Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lv ад. 3
  • Апролог

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Апролог
  • «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аҵабырг амҩала шәцала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иаазырԥшуазеи Анцәа иахь абзиабара
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Анцәа ибзиабараҿ уҟаз
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Шәахәаԥш еиҳаны
«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
lv ад. 3

Апролог

Акыр иаԥсоу Иегова имаҵуҩы!

Иисус иҳәеит: «Убасҟан аҵабырг закәу шәзаатуеит, уи аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Шаҟа игәышьҭыхгоузеи арҭ ажәақәа! Ицәгьоу «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан, иахьабалак мцҳәарыла ианҭәу, аҵабырг аилкаара алшоит (2 Тимофеи 3:1). Иугәалашәома уара раԥхьаӡа Анцәа Иажәаҿы иаагоу аҵабырг анеилукааз? Уи хашҭшьа змамыз ак акәын!

Иахьа аҵабырг аилкаареи еиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәареи шыхадоугьы, еиҳараӡак аҵакы змоу — иара аҵабырг инақәыршәаны анхароуп. Убри азы иахәҭоуп Анцәа ибзиабараҿ ҳаҟазарц. Иаҵанакуазеи убрахь? Иисус иԥсра аԥхьа изиашоу иапостолцәа иреиҳәаз ажәақәа рҿы, иаагоуп ари азҵаара аҭак: «Шәара сыԥҟарақәа шәрықәныҟәозар, сыбзиабараҿ шәҟалашт, зыԥҟарақәа ныҟәызго Саб ибзиабараҿ сшыҟоу аиԥш» (Иоанн 15:10).

Иазгәаҭ Иисус Анцәа ибзиабараҿ дшаанхоз, избанзар Иаб иԥҟарақәа дрықәныҟәон. Ари иахьа ҳаргьы иҳаҵанакуеит. Анцәа ибзиабараҿ ҳаҟазарц азы, иахәҭоуп аҵабырг инақәыршәаны анхара. Иара убас Иисус, иапостолцәа драцәажәо, иҳәеит: «Абри дырны ианынашәыгӡауа — бзазара шәымоуп» (Иоанн 13:17).

Ҳара гәык-ԥсык ала ҳақәгәыӷуеит ари ашәҟәы шуцхраауа ҵабыргла анхара, насгьы уҟазарц «Анцәа ибзиабараҿ, наунагӡатәи аԥсҭазаарахь» уназго (Иуда 21).

Иегова Ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра