Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 апрель ад. 14—19
  • Аҿыхра ахә ҳаракны ишәшьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҿыхра ахә ҳаракны ишәшьала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИИСУС ДГӘАҞЛАРЦ ЗАЛИРШАЗ
  • АҾЫХРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИЗШЬОЗ АБИБЛИА ЗҨЫЗ АУАҨЫ
  • АҾЫХРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИШАҲШЬО ААҲАРԤШЫР ШҲАЛШО
  • АҾЫХРАЗЫ ҲАЏЬШЬАРА ЕИЗҲАРҲАЛАР ШҲАЛШО
  • Аҿыхра — Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Аҿыхра — иреиҳаӡоу Анцәа иҳамҭа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Аҿыхра — жәҩантәи Ҳаб инаӡоу иҳамҭа ауп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 апрель ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16

Аҿыхра ахә ҳаракны ишәшьала

«Ауаҩытәыҩса [Иԥа] дзааз... [иԥсы] шьардаҩы рыԥсҿыхра иеиҭаразы ауп» (МАРК 10:45).

АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит

АХҲӘААa

1, 2. Изакәызеи аҿыхра, насгьы избан уи ада ԥсыхәа зҳамам?

ИНАӠАЗ ауаҩы Адам иҟаиҵаз агәнаҳа иахҟьаны наӡаӡа анхаразы алшара ицәыӡит, ихылҵызгьы уи алшара рцәыӡит. Адам идырны агәнаҳа ҟаиҵеит, убри аҟынтә анажьра даԥсаӡамызт. Иара аԥсра иқәнаган. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ихылҵыз рзы? Урҭ акгьы рхараӡамызт (Рим. 5:12, 14). Иҟазма урҭ еиқәзырхар алшоз? Ааи! Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь хара имгакәа Иегова хәыҷы-хәыҷла ауаа ирзааиртуа далагеит Адам иҟынтә агәнаҳа зҭынхаз миллионҩыла ауаа аԥсреи агәнаҳаи рҟынтә рхы ишақәиҭитәуа (Аҟаз. 3:15). Иазалхыз аамҭазы Иегова Иԥа ажәҩан аҟынтә адгьылахь дааишьҭит иԥсы «шьардаҩы рыԥсҿыхра иеиҭаразы» (Марк 10:45; Иоанн 6:51).

2 Изакәызеи аҿыхра? Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы аҿыхра иаанаго Адам ицәыӡыз ҳазиргьежьырц азы Иисус иахишәааз ахә ауп (1 Кор. 15:22). Аха избан аҿыхра заҭаххаз? Избанзар Анцәа ишьақәиргылаз азакәан инақәыршәаны аԥсҭазаара аԥсҭазаара ахҭынҵатәын (Ақәҵ. 21:23, 24). Адам инаӡаз аԥсҭазаара ицәыӡит, Иисус иакәзар инаӡаз иԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵеит (Рим. 5:17). Убас иара аҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра зго зегь рзы наӡаӡатәи Аб иакәхеит (Ис. 9:6; Рим. 3:23, 24).

3. Избан Иоанн 14:31, насгьы 15:13 иану инақәыршәаны, Иисус иԥсҭазаара ҳахҭынҵара дзазхиаз?

3 Иисус Иеговеи ауааи бзиа ибон аҟынтә иԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵеит. (Шәаԥхьа Иоанн 14:31; 15:13.) Абзиабара ицхрааит аҵыхәтәанынӡа Иегова дизиашаны аанхара, насгьы игәҭакы анагӡара. Уи абзоурала ауаа рыԥсҭазаара Иегова аханатә игәы ишҭеикыз еиԥш иҟалоит. Ари астатиаҿы еилаҳкаауеит Иисус ихигаз агәаҟрақәа Иегова дзырцәимыхьчаз. Иара убас ҳара ҳазхәыцуеит аҿыхра ахә ҳаракны изшьоз, Абиблиа зҩыз руаӡәк иҿырԥшы. Анаҩс ҳахәаԥшуеит аҿыхра ахә еиҳагьы иаҳшьалар, насгьы уи азы Иеговеи Иисуси рахь аџьшьара ааҳарԥшлар шҳалшо.

АНЦӘА ИИСУС ДГӘАҞЛАРЦ ЗАЛИРШАЗ

Шәазхәыц, Иисус ҳҿихырц азы ихигаз! (Шәахәаԥш абзац 4.)

4. Иаҳзеиҭашәҳәа Иисус дшыршьыз.

4 Шәхаҿы иаажәг Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи амш. Иара легионла амаалықьцәа ицхраарц азы дрыԥхьар илшон. Аха уи аҭыԥан иара римтәи аруаа дыкны дыргарц рылиршеит. Анаҩс урҭ ахәра ҵаулақәа инызҵоз аҟамчала дрыпҟеит (Матф. 26:52—54; Иоанн 18:3; 19:1). Анаҩс дара ирӷӷаны иҟаз ибӷа ашьаҟа ықәырҵеит. Иара уи ашьаҟа дахьыршьуа аҭыԥахь даҵаланы ддәықәлоит. Аха имчқәа зынӡа ианилӡаа, аруаа уи ашьаҟа даҽаӡәы даҵарҵоит (Матф. 27:32). Иисус дыршьраны иахьыҟаз аҭыԥаҿы даннеи аруаа инапқәеи ишьапқәеи ашьаҟа иадырчаԥалоит. Ашьаҟа анышьҭырхлак аҵәымаӷ ахьалаз ихәрақәа аԥыжәжәара иалагоит. Иан аҵәыуара даҿуп, иҩызцәа рхы ахьыргара рыздырам, аиудеиаа рнапхгаҩцәа ракәзар ихыччара иаҿуп (Лука 23:32—38; Иоанн 19:25). Сааҭқәак рыҩныҵҟа Иисус агәаҟра даҿын. Игәи ирԥҳақәеи аарлаҳәа аус руеит, иԥсыԥ алага-ҩагарагьы ицәыцәгьоуп. Иԥсы анихыҵуаз аамҭазы, Анцәа дизиашаны дшаанхаз дырны Иегова диҳәоит. Нас ихы лашьҭны дыԥсуеит (Марк 15:37; Лука 23:46; Иоанн 10:17, 18; 19:30). Шаҟа дгәаҟны хьымӡӷыла дыԥсызеи иара!

5. Зегь раасҭа еицәази Иисус изы?

5 Иисус изы зегь раасҭа еицәаз дыргәаҟны дахьыршьуаз акәӡамызт, аха идырҵаз ахара акәын. Иара Анцәа длаирҟәуеит, насгьы ихьӡ ҳаҭыр ақәиҵом ҳәа изырҳәеит (Матф. 26:64—66). Уи даара игәы иҵхон. Иаб уи дацәихьчоит ҳәагьы дгәыӷуан (Матф. 26:38, 39, 42). Избан нас Иегова бзиа иибоз Иԥа дгәаҟны дыԥсырц залиршаз? Шәааи х-мзызк еилҳаргап.

6. Избан Иисус ашьаҟаҿы дыԥсыр закәыз?

6 Иисус ашьаҟаҿы дыԥсыр закәыз амзызқәа ыҟан. Актәи, иара ауриацәа зҵаз ашәи аҟынтә рхы иақәиҭитәит (Гал. 3:10, 13). Дара Анцәа изакәан ишықәныҟәало ала ирҭаз ажәа ахьынармыгӡаз азы ашәи иаҵалеит. Убас ала Адам иҟынтә ирҭынхаз агәнаҳахь уигьы рзацлеит (Рим. 5:12). Азакәан инақәыршәаны агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы дыршьыр акәын. Уи ашьҭахь ашьаҟа дкыдырҵар алшон (Ҩынтә. 21:22, 23; 27:26)b. Иисус ашьаҟаҿы дахьыԥсыз абзоурала ауриацәа зҵаз ашәи аҟынтә рхы иақәиҭхар рылшон. Дара Иисус дышрыдрымкылазгьы иԥсхҭынҵара ахәарҭа рзаанагар ауан.

7. Иарбан аҩбатәи мзызу иҟоу Иегова Иисус дгәаҟны дыԥсырц залиршаз?

7 Аҩбатәи амзыз, Иегова Иисус Ԥхьаԥшьаҩыс аҟалара дазыҟаиҵон. Иисус ихатә ԥышәала еиликааит ауадаҩрақәа раан Иегова изиашаны аанхара шымариам. Иара убриаҟара ицәыцәгьан, дқьыз-қьызуа, длаӷырӡышо Анцәа диҳәон. Иисус идыруеит агәаҟра закәу. Убри аҟынтә ҳара аԥышәара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо иара ҳзызгәаҟуа идыруеит, насгьы ҳацхраара дазхиоуп. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иегова ҳцәаныррақәа еилызкаауа, агәрыцҳашьара злоу Аԥхьаԥшьаҩы дахьаҳхаиргылаз! (Аур. 2:17, 18; 4:14—16; 5:7—10).

8. Иарбан ахԥатәи мзызу Анцәа Иисус аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәартә залиршаз?

8 Ахԥатәи амзыз, ауаа рҿаԥхьа ицәырҵыз азҵаара аҭак ҟаҵатәын: илшома ауаҩы Анцәа дизиашаны даанхар аԥышәара ӷәӷәақәа раан? Аҩсҭаа иҳәеит «илшом» ҳәа. Иара иҳәеит, ауаа Анцәа имаҵ зыруа бзиа дахьырбо азы акәым, аха феидак роурц азоуп ҳәа (Иов 1:9—11; 2:4, 5). Иегова агәра ганы дыҟан Иԥа дизиашаны дшаанхо, убри аҟынтә аҵыхәтәанынӡа дԥышәахарц алиршеит. Иисус Анцәа дизиашаны даанхеит, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩугьы шьақәирӷәӷәеит.

АҾЫХРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИЗШЬОЗ АБИБЛИА ЗҨЫЗ АУАҨЫ

9. Иарбан ҿырԥшу апостол Иоанн иҳаиҭаз?

9 Аҿыхра иазку аҵабырг ақьырсианцәа аӡәырҩы рыгәрахаҵара арӷәӷәоит. Уи рыцхраауеит аҿагыларақәеи аԥышәара ӷәӷәақәеи раангьы ажәабжьҳәара. Шәааи апостол Иоанн ҳизхәыцып. Иара 60 шықәса инареиҳаны ауаа Христос изку аҵабырги аҿыхра аӡбахәи рзеиҭеиҳәон. 90 шықәса данырҭысгьы Римтәи аимпериа убриаҟара дшәарҭоуп ҳәа рыԥхьаӡон, адгьылбжьаха Патмос ахь дырбаандаҩны дрышьҭит. Изакәазы? «Анцәа Иажәа Иисус Христос ииаша-ҵабырг» ахьрылеиҳәоз азы (Аат. 1:9). Иара агәрахаҵареи ахачҳареи раарԥшраҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит!

10. Ишԥаадырԥшуеи Иоанн ииҩыз ашәҟәқәа аҿыхра ахә ҳаракны ишишьоз?

10 Иоанн ииҩыз ашәҟәқәа Иисус иахь имаз абзиабареи аҿыхра ахә ҳаракны ишишьози рныԥшуеит. Урҭ рҿы шәынтә инареиҳаны аҿыхра аӡбахә, мамзаргьы уи иаҳзаанаго азылԥхарақәа ртәы ануп. Иаҳҳәап Иоанн иҩит: «Шәара шәахьтә аӡәы џьара гәнаҳарак иамхаҟаҵазаргьы, Цҳаражәҳәара ҳзызуа Аиашауаҩы Иисус Христос дышҳамоу жәдыруаз» (1 Иоанн 2:1, 2). Иоанн ишәҟәқәа рҿы инаҵшьны иануп Иисус изку аҵабырг ауаа рзеиҭаҳәара шаҟа ихадоу (Аат. 19:10). Ааи, Иоанн аҿыхра ахә ҳаракны ишьон. Ишԥаҳалшо ҳаргьы уи ахә шаҳшьо ааҳарԥшлар?

АҾЫХРА АХӘ ҲАРАКНЫ ИШАҲШЬО ААҲАРԤШЫР ШҲАЛШО

Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуазар, агәнаҳа ҳзырҟаҵо ахыхрақәа ҳарҿагылоит! (Шәахәаԥш абзац 11.)c

11. Иҳацхраауазеи ҳхызхыр алшо аҿагылара?

11 Агәнаҳа шәзырҟаҵо ахыхра шәаҿагыл. Ҳара аҿыхра ахә ҳаракны иаҳшьозар, ус ҳхәыцлаӡом: «Изаҭахузеи ахыхра аҿагылара, нас Анцәа сиҳәар исанаижьуазар?» Аха уи аҭыԥан ииашам ак аҟаҵара агәаҳәара анҳаулак, иаҳҳәар ауеит: «Мап! Ишԥасылшо Иеговеи Иисуси исзыҟарҵаз ашьҭахь абас аҟаҵара?» Убри аҟынтә Иегова ҳиҳәалар ауеит ҳхызхыр алшо ҳаҿагыларц азы амч ҳаиҭарц (Матф. 6:13).

12. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо 1 Иоанн 3:16—18 иану ажәақәа?

12 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ижәбала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа иаҳбозар аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иисус ҳара ҳзеиԥш ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзгьы иԥсҭазаара дамеигӡеит. Уи зыҟаиҵаз дара бзиа иахьибо азоуп. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:16—18.) Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо ҳшырзыҟоу иаанарԥшуеит (Еф. 4:29, 31—5:2). Иаҳҳәап, ҳара урҭ ҳрыцхраауеит ианычмазаҩу, аԥсабаратә рыцҳарақәа ма егьырҭ ауадаҩрақәа ианрықәшәо. Аха ҳхы шԥамҩаԥаҳго аизараҿы аӡәы ҳиргәаазар?

13. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иранаҳажьлар зҳахәҭоу?

13 Ишәцәыцәгьоума шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгхақәа ранажьра? (Алев. 19:18). Ус акәзар анаҩстәи алабжьара шәыцхраауеит: «Аӡәи-аӡәи шәеибачҳала, гәыҭбаарала шәыгхақәа шәанеибажьла, ашшразы амзыз шәымазаргьы. Иегова гәыҭбаарала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы убас иранашәыжьла» (Кәал. 3:13). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ианранаҳажьуа жәҩантәи Ҳаб ибоит аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо. Аха ишԥаҳалшо аҿыхра иҵегь еиҳаны ахә ашьара?

АҾЫХРАЗЫ ҲАЏЬШЬАРА ЕИЗҲАРҲАЛАР ШҲАЛШО

14. Иаҳзеиҭашәҳәа аҿыхра ахә ҳаракны ишышәшьо аазырԥшуа алшарақәа руак.

14 Иегова аҿыхразы иҭабуп ҳәа иашәҳәала. Индиа инхо 83 шықәса зхыҵуа Џьоанна илҳәоит: «Сгәы иаанагоит Иегова есыҽны аҿыхразы ҭабуп ҳәа иаҳәалатәуп ҳәа». Иегова шәаниҳәо амш аҩныҵҟа иҟашәҵаз агхақәа шәанаижьырц шәиҳәала. Ҳәарада, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар аизара аиҳабацәа ацхырааразы шәрыҳәароуп. Дара Иегова иҳәоит шәыгхақәа шәанаижьырц, насгьы иареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа бзиазарц (Иак. 5:14—16).

15. Избан аҿыхра аӡбахә аилкаареи азхәыцреи заҭаху?

15 Аҿыхра шаҟа ахә ҳараку шәазхәыцла. 73 шықәса зхыҵуа аиаҳәшьа Раџьамани илҳәоит: «Иисус ихигаз агәаҟрақәа рыӡбахә санаԥхьо сылаӷырӡқәа сзынкылом». Иҟалап Иисус дышгәаҟуаз шәаназхәыцуа шәаргьы шәгәы шәыхьуазар. Аха Иисус иԥсхҭынҵара шаҟа шәазхәыцуа аҟара, убриаҟара иара иахь, насгьы Иегова иахь ишәымоу абзиабара еизҳалоит. Ишәылшома шәхатә ҭҵаараҿы, мамзар шәҭаацәаратә мҵахырхәараҿы аҿыхра иазку атема еилшәыргар?

Иисус ачеи аҩи ихы иархәаны иҵаҩцәа идирбеит иԥсхҭынҵара шыргәаладыршәалаша. (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Хәарҭас иаҳзаанагозеи аҿыхра аӡбахә егьырҭ иахьырзеиҭаҳҳәо? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

16 Аҿыхра аӡбахә егьырҭ ирзеиҭашәҳәала. Аҿыхра аӡбахә егьырҭ ирзеиҭаҳҳәацыԥхьаӡа уи еиҳагьы ахә ашьара ҳалагоит. Иисус иԥсы зҳахҭниҵыз егьырҭ иреилҳаркааларц азы Иегова ирацәаны амыругақәа ҳаиҭеит. Иаҳҳәап, ҳхы иаҳархәар ҳалшоит аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә» аԥшьбатәи аурок. Уи иахьӡуп «Дызусҭада Иисус Христос?». Иара убас ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» ахәбатәи ахы. Уи иахьӡуп «Аҿыхра Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп». Уи адагьы есышықәса ҳара Иисус иԥсра агәаларшәара иазку ахәылԥаз ҳаҭаауеит, егьырҭгьы уахь иааҳаԥхьоит. Убриалагьы аҿыхразы ҳаџьшьара еизҳарҳауеит. Ааи, Иегова аҳаҭыр ду ҳаҭәеишьеит Иԥа изку аҵабырг егьырҭ рзеиҭаҳәара!

17. Избан аҿыхра зегь реиҳа зыхә ҳараку ҳамҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

17 Ҳәара аҭахума аҿыхразы аџьшьара аарԥшреи уи аизырҳареи рзы амзызқәа ҳамоуп. Ҳара ҳшынаӡамгьы аҿыхра абзоурала Иегова ҳаиҩызцәахар ҳалшоит. Аҿыхра абзоурала «Аҩсҭаа иусқәа» зегьы рҵыхәтәа ԥҵәахоит (1 Иоанн. 3:8). Аҿыхра абзоурала ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара Иегова аханатә игәы ишҭеикыз еиԥш иҟалоит. Адгьыл зегь џьанаҭны иҟалоит, ауаа зегьы Иегова имаҵ рулоит, бзиагьы дырбалоит. Шәааи есыҽны Иегова иҳарбалап зегь раасҭа зыхә ҳараку иҳаиҭаз аҳамҭа ахә шаҳшьо!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изакәызеи аҿыхра?

  • Избан Иисус дгәаҟны дыԥсыр закәыз?

  • Ишԥаҳалшо аҿыхразы иааҳарԥшуа аџьшьара аизырҳара?

АШӘА 20 Угәы ззыбылуа Уԥа дҳауҭеит

a Ари астатиа иҳаилнаркаауеит Иисус дгәаҟны дыԥсыр закәыз, иара убас аҿыхра еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит.

b Римаа рҿы иаԥын ацәгьаҟаҵаҩ иԥсы шҭаз ашьаҟа инапқәеи ишьапқәеи адчаԥалара, мамзаргьы адҿаҳәалара. Иегова Иԥа убас дыршьырц алиршеит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәа ахыхрақәа ирҿагылоит: руаӡәк иҽеим асахьа илаԥш аҟәигоит, егьи аҭаҭын ахара мап ацәикуеит, ахԥатәи аҵарҭыша игаӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра