АХЫ 5
Аҿыхра — иреиҳаӡоу Анцәа иҳамҭа
Изакәызеи аҿыхра?
Ишԥахшәааз уи ахә?
Иаа́нагозеи уи уара узы?
Излааҳарԥшуазеи аҿыхразы аџьшьара?
1, 2. а) Ианбаҟало аҳамҭа уара узы акраҵанакуа? б) Избан аҿыхра зегь реиҳа ахә змоу зҳамҭоу?
ИАРБАН ҳамҭоу уара зегь реиҳа зыхә ушьо? Уи аҳамҭа ахә ҳаракымзаргьы ҟалоит. Аҳамҭа зыԥсоу аԥара мацарала акәӡам излеилыркаауа. Аҳамҭа уара узы акраҵанакуеит агәырӷьара узаанагар, ма даара иуоурц иуҭахыз ак акәхар.
2 Аха иҟоуп акгьы иузаҿмырԥшуа аҳамҭа. Уи Анцәа ҳамҭас ауаа ириҭеит. Иегова ҳара аҳамҭақәа рацәаны иаҳзыҟаиҵеит, аха зегьы иреиҳаӡоу — иара Иԥа Иисус Христос иԥсхҭынҵара ауп. (Шәаԥхьа Матфеи 20:28.) Анаҩс ишаабо еиԥш, аҿыхра — ари зегь реиҳа зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Уи иузаанагар алшоит ухаҿы иузаамго агәырӷьара, насгьы уара зегь реиҳа узызгәаҟуа. Аҿыхра — ари Иегова уара уахь иааирԥшыз иреиҳаӡоу абзиабара ауп.
ИЗАКӘЫЗЕИ АҾЫХРА?
3. Изакәызеи аҿыхра, насгьы еилаҳкаар ахәҭоузеи уи зыԥсоу ҳдырырц азы?
3 Иаармарианы иуҳәозар, аҿыхра — ари Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ауаатәыҩса ҿихырц азы ихы иаирхәо хархәагоуп (Ефесаа рахь 1:7). Ари абиблиатә ҵара аилкаара иҳацхраауеит Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз ахҭысқәа. Аҿыхра зыԥсоу ҳдырыр ҳалшоит, Адам агәнаҳа аныҟаиҵаз ицәыӡыз анеилаҳкаалак.
4. Иаа́нагози Адам изы инаӡоу аԥсҭазаара?
4 Иегова раԥхьатәи ауаҩы даниша, зыхә ҳараку аҳамҭа ииҭеит — инаӡоу аԥсҭазаара. Уазхәыц ари Адам изы иаа́нагоз! Инаӡоу ацәеижьи ахшыҩи ахьимаз абзоурала, иара илшон дҿаны, агәабзиара иманы, насгьы ахаангьы дымԥсуа дынхаларц. Анаӡара иманаҵ, иара илшон Иегова дизааигәаны иацәажәара. Абиблиаҿы иаҳәоит Адам Анцәа иԥа иакәын ҳәа (Лука 3:38). Шаҟа иӷәӷәази дара еидызкылоз реиҩызара! Иегова Адам изы абзиабара злоу Аб иакәын. Иара диацәажәон, еиуеиԥшым адҵақәа ииҭон, насгьы иара иҟынтә дыззыԥшу иеилыркаауа дымҩақәиҵон (Аҟазаара [Бытие] 1:28—30; 2:16, 17).
5. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа Адам «Анцәа ихаҿра иҭаны» дшан ҳәа иану?
5 Адам дшан «Анцәа ихаҿра иҭаны» (Аҟазаара [Бытие] 1:27). Уи иаа́нагаӡом иара ԥшрала Анцәа диеиԥшын ҳәа. Актәи ахаҿы ишеилаҳкааз еиԥш, Иегова — иумбо Доуҳауп (Иоанн 4:24). Убри аҟынтә иара ацәеижь имаӡам. Адам Анцәа ихаҿрала дшан ҳәа ҵакыс иамоу убри ауп, иара иааирԥшлар илшон Анцәа иҟазшьақәа, иаҳҳәап, абзиабара, аҟәыӷара, аиашара, насгьы амч. Адам иара и-Аб иҵегь дызлаиеиԥшыз хақәиҭрала алхра алшара ахьимаз ауп. Иара адҵа здырҵаз программак ада ззыҟамҵо аробот деиԥшымызт. Иара илшон ихала аӡбара адкылара, насгьы абзиеи ацәгьеи реилыргара. Ииашоу амҩа алхны Анцәа дизыӡырҩуазҭгьы, иара илшон наӡаӡа Џьанаҭ дгьыл аҿы дынхалар.
6. Ицәыӡзеи Адам Анцәа даниҿагыла, насгьы ишԥарныри уи иара ихылҵыз?
6 Адам Анцәа даниҿагыла, аԥсра изаазгоз ақәыӡбара иоуит. Иааирԥшыз азымӡырҩра ахә ҳаракны ишәеит. Агәнаҳа иахҟьаны иара ицәыӡит инаӡоу аԥсҭазаара, насгьы уи иаҵанакуаз азылԥхарақәа зегьы (Аҟазаара [Бытие] 3:17—19). Рыцҳарас иҟалаз, инаӡоу аԥсҭазаара аҳамҭа Адам идагьы, иара ихылҵызгьы ирцәыӡит. Анцәа Иажәаҿы иаҳәоит: «Аӡәы [Адам] заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа аҭааит, агәнаҳа — аԥсра ахылҿиааит, абасала, урҭ зегьы иԥсуа-ианыҵуа уааԥсырахеит, избан акәзар агәнаҳа иаҵалт» (Римаа рахь 5:12). Ааи, Адам иҟынтә ҳара зегьы иаҳзынхеит агәнаҳа. Абиблиаҿы иаҳәоит иара ихы иҭиит, насгьы иара ихылҵыз зегьы агәнаҳареи аԥсреи рытәра иҭаиргылеит ҳәа (Римаа рахь 7:14). Адами Евеи ишырдыруаз Анцәа ианизымӡырҩ, наунагӡа раԥхьаҟа ишьҭаз агәыӷра рцәыӡит. Аха ирхаҳҳәаар ҳалшозеи дара ирхылҵыз зегьы, ҳаргьы уахь ҳнарылаҵаны?
7, 8. Иарбан крызҵазкуа ҩ-ганк аҿыхра иамоу?
7 Иегова ауаа аҿыхра рыдгаланы еиқәирхеит. Изакәызеи аҿыхра? Ари аилкаара акрызҵазкуа ҩ-ганк амоуп. Акы, ари аӡәы ахақәиҭра иоурц азы ахә ихшәаара, ма иааныжьыз акы ацынхәра аргьежьра ауп. Уи аҩыза аҿыхра иаҿурԥшыр ауеит атҟәацәа ахақәиҭра рыҭаразы ахә анырхыршәаауа. Ҩбагьы, аҿыхра — ари акы ахарҭәаара, мамзаргьы иӡыз ацынхәра иаҟароу ахә ахшәаара, ахарџь, ма аԥхасҭа арҽеира аанагоит. Иаҳҳәап, аӡәы амашьынақәа реидыслара ихаразар, иара иҟаиҵаз аԥхасҭа иақәнагоу ахә ахишәаароуп.
8 Илшома Адам ауаатәыҩса ириҭаз аԥхасҭа ду ахҩара? Излаҳауазеи ҳара агәнаҳаи аԥсреи рытәра аҟынтә ахақәиҭра? Уааи еилаҳкаап иарбан ҿыхроу Иегова иҳадигалаз, насгьы аҿыхра уара узы иаа́наго.
АҾЫХРА АХӘ ШАХШӘААЗ
9. Иарбан ҿыхроу иаҭахыз?
9 Инаӡоу аԥсҭазаара ырӡын, убри аҟынтә инаӡам ауаҩы изхарҭәаауамызт уи аԥхасҭа (Аԥсалом 48:8, 9 [49:7, 8, АдҾ]). Ирӡыз аԥсҭазаара аҿыхразы, иаҭахын ианаало ахә ахшәаара. Уи инаӡоу аиашара злоу абиблиатә принцип ианаалоит, уа иаҳәоит: «Аԥсы иахҭынҵатәуп аԥсы» (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 19:21). Ихазырҭәаар алшози Адам ицәыӡыз аԥсҭазаара, мамзаргьы инаӡоу ауаҩы иԥсҭазаара? «Ауаатәыҩса рҿыхра» ианаалоз инаӡаз ауаҩы иԥсҭазаара акәын (1 Тимофеи иахь 2:6).
10. Ишԥаҳаиҭеи Иегова аҿыхра?
10 Ишԥаҳадигалеи Иегова аҿыхра? Иара адгьыл ахь дааишьҭит инаӡоу идоуҳатә ԥацәа руаӡәк. Аха иара баша маалықьмызт. Уи Анцәа зегь реиҳа дзеиҷаҳауаз, — иара ихшаазаҵәу Иԥа иакәын. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:9, 10.) Анцәа Иԥа дазхианы мап ацәикит жәҩантәи аԥсҭазаара (Филиппаа рахь 2:7). Ҳазхысыз ахаҿы ишеилаҳкааз еиԥш, Иегова иара Иԥа иԥсҭазаара џьашьахәыла Мариа лымгәарҭахьы ииаигеит. Абас иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала, Иисус диит дуаҩы наӡаны, насгьы агәнаҳаи аԥсреи иҭнымхаӡеит (Лука 1:35).
Иегова ҳара ҳҿыхразы ихшаазаҵәу Иԥа дҳаиҭеит
11. Ишԥаилшоз аӡәы заҵәык миллионҩыла ауаа рҿыхра?
11 Аха ишԥаилшоз аӡәы миллионҩыла ауаа рҿыхра? Иугәаларшәа урҭ зегь агәнаҳа рыманы ишыҟалаз. Адам агәнаҳа аныҟаиҵа, иара ицәыӡит акыр иаԥсоу аҳамҭа — наӡаӡатәи аԥсҭазаара. Убри аҟынтә иара ихылҵыз уи рыҭара алшара имамызт. Урҭ ириҭар илшоз агәнаҳаи аԥсреи мацара ракәын. Аха Иисус, «аҵыхәтәантәи Адам» ҳәа Абиблиаҿы изышьҭоу, инаӡоу аԥсҭазаара иман, насгьы ахаан агәнаҳа ҟаиҵомызт (1 Коринфаа рахь 15:45). Иаҳҳәар ҳалшоит Иисус ҳаиқәирхарц азы Адам иҭыԥан дааит ҳәа. Иисус инаӡоу иԥсҭазаара ахҭынҵаны, насгьы дыԥсаанӡа Анцәа иҿаԥхьа аиашара хьчаны, Адам иҟаиҵаз агәнаҳа ахә ишәеит. Убас ала Иисус Адам ихылҵыз зегьы агәыӷра ҳамҭас ириҭеит (Римаа рахь 5:19; 1 Коринфаа рахь 15:21, 22).
12. Ишьақәирӷәӷәазеи Иисус агәаҟрақәа ихганы?
12 Абиблиаҿы ак агмыжькәа иануп Иисус дыԥсаанӡа ихигаз: ҟамчыла исуан, агәаҟратә шьаҟаҿы дыкнарҳаит, насгьы дгәаҟны дыԥсырц азы уаҟа даанрыжьит (Иоанн 19:1, 16—18, 30; Ацҵа, «Ииашоу ақьырсианцәа аџьар изамҵамхырхәо»). Избан Иисус абас дгәаҟраны дзыҟаз? Ари ашәҟәы анаҩстәи ахқәа рҿы еилаҳкаауеит Аҩсҭаа Иегова иахь ааԥхьара ҟаҵаны ишиҳәаз, адгьыл аҿы Иегова имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа раан изиашаны изаанхом ҳәа. Иисус ицәгьаӡоу агәаҟрақәа ихганы, диашаны даанхеит, уи ала Аҩсҭаа иҟаиҵаз ааԥхьара агәра узырго аҭак аиҭеит. Иисус ишьақәирӷәӷәеит хақәиҭрала алхра алшара змоу инаӡоу ауаҩы Аџьныш имоу ицәгьоу игәҭакқәа дырҿагыланы, Анцәа иҿаԥхьа азиашара ихьчар шилшо. Дышԥагәырӷьоз Иегова, изгәакьаз Иԥа ииашара анибоз! (Ажәамаанақәа [Притчи] 27:11).
13. Ишԥахшәааз аҿыхра ахә?
13 Ишԥахшәааз аҿыхра ахә? 33 шықәса ҳ. ҳ., нисан 14 рзы ауриатә мзар ала, Анцәа иаҩижьит инаӡаз, агәнаҳа змамыз Иԥа дыршьырц. Абас ала, Иисус «зныктәи ахҭыс ала» инаӡаз иуаатәыҩсатә ԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵеит (Ауриацәа рахь 10:10). Иисус данԥсы ашьҭахь адырхаҽны, Иегова Иԥа иԥсы ҭеиҵеит доуҳатә хаҭараны. Иисус ажәҩан аҿы Анцәа изнеигеит Адам ихылҵыз ауаа рҿыхразы иахҭниҵаз, инаӡаз ауаатәыҩсатә ԥсҭазаара ахә (Ауриацәа рахь 9:24). Иегова идикылеит Иисус Христос иԥсхҭынҵара ахә, ауаатәыҩса зегь агәнаҳаи аԥсреи рытәра аҟынтә ахақәиҭра рызҭо ҿыхрак еиԥш. (Шәаԥхьа Римаа рахь 3:23, 24.)
ИАА́НАГОЗЕИ АҾЫХРА УАРА УЗЫ?
14, 15. Ишԥаҳауеи ҳара «агәнаҳарақәа ранажьра» алшара?
14 Ҳара зегьы агәнаҳаи анамӡареи шҳамоугьы, аҿыхра абзоурала хәы змам азылԥхарақәа ҳаур ҳалшоит. Уааи ҳахәаԥшып Анцәа иҟынтә иреиҳаӡоу ари аҳамҭа уажәгьы, ҳаԥхьаҟагьы иаҳзаанагар алшо.
15 Агәнаҳақәа ранажьра. Иаҳҭынхаз анамӡара иахҟьаны, ҳара ииашоу ахымҩаԥгашьа ҳазықәԥалароуп. Ҳара зегь ҳажәақәеи ҳусқәеи рҿы агәнаҳа ҟаҳҵоит. Аха Иисус иԥсхҭынҵара абзоурала ҳара «ҳагәнаҳарақәа ҳанажьуп» (Кәаласаа рахь 1:13, 14). Убри аҟынтә гәык-ԥсыкала ахьхәра ахәҭоуп. Насгьы Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны, Иегова анажьразы хынрааларыла ҳиҳәалар ҳахәҭоуп. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 1:8, 9.)
16. Иҳалзыршозеи ламысцқьарала Анцәа имаҵ аура, насгьы иарбан зылԥхарақәоу аламыс цқьа иаҳзаанаго?
16 Анцәа иҿаԥхьа аламыс цқьа. Уламыс уанаргәаҟуа, уаҳа гәыӷра умамшәа, насгьы акгьы уаԥсамшәа ацәанырра узцәырҵыр алшоит. Аха аҿыхра шьаҭас иҟаҵаны агәнаҳақәа ҳанажьуа, ҳара инаӡам ауаа, Иегова ҳрыцҳашьаны ламысцқьарала имаҵ аура алшара ҳаиҭеит (Ауриацәа рахь 9:13, 14). Ари ҳара агәра ҳнаргоит Анцәа иаҳҳәо шиаҳауа. Ҳара иҳалшоит ҳаԥхамшьакәа Анцәа иахь ҳхы ҳархалар (Ауриацәа рахь 4:14—16). Аламыс цқьа иаҳзаанагоит агәҭынчра, иаҳнаҭоит ахпатуқәҵареи анасыԥи.
17. Иарбан зылԥхарақәоу иҳаур ҳалшо, Иисус ҳара ҳзы дахьыԥсыз абзоурала?
17 Џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра. «Агәнаҳарақәа рылҵшьас, шьаугас ирзыҟоу аԥсроуп,— аҳәоит Римаа рахь 6:23 аҟны,— Анцәа иҳамҭа — ҳара Иҳақәиҭу Иисус Христос иҟны наунагӡа аҟазаароуп». Ахԥатәи ахы аҟынтә ҳара еилаҳкааит Џьанаҭ дгьыл аҿы иџьашьахәу аԥсҭазаара шыҟало (Аатра 21:3, 4). Арҭ азылԥхарақәа зегьы, насгьы уи иаҵанакуа наӡаӡатәи аԥсҭазаареи инаӡоу агәабзиареи ҳаур ҳалшоит Иисус ҳара ҳзы дахьыԥсыз абзоурала. Урҭ ҳаурц азы, аҿыхра пату ақәҵара ҳахәҭоуп, насгьы Анцәа иҳамҭазы аџьшьара аарԥшлатәуп.
ИШԤААРԤШТӘУ АҾЫХРАЗЫ АЏЬШЬАРА?
18. Избан аҿыхразы Иегова иахь аџьшьара заарԥшлатәу?
18 Избан аҿыхразы Иегова иахь аџьшьара заарԥшлатәу? Аҳамҭа ҷыдала пату ақәаҳҵоит, уи ҳазҭаз аамҭа рацәа, амч, насгьы аԥара ахҭниҵазар. Ари аҩыза аҳамҭа ҳгәы шьҭнахуеит, избанзар уи иаҳнарбоит гәык-ԥсык ала иаҳзыҟоу ҳҩыза ибзиабара. Аҿыхра — зыхә ҳараку, ак иузадымкыло ҳамҭоуп, избанзар Иегова уи ҳаиҭарц азы, Иԥа даашьҭны иреиҳаӡоу ашьаҿа ҟаиҵеит. Иоанн 3:16 аҟны иануп: «Анцәа Ихшаазаҵә даиҭаратәы аԥсабара [«адунеи», АдҾ] бзиа ибеит». Аҿыхра — ари Иегова ҳара ҳахь иааирԥшыз иреиҳаӡоу ибзиабара шьақәзырӷәӷәо ауп. Иара убас уи иаанарԥшуеит зыԥсҭазаара ҳахҭнызҵаз Иисус ибзиабара. (Шәаԥхьа Иоанн 15:13.) Ари аҿыхра ҳара агәра ҳнаргоит Иегова Иԥеи иареи хаҭала зегьы бзиа ҳшырбо (Галаҭаа рахь 2:20).
Иегова иааигәаны уиабадырлар, уара иааурԥшуеит зыхә ҳараку иара иҳамҭа — аҿыхра пату шақәуҵо
19, 20. Ишԥаарԥштәу аҿыхразы Анцәа иахь аџьшьара?
19 Ишԥаулшо уара Анцәа иахь аџьшьара аарԥшра иара иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭазы? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, уҽазышәа Иреиҳаӡоу Аҭаҩ Иегова иааигәаны иабадырра (Иоанн 17:3). Уи аҿы уара иуцхраауеит Абиблиа аҵара, унапаҿы иуку ашәҟәы ахархәарала. Уара Иегова деилукаацыԥхьаӡа, иара иахь убзиабара еизҳалоит. Анцәа иахь иумоу абзиабара агәацԥыҳәара унаҭоит игәы иақәшәо аҟаҵаразы (1 Иоанн 5:3).
20 Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара́ аарԥшла. Абиблиаҿы Иисус изы иҳәоуп: «Аԥа дхазҵауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара имоуп» (Иоанн 3:36). Иаа́нагозеи Иисус иахь агәрахаҵара аарԥшра? Ари аҩыза ахаҵара ажәала мацара акәӡам ишааԥшуа. «Ижәдыруазааит... усла ишьақәырӷәӷәам агәрахаҵарагьы шыԥсу»,— аҳәоит Иаков 2:26 аҟны. Ааи, ииашоу агәрахаҵара усла ишьақәырӷәӷәахоит. Иисус иахь агәрахаҵара ааҳарԥшларц азы, иара иҿырԥшы еиӷьны ақәныҟәара ҳҽазаҳшәалароуп, ажәала мацара акәымкәа услагьы (Иоанн 13:15).
21, 22. а) Избан изҳахәҭоу есышықәсатәи Христос иԥсра агәаларшәара иазку ахәылԥаз ахь анеира? б) Ҳазлацәажәозеи 6-тәи 7-тәи ахқәа рҿы?
21 Христос иԥсра агәаларшәара иазку ахәылԥаз ахь унеила. 33 шықәса ҳ. ҳ. нисан 14 азы ахәылбыҽха, Иисус иаԥиҵеит иҷыдоу аныҳәа, Абиблиаҿы «Иҳақәиҭу иуаххьа» ҳәа изышьҭоу (1 Коринфаа рахь 11:20; Матфеи 26:26—28). Иара убас, уи Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз ҳәа иашьҭоуп. Иисус ари аныҳәа аԥиҵеит апостолцәеи изиашоу ақьырсианцәеи иргәаладыршәаларц иара аҿыхра аҳасабала дара рзы инаӡоу иуаатәыҩсатә ԥсҭазаара шахҭниҵаз. Абар ари аныҳәа азгәаҭаразы Иисус ииҳәаз: «Абри ҟашәҵала салашәгәалашәаларазы» (Лука 22:19). Есышықәса Ахәылԥазтәи аныҳәа аназгәаҳҭо, ҳара иаҳгәалашәоит Иеговеи Иисуси ҳара ҳахь иреиҳаӡоу абзиабара шаадырԥшызa. Ахәылԥазтәи аныҳәа аҿы аҟазаара ҳара иҳалнаршоит аҿыхразы аџьшьара аарԥшра.
22 Иегова иҳаиҭаз аҿыхра — иҵабыргыҵәҟьаны хәы змам ҳамҭоуп (2 Коринфаа рахь 9:14, 15). Иԥсхьоугьы уи ахәарҭа рзаанагар алшоит. Уи ҟалашьас иамоу еилаҳкаар ҳалшоит 6-тәи 7-тәи ахқәа рҿы.
a Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз иазку аинформациа еиҳаны иуԥшаар улшоит Ацҵа, «Христос иԥсра агәаларшәара иазку Ахәылԥаз — Анцәа дҳаразкуа ахҭыс» аҿы.