АШӘА 108
Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
(Исаиа 55:1—3)
- 1. Гәыкала ҳаиҭахуп, - Ҳаб дҳахӡыӡаауеит ҳарҭ зегьы. - Дҳаиҭеит бзиа ҳбаны Иԥа, - Ахә ахишәааит ҳаԥсҭазаара. - Ҳамҭас гәыӷра мҩагьы ҳирбеит, - Анасыԥ лаша ҳазирхиеит. - АХАПА - Уааи иӡышуа, уааласы, - Аԥсҭаҵага ӡы ужәып. - Ҳаб ибзиабара цқьеи - Аиашеи урҳалап. 
- 2. Гәыкала ҳаиҭахуп, - Уи атәы иусқәа ирҳәоит: - Иԥа иакәзар, Аҳас дҟаиҵеит. - Анапхгара ду иаҭәеишьеит. - Иажәа деижьаӡом, ииҳәаз ҳәоуп,— - Анцәа Иаҳрагьы шьақәырӷәӷәоуп! - АХАПА - Уааи иӡышуа, уааласы, - Аԥсҭаҵага ӡы ужәып. - Ҳаб ибзиабара цқьеи - Аиашеи урҳалап. 
- 3. Гәыкала ҳаиҭахуп, - Анцәа ҳарҭгьы бзиа даҳбап. - Аҟәымшәышәқәагьы идҳарҵап, - Анцәа имҩақәа дҳарбалап. - Аҳра ажәабжь дҳарҳарц ҳаҿуп, - Гәыбылралагь иаҳҳәарц ҳҭахуп: - АХАПА - Уааи иӡышуа, уааласы, - Аԥсҭаҵага ӡы ужәып. - Ҳаб ибзиабара цқьеи - Аиашеи урҳалап. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 33:5; 57:10; Еф. 1:7.)