Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 февраль ад. 9—13
  • Аҿыхра — жәҩантәи Ҳаб инаӡоу иҳамҭа ауп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҿыхра — жәҩантәи Ҳаб инаӡоу иҳамҭа ауп
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «ХЬӠИ-ԤШЕИ АМАЗААИТ УАРА УХЬӠ»
  • «ИААИААИТ УАРА УԤСҲАРА»
  • «ИҞАЛААИТ УГӘАԤХАРА, ХЫХЬ, АЖӘҨАН АҾ АИԤШ, ҴАҞА АДГЬЫЛ АҾГЬЫ»
  • АҾЫХРАЗЫ АЏЬШЬАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АҾЫХРЕИ ИЕГОВА ИҞЫНТӘ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА ААМҬЕИ
  • Аҿыхра — Анцәа иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Аҿыхра ахә ҳаракны ишәшьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аҿыхра — иреиҳаӡоу Анцәа иҳамҭа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • «Анцәа ҳара ҳахь имаз абзиабара ааирԥшит»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 февраль ад. 9—13

Аҿыхра — жәҩантәи Ҳаб инаӡоу иҳамҭа ауп

«Аҳамҭа ҳалалқәа, аҳамҭа наӡақәа зегьы... Аб иаҳзааишьҭуеит» (ИАК. 1:17).

АШӘАҚӘА: 148, 109

ИШԤАДҲӘАЛОУ АҾЫХРА...

  • ...Иегова ихьӡ арҳаракра?

  • ...Анцәа Иаҳра?

  • ...Анцәа игәҭакы анагӡара?

1. Иарбан зылԥхарақәоу аҿыхра абзоурала иалшахаз?

ХРИСТОС иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала ауаа азылԥхарақәа рацәаны ироур рылшоит. Аиашара бзиа избо Адам ихылҵшьҭрақәа зегьы Анцәа иҭаацәара иахәҭакны иҟалар ауеит. Уи адагьы, аҿыхра наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳнаҭоит. Аха уи мацара акәӡам. Иисус Иегова ииашоу инормақәа дрызиашаны ауаа рзы аԥсра дахьазхиаз ихадоу азҵаарақәа ирыдҳәалоуп (Аур. 1:8, 9).

2. а) Иарбан акрызҵазкуа зҵаарақәоу Иисус анцәаиҳәараҿы ишьҭихыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Иисус иԥсра ҩышықәсаҟа шагыз иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа дирҵон: «Жәҩан иҟоу Ҳаб! хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ; Иааиааит Уара Уԥсҳара; иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» (Матф. 6:9, 10). Аҿыхра еиҳа ахә ҳшьаларц азы ҳазхәыцып уи Анцәа ихьӡ арҳаракреи, Иаҳреи, игәаԥхара анагӡареи ишрыдҳәалоу.

«ХЬӠИ-ԤШЕИ АМАЗААИТ УАРА УХЬӠ»

3. Иаанарԥшуазеи Анцәа ихьӡ, насгьы ишԥаирџьеи Аҩсҭаа иԥшьоу ари ахьӡ?

3 Узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы зегь раԥхьаӡа иргыланы Иисус Анцәа ихьӡ арҳаракразы Анцәа диҳәон. Иегова ихьӡ иаанарԥшуеит зегьы дышреиӷьу, зегь раасҭа дшыҳараку, насгьы дшыцқьоу. Даҽазны Иисус Анцәа даниҳәоз, Иегова «Саб Ацқьа» ҳәа изиҳәеит (Иоанн 17:11). Иегова дыԥшьоуп аҟынтә, ипринципқәеи изакәанқәеи зегьы ԥшьоуп. Аха Аҩсҭаа гызмалрыла ихы аарԥшны, Едемтәи абаҳчаҿы Анцәа ауаа рзы анормақәа рышьақәыргылара азин имаӡам ҳәа иҳәеит. Иегова ацәгьа изҳәаны, Аҩсҭаа Анцәа иԥшьоу ихьӡ ирџьеит (Аҟаз. [Быт.] 3:1—5).

4. Дышԥацхраауаз Иисус Анцәа ихьӡ арҳаракра?

4 Иисус иакәзар, иара Иегова ихьӡ гәыкала бзиа ибон (Иоанн 17:25, 26). Иара Анцәа ихьӡ арҳаракра дацхраауан. (Уаԥхьа Аԥсалом 39:9—11 [40:8—10, АдҾ].) Адгьыл аҿы данынхоз, иара еснагь ихы ииашаны имҩаԥигон. Убас иара Анцәа ишамҭақәа зегь рзы ишьақәиргылаз анормақәа шиашоу, насгьы ахәарҭа шырзаанаго ҳирбеит. Аҩсҭаа Иисус дгәаҟны дыԥсыртә шыҟаиҵазгьы, зегь акоуп Иисус жәҩантәи Иаб дизиашаны даанхеит. Абасала Иисус иааирԥшит инаӡоу ауаҩы Анцәа ииашоу инормақәа аҵыхәтәанынӡа рықәныҟәара шилшо.

5. Ишԥаҳалшо Анцәа ихьӡ арҳаракра?

5 Ишԥааҳарԥшуеи Иегова ихьӡ бзиа ишаҳбо? Ҳхымҩаԥгашьала. Иегова ҳара ҳацқьазарц иҭахуп. (Уаԥхьа 1 Пиотр 1:15, 16.) Уи иаанагоит Иегова заҵәык имаҵ ҳаулар, насгьы гәыкала иара ҳаизыӡырҩлар шҳахәҭоу. Ҳара ианҳашьҭашәарыцогьы, Анцәа изакәанқәеи инормақәеи инарықәыршәаны анхара ҳҽазаҳшәоит. Иашарала ҳхы анымҩаԥаҳго, Иегова ихьӡ ҳараҳкуеит (Матф. 5:14—16). Иԥшьоу ажәлар раҳасабала, ҳара ҳхымҩаԥгашьала Иегова изакәанқәа ахәарҭа шаҳзаарго, насгьы Аҩсҭаа иажәақәа шымцу ааҳарԥшуеит. Агхақәа ҟаҳҵозар гәыкала ҳахьхәуеит, насгьы Иегова длазырҟәуа аусқәа уаҳа иҟаҳҵаӡом (Аԥсал. 78:9 [79:9, АдҾ]).

6. Избан Иегова ҳшынаӡамгьы, уаа иашақәаны ҳиԥхьаӡар зилшо?

6 Христос иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны, Иегова агәрахаҵара змоу ауаа рыгәнаҳақәа ранаижьуеит. Иара иҽизызкуа ауаа ииашоу маҵзуҩцәас иԥхьаӡоит. Иегова урҭ уаа иашақәоуп ҳәа рылеиҳәоит, насгьы Анцәа идоуҳала иалху иара иԥацәаны, егьырҭ ауасақәа иҩызцәаны иԥхьаӡоит (Иоанн 10:16; Рим. 5:1, 2; Иак. 2:21—25). Абас, аҿыхра уажәнатә Ҳаб иҿаԥхьа уаа иашақәаны аҟалара, насгьы ихьӡ арҳаракра ҳалнаршоит.

«ИААИААИТ УАРА УԤСҲАРА»

7. Иарбан Аҳра иадҳәалоу зылԥхарақәоу аҿыхра абзоурала иалшахаз?

7 Узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы анаҩс Иисус Анцәа диҳәон «иааиааит Уара Уԥсҳара» ҳәа. Ишԥадҳәалоу аҿыхра Анцәа Иаҳра? Анцәа Иаҳра шьақәгылоуп Иисуси адгьыл аҿы иалху 144 000-ҩык ауааи рыла. Аҿыхра абзоурала дара ажәҩан ахь рыԥсы ҭаҵахарц алшахеит (Аат. 5:9, 10; 14:1). Урҭ аҳцәеи аԥшьаҩцәеи раҳасабала амаҵ рулоит, насгьы Иисуси дареи зқьышықәса рыҩныҵҟа адгьыл напхгара азырулоит. Адгьыл зегь џьанаҭны иҟалоит, Анцәа изиашоу ауаа наӡахоит, насгьы ажәҩан аҿгьы, адгьыл аҿгьы амаҵ зуа зегьы акзаара ахьыҟоу Анцәа иҭаацәара иахәҭакхоит (Аат. 5:13; 20:6). Иисус амаҭ ахы ҭаԥиҽуеит, насгьы Аҩсҭаа иааирԥшыз аҿагылара иаанагаз алҵшәа бааԥсқәа наӡаӡа иқәигоит (Аҟаз. [Быт.] 3:15).

8. а) Дышԥарыцхраауаз Иисус иҵаҩцәа Анцәа Иаҳра инанагӡо ароль шаҟа ихадоу аилкаара? б) Ишԥаҳалшо Аҳра ҳшазиашоу ааҳарԥшыр?

8 Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, иара иҵаҩцәа дрыцхраауан Анцәа Иаҳра инанагӡо ароль шаҟа ихадоу аилкаара. Аӡы иҽанӡааих ашьҭахьҵәҟьа, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа зегьы рылаҳәара далагеит (Лука 4:43). Ажәҩан ахь дцаанӡа, Иисус иҵаҩцәа «адгьыл зегьы аҟны шаҳаҭцәас» изыҟаларц рыдиҵеит (Аус. 1:6—8). Аҳра иазку ажәабжьҳәара абзоурала, адунеи зегь аҿы ауаа аҿыхра аӡбахә еилыркааит, насгьы Анцәа Иаҳра иадгылеит. Иахьа Анцәа Иаҳра ҳшазиашоу ааҳарԥшуеит адгьыл аҿы инхо Христос иашьцәа ҳрыцхраауазар, идҵа наҳагӡозар, насгьы зехьынџьара Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳҳәозар (Матф. 24:14; 25:40).

«ИҞАЛААИТ УГӘАԤХАРА, ХЫХЬ, АЖӘҨАН АҾ АИԤШ, ҴАҞА АДГЬЫЛ АҾГЬЫ»

9. Избан Иегова ауаатәыҩса рганахь ала игәҭакы шынагӡахо агәра ганы ҳзыҟоу?

9 Ииҳәарц ииҭахызи Иисус, «иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» ҳәа аниҳәоз? Иегова Ҳазшаз иоуп. Иажәақәа зегьы хымԥада анагӡахара иаҿуп (Ис. [Ис.] 55:11). Иара Аҩсҭаа иҿагылара игәҭакы анагӡара иаԥырхагахартә алиршаӡом. Аԥхьанатә Иегова иҭахын адгьыл зегь аҿы Адами Евеи инаӡаз рыхшара ықәынхаларц (Аҟаз. [Быт.] 1:28). Дара ахәыҷқәа рмоуӡакәа иԥсызҭгьы, адгьыл урҭ рхылҵшьҭрала ақәырҭәааразы Анцәа имаз агәҭакы анаӡара залшахомызт. Убри аҟынтә раԥхьатәи ауаа агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь, Иегова урҭ ахшара роуларц рылиршеит. Аҿыхра абзоурала Анцәа агәрахаҵара змоу ауаа анаӡара аиуреи наӡаӡа анхареи алшара риҭеит. Иегова даара бзиа ҳаибоит, насгьы иара иахь азыӡырҩра аазырԥшуа раԥхьаӡа дара рзы игәы иҭеикыз аԥсҭазаара роурц иҭахуп.

10. Иалыршахазеи аҿыхра абзоурала?

10 Иаҳҳәар ҳалшозеи миллиардҩыла иԥсхьоу, аха Иегова дахьырзымдыруаз азы имаҵ зымуаз ауаа рзы? Аҿыхра абзоурала иԥсхьоу рыԥсы ҭалар алшахеит. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб урҭ ауаа рыԥсы ҭеиҵоит, игәҭакы деилиркаауеит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭоит (Аус. 24:15). Иегова ауаа ԥслар иҭахӡам. Иара иҭахуп урҭ наӡаӡа инхалар. Иегова аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп, убри аҟынтә ауаа рыԥсы анҭеиҵалак, урҭ Абыс дырзыҟалоит (Аԥсал. 35:10 [36:9, АдҾ]). Иисус Анцәа ҳиҳәаларц ҳирҵон: «Жәҩан иҟоу Ҳаб!» (Матф. 6:9). Иегова Иисус иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵараҿы ихадоу ароль изалихит (Иоанн 6:40, 44). Џьанаҭ дгьыл аҿы Иисус иажәақәа наӡоит: «Сара соуп анарцәгыларагьы [«аԥсҭаларагьы», АдҾ] абзазарагьы» (Иоанн 11:25).

11. Иарбан гәҭаку Иегова ҵҩа змам ажәлар рганахь ала имоу?

11 Иегова иалху рымацара рахь ауп агәшаҭара ахьааирԥшуа ҳәа ахәыцра иаԥсам. Иисус иҳәеит: «Анцәа игәаҳәара назыгӡо дарбанзаалакь Сара дсашьоуп, дсаҳәшьоуп, дсануп» (Марк 3:35). Анцәа гәҭакыс имоуп ахылҵшьҭрақәеи, ажәларқәеи, абызшәақәеи рҟынтә ҵҩа змам ажәлар иара имаҵзуҩцәа ракәны иҟаларц. Аҿыхрахь агәрахаҵара аазырԥшуа, насгьы Анцәа игәаԥхара назыгӡо игәырӷьаҵәа ирҳәар рылшоит: «Ҳаиқәырхара зыбзоуроу атәарҭа ҳарак аҿы иқәҭәоу ҳ-Анцәеи Асыси роуп» (Аат. 7:9, 10, АдҾ).

12. Ишԥаанарԥшуеи узҿыԥшуа анцәаиҳәара азыӡырҩра аазырԥшуа ауаа рзы Иегова гәҭакыс имоу?

12 Иисус узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы Анцәа дзызиҳәоз иҳаилнаркаауеит Иегова азыӡырҩра аазырԥшуа ауаа рзы гәҭакыс имоу. Ҳара уи анцәаиҳәара инақәыршәаны анхара ҳҭахуп, насгьы Иегова ихьӡ арҳаракразы, мамзаргьы хьӡи-ԥшеи иҭаразы, иҳалшо зегь аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит (Ис. [Ис.] 8:13). Иисус ихьӡ иаанагоит «Иегова аиқәырхара иоуп». Аҿыхра абзоурала иҳауа аиқәырхара Иегова ихьӡ арҳаракуеит. Анцәа Иаҳра абзоурала азыӡырҩра аазырԥшуа ауаа аҿыхра иадҳәалоу азылԥхарақәа рацәаны ироуеит. Узҿыԥшуа анцәаиҳәара еилыкка иаҳнарбоит Анцәа игәаԥхара анагӡара акгьы шаԥырхагамхо (Аԥсал. 134:6 [135:6, АдҾ]; Ис. [Ис.] 46:9, 10).

АҾЫХРАЗЫ АЏЬШЬАРА ААШӘЫРԤШЛА

13. Иааҳарԥшуазеи аӡы ҳҽанӡааҳхуа?

13 Ишԥааҳарԥшуеи Анцәа иахь аџьшьара аҿыхразы? Уи ҳара иҳалшоит, иаҳҳәап, аҿыхрахь агәрахаҵара ааҳарԥшуазар, Иегова ҳҽизаҳкуазар, насгьы аӡы ҳаҽӡааҳхуазар. Аӡы ҳҽанӡааҳхуа, Иегова ҳшитәу ааҳарԥшуеит (Рим. 14:8). Абиблиа ишаҳәо ала, ҳаҽӡаахра — ари Анцәа аламыс цқьа ҳаиҭарц азы иҟаҳҵо аҳәара ауп (1 Пиотр 3:21). Иегова Христос икаиҭәаз ашьа шьаҭас иҟаҵаны ҳаҳәара аҭак ҟаиҵоит. Ҳара аҵыхәтәанынӡа агәра ганы ҳаҟоуп иара ҳазқәиргәыӷуа зегь шҳаиҭо (Рим. 8:32).

Ишԥаҳалшо аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)

14. Избан Анцәа иаҳзааигәоу бзиа иаҳбаларц зҳадиҵо?

14 Ишԥаҳалшо ҳара аҿыхразы еиҭа аџьшьара ааҳарԥшыр? Иегова иҟаиҵо зегь абзиабара игәазҭанаҵоит аҟынтә, имаҵзуҩцәа зегьы русқәа абзиабара рныԥшлар иҭахуп (1 Иоанн 4:8—11). Ҳара иаҳзааигәоу бзиа ианаҳбо, жәҩан иҟоу Ҳаб иҵеицәоу ҳакәзарц шаҳҭаху ааҳарԥшуеит (Матф. 5:43—48). Ҳара иаҳзааигәоу бзиа рбара иадҳәалоу аԥҟара иаразнак ицоит Иегова бзиа ибара иадҳәалоу аԥҟара ашьҭахь (Матф. 22:37—40). Уи аҩыза абзиабара ҳара иааҳарԥшлар ҳалшоит, иаҳҳәап, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәаразы иҳаду адҵа наҳагӡозар. Иегова иаҳзааигәоу, еиҳарак ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, бзиа иаҳбаларц иҳадиҵаз адҵа ҳанықәныҟәо, Анцәа иахь ҳабзиабара наӡахоит (1 Иоанн 4:12, 20).

АҾЫХРЕИ ИЕГОВА ИҞЫНТӘ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА ААМҬЕИ

15. а) Дышԥаҳзылԥхо иахьа Иегова? б) Дышԥаҳзылԥхо ҳаԥхьаҟа?

15 Аҿыхра агәра ҳгозар, Иегова ҳара аҵыхәтәанынӡа иҳанаижьуеит, уи ус шакәу Иажәаҿы иануп. (Уаԥхьа Аусқәа 3:19—21.) Хыхь иаҳҳәеит аҿыхра абзоурала Анцәа идоуҳала иалху Иегова иԥацәаны иҟалар шрылшо (Рим. 8:15—17). Иаҳҳәар ҳалшозеи, ҳара егьырҭ ауасақәа ҳрыҵанакуазар? Инықәырԥшны иуҳәозар, Иегова иԥацәаны ҳшыҟаиҵо ала аршаҳаҭга ирхиеит. Ҳнаӡаны ҳаныҟалалак, насгьы аҵыхәтәантәи аԥышәара анҳхаҳгалак, Иегова гәахәарыла уи аршаҳаҭга инапы аҵаиҩуеит, насгьы иԥацәаны ҳҟаиҵоит ҳҳәар ҳалшоит (Рим. 8:20, 21; Аат. 20:7—9). Бзиа иибо ихәыҷқәа рахь иааирԥшуа абзиабара ахаангьы ииасӡом. Аҿыхра иадҳәалоу азылԥхарақәа ҵыхәаԥҵәара роуам (Аур. 9:12). Уи аҳамҭа ҳамхра аӡәгьы илшом.

16. Ишԥаҳнаҭо аҿыхра ахақәиҭра?

16 Аџьныш гәык-ԥсык ала иахьхәуа аҵыхәтәаны Иегова иҭаацәара иахәҭакны аҟалара дырԥырхагахарц азы акгьы изыҟаҵом. Иисус Христос адгьыл ахь дааны знык, насгьы наӡаӡа дыԥсит. Убри аҟынтә ҳаргьы знык, насгьы наӡаӡа ҳҿыхын (Аур. 9:24—26). Адам иҟынтә аԥсра ҳҭынхеит, аха Иисус иԥсхҭынҵара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳзаанагоит. Аҿыхра абзоурала Аҩсҭаа Аџьныш напхгара ззиуа ари адунеи аҟынтә ахақәиҭра ҳауит, насгьы уаҳа аԥсра ҳацәшәаӡом (Аур. 2:14, 15).

17. Иаанагозеи шәара шәзы Иегова ибзиабара?

17 Анцәа ҳара иҳаиҭо ақәыргәыӷрақәа зегьы рыгәра угартә иҟоуп. Ҳара аԥсабара азакәанқәа ахаангьы рыҽшырмыԥсахуа агәра ҳгоит, убасҵәҟьа Иеговагьы иҽшимԥсахуа агәра ҳгоит (Мал. [Мал.] 3:6). Иегова аԥсҭазаара ҳаҭара адагьы, иара ибзиабара ҳамҭас иҳаиҭеит. «Ҳара Анцәа бзиа ҳшибаз ҳнырит, уи гәрахаҵарала иҳадаҳкылт. Анцәа — дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:16). Адгьыл зегьы зеиԥшыҟам џьанаҭхоит, уа инхало ауаа зегьы абзиабара аарԥшуа Анцәа иҿыԥшлоит. Шәааи Анцәа жәҩантәи ишамҭақәеи ҳареи ҳаицҿакны иаҳҳәап: «Хьӡи-ԥшеи ҟәыӷареи, лыԥха-гәыԥхеи изыԥҵәаз, аҳаҭыр, амч-алшара, аӷәӷәара иаҭәазааит, шеишықәса дыҟазааит ҳара Ҳанцәа. Амин»! (Аат. 7:12).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра