Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 13 азҵ. 1—4
  • Иаԥеиԥшузеи адинхаҵара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаԥеиԥшузеи адинхаҵара?
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!
    Амцтә дин аҵыхәтәа ааигәоуп!
  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәы иақәшәо?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Амц-динхаҵара мап ацәкы!
    Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
Шәахәаԥш еиҳаны
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 13 азҵ. 1—4

АУРОК 13

Иаԥеиԥшузеи адинхаҵара?

1. Ибзиоума адинхаҵарақәа зегьы?

Ахаҵа Абиблиа даԥхьоит

Згәы аарту ауаа адихаҵарақәа зегь рҿы иҟоуп. Шаҟа угәы иахәозеи Анцәа ус иҟоу ауаа ахьгәеиҭо, насгьы дахьрыцхраауа. Рыцҳарас иҟалаз, ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа адинхаҵара ахьӡала ацәгьоурақәа рацәаны иҟалон — уи ибзианы ахы азаамырԥшит (2 Коринфаа 4:3, 4; 11:13—15). Иахьа адинхаҵара лассы-лассы иахарарҵоит атерроризм, агеноцид, аибашьрақәа, насгьы зықәра наӡам ахәыҷқәа рыбжьыхра. Ари ииашаҵәҟьаны Анцәа дхазҵо, гәыкала иҟоу ауаа даара ргәы иҵхоит! (Шәаԥхьа Матфеи 24:3—5, 11, 12.)

Ииашаҵәҟьоу адинхаҵара Анцәа дҳаранакуеит, амцтә дланарҟәуеит. Уи Абиблиа ианым днарҵоит, иара убас Анцәа изкны, насгьы ауаҩы данԥсуа иҟало иазкны амц ауаа ирыланарҵәоит. Аха Иегова иҭахуп ауаа иара изкны аиаша рдыруазарц. (Шәрыԥхьа Иезекиил 18:4; 1 Тимофеи 2:3—5.)

2. Иаԥеиԥшузеи адинхаҵара?

Насыԥны, Анцәа дузжьом. Уи ибоит иара бзиа даҳбоит ҳәа зҳәо, аха ииашаҵәҟьаны Аҩсҭаа идунеи еиҳа бзиа избо игьангьашу ауаа (Иаков 4:4). Амцтә динхаҵарақәа зегьы Анцәа Иажәаҿы «Вавилон ду» ахьӡуп — ажәытә қалақь ахьӡ еиԥш, Нои ихаантәи Аӡхыҵра ашьҭахь амцтә динхаҵара ахьцәырҵыз. Хара имгакәа Анцәа адинхаҵара аус иӡбоит, ауаа зжьо, насгьы ирықәыӷәӷәо. Иара иаалырҟьаны иқәгахоит. (Шәаԥхьа Аатра 17:1, 2, 5, 16, 17; 18:8.)

Иҟоуп даҽа жәабжь бзиакгьы. Иегова ихамышҭӡеит гәыкала иҟоу амцтә динхаҵара иадҳәалоу ауаа. Иара урҭ еизигоит, насгьы аҵабырг дирҵоит. (Шәаԥхьа Михеи 4:2, 5.)

3. Иҟарҵарызеи гәыкала иҟоу ауаа?

Ауаа еицәажәоит ақьырсиантә еиԥылара ашьҭахь

Ииашаҵәҟьоу адинхаҵара ауаа еиднакылоит

Иегова рыхә ҳаракны ишьоит аҵабырги ақьиареи бзиа избо ауаа. Иара ргәазҭеиҵоит урҭ амцтә динхаҵара иалҵырц. Анцәа бзиа дызбо ауаа иара ддыргәырӷьаларц азы аҽыԥсахра иазхиоуп. (Шәаԥхьа Аатра 18:4.)

Актәи ашәышықәсазы гәыкала иҟаз ауаа Иисус иапостолцәа рҟынтә ажәабжь бзиа анраҳа, дара игәырӷьаҵәа ирыдыркылеит. Дара ирҵеит Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны анхашьа, насгьы рыԥсҭазаара аҵакы аиуит, гәыӷралагьы иҭәит. Арҭ ақьырсианцәа ҳара ҳзы иҿырԥш бзиоуп. Дара ажәабжь бзиа иақәҿырҭит, рыԥсҭазаарагьы Иегова изыркит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 1:8, 9; 2:13.)

Иегова иҭаацәа рахь иааиԥхьоит амцтә динхаҵара зынӡакс иадҳәалазар зҭахым ауаа. Шәара уи гәыкалатәи иааԥхьара шәыдышәкылар, шәиҩызахар шәылшоит, насгьы имаҵуҩцәа рыбжьара аҩызцәа бзиақәа шәыԥшаауеит. Шәаԥхьаҟагьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәзыԥшуп. (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30; 2 Коринфаа 6:17, 18.)

4. Ишԥариҭо Анцәа ауаа агәаҟрақәа рҟынтә ахақәиҭра?

Иаарласны Анцәа амцтә динхаҵара иақәыӡбара наигӡоит. Уи агәаҟра аҟынтә ахақәиҭра аанагоит. Амцтә динхаҵара уаҳа ахаангьы иалшаӡом ауаа ржьара, насгьы реилыхра. Ахшыҩ змоу ашамҭақәа зегьы ҭаацәарак еиԥш иаӡәыку ииашоу Анцәа имаҵ рулоит. (Шәаԥхьа Аатра 18:20, 21; 21:3, 4.)

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 15-тәи, 16-тәи ахқәа рҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра