Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • kn37 ад. 1—4
  • Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!
  • Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Амцтә дин . . .
  • Ииашоу адин . . .
  • Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Амц-динхаҵара мап ацәкы!
    Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
  • Иаԥеиԥшузеи адинхаҵара?
    Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәы иақәшәо?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!
kn37 ад. 1—4

Ажәабжь Аҳраз №37

Адунеи зегьы иалаҵәоит

Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!

▪ Изакәзеи амцтә дин?

▪ Ишҧанеиуеи иара аҵыхәтәахьы?

▪ Ишәҧашәылакьысуеи ари шәара шәхаҭа?

Изакәзеи амцтә дин?

Шәаргәамҵуама шәара ацәгьоурақәа адин ахьӡала иҟарҵауа? Аиашахь еихо шәцәанырра иаҿагылоума, аибашьрақәеи насгьы атерактқәеи, Анцәа имаҵ ҳуеит ҳәа шьақәзырҕәҕәо ауаа, рхы зладырхәа? Шәаргәамҵуама шәара адин иалахәу ауаа рымцқьара? Избан акырӡа апроблемақәа рышьаҭаҿ адин ахаҭа зышьҭоу?

Аҭакҧхықәра арҭ азакәандарақәа зегьы рзы адин ахаҭа акәӡам изго, аха имцытәу адин заҵәык ауп. Иисус Христос, ахаҵара змоу ауаа гәкала пату зқәырҵо, иҳәеит, имцытәу адин, ибаау аҵла еиҧш «иаанагоит иҽеим ашәыр» ҳәа (Матфеи 7:15—17). Изеиҧшроузеи ашәырқәа амцтә дин иаанагауа?

Амцтә дин . . .

◼ АИБАШЬРАҚӘА АҼАЛАНЫРХӘЕИТ НАСГЬЫ АПОЛИТИКА АҼАЛАНАГАЛОИТ: «Азиа зегьы, насгьы иара аҳәаа анҭыҵгьы, адоуҳатә напхгаҩцәа, аиҳабыра аиуразы, ҧхамшьарада рхы иадырхәоит дара рахь иныҟәо ауаа рдинтә цәаныррақәа» — ҳәа аҳәоит ажурнал «Еишауик». Анаҩс уа иҟаҵан алкаа: «Ҳара ҳдунеи хәҷы-хәҷла ахы еилаҧсоит». Еицырдыруа америкатәи адинхаҵара маҵуаҩык иҳәоит: «Ишьлатәуп атеррористцәа, рыцәгьоурақәа аанкыларазы». Ӡбашьас иаиҭазеи иара? «Иҧыжәжәа дара зегьы Иҳаиқәиҭу ихьӡала!» — ааҧхьара ҟаиҵеит. Ари иаҿагылауа Абиблиа аҟны иаҳәоит: «Ишьақәзырҕәҕәо: „Сара бзиа дызбоит Анцәа“, аха зашьа дызцәымҕыу, уи дымцҳәаҩуп» (1 Иоанн 4:20). Уи адагьы, Иисус иҳәахьан: «Шәаҟәмҵлан шәара шәаҕацәа рыбзиабара» (Матфеи 5:44). Иузыҧшаару ирацәаны адинқәа, зхаҭарнакцәа аибашьра зҽалазмырхәа?

◼ ИРЫЛАНЫРҴӘОИТ ИМЦЫТӘУ АҴАРА: Адинқәа реиҳара ауаа иднарҵоит, аҧсы ма адоуҳа–ари иумбо мчыуп, ауаҩы даныҧсуа ицәеижь аанзыжьуа, насгьы аҧсҭазаара ацызҵо ҳәа. Ари аҵара рхы иархәаны ирацәаны адинқәа, руахәама иалоу рыбзоурала, рмал иацырҵоит, иҧсыз иҧсазы анцәа иахьиҳәауа ахәҧса рымхуа. Аха ари иаҿагылоит Абиблиа аҵара. «Аҧсы агәнаҳа ҟазҵауа, уи ҧсуеит» (Иезикииль 18:4). «Зыҧсы ҭоу ирдыруеит, ишыҧсуа, аха аҧсцәа акгьы рыздыруам» (Еклеисиаст 9:5). Иисус иҧсыз рыҧсҭалара иазкны аҵара дирҵон, уи хшыҩдарахон, ауаҩы имҧсуа аҧсы имазҭгьы (Иоанн 11:11—25). Ишәнарҵома шәара шәдин, аҧсы ҧсуам ҳәа?

◼ ИАЧҲАУЕИТ АСЕКСУАЛТӘ ПАТУДАРА: Тәылақәак руахәамақәак рҟны, адоуҳатә маҵурахь инарышьҭуеит агомосексуалистцәеи алесбианкацәеи, насгьы рҳәынҭқарраҿ азин ылархуеит урҭ закәанла аҭаацәара ралаҵара. Уи акәм ауахәамақәа, апатудара иақәыӡбогьы, ирычҳауеит дара руахәама маҵуҩцәа, ахәҷқәа маҳагьарыла иахьрызныҟәо. Иаҳнарҵауазеи Абиблиа? Уа еилыкка иҳәоуп: «Шәымҩашьалан. Иныҟәоугьы, аидол иамҵахырхәогьы, зхатә ҩыза дзыҧсахуагьы, ахацәагьы зхы амаҳагьаразы иазырхәогьы, ахацәагьы, ахацәа ирыцышьҭалогьы... Анцәа иаҳра рҭынхаӡом» (1 Коринфаа рахь 6:9, 10). Ижәдыруама шәара адинқәа ахпатударақәа зеиҩзыжьуа?

Ирзыҧшузеи адинқәа, ашәыр баақәа аазгауа? Иисус агәҽанҵара ҟаиҵеит: «Иарбанзаалак аҵла, иаазымгауа ашәыр бзиақәа, ихырҵәоит насгьы идыршәуеит амцахь» (Матфеи 7:19). Арҭ ажәақәа ишудырбо ала, амцтә динқәа рышьаҭа ыҵххоит насгьы иқәххоит! Аха ишҧа, насгьы ианбаҟало ари? Ари азҵаара аҭак ануп абиблиатә шәҟәы Аартра а–17–тәи а–18–тәи ахқәа рҟны.

Ишҧанеиуеи амцтә дин аҵыхәтәахьы?

Шәхаҿы иаажәг: агыгшәыг абҕа аҧҳәыс каҳҧы дықәтәоуп. Агыгшәыг иамоуп ахқәа быжьба насгьы атәыҩақәа жәаба (Аартра 17:1—4). Иаалырҧшуада ари аҧҳәыс каҳҧы? Лара илымоуп амчра «адгьылтәи аҳцәа» рҟны. Лара зыхә дуу маҭәа ҟаҧшьыла деибыҭоуп, афимиам лхы иалырхәоит, насгьы амал далачоит. Уи адагьы, аспиритизм лхы иархәаны «иалалгалоит аҩашьарахь ажәларқәа зегьы» (Аартра 17:18; 18:12, 13, 23). Абиблиа иҳацхраауеит ҳара еилаҳкаарц, ари аҧҳәыс каҳҧы — адунеизегьтәи амцтә дин аимпериа шакәу. Лара иаалырҧшуа дин заҵәык акәӡам, аха адинқәа зегьы, иаазгауа ибаау ашәырқәа.

Агыгшәыг, аҧҳәыс каҳҧы дзықәтәоу, ари аполитикатә империа ахаҭоупa (Аартра 17:10—13). Амцтә дин ари аполитикатә гыгшәыг иахаҧаны иҟоуп, аҽаҧнашәауа иара ишьҭнахуа азҵаарақәа анырра рынаҭарц, насгьы иара амчра аҵаҟахь инанагарц.

Аха иааиуеит иџьашьахәтәу аҧсахрақәа. Абиблиаҿ иҳәоуп: «Атәыҩақәа жәаба, уара иубаз, насгьы агыгшәыг — дара дырцәымыҕҕхоит аҧҳәыс каҳҧы, дыхдырҵәоит лара, дагьхыртуеит, лцәеижьгьы рфоит, насгьы дырбылуеит лара мцала» (Аартра 17:16). Иаалырҟьаны ари адунеи аҳәынҭқарра гәмбылџьбарыла иажәлоит амцтә дин, насгьы аҵыхәтәанӡа иқәырхуеит! Иргәазырҧхозеи ари аҩыза? Абиблиа аҟны, Аартра ашәҟәаҿы, иаҳәоит: «Анцәа дара ргәы иҭаиршәуеит инарыгӡарц иара ихәыцра» (Аартра 17:17). Ишаабо ала, Анцәа иааиҧхьоит амцтә дин аҭак аҟаҵарахь, иара ихьӡала иҟанаҵауаз ацәгьоурақәа зегьы рзы. Инаӡоу ииашара дықәныҟәауа, Анцәа ихы иаирхәоит лара лцәыбзақәа, иара иқәыӡбара наигӡарц азы.

Иҟашәҵарц шәылшозеи шәара шәхаҭа, амцтә дин аҧеиҧш ацеиҩышәымшарц шәҭахызар? «Уалҵ иара аҟнытә, сара сыжәлар»— ааҧхьара ҟаиҵоит Анцәа иажәабжьҳәаҩ (Аартра 18:4). Уажәык зынӡаск иаамҭоуп амцтә дин алҵра! Аха иабаҧшаатәу ахыхьчарҭа? Ҳхы ҳархарыма атеизм ашҟа? Аха уигьы иамаӡам аҧеиҧш (2 Фессалоникаа рахь 1:6—9). Ииашоу хыхьчарҭаны иҟаларц зуа ииашоу адин заҵәык ауп. Ишҧеилкаатәу иара?

Ишҧеилкаатәу ииашоу адин

Иарбан шәыр бзиақәоу иаанагарц ахәҭоу ииашоу адин? (Матфеи 7:17).

Ииашоу адин . . .

◼ ИААНЫРҦШУЕИТ АБЗИАБАРА: Ииашоу Анцәа имаҵуҩцәа «ари адунеи иахәҭакӡам». Дара еиҩнашаӡом арасатә мамзаргьы амилаҭтә еилыхра. Дара рыбжьара абзиабара аҳра ауеит (Иоанн 13:35; 17:16; Аусқәа 10:34, 35). Дара ахаангьы иршьӡом рдин рыцхаҵаҩцәа, — уи акәм дара азхиоуп дара рзы рыҧсҭазаара рыхҭынҵара (1 Иоанн 3:16).

◼ АГӘРА АГОИТ АНЦӘА ИАЖӘА: Ииашоу адин иднарҵаӡом «атрадициақәеи» мамзаргьы «ауаҩытәыҩсатә ҧҟарақәеи» — иара аҵара зегьы шьаҭас иазышьҭоуп Анцәа Иажәа, Абиблиа (Матфеи 15:6—9). Избан? Избанзар «Аҧшьаҩыра зегьы Анцәа идоуҳа аҟнытәоуп насгьы ихәарҭоуп аҵаразы, ахьархәразы, аҽыриашаразы» (2 Тимофеи иахь 3:16).

◼ АҬААЦӘАРА АРЫҔӘҔӘОИТ НАСГЬЫ ИҲАРАКЫУ АҚЬАБЗҚӘА ИАДГЫЛОИТ: Ииашоу адин ахацәа ргәазҭанаҵоит «раҳәса бзиа ирбаларц, рцәеижь еиҧш», аҳәса ирыцхраауеит ирҵаларц «инарҵауланы рхацәа пату рықәҵара», ахәҷқәа иднарҵоит рҭаацәа рзыӡырҩышьа (Ефесаа рахь 5:28, 33; 6:1). Уи адагьы, аҭакҧхықәра змоу ирыхәҭоуп ҿарҧшыгас аҟалара, ахымҩаҧгашьа иазку азҵаарақәарҿ (1 Тимофеи иахь 3:1—10).

Иақәшәауама иарбанзаалак динк арҭ аҭахрақәа? Ашәҟәы «Ахолокост Аполитика», 2001 шықәсазы иҭыжьыз аҟны иаҳәоит: «Ауаа рыбжеиҳа Иегова Ишаҳаҭцәа ишынхауа инхауазҭгьы, насгьы агәра ргозҭгьы, арҭ ахаҵаҩцәа, ирҳәо ажәабжь, адунеи Ахолокост абауамызт насгьы ауаҩытәыҩса ахаангьы агеноцид иқәнахуамызт» (Holocaust Politics).

Иегова Ишаҳаҭцәа абиблиатә принципқәа 235 ҳәынҭқарраҿ рҳәара мацара акәӡам изҿу, аха дара иагьықәныҟәоит арҭ апринципқәа. Ҳара шәааҳаҧхьоит Иегова Ишаҳаҭцәа рыдҵааларахь, Анцәа иҭахрақәа еилышәкаарц, насгьы ишәҵарц Иара игәаҧхара анагӡашьа. Уажәык иаамҭоуп аус напаркра. Азыҧшра аҭахӡам. Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп! (Софониа 2:2, 3).

Шәара ишәҭахызар инарҭбаан, Иегова Ишаҳаҭцәа ирҳәауа, абиблиатә жәабжь аилкаара, ижәҩы иарбоу адресқәа руак ахьӡала.

□ Сара исҭахыуп исоурц Абрашиура «Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?»

□ Сара сазҿлымҳауп Хәда-ҧсада Абиблиа аҩны аҵара.

[Албаага]

a Инарҭбааны ари азҵаара аиҭаҳәа ишәыҧшаарц шәылшоит ашәҟәы «Аартра иара еиҳаӡоу апогеи ааигәоуп!» аҟны, Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз (аурыс быз.).

[Абжьаргыла, адаҟьа 3]

Имцытәу адин амчра амоуп «адгьылтәи аҳцәа» рҟны

[Абжьаргыла, адаҟьа 3]

«Уалҵ иара аҟнытә, сара сыжәлар»

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра