Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/3 ад. 13—17
  • Шәлахҿыхзаауама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәлахҿыхзаауама шәара?
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАҲНАРҴОЗЕИ ҲАРА АРИ АЖӘАМААНА?
  • ИШԤАҚӘНЫҞӘЕИ АНЦӘА ИДОУҲАЛА ИАЛХУ АЖӘАМААНАҾЫ ИААГОУ АЛАБЖЬАРА?
  • ИҞӘЫШУ РЗЫ АҲАМҬЕИ АГАӠАЦӘА РЗЫ АХЬЫРХӘРЕИ
  • «ЕГЬЫРҬ АУАСАҚӘА» РЗЫ АУРОК
  • Шәырзыӡырҩуама шәара агәҽанҵарақәа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • «Шәҷаԥшьала»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/3 ад. 13—17

Шәлахҿыхзаауама шәара?

«Шәҷаԥшьала, избанзар шәарҭ... амшгьы, асааҭгьы шәыздырӡом» (МАТФ. 25:13).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҳнарҵозеи ҳара жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана?

  • Рхы ишԥадырхәеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ари ажәамаана аҟынтәи иаагоу алабжьара?

  • Ирҵозеи «егьырҭ ауасақәа» жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызкны Иисус ииҳәаз ажәамаана аҟынтә?

1, 2. а) Ииҳәазеи Иисус аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳара еилҳарго?

ИЕРУСАЛИМТӘИ ауахәама ахьынтәиубарҭаз Ахәшаҵлақәа рышьхаҿы Иисус даныҟаз, уи иҳәеит даара иџьоушьаша аԥааимбаражәа. Шәазхәыц уи ицыз иҵаҩцәа рхы шырбоз. Пиотри, Андреи, Иакови, Иоанни аԥхьаҟа иҟалаша ахҭысқәа ирызкны Иисус еиҭеиҳәоз аҟынтә ажәакгьы раҩрыжьуамызт. Иара ицқьам ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа — Анцәа Иаҳра Аҳас данахагыло аамҭа — ирызкыз даара акыр рзеиҭеиҳәеит. Иисус иҳәеит акрызҵазкуа ари аамҭазы адгьыл аҿы иара ихаҭарнакс дшыҟало Анцәа имаҵзуҩцәа ианаамҭоу афатә рызҭо «игәрагоу, иҟәышу» атәы (Матф. 24:45—47).

2 Анаҩс Иисус иԥааимбаражәа иацҵо, еиҭеиҳәеит жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана. (Уаԥхьа Матфеи 25:1—13.) Шәааи еилҳаргап х-зҵаарак: 1) Иаҳнарҵозеи ҳара жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана? 2) Рхы ишԥадырхәеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ари ажәамаана аҟынтәи иаагоу алабжьара, насгьы иарбан лҵшәоу иамоу уи? 3) Иарбан хәарҭоу иахьа ҳара иаҳзаанаго Иисус иажәамаана?

ИАҲНАРҴОЗЕИ ҲАРА АРИ АЖӘАМААНА?

3. Иарбан знеишьоу рхы иадырхәоз уаанӡа ҳпубликациақәа рҿы жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана ҳаилыркааразы, насгьы иабананагазар алшо уи?

3 Ҳазхысыз астатиаҿы ишазгәаҭаз еиԥш, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы хәыҷы-хәыҷла аҽаԥсахуан зыгәрагоу атәы Иԥшьоу Аҩыра шҳаилиркаауаз азнеишьа. Уажәшьҭа еиҳа изызхьаԥшуа асимволтә, ма аԥааимбаражәатә ҵакы акәӡам, аха апрактикаҿы ахархәара шазутәу ауп. Уаанӡа ҳпубликациақәа рҿы ианын жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу алашарбагақәа, ахәша, ахәша зҭоу амаҭәарқәа уҳәа реиԥш иҟоу адеталь маҷӡақәагьы асимволтә ҵакы рыман ҳәа. Аха иҟалар алшома убас, абарҭ аганқәа зегь ҭҵаауа, ажәамаана иалоу имариоу, аха ихадоу аурок ҳаҩҳажьзар? Анаҩс ишаҳбо еиԥш, ари азҵаара аҭак ҳара ҳзы аҵак ду амоуп.

4. Ишԥаҳалшо аилкаара Иисус иажәамаанаҿы а) аԥҳәысҳәаҩ дызусҭоу? б) аҭыԥҳацәа зусҭцәоу?

4 Шәааи еилҳаргап ари ажәамаана иаҳнарҵо. Актәи, игәаҳҭап уа иалоу ахаҿсахьақәа иаадырԥшуа. Дызусҭада аԥҳәысҳәаҩ? Иубартә иҟоуп Иисус уи ихазы ишиҳәоз. Зны иара ихазы иҳәахьан аԥҳәысҳәаҩ ҳәа (Лука 5:34, 35). Иуҳәар алшозеи аҭыԥҳацәа рзы? Иисус иҳәоит ажәамаанаҿы аҭыԥҳацәа рлашарбагақәа кны аԥҳәысҳәаҩ изыԥшызар акәын ҳәа. Иазгәашәҭ Иисус «агәарҭа маҷ» абри иеиԥшу адҵа шриҭаз: «Еснагь шәӡарақәа амаҟа рымӷазааит, шәлашарбагақәагьы аркызааит,— Шәреиԥшха заҳ аимазаара чарахьтә ихынҳәра иазыԥшу амаҵуцәа» (Лука 12:32, 35, 36). Уи адагьы, апостолцәа Павели Иоанни Анцәа идоуҳа ргәазҭанаҵон доуҳала иалху Христос ишьҭанеицәа аԥҳәызба лҭыԥҳа цқьара змоу, калҭбааԥсра зыдгалам ирҿырԥшуп ҳәа аҳәара (2 Кор. 11:2; Аатр. 14:4). Ус акәзар, Матфеи 25:1—13 иану ажәамаанаҿы Иисус доуҳала иалху ишьҭанеицәа роуп агәҽанҵареи алабжьареи зиҭоз.

5. Ишԥаҳирбеи Иисус жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана анынагӡахо аамҭа?

5 Уажәшьҭа ҳахәаԥшып ажәамаанаҿы иҟоу ахҭысқәа анымҩаԥысуа. Иарбан аамҭоу Иисус иабжьагара зҵазкуа? Ажәамаана аҵыхәтәаны уи аамҭа узырбо адырга атәы еилыкка иҳәоуп: «Аԥҳәысҳәаҩ дааит» (Матф. 25:10). Аброшиура «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?» (аурыс) захьӡу аҿы ишҳәаз еиԥш, Ажәабжь бзиа Матфеи иҟынтә 24, 25 ахқәа рҿы иану Иисус иԥааимбаражәаҿы аантәы иҳәоуп дшаауа, насгьы уи абырзен ажәа формак алоуп ишаарԥшу. Урҭ аҭыԥқәа зегь рҿы Иисус арыцҳара ду аан ақәыӡбаразы, насгьы ицқьам ари адунеи ықәигарц азы данаауа аамҭа далацәажәоит. Иубартә иҟоуп ари ажәамаанаҿы аҵыхәтәантәи амшқәа ртәы шаҳәо, насгьы арыцҳара ду аан иҟало ахҭысқәа рыла ишынҵәо.

6. Ҵакыс иамоузеи жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана аконтекст инақәыршәаны?

6 Ҵакыс иамоузеи ари ажәамаана? Иаҳгәалаҳаршәап аконтекст. Иисус уажә аԥхьа дызлацәажәоз зыгәрагоу, иҟәышу атәы иакәын. Ари атәы иааирԥшуеит Анцәа идоуҳала иалху ахацәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ хәыҷ, урҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Христос ишьҭанеицәа рыбжьара анапхгара рхахьы иргоит. Иисус урҭ ахацәа ргәырҽаниҵеит дара Анцәа изиашаны ишаанхар акәу. Анаҩс Иисус иааигеит жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана, Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы аҵыхәтәантәи амшқәа раан инхо илахҿыхны иаанхарц. Мамзар дара зыхә ҳараку аҳамҭа рцәыӡыр алшон (Матф. 25:13). Шәааи ҳазааҭгылап ари ажәамаана, насгьы игәаҳҭап Анцәа идоуҳала иалху уа иаагоу алабжьара ишықәныҟәаз.

ИШԤАҚӘНЫҞӘЕИ АНЦӘА ИДОУҲАЛА ИАЛХУ АЖӘАМААНАҾЫ ИААГОУ АЛАБЖЬАРА?

7, 8. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо иҟәышыз аҭыԥҳацәа аԥҳәысҳәаҩ иаара иазхиан ҳәа? б) Ишԥаадырԥши Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Аԥҳәысҳәаҩ иаара рыҽшазыҟарҵаз?

7 Ари ажәамаанаҿы Иисус иазгәеиҭеит иҟәышыз аҭыԥҳацәа аҭыԥҳа гаӡақәа реиԥш акәымкәа, аԥҳәысҳәаҩ иаара иазыԥшын ҳәа. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар урҭ заа рҽеиқәдыршәеит, насгьы илахҿыхын. Аҭыԥҳацәа уахынлан аԥҳәысҳәаҩ иаара иазыԥшызар рыхәҭан, иара убас иԥшнаҵы, рлашарбагақәагьы аркызар акәын. Хәҩык иҟәышыз аҭыԥҳацәа заа рҽеиқәдыршәеит, насгьы рлашарбагақәа рзы ахәша зҭаз амаҭәарқәагьы ргеит, агаӡақәа — уи ҟарымҵаӡеит. Убас еиԥш рҽеиқәдыршәома заа Анцәа идоуҳала иалху ииашоу ақьырсианцәа?

8 Хымԥада! Аҵыхәтәантәи амшқәа рыҩныҵҟа доуҳала иалху ақьырсианцәа иҟәышу аҭыԥҳацәа реиԥш рхы мҩаԥыргоит: дара ирыду адҵа аҵыхәтәанынӡа анагӡара иазхиоуп. Урҭ аԥхьанатә еилыркаауан уи азы Аҩсҭаа идунеи ирыднагало материалла аманшәалара мап шацәыркыр акәхоз. Анцәа идоуҳала иалху гәыкала Иеговеи Иисуси ирзыҟоуп, насгьы рмаҵзура зынарыгӡо бзиа ирбоит азоуп, рыцхәк ааира иахьазԥшу азы акәымкәа. Урҭ агәаԥхашәадареи, аматериализми, аегоизми злаҽу ицқьам ари адунеи анырра иаҿагылоит аҟнытә, ицқьаны иаанхоит. Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Аԥҳәысҳәаҩ иаара иазхиоуп, насгьы алашарбага еиԥш икаҷҷоит, аԥҳәысҳәаҩ дагханы даауазшәа днарбозаргьы (Флп. 2:15).

9. а) Ргәышԥарҽаниҵеи Иисус ацәара шшәарҭоу? б) Ишԥақәҿырҭуеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа «абар, аԥҳәысҳәаҩ даауеит» ҳәа иго абжьы? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

9 Иҟәышу аҭыԥҳацәа заа аҽеиқәыршәарадагьы, илахҿыхын. Иҟалар алшома уахынла акыраамҭа ианыԥшу аамҭазы доуҳала иалху ақьырсианцәа рахьынтә шьоукы доуҳала иамхацәар? Ааи. Иазгәашәҭ, Иисус иҳәеит аҭыԥҳацәа рыжәаҩыкгьы «ацәа иҩҭанагалан, ицәеит», аԥҳәысҳәаҩ дагхазшәа анырба. Иисус ибзианы идыруан икәадоу ацәеижь даара иӷәӷәоу адоуҳагьы анырра бааԥс анаҭар шалшо. Анцәа идоуҳала иалху ииашоу ақьырсианцәа Иисус игәҽанҵара рыдыркылеит, агәҽанызаара рцәымӡырц азы, рхы аус адырулон. Иисус иажәамаанаҿы «абар, аԥҳәысҳәаҩ даауеит» ҳәа игаз абжьы аҭыԥҳацәа зегьы иақәҿырҭит. Аха иҟәышыз аҭыԥҳацәа роуп аҵыхәтәанынӡа аԥҳәысҳәаҩ иаара иазыԥшыз (Матф. 25:5, 6; 26:41). Иаҳҳәар ҳалшозеи иахьа инхо доуҳала иалху ақьырсианцәа ирызкны? Аҵыхәтәантәи амшқәа раан аԥҳәысҳәаҩ дшаауа, насгьы зынӡа дшааигәоу атәы ашьақәырӷәӷәарақәа иаразнак иақәҿырҭит. Урҭ иаадырԥшуа акрычҳара рылахҿыхрала иубарҭоуп, дара Аԥҳәысҳәаҩ иаара ианакәзаалакгьы иазыԥшупa. Аха ажәамаанаҿы иаагоу аҵыхәтәантәи ахҭысқәа еиҳа иалкаау аамҭа аанарԥшуеит. Иарбан аамҭоу?

ИҞӘЫШУ РЗЫ АҲАМҬЕИ АГАӠАЦӘА РЗЫ АХЬЫРХӘРЕИ

10. Иарбан зҵаароу аҭыԥҳацәа реицәажәара иадҳәаланы ицәырҵуа?

10 Иҟалап зегь реиҳа аинтерес узцәырызго ажәамаана аҵыхәтәаны иаагоу иҟәышу аҭыԥҳацәеи аҭыԥҳа гаӡақәеи реицәажәара акәзар. (Уаԥхьа Матфеи 25:8, 9.) Ицәырҵуеит азҵаара: мап анбарцәыркуаз Анцәа имаҵзуҩцәа ацхыраара иаҳәоз? Аҭак ҳаурц азы, шәааи иаҳгәалаҳаршәап арҭ ахҭысқәа зҵазкуа аамҭа. Уаанӡа ишҳәаз еиԥш, иахьатәи аилкаара инақәыршәаны, Аԥҳәысҳәаҩ, Иисус, арыцҳара ду аҵыхәтәахьы инеиаанӡа хәыҷык шагу ақәыӡбаразы даауеит. Иаҳҳәар ҳалшоит ажәамаана ари ахәҭаҿы иаагоу ахҭысқәа мҩаԥысуеит Иисус иаара аԥхьаҵәҟьа ҳәа. Уи иашоуп, избанзар уи аамҭазы Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аҵыхәтәантәи амҳәыр раархахоит.

