АШӘА 115
Анцәа ичҳаразы аџьшьара ааҳарԥшуеит
1. Ҳәаак амам умч ду, ҳара Ҳанцәа,
Иашара згәылыжжуа рацәа.
Ацәгьара ауп ҳдунеи иаҭоу,
Ажәлар агәаҟрақәа рзаазго.
Учҳара иаарласны ихыжжуеит.
Умш ду ццакы-ццакуа имаауеи.
АХАПА
Агәра ганы уи ҳазыԥшуп,
Ухьыӡгьы арҽхәара ҳа ҳаҿуп.
2. Зқьышықәса, Ҳаб, узыҳәа мышкоуп,
Кыр учҳауеит, уара уԥшьоуп.
Иахәоит угәы, иубар дшахьхәыз
Гәнаҳак уҿаԥхьа зны изуз.
Иагхаӡом умш, уажәшьҭа иааигәахоит,
Уи ахақәиҭраҵәҟьа ҳзаанагоит.
АХАПА
Агәра ганы уи ҳазыԥшуп,
Ухьыӡгьы арҽхәара ҳа ҳаҿуп.
(Уахәаԥш иара убас Неем. 9:30; Лука 15:7; 2 Пиотр 3:8, 9.)