәеинраалақәоу арҭ азҵаарақәа рҭак ҳазҭо?

Ауаа аҭак аԥшаара ҳрыцхраарц азы, ҳара ҳхы иаҳархәоит 224 даҟьа змоу арҵагатә шәҟәыb. Ари ашәҟәы ҷыдала иҭыжьын ауаа ихадоу абиблиатә ҵарақәа реилыркааразы. Уа иануп Анцәа, Иисус Христос, ауаатәыҩса ргәаҟрақәа зыхҟьо амзызқәа, аԥсҭалара, анцәаиҳәара убас егьырҭгьы ирызку аурокқәа.

Ианба, насгьы иабамҩаԥыслар алшо арҵарақәа?

Арҵарақәа мҩаԥыслар алшоит шәара иахьышәзыманшәалоу аҭыԥ аҿы, ианышәзыманшәалоу аамҭазы.

Шаҟа аамҭа агозеи урокк?

Аӡәырҩы Абиблиа аҵара мчыбжьык ахь сааҭк азалырхуеит. Аха аҵара аамҭа аҽаԥсахлар ауеит. Шәара ишьақәшәыргыло аграфик ҳҽақәҳаршәоит. Шьоукы аҵаразы мчыбжьык ахь 10—15 минуҭ роуп ирзалхуа.

Шаҟа иаԥсоузеи акурс зегь?

Арҵара акурс, иара убас арҵагатә шәҟәқәа хәыда-ԥсада иҟоуп. Уи Иисус ириҭаз адҵа иақәшәоит: «Амала ишшәоуз аиԥш, амала ирышәҭала» (Матфеи 10:8).

Шаҟа аамҭа агозеи арҵара акурс?

Шәара шаҟа аамҭа шәҭаху ишәҵалар шәылшоит. Уи арҵагатә шәҟәы иамоуп 19 урок. Шәара иалшәхыр шәылшоит аҵаразы ишәзыманшәалоу атемп.

Уалс исыдзаауама Иегова ишаҳаҭны аҟалара?

Мап. Ҳара пату ақәаҳҵоит ауаа зегь ирымоу зыгәра ргаша рхала алхра азин. Ишәоуа адырра ииашоу алхра аҟаҵара ишәыцхраауеит.

Ишԥасылшо Абиблиа аҵара саҳәар?

  • Шәара асаламшәҟәы жәҩыр шәылшоит ари аброшиура 2-тәи адаҟьаҿы иаагоу аҭыӡҭыԥқәа руак ала.

  • Аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәа шәыԥшаа. Уи азы шәхы иашәырхәар шәылшоит ателефонтә еилыркаага.

a Абиблиатә ҵара мҩаԥыргоит аӡәы, ма гәыԥҩык рзы.

b Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит. Ари 224 даҟьа змоу ашәҟәы кьыԥхьын 230 миллион екземплиар инареиҳаны, 260 бызшәа инареиҳаны рыла.

АҬААЦӘА РЗЫ АЦХЫРААРА

«Сыԥҳәыс Абиблиа аҵара даналага, сара игәасҭеит лара шаҟа лҽылыԥсахыз. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа еиӷьхеит. Сара илҵо еилыскаар сҭахын азы, аҵара слыцалагеит. Исоуз адыррақәа сара аҽыԥсахра исыцхрааит. Абиблиа аҵара ҳҭаацәара еиднакылеит» (Есекьель).

«Сара Абиблиа аҵара саналага, анаркотикқәа рыдкылареи арыжәтә ажәреи сырҟәаҵит, насгьы сгәы анеибакуаз, аҽынкылашьа сҵеит. Сыҩны еиҳа ицқьахеит. Сара сҭынхацәа еиҳа пату рықәысҵо салагеит, насгьы бзиа ишызбо расҳәоит. Уажәы сара еиҳа насыԥ сымоуп» (Карен).

«Шьоукы сықәыӡбон, Абиблиа ахьысҵо азы. Аха схаҵа дсыдгылеит. Иара иҳәеит: „Сара хьаас искӡам ауаа ирҳәо. Сара избоит бара бшеиӷьхо. Баҟәымҵын бызҿу!“ Ҳара ҳҭаацәа ахаан иҟамызт абас еиԥш инасыԥны!» (Виниана).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра