АХЫ 1
Иаазырԥшуазеи Анцәа иахь абзиабара
«Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иҳәахьа [«иԥҟара», АдҾ] ушазыҟоу ала иааԥшуеит; Уи иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым» (1 ИОАНН 5:3).
1, 2. Избан уара Анцәа Иегова бзиа дзубо?
БЗИА дубома уара Анцәа? Уара Анцәа Иегова уҽизукзар, хымԥада иуҳәоит: «Ааи!» — уи иашоуп. Ҳара иаҳцәыцәгьаӡам Иегова бзиа ибара, избанзар иара ибзиабара иақәҿаҳҭуеит. Уи иазкны Абиблиа иаҳәоит: «Иара [Иегова] бзиа даҳбап, избан акәзар Иара иоуп аԥхьа ҳара бзиа ҳазбаз» (1 Иоанн 4:19).
2 Иегова иоуп раԥхьаӡа ҳара ҳахь абзиабара аазырԥшыз. Иара ибзоурала ҳара иҳамоуп ҳазқәынхо адгьыл. Иара дреиҷаҳауеит ҳцәеижьтә ҭахрақәа, насгьы ҳаԥсҭазаара дахылаԥшуеит (Матфеи 5:43—48). Аха еиҳараӡак ихадоу — ҳдоуҳатә ҭахрақәа дахьреиҷаҳауа ауп. Ҳара иҳамоуп иара Иажәа, Абиблиа. Иара ҳгәазҭеиҵоит ҳиҳәаларц, уи агәра ҳиргоит иаҳҳәо шиаҳауа, насгьы дҳацхраарц азы иԥшьоу адоуҳа шҳаиҭо (Ԥсалом 65:2; Лука 11:13). Аҵыхәтәаны, ҳҿихырц азы зегь реиҳа бзиа иибоз Иԥа заҵәы дааишьҭит, насгьы агәнаҳеи аԥсреи рҟынтә ҳхы ҳақәиҭитәит. Закәытә бзиабара дуӡӡоузеи иааирԥшыз Иегова ҳара ҳахь! (Урыԥхьа Иоанн 3:16; Римаа рахь 5:8.)
3. а) Иҟаҵатәузеи Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхарц? б) Иарбан зҵаароу ҳара ҳзызхәыцша, насгьы иабаԥшаатәу аҭак?
3 Иегова иҭахуп ибзиабара наунагӡа иҳацзарц. Аха ҳаргьы акы аҟаҵара ҳахәҭоуп. Анцәа Иажәа иҳанаҳәоит: «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз, наунагӡатәи аԥсҭазаара шәызҭо» (Иуда 21). Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхарц азы, иахәҭоуп ашьаҿақәа рыҟаҵара. Ҳара ҳаџьшьара иара ибзиабараз иалкаау усқәак рҿы иааԥшлар ауп. Ҳара ҳазхәыцроуп абри аҩыза азҵаара: «Ишԥасылшо сара Анцәа иахь абзиабара аарԥшра?» Аҭак ҳаԥшаар ҳалшоит Анцәа идоуҳала иҩыз апостол Иоанн иажәақәа рҿы: «Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иҳәахьа [«иԥҟара», АдҾ] ушазыҟоу ала иааԥшуеит; Уи иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым» (1 Иоанн 5:3). Ҳара ҳарзааҭгылароуп арҭ ажәақәа рҵакы, избанзар Анцәа иҳарбар ҳҭахуп шаҟа иӷәӷәаны бзиа даҳбо.
АНЦӘА ИАХЬ АБЗИАБАРА ААЗЫРԤШУА
4, 5. Ишԥаузцәырҵи уара раԥхьаӡа Иегова иахь абзиабара?
4 «Анцәа иахь иҳамоу абзиабара» — ииҳәарц ииҭахыз Иоанн арҭ ажәақәа рыла? Урҭ иаадырԥшуеит Анцәа иахь иҳамоу ҳцәанырра ҵаулақәа. Иугәалашәома уара раԥхьаӡа Иегова иахь абзиабара анузцәырҵыз?
Аҽазкреи аҽӡаахреи — аԥсҭазаара иалагамҭоуп
5 Иугәаларшәа раԥхьаӡа Иегова изку аҵабырги игәҭаки анеилукаа, насгьы агәрахаҵара аарԥшра уаналага. Уара еилукаауа уалагеит Адам ицәыӡыз анаӡареи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи Анцәа иузирхынҳәырц шиҭаху, агәнаҳа ушаҵоугьы, насгьы уи шалыршахо Христос ибзоурала (Матфеи 20:28; Римаа 5:12, 18). Иара убас еилукаауа уалагеит шаҟа ицәыуадаҩыз Иегова зегь раасҭа бзиа иибоз иԥа дахьимеигӡаз уара узы. Абри зегь угәаҵанӡа ианнеи, Анцәа, абриаҟара абзиабара дуӡӡа уара уахь иаазырԥшыз, бзиа ибара уалагеит. (Уаԥхьа 1 Иоанн 4:9, 10.)
6. Иаазырԥшуазеи абзиабара иашаҵәҟьа, насгьы излауцхрааи уара Анцәа иахь абзиабара?
6 Арҭ ацәаныррақәа Анцәа ибзиабараҵәҟьа иалагамҭан. Абзиабара — ари ацәаныррақәеи ажәақәеи рымацара ракәӡам. Ииашаҵәҟьаны Анцәа бзиа ибара иаанаго — «Иегова бзиа дызбоит» аҳәара мацара акәӡам. Агәрахаҵара еиԥш, абзиабараҵәҟьа аусқәа рҿы иааԥшлароуп (Иаков 2:26). Аӡәы бзиа данубо, дсыргәырӷьандаз ҳәа уашьҭалоит. Иегова бзиа дануба, иара игәаԥхо, дзыргәырӷьо аԥсҭазаара мҩаԥуго уалагеит. Уара Иегова Ишаҳаҭ иеиԥш уӡаахума? Ааи уҳәозар, ари акрызҵазкуа ашьаҿа аҟаҵара иуцхрааз — Анцәа иахь абзиабареи иара гәыкала изыҟазаареи роуп. Уара Иегова уҽизукит игәаԥхара анагӡаразы, насгьы уҽӡааухит. (Уаԥхьа Римаа рахь 14:7, 8.) Ҳара Иегова ҳхы анизаҳкыз иаҳҭаз ажәа иаҵанакуеит апостол Иоанн анаҩс дызлацәажәо.
УАРА ИԤҞАРАҚӘА УШЫРЗЫҞОУ
7. Еиқәышәыԥхьаӡа Анцәа иԥҟарақәак. Иаанагозеи урҭ аԥҟарақәа рынагӡара?
7 Иоанн иҳәеит, Анцәа бзиа дшубо, «иҳәахьа [«иԥҟарақәа», АдҾ] ушазыҟоу ала» иааԥшлароуп ҳәа. Иарбан ԥҟарақәоу? Иегова Иажәа Абиблиа аҿы еиқәыԥхьаӡоуп мап зцәаҳкырц ииҭаху аусқәа. Уахь иаҵанакуеит аҩҽаршьра, ацәыбзара, аныхамҵахырхәара, аӷьычра, амц (1 Коринфаа 5:11; 6:18; 10:14; Ефесаа 4:28; Кәаласаа 3:9). Анцәа иԥҟарақәа рынагӡара иаанагоит Абиблиа иану агәаԥхашәатә нормақәа инарықәыршәаны анхара.
8, 9. Ишԥеилкаатәу Иегова дзыргәырӷьо, ҭагылазаашьак аҿы ҳхы шымҩаԥаҳгаша нҭкааны Абиблиа ианамҳәо? Иаага аҿырԥшы.
8 Иегова иргәырӷьара иаанаго иԥҟарақәа рықәныҟәара мацара акәӡам. Иегова ҳаԥсҭазаара аҳәаа иҭаиргылаӡом, ҳшьаҿақәа шеихгатәу азакәанқәа ҭыжьуа. Есыҽны ҳара еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәоит, урҭ рҿы ҳхы шымҩаԥаҳгаша Абиблиа ианамҳәо. Ишԥеилкаатәу ус анакәха, Иегова дзыргәырӷьо? Абиблиа иаартны иануп Иегова ихәыцшьа. Абиблиа ҭҵаауа, ҳара еилаҳкаауеит Иегова бзиа иибо, ма ицәымӷу. (Уаԥхьа Ԥсалом 97:10; Ажәамаанақәа 6:16—19). Ҳара еилаҳкаауа ҳалагоит иарбан хәаԥшышьақәоу, насгьы усқәоу иара дыззыразу. Шаҟа еиҳаны еилаҳкаауа Иегова имҩақәеи иҟазшьақәеи, убриаҟара еиҳаны иҳауеит иара ихәыцшьа. Уи ҳара ҳаӡбарақәеи ҳусқәеи рҿы ианырлоит. Убри аҟынтә, ҭагылазаашьақәак рҿы иҟаҳҵаша Абиблиа ианамҳәо, ҳара иҳалшоит «Анцәа [«Иегова», АдҾ] игәаҳәара аилкаара» (Ефесаа 5:17).
9 Иаҳҳәап, Абиблиа аҟны џьаргьы ианӡам агәымбылџьбареи асексуалтә ламысдара злоу афильмқәеи ателедырраҭарақәеи рыхәаԥшра ҟалаӡом ҳәа. Аха иаҳҭахума ҳара иалкаау азакәан, абас еиԥш иҟоу адырраҭарақәа рыхәаԥшра азин ҳазымҭо? Ҳара иаҳдыруеит Иегова уи дшазыҟоу. Иажәаҿы иаҳәоит: «Иара [Иегова] дицәымӷуп дарбанзаалак ақәымчра бзиа избо» (Ԥсалом 11:5). Убасгьы Абиблиаҿы иануп: «Акалҭбааԥсра ихыхны иамоу ауаа Анцәа дрықәыӡбуеит» (Ауриацәа 13:4). Абарҭ Анцәа идоуҳа зҵоу ажәақәа ҳанрызхәыцуа, еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит Иегова игәаԥхара иаҵанакуа. Убри аҟынтә ҳара ҳрыхәаԥшӡом агәырҿыхагатә дырраҭарақәа, Анцәа ицәымӷу аусқәа аартны иахьудырбо. Ари адунеи цәгьара злам агәырҿыхагақәа ҳәа иҳаднагало, аламысдаратә усқәа ҳҽырцәыҳахьчозар, ҳара иаҳдыруеит Иегова дышҳаргәырӷьоa.
10, 11. Избан ҳара Иегова ҳзизыӡырҩуа, насгьы ҳашԥаизыӡырҩуеи иара?
10 Ҳгәазҭазҵозеи зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа иԥҟарақәа рықәныҟәара? Избан ҳара есыҽны Анцәа ихәыцшьа инақәыршәаны ҳанхаларц заҳҭаху? Ҳара ари амҩа залаҳхуа Анцәа изымӡырҩра иахылҿиаауа ауадаҩрақәа ҳрықәымшәарц азы мацара акәӡам (Галаҭаа 6:7). Аха ҳара агәра ҳгоит Иегова ҳанизыӡырҩуа, иара иахь абзиабара шааҳарԥшуа. Ахәыҷы иаб дизыразхарц шиҭаху еиԥш, ҳаргьы Иегова иразра ҳаурц ҳҭахуп (Ԥсалом 5:12). Иара ҳ-Аб иоуп, ҳаргьы бзиа даҳбоит. Имҩаԥаҳго аԥсҭазаара Иегова дшазыразу анаҳдыруа, иаҳзаанаго агәырӷьара акгьы иузадкылом (Ажәамаанақәа 12:2).
11 Ҳара Анцәа изыӡырҩра мчыла аӡәгьы иҳадицалаӡомb. Уи адагьы ҳара ианаҳзыманшәалоу, насгьы уадаҩрақәак анҳазцәырнамго мацара акәӡам Анцәа ҳанизыӡырҩуа. Аха ҳара Анцәа гәык-ԥсыкала ҳаизыӡырҩуеит (Римаа 6:17). Ҳара ҳрықәшаҳаҭуп аԥсаломшәаҳәаҩ иажәақәа: «Ахә ҳаракны исшьалоит бзиа избаз уԥҟарақәа» (Ԥсалом 119:47). Ааи, ҳаргьы иаҳҭахуп Иегова изыӡырҩра. Ҳара еилаҳкаауеит иара дшаԥсоу — насгьы ишиҭаху — ихарҭәаан иажәа ҩбамтәкәа ҳаизыӡырҩларц (Ҩынтәзакәан 12:32). Ҳара иаҳҭахуп Иегова, ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа бзиабарала изыӡырҩуаз Нои иеиԥш, ҳаӡбахә иҳәарц. Анцәа Иажәаҿ иануп: «Нои Анцәа идиҵаз зегь ҟаиҵеит. Убас иара иагьыҟаиҵаҵәҟьеит» (Аҟазаара 6:22).
12. Данбаргәырӷьо Иегова ҳара ҳаӡырҩра?
12 Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа, гәахәарала иара ҳанизыӡырҩуа? Анцәа Иажәаҿ иаҳәоит ус аныҟаҳҵо, иара дышҳаргәырӷьо, игәы ишахәо (Ажәамаанақәа 27:11). Даргәырӷьаҵәҟьома Зегьзымчу ҳара ҳшизыӡырҩуа? Мҩашьарада! Насгьы убри азы иҟоуп амзызқәа. Иегова ҳхатә алхра ҳаҭаны ҳаишеит. Уи иаанагоит ҳара ишҳамоу хақәиҭрала алхра: ҳара иҳалшоит иҳаӡбарц Анцәа ҳаизыӡырҩлоу, мамзаргьы ҳаизымӡырҩлоу (Ҩынтәзакәан 30:15, 16, 19, 20). Иегова ҳаизыӡырҩларц анаҳаӡбо, уи бзиабарала иҭәу ҳгәы ианҳаҵанаҳәо, жәҩантә ҳ-Аб агәырӷьареи агәахәара дуӡӡеи изааҳгоит (Ажәамаанақәа 11:20). Убри адагьы, ҳара зегь реиҳа еиӷьу аԥсҭазааратә мҩа алҳхуеит.
УИ ИԤҞАРАҚӘА РЫҚӘНЫҞӘАРА ХЬАНҬАӠАМ
13, 14. Избан иаҳҳәар зҳалшо Анцәа «иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым» ҳәа? Иаага аҿырԥшы.
13 Иегова идҵақәа рганахьала апостол Иоанн иҳаиҳәоит угәы шьҭызхуа ажәақәа: «Уи иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым»c. Иегова иҭахрақәа аҟәышра рыҵоуп, иагьҳақәыӷәӷәаӡом. Инаӡам ауаа ирылшоит иара изакәанқәа рықәныҟәара.
14 Иааҳгап абри аҩыза аҿырԥшы: уҩыза гәакьа дуҳәоит ҿыцнхара дахьиасуа уицхраарц. Уи еиҭагатәу акоробкақәа рацәаны имоуп. Иҟоуп аӡәы ихала изышьҭыхуа, иласу акоробкақәа, аха егьырҭ хьанҭақәоуп, рышьҭыхразгьы ҩыџьа ауаа аҭахуп. Уҩыза акоробкақәа узалихуеит. Дуҳәару акоробкақәа реиҭагара, ишуцәыхьанҭоу дырны? Мап, избанзар иара иҭахым урҭ анеиҭауго убӷа ԥуҵәарц. Убас, бзиабарала иҭәу, иқьиоу ҳ-Анцәа дҳаҳәаӡом зынагӡара ҳцәыуадаҩу аԥҟарақәа рықәныҟәара (Ҩынтәзакәан 30:11—14). Уи ахаангьы дҳаҳәарымызт иҳалымшо аидара аҵалара. Иегова еиликаауеит ҳалшарақәа шмаҷу, «игәалашәоит асаба ҳшалху» (Ԥсалом 103:14).
15. Избан агәра ганы ҳзыҟоу Иегова иуасиаҭқәа иреиҳаӡоу ахәарҭа шаҳзаарго?
15 Иегова иуасиаҭқәа ҳцәыхьанҭаӡам, аха иреиҳаӡоу ахәарҭа ҳзааргоит. (Уаԥхьа Исаиа 48:17.) Убри азоуп Моисеи израилаа иреиҳәарц зилшоз: «Иегова иҳадиҵеит абарҭ ақәҵа́рақәа зегь рынагӡара, еснагь ҳицәшәаларц ҳ-Анцәа Иегова ҳара иаҳзеиӷьхарц азы, нас ҳаԥсы ҭазарц иахьа еиԥш» (Ҩынтәзакәан 6:24). Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова изакәанқәа ҳаҭауа, наунагӡа имиасуа ҳаманшәалара дшеиҷаҳауа. Ҟалашьа амоума даҽакала? Иегова — зҟәыӷара ҳәаа амам Нцәоуп (Римаа 11:33). Убри аҟынтә, иара идыруеит ҳара ҳзы зегь раасҭа еиӷьу. Убри адагьы, Иегова — дыбзиабароуп (1 Иоанн 4:8). Абзиабара, Анцәа ихаҭара аазырԥшуа, иара иажәақәеи иусқәеи ирныруеит. Уи имаҵуҩцәа ириҭаз ауасиаҭқәа зегьы шьаҭас ирымоуп.
16. Избан ҳара Анцәа изыӡырҩра зҳалшо, ари иԥхасҭоу адунеии инаӡам ҳцәеижьи шаҳныруагьы?
16 Ус ишыҟоугьы, Анцәа изыӡырҩра мариоуп ҳазҳәаӡом. Ҳара ҳаҿагылароуп ари иԥхасҭоу адунеи анырра, избанзар уи «Ацәгьа инапаҿы иҟоуп» (1 Иоанн 5:19, АдҾ). Иара убас ҳара ҳаҿагылалароуп Анцәа изакәанқәа реилагарахь ҳхы зырхо, инаӡам ҳцәеижь (Римаа 7:21—25). Аха Анцәа ибзиабара абзоурала, ҳара аиааира ҳгарц ҳалшоит. Иегова азылԥхарақәа риҭоит зыбзиабара ҳәатәхаҵарала иаазырԥшуа ауаа. Иара ириҭоит иԥшьоу адоуҳа, «игәрахаҵара зманы иҟоу зегьы» (Аусқәа 5:32). Ари адоуҳа еизнарҳауеит алҵшәа бзиа — зыхә ҳараку аҟазшьақәа, азыӡырҩра аарԥшра аҟны иҳацхраауа (Галаҭаа 5:22, 23).
17, 18. а) Ҳаззааҭгылозеи ари ашәҟәаҿы, насгьы ҳхаҿы иааган иҳамазар ахәҭоузеи ари ҳара аматериал анеилҳарго? б) Ҳазлацәажәозеи анаҩстәи ахаҿы?
17 Ари ашәҟәаҿы ҳара ҳарзааҭгылоит Иегова игәаԥхашәатә нормақәеи ипринципқәеи, иара убас игәаԥхара зныԥшуа идҵақәа рацәаны. Ари аматериал анеилҳарго, ҳхаҿы иааганы иҳамазароуп акы. Уааи иаҳхаҳмыршҭлап Иегова ишҳадимцало иара изакәанқәеи ипринципқәеи рықәныҟәара; иара ииҭаху ҳара гәык-ԥсыкала ҳаизыӡырҩларц ауп. Уааи иаҳгәалашәалап Иегова ишиҭаху ҳара ҳаԥсҭазаара уажәнатә азылԥхарақәа аанагаларц, насгьы ҳаԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц. Ахаан иаҳхаҳмыршҭлап, гәык-ԥсыкала Иегова ҳанизыӡырҩуа, уи ала шаҟа бзиа даҳбо ааҳарԥшуеит.
18 Ацәгьеи абзиеи ахьыҟоу еилҳаргаларц, Иегова бзиабарала иҳаиҭеит аламыс. Уи ҳааӡалар, узықәгәыӷуа абжьагаҩхоит. Абри атема ҳалацәажәоит анаҩстәи ахаҿы.
b Адоуҳа цәгьақәаҵәҟьагьы зны-зынла азыӡырҩра аадмырԥшыр ада ԥсыхәа рымамызт. Убас адоуҳа цәгьақәа ишырҭахымызгьы, Иисус изыӡырҩыр акәхеит, ауаа ирхаз адемонцәа шәрылҵ ҳәа анрыдиҵаз (Марк 1:27; 5:7—13).
c Уи ажәа иаанаго аилкааразы Матфеи 23:4 аҿы иаагоуп ажәа «аидара хьанҭа», убри ажәа Аусқәа 20:29, 30 рҿы еиҭагоуп «ицхлымуа ақәыџьмақәа» (АдҾ) ҳәа. Уахь иаҵанакуеит игәымбылџьбароу, иацәхьаҵыз, «амцҵара иадгыло», насгьы егьырҭ зырҩашьо ауаа.