Шәзақәгәыӷыртә иҟоума шәара шәыламыс?
«Ари алабжьара хықәкыс иамоуп агәы цқьеи аламыс цқьеи... ирхылҵуа абзиабара» (1 ТИМ. 1:5, АдҾ).
1, 2. Ирызҭада ауаа аламыс ҳамҭас, насгьы избан ҳара уи азы аџьшьара зааҳарԥшлар акәу?
АНЦӘА ИЕГОВА ауаа рхы иақәиҭны, даҽакала иуҳәозар рхала аӡбарақәа рыдыркылалартә алшара рыҭаны ишеит. Уи раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси урҭ ирхылҵызи абжьагара бзиа рызҭоз ак риҭеит — аламыс, мамзаргьы ацәгьеи абзиеи закәу деилзыркаауаз аҩныҵҟатәи ацәанырра. Ҳаламыс иҳаҵанаҳәо ҳазыӡырҩуазар, уи ииашаны ҳхы амҩаԥгара, насгьы ицәгьоу ак аҟамҵара иҳацхраауеит. Ауаа аламыс ахьрымоу шаҳаҭра ауеит Анцәа урҭ бзиа ишибо, насгьы акзаара ҳамазарц, абзиара ҟаҳҵаларц шиҭаху.
2 Иахьагьы ауаа уи аҳамҭа рымоуп. (Шәаԥхьа Римаа рахь 2:14, 15.) Аӡәырҩы рхымҩаԥгашьа иҳараку абиблиатә нормақәа ишрықәымшәогьы, ҳара уеизгьы иқьиоу, насгьы ацәгьа зцәымӷу ауаа ҳԥылоит. Ауаа реиҳараҩык рыламыс ирыҵанаҳәо иқәныҟәоит, уи ацәгьоурақәа рыҟаҵара аҟынтә иааннакылоит. Шәазхәыц адгьыл аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшрахоз, ауаа зынӡаск аламыс рыҭамызҭгьы! Ацәгьоурақәа еиҳагьы еиҳахон. Шаҟа ҳизгәдуузеи ҳара Анцәа, аламыс ҳамҭас иахьҳаиҭаз!
3. Ишԥалшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыламыс аизара зегьы ибзианы ианырыр?
3 Иахьа зыламыс иазымӡырҩуа ауаа рацәоуп. Аха Иегова имаҵзуҩцәа уи ааӡара рҽазыршәоит. Урҭ ирҭахуп рыламыс абиблиатә принципқәа ргәаланаршәаларц, насгьы ацәгьеи абзиеи реиҩдыраараҿы ирыцхрааларц. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ииашаны иааӡоу рыламыс аизара зегьы ибзианы ианыруеит. Ақьырсианцәа рыхшыҩ ирыҵанаҳәо мацарала акәӡам рыламыс шырааӡо. Абиблиа ишаҳәо ала, аламыс агәрахаҵареи абзиабареи ирыдҳәалоуп. Павел иҩуан: «Ари алабжьара хықәкыс иамоуп агәы цқьеи, аламыс цқьеи, агәыҩбара злам агәрахаҵареи ирхылҵуа абзиабара» (1 Тим. 1:5). Ҳаламыс анаҳааӡо, насгьы иҳаҵанаҳәо ҳаназыӡырҩуа, Иегова иахь иҳамоу ҳабзиабара еиҳа иҵаулахоит, ҳагәрахаҵарагьы ӷәӷәахоит. Ҳаламыс ҳхы ишаҳархәо иунарбоит ҳдоуҳара шаҟа иӷәӷәоу, насгьы Анцәа игәы аҟаҵара шаҟа иаҳҭаху. Убасала, ҳаҩныҵҟатәи ари абжьы ҳазусҭцәаҵәҟьоу ҳнарбоит.
4. Ишԥаҳалшо ҳара ҳаламыс ааӡара?
4 Ишԥаҳалшо ҳара ҳаламыс ааӡара? Иаҭахуп иааиԥмырҟьаӡакәа, насгьы инарҵауланы Абиблиа аҭҵаара, ҳзыԥхьаз азхәыцра, насгьы еилаҳкааз ахархәара. Уи иаанагоит ус баша аинформациа агәынкылара аасҭа акыр еиҳаны. Абиблиа анҭаҳҵаауа, ҳара Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳҭахуп хаҭарак иаҳасабала: ҟазшьақәас имоу, игәаԥхо, игәамԥхо. Убас ҳара ҳаламыс Анцәа имҩақәа инарықәыршәаны ишьақәҳаргылоит. Анаҩс ҳара еиҳагьы Иегова иҿыԥшра агәаҳәара ҳауеит.
5. Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?
5 Аха ицәырҵуеит акрызҵазкуа азҵаарақәа: ишԥаҳацхраауеи иааӡоу аламыс аӡбарақәа рыдкылараҿы? Иаанагозеи ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыламыс ирыҵанаҳәо инақәыршәаны ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәҵара? Ишԥалшо ҳара ҳаламыс еиҳагьы гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ аура ҳгәазҭанаҵар? Арҭ азҵаарақәа ҳгәаларшәо, еилҳаргап ҳаламыс алабжьара бзиақәа ахьҳаҵанаҳәо х-ганк: 1) агәабзиара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы 2) агәырҿыхрақәа ралхраҿы, насгьы 3) ақьырсиантә маҵзураҿы.
АҞӘЫШРА ААШӘЫРԤШЛА
6. Иарбан гану лассы-лассы ақьырсианцәа азҵаарақәа ахьрызцәырҵуа?
6 Абиблиа ҳаанаԥхьоит уқәызхуа аусқәа ҳҽырцәаҳахьчаларц, насгьы ашьцыларақәа рҿы аҽынкылара ааҳарԥшларц, иаҳҳәап акрыфара, акрыжәра реиԥш иҟоу (Ажәам. 23:20; 2 Кор. 7:1). Зны-зынла ҳақәреи ачымазареи шаҳныруагьы, абиблиатә принципқәа рықәныҟәара ганкахьала ҳгәабзиара ахьчоит. Тәылақәак рҿы итрадициатәу амедицина шыҟоугьы, ирацәоуп егьырҭ ахәышәтәышьа аметодқәагьы. Убри аҟнытә, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи афилиалқәа рахь лассы-лассы асаламшәҟәқәа рыҩуеит, Иегова имаҵзуҩцәа аҽыхәышәтәразы еиуеиԥшым аметодқәа ирықәшаҳаҭхар ҟалоу-иҟамлоу аилкааразы.
7. Ишԥаҳадаҳкыло аӡбара аҽыхәышәтәышьа иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы?
7 Афилиалгьы, аҭыԥантәи аизара аиҳабацәагьы агәабзиара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы аиашьа ма аиаҳәшьа рҭыԥан аӡбара рыдыркылар азин рымам, уи лара ма иара даҳәозаргьы (Гал. 6:5). Аха урҭ ирылшоит уи азҵаара аганахь ала Иегова ихәаԥшышьа ддырбар, уи дара ирыдыркыло аӡбара ианырыр ауеит. Иаҳҳәап, Анцәа имаҵзуҩцәа иргәалашәозар ауп абиблиатә ԥҟара «мап ацәышәкла... ашьа» (Аус. 15:29). Убри аҟынтә ақьырсианцәа еибгоу ашьеи, мамзаргьы уа иалоу ихадоу ԥшь-хәҭаки злоу ахәышәтәратә метод иақәшаҳаҭхаӡом. Ақьырсиан ари абиблиатә ԥҟара дырны, ашьа ихадоу ахәҭақәа ирылху афракциақәа рхархәара аганахь ала ихатәы ӡбара идикылоитa. Аха иарбан библиатә принципқәоу еиҭах ҳхы иаҳархәар ҳалшо, ахәышәтәышьа аналҳхуа?
8. Ишԥаҳацхраауеи Филиппаа рахь 4:5 аҿы иаагоу апринцип аҽыхәышәтәра иадҳәалоу аӡбарақәа рыдкылараҿы?
8 Ажәамаанақәа 14:15 аҿы иануп: «Аԥышәа змам иарбан ажәазаалакгьы агәра игоит, аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа заа дрызхәыцуеит». Чымазарақәак рыхәышәтәышьа макьана еилкаам. Убри аҟынтә агәҽанызаара ҳамазар ауп, иҳадзырҽхәало ражәақәа рыда зхаҭабзиара џьаргьы иарбам, уаҩ иимбац-имаҳац џьашьахәыла ҳазхәышәтәуа аметод анҳадыргало. Анцәа идоуҳала апостол Павел иҩуан: «Зегьы ирбарҭазааит хӡырымгарала [«ҟәышрала», АдҾ]... ауаа шәшырзыҟоу» (Флп. 4:5). Аҟәышра ҳамазар, агәабзиара мацара ҳашьҭалаӡом, уи иахҟьаны адоуҳатә усқәагьы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылаӡом. Ҳгәабзиара мыцхәы ҳхы аназаҳашьҭуа, ҳхы мацара ҳазхәыцуа ҳалагар ҳалшоит (Флп. 2:4). Ҳара еилаҳкаауеит адоуҳатә усқәа иреиҳау акгьы шыҟам, убри аҟынтә агәабзиара аганахь ала аҟәышра ааҳарԥшлар ҳҭахуп. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 1:10.)
Ирыдышәцалома шәара егьырҭ шәара шәгәаанагара? (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. Ишԥарыдҳәалоу Римаа рахь 14:13, 19 агәабзиара иазку аӡбарақәа, насгьы еилазгар алшозеи ақьырсиантә акзаара?
9 Аҟәышра змоу ақьырсиан игәаанагара егьырҭ ирыдицалаӡом. Европатәи тәылак аҿы инхо хаҵеи-ԥҳәыси диетак, насгьы афатә иацҵаны иржәуа хәшәқәак ирымоу ахәарҭа даараӡа идырҽхәон. Урҭ ирҳәаз хаҵаны, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы арҭ ахәшәқәа аархәеит. Аха егьырҭ ус ҟарымҵеит. Аӡәырҩы иззыԥшыз алҵшәа рзаанамгеит, убри аҟынтә агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит. Ҳәарада, хыхь зыӡбахә ҳәаз хаҵеи-ԥҳәыси азин рыман урҭ ахәшәқәа дара рхаҭа ирыдыркылару-ирыдрымкылару, насгьы адиета рхы иадырхәару-иадмырхәару аӡбара. Аха иҟәышразма дара рганахь ала агәабзиара иахырҟьаны аизараҿы акзаара аԥырхагахара? Иҟан аамҭа, Рим иқәынхоз ақьырсианцәа рыбжьара еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа аныҟаз, ифатәу-ифатәыму, иара убас иҟалома мшқәак разгәаҭара ҳәа. Иарбан лабжьароу ириҭаз апостол Павел? Иара иҳәоит: «Иҟалап, аӡәы изы иналкаау мшык, егьырҭ раасҭа еиҳа ҷыдарак аҵибаауазар, даҽаӡәы изы — амшқәа зегьы еиԥшуп. Аус злоу — уарбанзаалакь иумоу агәрахаҵарала, ламысла ухы шымҩаԥугаша ауп». Даараӡа ихадан егьырҭ рзы узыхҟьашо хаҳәны аҟамлара. (Шәаԥхьа Римаа рахь 14:5, 13, 15, 19, 20.)
10. Избан ҳара пату зрықәаҳҵалар акәу егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
10 Ҳара аизараҿы аӡәы иламыс инақәыршәаны идикыло аӡбара ҳзеилымкаауазар, иҳахәҭаӡам иаразнак иқәыӡбара, мамзаргьы игәаанагара иԥсахроуп ҳәа аԥхьаӡара. Иҟалап уи ақьырсиан иламыс ԥсыҽзар, арҵара аҭахызар, ма зҵаарақәак рҿы иуашәшәыразар (1 Кор. 8:11, 12). Аха иҟалап ҳара ҳхаҭа ҳаламыс ҳааӡар акәзар. Агәабзиара аганахь ала азҵаарақәа анцәырҵуа, дасу хаҭала аӡбарақәа идикылалароуп, аҭакԥхықәрагьы ихахьы игароуп.
ИАЛШӘХЛА ИХӘАРҬОУ АГӘЫРҾЫХАГАҚӘА
11, 12. Иарбан лабжьароу Абиблиа аҟынтәи иаҳгәалашәозар ҳахәҭоу, агәырҿыхагақәа аналҳхуа?
11 Иегова иҭахын агәырҿыхагақәа агәырӷьареи алахҿыхреи ҳзааргаларц. Аҳ Соломон иҩуан ишыҟоу «аччара аамҭа... акәашара аамҭа» (Еккл. 3:4). Аха аамҭа ахгашьақәа зегь еиԥшым, хәарҭа узаазымго, амч узымҭогьы ыҟоуп. Лассы-лассы агәырҿыхагақәа ҳхы рылаҳархәуазар, ма аԥсшьара аамҭа рацәаны иазалҳхуазар, убригьы ахәарҭа ҳзалхуам. Ишԥаҳалшо ҳара агәырҿыхагақәа ралхра, ҳаламыс иҳаҵанаҳәо инақәыршәаны?
12 Иԥшьоу Аҩыра «ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа» рҟынтә ҳара ҳхы ҳахьчаларц агәҽанызаара ҳнаҭоит. Уахь иаҵанакуеит асексуалтә ламысдара, иара убас «мыцқьа-шьацқьа аҟамзаара, аҽнымкылара, аныхамҵахырхәара, аҟра, аџьашьахә ҟаҵарақәа, аицәымыӷра, аиӷара, аиҵашьыцра, аԥсахеибакра, ахамаԥагьара, аиҿыхарақәа, аимак-аиҿакқәа, аӡәи-аӡәи рзеиҿамԥшра, ауаҩшьра, аҩыжәра, зегьы хыла-гәыла реилаҵара уҳәа жәпакы». Апостол Павел иҩуан ус зхы мҩаԥызго «Анцәа Иԥсҳара иаҭәахараны дшыҟам» (Гал. 5:19—21). Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сгәазҭанаҵома сыламыс ақәымчреи, агрессиеи, аицлабреи, амилаҭеилыхреи рахь угәы азызышьҭуа аспорт хкқәа рҽырцәыхьчара? Исыҵанаҳәозеи иара игәаԥхашәадоу асахьақәеи, аҩыжәреи, аспиритизми ибзиоу ак еиԥш иахьудырбо афильмқәа рыхәаԥшра сыхнахуазар?»
13. Ишԥаҳацхраауеи 1 Тимофеи 4:8, насгьы Ажәамаанақәа 13:20 ирну апринципқәа, агәырҿыхагақәеи аԥсшьареи аналҳхуа?
13 Иара убас Абиблиаҿы иануп ҳаламыс ааӡара иҳацхраауа апринципқәа, урҭ агәырҿыхагақәеи аԥсшьареи рганахь ала ииашоу аӡбара адкылара иҳацхраауеит. Абар урҭ руак: «Ацәеижьтә-абаҩрҵәыратә ҽазыҟаҵарақәа усҟак ихәарҭам» (1 Тим. 4:8). Аӡәырҩы ақәшаҳаҭуп иааиԥмырҟьаӡакәа абаҩрҵәыратә ҽазыҟаҵарақәа агәабзиаразы ишхәарҭоу, ацәеижь шарӷәӷәо, ауаҩы еиҳа дшарлахҿыхуа. Аха иамоума аҵакы аспорттә хәмаррақәа раан аамҭа зыцҳхаҳго? Ажәамаанақәа 13:20 аҿы иануп: «Аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит, ахшыҩдақәа рҟны аус змоу арыцҳара дақәшәоит». Убри аҟынтә агәырҿыхагақәа аналаҳхуа, ҳаламыс иҳаҵанаҳәо азыӡырҩра еиҳараӡак ихадоуп.
14. Рхы ишԥадырхәеи ҭаацәарак Римаа рахь 14:2—4 рҿы иану апринцип?
14 Кристиани Даниелеи ихбыџу ҩыџьа аԥҳацәа рымоуп. Абар Кристиан еиҭеиҳәо: «Ҳҭаацәаратә мҵахырхәараан ҳара агәырҿыхагақәа ҳрылацәажәон. Ҳара еилаҳкааит гәырҿыхагақәак ахәарҭа шаарго, аха егьырҭ шҽеим. Усҟан ҳара ҳаԥҳацәа ҳразҵааит ҩызцәа бзиақәас ишьҭыхтәыда ҳәа. Руаӡәк илҳәеит ашкол аҿы аҵәҵәа аныҟоу иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы, лгәаанагарала, рхымҩаԥгашьа уиаҟара ишҽеим. Лара лҟынтәигьы уи аҩыза ахымҩаԥгашьа иазыԥшызшәа лбон. Усҟан ҳара ҳалацәажәеит досу иара иламыс шимоу, насгьы ӡбарак анҳадаҳкыло уи иҳаҵанаҳәо ҳшазыӡырҩлар акәу». (Шәаԥхьа Римаа рахь 14:2—4.)
Абиблиа ала иааӡоу аламыс арыцҳара аҟынтәи шәахьчар алшоит (Шәахәаԥш абзац 14.)
15. Ишԥаҳацхраауеи Матфеи 6:33 иану алабжьара аԥсшьаразы аамҭа алхраҿы?
15 Акраҵанакуеит иара убасгьы, иарбан ҭыԥу ҳаԥсҭазаараҿы агәырҿыхагақәа ирзалҳхуа. Ҳҽазыҟаҳҵома ҳара раԥхьа иргыланы адоуҳатә усқәа рынагӡара, анаҩс аԥсшьара, мамзаргьы атеократиатә усқәа агәырҿыхагақәа рыбжьара ибжьаҳцаларц ҳаҿу? Ихадоузеи ҳаԥсҭазаараҿы зегь реиҳа? Иисус иҳәеит: «Зегь раԥхьаӡа акәны шәзышьҭалаша Анцәа Иԥсҳареи Уи иҵабырги роуп, егьырҭ зегьы урҭ рыла ишәыдлап» (Матф. 6:33). Шәгәазҭанаҵома шәара шәыламыс Христос ари иабжьгара ақәныҟәара, еиҳа ихадоу аусқәа аналшәкаауа?
ГӘАЦԤЫҲӘАРАЛА АУС ХИРҚӘА ҞАШӘҴАЛА
16. Ишԥеидҳәалоу ҳаламыси ажәабжьҳәара аҽалархәреи?
16 Абиблиа ала иааӡоу аламыс агхақәа рыҟамҵара мацара акәӡам иахьҳацхраауа. Уи иалшоит аус бзиақәа рахь ҳгәазҭаҵара, уахь иаҵанакуеит ажәабжьҳәаратә маҵзурагьы. Ҳаламыс иҳаҵанаҳәоит аҟнытә, ҳара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәоит, иформалтәым аҭагылазаашьаҿгьы шаҳаҭра аура алшара ҳаҩҳажьӡом. Апостол Павел иҩуан: «Уи сара хымԥада исыхәҭоу акоуп — сара сзы инасыԥдароуп, гәырҩа-гәаҟроуп абри ауазҳәара [«ажәабжь бзиа рылаҳәара», АдҾ] санаҿым!» (1 Кор. 9:16). Павел иламыс иҵанаҳәон ажәабжь иҳәаларц. Ҳара уи иҿырԥшы ҳанықәныҟәо, ҳаламыс иҳаҵанаҳәоит амҩа иаша ҳшану. Уи адагьы, ажәабжь бзиа анрылаҳҳәо, ҳара егьырҭ рыламыс ҳарҿыхоит. Павел иҳәеит: «Ҳарҭ... аиаша рылаҳарҵәоит, убри аҟнытә Анцәа иҿаԥхьа дарбанзаалакь ламысла ҳаибааит» (2 Кор. 4:2).
17. Лхы шԥамҩаԥылгеи иқәыԥшыз иаҳәшьак лыламыс инақәыршәаны?
17 Ашкол аҿы аҵара зҵо, жәаф шықәса зхыҵуа Жаклин абиологиа аурокқәа дырҭаауан, уа аеволиуциа атеориагьы инҭкааны еилдыргалон. Жаклин илҳәоит: «Сара аурокқәа рҿы активла схы шаасырԥшуагьы, ҭынч ари атема аилыргара сыламыс иаҵанамкит. Сара аеволиуциа атеориа хасҵом аҟынтә, арҵаҩы снаидгылан, сгәаанагара иеилсыркааит. Уамашәа иубаша, иара ибзианы дысзыӡырҩит, насгьы исыдигалеит акласс аҿы зегь рҿаԥхьа адунеи зегь шшаз рзеиҭасҳәарц». Абиблиа ала иааӡаз лыламыс ишлыҵанаҳәоз еиԥш лхы анымҩаԥылга, Жаклин уи агәахәара ду лзаанагеит. Шәгәазҭанаҵома шәара шәыламыс ииашоу аҟаҵара?
18. Избан ҳара зегьы иҳамазар заҳҭаху узықәгәыӷыртә иҟоу аламыс?
18 Ишԥассиру ҳара гәыкала Иегова инормақәа рықәныҟәара, насгьы имҩақәа рыла ацара ҳҽаназаҳшәо! Уи аус аҿы аламыс зеиԥшыҟам цхыраагӡоуп. Иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, уи ҳаназхәыцуа, абиблиатә принципқәа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы ианаҳархәо, хара ҳаламыс ҳааӡоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа, уи ҳқьырсиантә мҩаҿы ҳара ҳзы бжьагаҩ бзиахоит!
a Шәахәаԥш «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» захьӡу ашәҟәаҿы иаагоу аинформациа, адаҟьақәа 215—218.