Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • yc аур. 2, ад. 6—7
  • Ревекка Иегова длыргәырӷьалар лҭахын

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ревекка Иегова длыргәырӷьалар лҭахын
  • Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иеиԥшу аматериал
  • Исаак аԥҳәыс бзиа диоуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Ҩыџьа еициз, аха ԥшрала иеиԥшымыз
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
yc аур. 2, ад. 6—7
Елиезери, Ревеккеи, амаҵзуҩцәеи жәа-махҽк рыцны хара ишьҭоу Ханаанҟа ицоит

АУРОК 2

Реве́кка Иегова длыргәырӷьалар лҭахын

Ревекка — Иегова бзиа дызбоз ԥҳәысын. Лхаҵа Исаа́к ихьӡын. Иаргьы Иегова бзиа дибон. Уааи еилаҳкаап Ревекка Исаак дышиабадырыз, насгьы Иегова иргәырӷьара шылҭаху шаалырԥшыз.

Исаак иаб ихьӡын Авраа́м, иан — Са́рра. Дара Ханаа́н инхон. Уа инхоз ауаа Иегова имҵахырхәомызт. Аха Авраам иҭахын иара иҷкәын Иегова игәра зго аԥҳәыс дааигар. Убри аҟынтә иара имаҵуҩы Елиезе́р Харра́н ақалақь ахь дишьҭит Исаак изы аԥҳәыс диԥшаарц азы. Уи ақалақь аҿы Авраам иуацәа нхон.

Ревекка амахҽқәа аӡы длыржәуеит

Ревекка лгәы ақәкны аџьабаа лбон, амахҽқәа аӡы длыржәырц

Елиезер егьырҭ Авраам имаҵуҩцәа иманы амҩа дықәлеит. Ари даара мҩа харан. Дара иргеит афатәқәеи аҳамҭақәеи зқәыз амахҽқәа жәаба. Аха иабантәидыррыз Елиезер дарбан ӡӷабу Исаак изы иалхтәу? Елиезер ицыз амаҵуҩцәеи иареи Харран ианнеи, аҵеџь азааигәара иааҭгылеит. Елиезер идыруан иаарласны арахь ауаа аӡазы иаараны ишыҟаз. Иара Иегова иҳәара далагеит: «Аӡы сыҭ ҳәа засҳәо аӡӷаб смахҽқәеи сареи аӡы ҳлыржәыр, усҟан сара еилыскаауеит уи аӡӷаб уара иалухыз шлакәу».

Абар аҵеџь ахь дааиуеит Ревекка. Абиблиаҿы иҳәоуп лара даара дыԥшӡан ҳәа. Елиезер аӡы илыржәырц данлыҳәа, лара ус лҳәеит: «Ҳәара аҭахума! Умахҽқәеи уареи аӡы шәсыржәуеит». Уазхәыц амахҽқәа аӡы ҳәа иржәӡо! Убри аҟынтә Ревекка изныкымкәа аҵеџь ахь дцаны аӡы аалгар акәхеит. Уахәаԥш асахьа: иубома шаҟа лгәы ақәкны лара аџьабаа лбо?~ Елиезер даара иџьеишьеит Иегова дзызиҳәаз аҭак шыҟаиҵаз.

Елиезер Ревекка аҳамҭа ԥшӡақәа рацәаны илиҭеит. Лара Елиезер ицыз амаҵуҩцәеи иареи лаб иҩнаҭахьы ааԥхьара рылҭеит. Елиезер еиҭеиҳәеит Авраам дзааишьҭыз, насгьы Иегова дзызиҳәаз аҭак шыҟаиҵаз. Ревекка лыуацәа игәырӷьаҵәа ԥҳәысс Исаак дирҭарц иақәшаҳаҭхеит.

Ревекка Елиезер дицны Ханаанҟа дцеит, Исаак ԥҳәысс диццарц

Угәы ишԥаанаго, илҭахызма Ревекка Исаак иццара?~ Ревекка илдыруан Елиезер даазышьҭыз Иегова шиакәыз. Убри азоуп лҭаацәа анлазҵаа илҭахума лара Исаак диццарц азы Ханаанҟа ацара ҳәа, лара изылҳәаз: «Ааи, исҭахуп». Аамҭа мгакәа лара Елиезер дицны амҩа дықәлеит. Ханаан данааи, Исаак диццеит.

Ревекка Иегова ииҭахыз ҟалҵеит, убри азоуп азылԥхарақәа злиҭаз. Акыр шықәса рышьҭахь Иисус Христосгьы лара илхылҵшьҭрахаз иакәхеит! Иегова уаргьы азылԥхарақәа уиҭоит, Ревекка лҟынтәи аҿырԥшы ганы дургәырӷьалар.

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • Аҟазаара 12:4, 5; 24:1—58, 67

АЗҴААРАҚӘА:

  • Дызусҭадаз Ревекка?

  • Избан Авраам изиҭахымыз Исаак Ханаанынтәи аԥҳәыс дигар?

  • Ишԥеиликааи Елиезер Исаак ԥҳәысс иигараны иҟаз Ревекка шлакәыз?

  • Ишԥаулшо уара Ревекка лҿыԥшра?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра