Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lv ахы 2, ад. 14—24
  • Ишԥахьчалатәу аламыс цқьаны?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥахьчалатәу аламыс цқьаны?
  • «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АЛАМЫС, НАСГЬЫ АУС ШԤАУЕИ ИАРА
  • АЛАМЫС ШААӠАЛАТӘУ
  • ИЗБАН ЕГЬЫРҬ РЫЛАМЫС ИЗАЗХӘЫЦЛАТӘУ?
  • ИШԤААНАГО АЛАМЫС ЦҚЬА АЗЫЛԤХАРАҚӘА
  • Шәзақәгәыӷыртә иҟоума шәара шәыламыс?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Анцәа ипринципқәеи изакәанқәеи шәрызхәыцны шәыламыс шәааӡала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
lv ахы 2, ад. 14—24
Карта и компас

АХЫ 2

Ишԥахьчалатәу аламыс цқьаны?

«Ишәымаз ицқьоу аламыс» (1 ПИОТР 3:16, АдҾ).

1, 2. Избан акомпас — крызҵазкуа згәаҭагоу, насгьы уи аламыс иаҿҳарԥшыр зҳалшо?

АМШЫНУАҨ ӷбала ҳәаа змам аокеан дхуп; аныҟәаҩ ацәҳәыра дықәланы днеиуеит; аԥырҩы ҳаирпланла аԥсҭҳәақәа дырхыԥраауеит. Ирзеиԥшузеи дара? Компасда дарбанзаалак урҭ рҟынтә арыцҳара дақәшәар илшоит, еиҳарак егьырҭ иҿыцу атехникатә гәаҭагақәа имамзар.

2 Акомпас — шьақәгылашьала имариоу гәаҭагоуп, еснагь аҩада ирхоу амхылдызтә хыц змоу, игьежьу аихшарбага ауп. Акомпас ишахәҭоу еиԥш аус ауазар, ииашоу ахсаала ухы иаурхәозар, ашәарҭара ӷәӷәа уҽацәухьчоит. Ганкахьала акомпас иаҿурԥшыр ауеит аламыс — зыхә ҳараку Иегова иҳамҭа (Иаков 1:17). Убри ада зынӡа ҳаӡуан. Уи иҳаҵанаҳәо ҳазыӡырҩлар, ҳаԥсҭазаараҿ амҩа иаша ҳацәхҟьаӡом. Уааи ҳахәаԥшып аламыс закәу, насгьы уи аус шауа. Анаҩс ҳара еилҳаргоит: 1) аламыс шааӡалатәу, 2) избан егьырҭ рыламыс изазхәыцлатәу, 3) ишԥаанаго аламыс цқьа азылԥхарақәа.

ИЗАКӘЫЗЕИ АЛАМЫС, НАСГЬЫ АУС ШԤАУЕИ ИАРА

3. Иаанагозеи абырзен ажәа «аламыс» ҳәа еиҭагоу, насгьы иарбан ак иаламҩашьо уаҩытәыҩсатә лшароу иара иаанарԥшуа?

3 Абиблиаҿы абырзен ажәа «аламыс» ҳәа еиҭагоу, иаанагоит «ахдырра, ма ахеилкаара». Егьырҭ адгьылтә шамҭақәа ҳарҿурԥшуазар, ҳара Анцәа иҟынтәи иҳамоуп алшара ҳхы еилаҳкааларц. Даҽакала иуҳәозар, ҳара иҳалшоит ҳааҭгыланы ҳхы ҳахәаԥшыр, насгьы ҳхымҩаԥгашьа агәаԥхашәатә хәшьара аҳҭар. Ҩныҵҟатәи шаҳаҭҩык, ма ӡбаҩык иаҳасабала, аламыс ҳхымҩаԥгашьеи, ҳцәаныррақәеи, ҳаӡбарақәеи ахәшьара рнаҭар алшоит. Уи ииашоу аӡбара адкылараҿы иҳацхраауеит, ма ииашам аҟынтәи ҳахьчоит. Абасала аламыс агәырӷьара ҳзаанагар, ма ҳаргәаҟлар алшоит.

4, 5. а) Иабантәаадыруеи ҳара Адами Евеи аламыс шрымаз, насгьы иабананагеи дара Анцәа изакәан ахьеиларгаз? б) Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо ақьырсианра цәырҵаанӡа иҟаз ииашоу амаҵуҩцәа рыламыс аус шауаз?

4 Ари алшара ахаҵеи аԥҳәыси ианшаз инаркны ирылаҵан. Иубаратәы иҟан Адами Евеи аламыс шрымаз. Иаҳҳәап, агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь, дара ԥхашьеит (Аҟазаара 3:7, 8). Илахьеиқәҵагоуп, аха уажәшьҭа ицқьамыз рыламыс аҭагылазаашьа заԥсахуамызт. Ишырдыруаз Анцәа изакәан еиларгеит. Убри ала, дара ишеилыркаауаз ибунтҟаҵаҩцәахеит, Анцәа Иегова иҿагылеит. Инаӡаз ауаа реиԥш, урҭ ибзиаҵәҟьаны иҟарҵоз еилыркаауан, убри аҟынтә дара анажьра иаԥсамызт.

5 Адами Евеи ирҿурԥшуазар, инаӡам ауаа рыламыс ирыҵанаҳәоз иазыӡырҩуан. Иаҳҳәап, ауаҩ иаша Иов абас иҳәеит: «Сара сиашара еснагь садгылон, иоусыжьрангьы сыҟаӡам, исаҩсхьоу мышказы сгәы ҽыԥныҳәа снаҭаӡом» (Иов 27:6)a. Иов ииашаҵәҟьаны иламыс цқьан. Иара иламыс иҵанаҳәоз дазыӡырҩуан, уи иӡбарақәеи ихымҩаԥгашьеи ирныԥшуан. Убри аҟынтәи иара иҳәар илшон иламыс ҽыԥныҳәа шинамҭоз, аԥхашьареи ахареи цәырызго ацәанырра дшамыргәаҟуаз. Иазгәаҭ Иови Давиди рцәаныррақәа шеиԥшымыз. Давид Иегова аҳас иалихыз Саул иахь апатуқәҵара анааимырԥш, «Давид игәы даргәаҟуа иалагеит» (1 Самуил 24:5). Давид иламыс дахьаргәаҟуаз ахәарҭа изаанагеит: уаҳа уи аҩыза апатуқәымҵара ааирԥшуамызт.

6. Иузырбозеи аламыс ауаа зегьы ишрымоу?

6 Иегова имаҵуҩцәа рымацара роума аламыс змоу? Игәаҳҭап апостол Павел иажәақәа: «Амурҭаҭцәа иҩу закәанԥҟара рымаӡам, аха урҭ азакәан иаҳәо ргәы-рыԥсы ирыҵанаҳәо ала иазныҟәозар, урҭ уи назыгӡо ракәны иԥхьаӡоуп — закәанԥҟара шырзанымгьы. Урҭ уи ала иаадырԥшуеит азакәан иуднаҵо дара ргәы-рыԥсы ишҭаҩу, урҭқәа ртәы аҩныҵҟатә еиҿагылара згым рыламыси рхәыцрақәеи ишьақәдырӷәӷәоит» (Римаа 2:14, 15). Иегова изакәанқәа зынӡа иззымдыруагьы, зны-зынла рыҩныҵҟатәи ашаҳаҭ абзоурала, Анцәа ипринципқәа ирықәныҟәоит.

7. Избан аламыс зны-зынла ииашам аӡбара зҳаҵанаҳәо?

7 Аха џьара-џьара аламыс ииашам аӡбара уҵанаҳәар ауеит. Избан? Акомпас еихатәы маҭәарк авараҿ иқәуҵар, ахыц аҩада иԥшлаӡом. Аха акомпас ииашоу хсаалада ухы иаурхәалар, уи хәарҭа узаанагаӡом. Убас еиԥш, ҳаламыс ахабзиабаратә гәаҳәарақәа аныруазар, ииашам амҩа ҳақәнаҵар алшоит. Уи ииашаҵәҟьоу дыррада ҳхы иаҳархәозар, ҳара иаҳцәыцәгьахоит акрызҵазкуа аусқәа рҿы ацәгьеи абзиеи реиҩдыраара. Убри аҟынтә, ҳаламыс ииашаны иҳаҵанаҳәаларц азы, ҳара иԥшьоу Иегова идоуҳа анапхгара ҳҭахуп. Павел иҩит: «Аԥсы Цқьа иҿы [«иԥшьоу адоуҳа аҿы», АдҾ] абри атәы сыламыс шаҳаҭра ауеит» (Римаа 9:1). Агәра злаҳгозеи ҳаламыс Иегова иԥшьоу идоуҳа инақәыршәаны аус шауа? Уи ааӡара аҭахуп.

АЛАМЫС ШААӠАЛАТӘУ

8. а) Ишԥалшо ҳгәы ҳаламыс ианырлар, насгьы изызхьаԥшлатәузеи аӡбарақәа анҳадаҳкыло? б) Избан ақьырсиан изы аламыс цқьа амазаара мацара зазымхо? (Уахәаԥш албаага.)

8 Ишԥаудукылар акәу уламыс иаҿамгыло аӡбара? Шьоукы иҟарҵаша анырыӡбо, рцәаныррақәа ирыццоит. Анаҩс ус рҳәоит: «Сара сыламыс цқьоуп». Ҳаламыс ӷәӷәала ианырлар ауеит ҳгәазыҳәарақәа. Абиблиа иануп: «Зегь раасҭа игьангьашу, ибааԥсу агәы ауп. Издыруада уи?» (Иеремиа 17:9). Убри аҟынтә ҳгәы иҳаҵанаҳәо еснагь ҳацымныҟәозароуп. Уи ахаҭыԥан ҳара ҳазхәыцлар ауп Анцәа Иегова дзыргәырӷьашаb.

9. Изакәызеи Анцәа игәаԥхо ацәшәара, насгьы ишԥаныруеи уи ҳара ҳаламыс?

9 Ҳара иааӡоу ҳаламыс инақәыршәаны иҳадаҳкыло аӡбарақәа ирныԥшуеит Анцәа игәаԥхо ашәара, ҳхатәы гәазыҳәарақәа ракәымкәа. Ҳазааҭгылап анаҩстәи аҿырԥшы. Ииашоу анапхгаҩы Неемиа азин иман Иерусалим инхоз ауаа ашәахтә рылхра. Аха иара ус ҟаиҵомызт. Избан? Анцәа иуаажәлар дрықәыӷәӷәар, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьысыр ҳәа дшәон, убри аҟынтә уи азхәыцрагьы иҭахымызт, иагьицәымӷын. Иара абас иҳәеит: «Аха сара ус ҟасҵомызт, избанзар Анцәа сицәшәон» (Неемиа 5:15). Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит гәык-ԥсыкалатәи Анцәа игәаԥхо ашәара амазаара — ашәара жәҩантә ҳ-Аб игәы иақәымшәо аҟаҵара. Абри аҩыза Анцәа ицәшәара ҳгәазҭанаҵоит аӡбара анҳадаҳкыло, анапхгара Анцәа Иажәаҿ аԥшаара.

10, 11. Иарбан библиатә принципқәоу изызхәыцтәу арыжәтә аганахьала, насгьы ишԥаҳауеи Анцәа инапхгара урҭ апринципқәа рықәныҟәаразы?

10 Ҳахәаԥшып алкогольтә рыжәтәқәа ирыдҳәалоу азҵаара. Еиҳараҩык рҩызцәа-рықәлацәа, ма ирзааигәоу ианрыдтәалоу, рхы иазҵаароуп: «Изжәру, ма изымжәру?» Раԥхьа акы иазхәыцтәуп. Иарбан библиатә принципқәоу ари аҭагылазаашьаҿ еиҳа ианаало? Абиблиа ихмырҟьаӡакәа аҩыжәра иақәыӡбаӡом. Уаҟа Иегова дырҽхәоуп аҩы еиԥш иҟоу аҳамҭа азы (Ԥсалом 104:14, 15). Аха Абиблиа амцхә афара-ажәра иақәыӡбоит (Лука 21:34; Римаа 13:13). Иара убри адагьы, аҩҽаршьра акалҭшьҭаныҟәареи ацәыбзареи реиԥш иҟоу агәнаҳа ӷәӷәақәа ирхыԥхьаӡалоуп (1 Коринфаа 6:9, 10, АдҾ)c.

11 Абарҭ апринципқәа рыбзоурала, ақьырсиан иламыс аҽариашоит, еиҳа аус ауа иалагоит. Убри аҟынтә, аиҩызцәа реиԥылараҿы ижәтәу-ижәтәыму ҳәа ауаҩы ианиӡбо, иахәҭоуп ихы дазҵаарц: «Изызкузеи ари аиԥылара? Иалшома аҭагылазаашьа ахылаԥшра агхар, аиԥылара аҩҽаршьрахьы ииасыр? Схы абасырхо сара? Арыжәтә сымжәыр ада ԥсыхәа сымамкәа сыҟоума? Изжәуама сара арыжәтә сгәалаҟазаареи схымҩаԥгашьеи ирнырырц азы? Исымоума сара аҽынкылара, арыжәтә сҽасмыршьырц?» Абиблиатә принципқәеи урҭ ирыдҳәалоу азҵаарақәеи ҳанрызхәыцуа, ҳара Иегова ҳиҳәалар ахәҭоуп анапхгара ҳаиҭарц азы. (Уаԥхьа Ԥсалом 139:23, 24.) Абасала ҳара Иегова иԥшьоу идоуҳала иҳаиҳәо ҳшацныҟәо ааҳарԥшуеит. Иара убас ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳаламыс Анцәа ипринципқәа инарықәыршәаны ааӡара. Аха аӡбарақәа анҳадаҳкыло, ибзиоуп еиҭах акы ҳгәалашәалар.

ИЗБАН ЕГЬЫРҬ РЫЛАМЫС ИЗАЗХӘЫЦЛАТӘУ?

Мужчина решает, стоит ли ему выпить бокал вина в кругу друзей

Абиблиа ала иааӡоу уламыс уцхраауеит арыжәтә ужәру, ма иумжәру аӡбара

12, 13. Изеиԥшымзеи ақьырсианцәа рыламыс, насгьы ҳашԥазнеилар акәу уи ҳара?

12 Иҟалап уара иџьаушьар шаҟа иӷәӷәаны еиԥшым ақьырсианцәа рыламыс. Аӡәы ҵаск ҽеим ҳәа иԥхьаӡоит, даҽаӡәы уи ицәгьоу ҳәа акгьы адибалом. Иаҳҳәап, аӡәы иҩызцәеи иареи ахәылбыҽха ианааидтәало, хәыҷык ижәырц иӡбар ауеит, даҽаӡәы уи ҭаха инаҭом. Избан арҭ агәаанагарақәа зеиԥшым, насгьы ишԥарныруеи урҭ ҳара ҳаӡбарақәа?

13 Ауаа злеиԥшым даара ирацәоуп. Зегьы еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ԥышәа рымоуп. Абас, шьоукы уаанӡа ԥсыҽрак ирымаз иаиааирц рҭахын, аха есымша еиԥшны ирықәҿиомызт (1 Аҳцәа 8:38, 39). Арыжәтә аӡбахә анырҳәо, дара рыламыс еиҳа ианыруеит. Абас еиԥш иҟоу ауаҩы сасра дузнеир, иҟалап иламыс иҵанаҳәар арыжәтә мап ацәикырц. Иаԥсоума агәаара? Иахәҭоума адцалара? Ҳәарада мап! Ауаҩы арыжәтә мап зацәикуа амзыз аҳәара иҭахымзар ҟалоит уи аҭагылазаашьаҿы, аха аиашьаратә бзиабара ҳаҭырбарала изнеираҿ иҳацхраауеит.

14, 15. Излеиԥшымзи актәи ашәышықәсаан ақьырсианцәа рыламыс, изыдҳәалазеи уи азҵаара, насгьы ирабжьеигози Павел?

14 Апостол Павел ибон актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа рыламыс шаҟа еиԥшымыз. Усҟантәи аамҭазы қьырсианцәақәак аныхачыс иадҳәалаз азҵаара ргәы иҵхон (1 Коринфаа 10:25). Павел иламыс даргәаҟуамызт, аџьармыкьаҿ ирҭиуаз аныхачыс аахәан ифар. Иара изы аныхақәа акгьы аанагаӡомызт; урҭ аныхақәа Иегова иитәу афатә аӡәы иҭара рылшомызт. Аха Павел еиликаауан иара игәаанагара зегьы ишицеиҩырымшоз. Иҟалап шьоукы ақьырсианра рыдыркылаанӡа, хыбаарала аныхақәа ирымҵахырхәозҭгьы. Аха уажәшьҭа, аныха амҵахырхәара иадҳәалаз зегьы даараӡа ргәы иацәымӷын. Иҟаҵатәузеи абри аҩыза аус аҿы?

15 Павел иҳәеит: «Ҳарҭ, аӷәӷәақәа, ауаа ԥсыҽқәа рыгха-ԥха ҳаҵагылароуп, ҳхы иахәаша мацарагьы ҳашьҭамзароуп. Христосгьы Иара ихәашаз мацара аҟаҵара акәмызт дзышьҭаз» (Римаа 15:1, 3). Павел ҳгәазҭаиҵоит Христос иҿыԥшра, насгьы ҳара ҳтәқәа раасҭа ҳашьцәа ринтересқәа аԥхьа иҳаргылаларц. Даҽазны, абри еиԥшыз азҵаара даналацәажәоз, Павел иҳәеит акәац зынӡа ишиимфо, Христос ихы зыхҭниҵаз, хәы змоу асыс иара ихырҟьаны имҩахҟьар аасҭа. (Урыԥхьа 1 Коринфаа рахь 8:13; 10:23, 24, 31—33.)

16. Избан еиҳа зыламыс ԥшқоу ақьырсианцәа изрықәмыӡбалар акәу зыламыс дара ртәы еиԥшым?

16 Убри аамҭазы зыламыс еиҳа иԥшқоу ақьырсианцәа егьырҭ акритика рзырымуроуп, аламыс иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы дара ргәаанагара рыдцалауа. (Уаԥхьа Римаа рахь 14:10.) Еиӷьуп ауаҩы иламыс иара ихаҭа иқәыӡбалар, егьырҭ ирықәыӡбалар аасҭа. Иаҳхаҳмыршҭыроуп Иисус иажәақәа: «Шәмыӡблан, ӡбатәысгьы шәроурым» (Матфеи 7:1). Аизара иалахәу зегьы ргәырҽанызароуп аламыс иаҵанакуа азҵаарақәа рҿы, дара ргәаанагара егьырҭ мчыла ирыдрымгалаларц. Убри аҭыԥан досу абзиабареи акзаареи реизырҳара дашьҭазароуп, ргәы кажьуа акәымкәа, аха ишьҭыхуа (Римаа 14:19).

ИШԤААНАГО АЛАМЫС ЦҚЬА АЗЫЛԤХАРАҚӘА

Женщина идет по бескрайнему зеленому лугу, ощущая душевный покой

Аламыс цқьа аԥсҭазааратә мҩала ҳагалар алшоит, агәырӷьареи агәҭынчреи ҳзааго

17. Иахьзеи иахьа еиҳараҩык ауаа рыламыс?

17 Апостол Пиотр иҩуан: «Ишәымаз ицқьоу аламыс» (1 Пиотр 3:16, АдҾ). Анцәа Иегова иҿаԥхьа ицқьоу аламыс — зылԥхара дуӡӡоуп. Иахьатәи ҳаамҭазы инхо ауаа рыламыс азы ус узҳәом. Павел «зыламыс [«дамыӷала», АдҾ] игәылаблызшәа» иҟоу дрылацәажәон (1 Тимофеи 4:2). Еихаршы́ла иблу адамыӷа ацәеижь аҿы иааннажьуеит ашәахсҭа, иахьыблу аҭыԥ ацәа анырра ацәыӡуеит. Еиҳараҩык ауаа рыламыс ԥсит ҳҳәар ҳалшоит: уи убриаҟара иџьаџьахеит, анырра ацәыӡит, уаҳа агәҽанызаара унаҭаӡом, иуҿагылаӡом. Агәнаҳа иахҟьаны, ахареи аԥхашьареи узцәырнагаӡом. Иахьа ахара ацәанырра зцәыӡыз ауаа ус рҳәар рылшоит: «Ибзиами нас!»

18, 19. а) Иарбан хәарҭоу иаанагар алшо, ахареи аԥхашьареи анузцәырҵуа? б) Иҟаҵатәузеи, ҳзыхьхәыз уаанӡатәи ҳагәнаҳақәа рзы ҳаламыс иааҟәымҵӡакәа ҳаргәаҟуазар?

18 Аиашазы, аламыс, ахара ҳадҵо, иаҳнарбар ауеит иҟаҳҵаз шиашам. Ари аҩыза ацәаныррақәа агәнаҳаҟаҵаҩ дахьдырхәуазар, зегь реиҳа иӷәӷәоу агәнаҳа ҟаиҵазаргьы, ианажьзар ауеит. Иаҳҳәап, аҳ Давид агәнаҳа ӷәӷәа, ҟаиҵеит, аха зегь ианажьын, избанзар гәык-ԥсыкала дахьхәит. Давид игәнаҳа ахьицәымыӷхаз, Иегова иҟаиҵаз изакәанқәа рықәныҟәара хьаҵрада иахьиӡбаз иабзоураны, иара ииашаҵәҟьан агәра игеит: Иегова «дқьиоуп, анажьра дазхиоуп» (Ԥсалом 51:1—19; 86:5). Аха иҟаҵатәузеи, ахареи аԥхашьареи ҳаанырмыжьуазар, ҳахьхәны анажьра ҳаухьазаргьы?

19 Зны-зынла акраамҭа агәнаҳаҟаҵаҩ иҟаиҵахьаз азы иламыс даргәаҟлар ауеит, уи хәарҭа шаана́мгогьы. Ус анакәха, ҳзыргәаҟуа ҳгәы зынӡа ҳарҭынчыр ауп, Иегова ҳара ҳгәы аҵкыс дшеиҳау, ҳцәаныррақәагьы шидыруа еилкаауа. Ҳара ибзиабареи ианажьреи рыгәра ҳгозар ауп, избанзар ҳара егьырҭ ргәазҭаҳҵоит уи агәра ргаларц. (Уаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20.) Иара убасгьы ицқьоу ҳаламыс абзоурала, ҳара иҳамоуп ари адунеи аҿы лассы иуԥымло агәҭынчреи агәырӷьара дуи. Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵахьаз реиҳараҩык, ииашаҵәҟьаны аԥсеивгара роуит, уажәшьҭа ауаа Анцәа Иегова ламысцқьарала имаҵ руларц рылшоит (1 Коринфаа 6:11).

20, 21. а) Иабауцхраауеи уара ари ашәҟәы? б) Иарбан хақәиҭроу ирымоу ақьырсианцәа, насгьы ишԥахәҭоу уи ахархәара?

20 Ари ашәҟәы хықәкыс иамоу — агәырӷьара уԥшаарц, насгьы уламыс цқьаны иухьчарц ауп, Аҩсҭаа имаҭәарқәа иааӡоу рсистема аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа. Ҳәарада, ари ашәҟәаҿы есымша ҳхы иаҳархәаша абиблиатә закәанқәеи апринципқәеи зегьы аагам. Убри адагьы, урзымԥшын аламыс иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы иалкаау аҭакқәа. Анцәа Иажәа аԥсҭазаараҿ ишықәныҟәатәу ари ашәҟәала еилкаауа, уара уламыс еиҳа анырра аиуа иуааӡоит. Моисеи изакәан иаҿурԥшуазар, «Христос изакәанԥҟара» иқәныҟәо ргәазҭанаҵоит аламыси апринципқәеи рнапхгарала анхара, ианҵоу аԥҟарақәа рыла акәымкәа (Галаҭаа 6:2). Абасала, Иегова ақьырсианцәа ириҭоит зеиԥшыҟам ахақәиҭра. Анцәа Иажәа агәҽанызаара ҳнаҭоит, ахақәиҭра «ацәгьа-мыцәгьа рыхҩара-рԥыракразы иҟамларц» (1 Пиотр 2:16). Ари аҩыза ахақәиҭра зеиԥшыҟам алшара ҳнаҭоит Иегова иахь абзиабара аарԥшра.

21 Абиблиатә принципқәа ушрықәныҟәаша Анцәа уаниҳәо, нас уӡбарақәа уԥсҭазаараҿы ухы ианаурхәо, уара уԥышәа иацуҵоит (Ауриацәа 5:14). Уи уара раԥхьаӡа Иегова уаниабадыр иалагаз акрызҵазкуа ԥсҭазааратә процессуп. Есҽны уара агәра угалоит — шаҟа изылԥхара дуӡӡоу Абиблиа ала иааӡоу аламыс. Аныҟәаҩ амҩа дызқәу дацәхымҟьарц акомпас шицхраауа еиԥш, уламыс жәҩантә у-Аб игәаԥхо аӡбарақәа рыдкылараҿы иуцхраауеит. Абас уара иулшоит Анцәа ибзиабараҿ уҟазарц.

a Ажәа «аламыс» Ауриатә Ҩырақәа рҿы ишуԥымлогьы, абас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа рҟынтә иубарҭоуп аламыс шакәу зыӡбахә ҳәоу. Лассы-лассы ажәа «агәы» аҩныҵҟатәи ауаҩы иҵанакуеит. Ари аҿырԥшы ишаҳнарбо ала, уи аҩныҵҟатәи ауаҩы акрызҵазкуа ихәҭа — аламыс ауп. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҟны абырзен ажәа «аламыс» ҳәа еиҭагоу, 30-нтә иуԥылоит.

b Абиблиа иаҳнарбоит аламыс цқьа амазаара мацара шазымхо. Абар апостол Павел иажәақәа: «Зыламыс цқьоу аӡәы сакәны схы збоит, аха ари иаанагом харак сыдны схы сыԥхьаӡом ҳәа; Иҳақәиҭу иоуп ӡбаҩыс исымоу» (1 Коринфаа 4:4). Павел ишыҟаиҵоз еиԥш, ақьырсианцәа ирышьҭашәарыцо, рыламыс цқьазар ауеит, избанзар Анцәа русқәа дырзыразуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Даараӡа ихадоуп ҳара ҳаламыс ҳҿаԥхьа адагьы, Анцәа иҿаԥхьагьы ицқьазарц (Аусқәа 23:1; 2 Тимофеи 1:3).

c Иазгәаҭатәуп, аҳақьымцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, ихмырҟьацәакәа аҩыжәра алкоголикцәа ишырԥырхагоу, дара рзы «ахмырҟьара» иаанагоит зынӡа ажәра шыҟамло.

АҬАК ШԤАҞАУҴАРЫЗ?

  • Ишԥахәҭоу ианырыр ҳара ҳаламыс, Иегова есҽны дшаҳхылаԥшуа ахьаҳдыруа? (Ауриацәа 4:13).

  • Ишԥаицхрааи Иосиф аламыс аԥышәара аҿагылараҿы? (Аҟазаара 39:1, 2, 7—12).

  • Избан Иегова ҳаизааигәахаразы акыр заҵанакуа аламыс цқьа амазаара? (Ауриацәа 10:22).

  • Избан ахаҵара змам ауаа рыламыс изазхәыцтәу? (2 Коринфаа 4:1, 2).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра