Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 55
  • Шәеизара шәацхраала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәеизара шәацхраала
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Иааурԥшуа абзиабаразы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Иегова изы ҳҳамҭа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Абиблиа аусуреи аԥареи ирызкны иаҳәо
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Иазҭода афинанстә цхыраара Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус?
    Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 55
Аурок 55. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Аҳратә зал еилдыргоит, иацхраауеит.

АУРОК 55

Шәеизара шәацхраала

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Миллионҩыла Иегова ишаҳаҭцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо зқьыла иҟоу аизарақәа рҿы игәырӷьаҵәа Анцәа имаҵ руеит. Дара аизараҿы ироуа аҵареи ианаамҭоу ироуа анапхгареи ахә ҳаракны иршьоит. Дара реизарақәа рзы еснагь ак аҟаҵара иазхиоуп. Шәазхиоума шәаргьы шәеизаразы ак аҟаҵара?

1. Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо шәаамҭеи шәымчи, аизара шәацхрааларц азы?

Ҳара зегьы иҳалшоит ҳаизаразы ак аҟаҵара. Шәеизараҿы зықәрахь инеихьоу ма зхы иамыхәо аӡә дыҟазар, шәазхәыц: ишәылшома урҭ аизарақәа рахь ргара? Ишәылшома аҩнусқәа рҿы шәрыцхраар, иаҳҳәап, адәқьан ахь шәцар, ма аҩны ак рзыҟашәҵар? (Шәаԥхьа Иаков 1:27.) Иара убас ҳара Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи рҿы ацхыраара ҟаҳҵалар ҳалшоит. Уи аҟаҵара аӡәгьы иҳадицалаӡом. Ҳара ҳазхиоуп ацхыраара аҟаҵара, избанзар Анцәеи ҳашьцәеи бзиа иаҳбоит (Аԥсалом 110:3).

Аӡы иӡааху Иегова ишаҳаҭцәа аизара иацхрааларц азы еиҳагьы алшарақәа рымоуп. Абиблиатә ҭахрақәа ирықәшәо аишьцәа аизара ацхырааҩцәас иҟалар рылшоит, аамҭак ашьҭахь аизара ахылаԥшыҩцәасгьы иҟалар рылшоит. Аишьцәа реиԥш, аиҳәшьцәагьы пионерс амаҵ рулар рылшоит, даҽакала иуҳәозар, ирацәаны ажәабжь рҳәалар. Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы алшара рымоуп Аҳратә залқәа рыргылараҿы ацхыраара аҟаҵара, ма ацхыраара ахьаҭаху аизарақәа рахь аиасра.

2. Ҳацхраалар шԥаҳалшо аизара ԥарала ма иҳамоу даҽа мазарак ала?

Ҳара иҳалшоит иҳамоу зыхә ҳараку ала Иегова дҳараҳклар (Ажәамаанақәа 3:9). Ҳара хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара алеи ма иҳамоу даҽа мазарак алеи ҳаизареи адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә уси ҳацхраауеит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 9:7.) Иҟаҳҵо ацхыраара аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәаз рыцхрааразы рхы иадырхәоит. Аӡәырҩы ирыӡбеит маҷк аԥара рҵәахларц, иааиԥмырҟьаӡакәа Аҳра аус азы ирышьҭларц азы. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 16:2.) Ҳара хатәгәаԥхарала иалаҳҵарц иаҳаӡбаз аԥара Аҳратә зал аҿы иҟоу аиашьык иҭаҳҵалар, ма асаит donate.jw.org ала иҳашьҭлар ҳалшоит. Хатәгәаԥхарала аԥара алаҵара — Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшразы алшарақәа ируакуп.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәеизара шәацхраалар шшәылшо.

3. Ҳара ԥарала ма иҳамоу даҽа мазарак ала ацхыраара ҟаҳҵалар ҳалшоит

Иеговеи Иисуси аӡә изы ак аҟаҵара згәаԥхо бзиа ирбоит. Иисус иӷарыз аԥҳәысеиба егьырҭ рзы ҿырԥшыгас дҟаиҵеит. Лара илымаз маҷын, аха уеизгьы Иегова изы илылшоз ҟалҵеит. Шәаԥхьа Лука 21:1—4, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иегова данҳаргәырӷьо аԥара рацәаны ианалаҳҵо мацара аума?

  • Ишԥазыҟоу Иеговеи Иисуси иҟаҳҵо гәык-ԥсыкала ианыҟаҳҵо?

Хатәгәаԥхарала иалаҳҵо ахьцо еилышәкаарц азы, шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Иегова изы инаҳго амҭа» (4:47)

  • Ишԥарыцхраауеи хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?

Зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа хатәгәаԥхарала аԥара алаҵаразы иҟоу аиашьык аԥара ҭалҵоит.

4. Ҳара хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟаҳҵалар ҳалшоит

Ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа ирылшоз зегь ҟарҵон, Анцәа иахьимҵахырхәоз аҭыԥқәа ишақәнагоу еиԥш иҟазарц азы. Уахь иаҵанакуаз ԥарала ацхыраара мацара акәӡамызт. Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 34:9—11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟаиҵози дасу, Иегова иныҳәарҭа ишақәнагоу еиԥш иҟазарц азы?

Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа урҭ ирҿыԥшуеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Анцәа ҳахьимҵахырхәо Аҳратә залқәа ҳархылаԥшуеит» (3:31)

Авидеонҵамҭа «Анцәа ҳахьимҵахырхәо Аҳратә залқәа ҳархылаԥшуеит» аҟынтә асахьа: ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи Аҳратә зал еилдыргоит.
  • Избан Аҳратә зал цқьазар, насгьы еиҿкаазар захәҭоу?

  • Шәара иҟашәҵар шәылшозеи?

Иегова ишаҳаҭцәа Аҳратә зал аргылараҿы хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟарҵоит.

5. Аишьцәа иҟарҵар рылшо

Абиблиа аишьцәа ргәазҭанаҵоит аизаразы еиҳаны аџьабаа рбаларц. Абар ҿырԥштәык. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Аишьцәа, аус бзиа шәашьҭаз!» (5:19)

  • Иҟаиҵазеи ари аиашьа, иеизара иҵегь дацхрааларц азы?

Абиблиаҿы иануп аизара ацхырааҩцәас ма аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ зулар зҭаху аишьцәа рзы иҟоу аҭахрақәа. Шәаԥхьа 1 Тимофеи 3:1—13, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аизара ацхырааҩцәас ма аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ зулар зҭаху аишьцәа?

  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи урҭ рҭаацәа? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 4, 11.)

  • Аишьцәа арҭ абиблиатә ҭахрақәа ирықәшәаларц рҽаназыршәо, ишԥаныԥшуеи уи аизара зегьы?

Иқәыԥшу аиашьа аколиаска иантәалоу, зықәрахь инеихьоу аиашьеи иареи ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь бзиа рҳәоит.

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Иабаарго Иегова ишаҳаҭцәа рус азы аԥара?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова даараӡа ахә ишьоит аизаразы ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳԥареи ҳахьамеигӡо.

Аиҭахысра

  • Ишԥаҳалшо ҳаамҭеи ҳамчи аизара ҳацхаараларц азы ҳхы иаҳархәалар?

  • Ишԥаҳалшо ԥарала ма иҳамоу даҽа мазарак ала аизара ҳацхраалар?

  • Иҟашәҵаларц ишәҭахузеи шәеизаразы?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Анцәа имаҵзуҩцәа уаҳа изреимҳәо ажәабатәи ахәҭа ирҭаларц.

«Что в Библии говорится о десятине?» (авеб-статиа)

Абиблиа иану инақәыршәаны, аизараҿы аҭакԥхықәрақәа назыгӡо аӡы иӡааху аишьцәа роуп. Аха иҟаҵатәузеи урҭ аҭакԥхықәрақәа аӡы иӡааху аиҳәшьцәа инарыгӡалар акәзар?

«Иарбан мчроу аизара аиҳабацәа ирымоу?» («Ахьчаратә бааш», февраль 2021)

Шәахәаԥш агәымшәара злоу Иегова ишаҳаҭцәа рхы иамеигӡакәа рашьцәеи раҳәшьцәеи апубликациақәа шрызнарго.

«Конгоҟа Абиблиа шьаҭас измоу алитература шнарго» (4:25)

Ҳара ҳус егьырҭ адинхаҵаратә организациақәа реиԥш акәӡам афинанстә цхыраара шаиуа. Уи ус шакәу шәхаҭа игәашәҭ.

«Иазҭода афинанстә цхыраара Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус?» (авеб-статиа)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра