АЦӘА́ АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИШӘҬАХУМА ШӘАРА АБИБЛИА АҴАРА?
Изаҭахузеи Абиблиа аҵара?
Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?
Изгәаҟуазеи, насгьы изыԥсуазеи ауаа?
Иаанаго́зеи ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?
Бзиа сибома сара Анцәа?
Ишәызцәырҵхьоума шәара зныкыр арҭ рҩызцәа азҵаарақәа? Ааи акәзар, шәара шәзаҵәым. Ауаа зегьы арҭ азҵаарақәа ирызхәыцуеит. Иалшома урҭ рҭак аԥшаара?
Миллионҩыла ауаа ирылшеит. Дара рызҵаарақәа рҭак Абиблиаҿы ирыԥшааит. Ишәҭахума шәара еилышәкаар ари ашәҟәы иаҳәо? Усҟан шәара ишәгәаԥхоит хәыда-ԥсада Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа рыцҵараa.
Абиблиа аӡбахә анраҳалак, аӡәырҩы ирҳәоит: «Сара сеилахоуп», «Ари ашәҟәы иану аилкаара даара ицәгьоуп», ма «Аҭакԥхықәра схахьы изгар сҭахым». Аха иҟоуп даҽакала ихәыцуа ауаа. Дара еилыркааит Абиблиа иаҳнарҵо. Абар ҿырԥштәқәак:
«Сара акатоликцәеи апротестантцәеи рахь сныҟәон, абуддистцәеи асикхцәеи руахәамаҿы сыҟан, ауниверситет аҿы атеологиа ҭысҵаауан. Аха сдоуҳатә зҵаарақәа ҭакда иаанхон. Нас сыҩныҟа дааит ԥҳәыск, Иегова ишаҳаҭ. Сара иџьасшьеит Абиблиа аҟынтә иаалгоз аҭакқәа, убри аҟынтә уи аҵара сақәшаҳаҭхеит» (Џьилл, Англиа).
«Сара азҵаарақәа рацәаны исыман, аха сахьныҟәоз ауахәама апастор иҟаиҵоз аҭакқәа агәра сдыргомызт. Аха Иегова ишаҳаҭ Абиблиа заҵәык ала урҭ зегь рҭак ҟаиҵеит. Еиҳаны аилкаара уҭахума ҳәа дансазҵаа, сара сгәырӷьаҵәа сақәшаҳаҭхеит» (Коффи, Бенин).
«Сара еснагь саргәаҟуан азҵаара, иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу иԥсхьоу. Сара ихасҵон иԥсхьоу зыԥсы ҭоу ишырԥырхагоу, аха уеизгьы еилыскаар сҭахын уи иазкны Абиблиа иану. Убри аҟынтә сара сҩыза Иегова ишаҳаҭ Абиблиа аҵара сицалагеит» (Жозе, Бразилиа).
«Сара Абиблиа аԥхьара сҽазысшәон, аха акгьы сзеилкаауамызт. Нас сара исҭааит Иегова ишаҳаҭцәа, урҭ исеилдыркааит библиатә ԥааимбаражәақәак. Сара еиҳаны еилыскаар сҭаххеит» (Денниз, Мексика).
«Сара Анцәа бзиа симбошәа сгәы иабон. Убри азы сара исыӡбеит Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа сиҳәаларц. Адырҩаҽны Иегова ишаҳаҭцәа сыҩны ашә иасит, уи ашьҭахь Абиблиа аҵара сақәшаҳаҭхеит» (Анжу, Непал).
Арҭ аҳәамҭақәа ишьақәдырӷәӷәоит Иисус Христос иажәақәа: «Бзазара рымоуп доуҳала зҽыздыруа» (Матф. 5:3). Ааи, дарбанзаалак ауаҩы имоуп иара ициз адоуҳатә ҭахрақәа. Урҭ рынагӡара, насгьы аҩныҵҟатәи аҭацәра ахарҭәаара зылшо Анцәа мацара иоуп. Уи азы иара ихы иаирхәоит Иажәа, Абиблиа.
Нас ишԥамҩаԥысуеи Абиблиа аҵара? Ишәнаҭар алшозеи уи шәара? Арҭ азҵаарақәа рҭак шәыԥшаар шәылшоит анаҩстәи астатиаҿы.
a Абиблиа ишаҳәо ала, Иегова — ари Анцәа ихьӡ ауп.