11. а) Иҟалозеи арыцҳара ду иалагаанӡа аԥхьаҵәҟьа? б) Ирырҭазеи ҭакс иҟәышу аҭыԥҳацәа аҭыԥҳа гаӡақәа, насгьы избан?

11 Абас, арыцҳара ду ҟалаанӡа, адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху зегьы аҵыхәтәантәи амҳәыр раархахоит (Аатр. 7:1—4). Уи иаанагоит дара жәҩантәи аҳамҭа хымԥада ишроуа. Аха шәазхәыц, ирыхьуази зыцқьареи зылахҿыхреи змыхьчаз Анцәа идоуҳала иалху шьоукы? Урҭ жәҩантәи рҳамҭа рцәыӡуан. Еилкаауп, усҟан дара арыцҳара ду иалагаанӡа аҵыхәтәантәи амҳәыр раархахаӡомызт, урҭ рҭыԥан егьырҭ доуҳала иалххон. Арыцҳара ду ианалаго, аҭыԥҳа гаӡақәа иреиԥшу ауаа Вавилон Ду ақәгара иаршанхоит. Иҟалап убасҟан акәзар дара ианеилыркаауа Аԥҳәысҳәаҩ иаара ишазхиамыз. Иҟалар алшозеи, дара абас ихьшәаны ацхыраара иаҳәар? Иисус иажәамаанаҿы угәы иамыхәаша аҭак ҟаиҵоит. Иҟәышу аҭыԥҳацәа аҭыԥҳа гаӡақәа ахәша рыҭара мап ацәыркит, насгьы ирарҳәеит ахәаахәҭцәа рахь ицаны иаархәарц. Аха ишаҳгәалашәо еиԥш, ари ахҭыс мҩаԥысуан «аҵхыбжьон». Ирылшозма дара уахынла ахәаахәҭцәа рыԥшаара? Мап. Ушьҭа ихьшәан!

12. а) Ирзыԥшузеи арыцҳара ду аан зны доуҳала иалхыз, аха зыцқьара змыхьчаз, насгьы аҵыхәтәантәи амҳәыр заархамыз? б) Ирыхьуазеи аҵыхәтәаны аҭыԥҳа гаӡақәа иреиԥшхо ауаа?

12 Убас еиԥш, арыцҳара ду аан ииашоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа уажәшьҭа Анцәа изиашамхаз изрыцхрааӡом. Аамҭа ырӡуп. Ирзыԥшузеи урҭ ауаа? Иисус иҟалаз еиҭеиҳәеит аҭыԥҳа гаӡақәа ахәша аархәарц ианца: «Аԥҳәысҳәаҩ дааит, ихианы иԥшыз аимазаара чарахь еицыҩналт, ашәқәа ҩаркны». Арыцҳара ду аҵыхәтәахьы ианнеиуа аламҭалазы Иисус данааилак, Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа ажәҩан аҿы еизигоит (Матф. 24:31; 25:10; 1 Фес. 4:17). Аҭыԥҳа гаӡақәа реиԥш зиашара ззымыхьчаз рзы ашә аркызаауеит. Иҟалап дара и́ҳәо иалагар: «Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу! иаҳзаарты». Аха ақәыӡбара амш анааилак, дара Абиблиаҿы аџьмақәа ирҿырԥшу ауаа ираҳауа аҩыза раҳауеит: «Иашала ишәасҳәоит: шәара шәсыздырӡом». Шаҟа ирыцҳароузеи! (Матф. 7:21—23; 25:11, 12).

13. а) Избан Анцәа идоуҳала иалху аӡәырҩы ииашаны иаанхом ҳәа алкаа аҟаҵара зиашам? б) Избан Иисус игәҽанҵараҿы ишьҭанеицәа дышрықәгәыӷуа убарҭоуп ҳҳәар зҳалшо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

13 Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо, хыхь иҳәаз инақәыршәаны? Иаанагома Иисус иажәақәа Анцәа идоуҳала иалху аӡәырҩы ииашаны иаанхаӡом, насгьы даҽа шьоук рыла иԥсаххоит ҳәа? Мап. Ишәгәалашәыршәа Иисус ари ажәамаана аԥхьа «игәрагоу, иҟәышу атәы» агәҽанҵара шииҭаз, дтәы гызмалны дҟамларц. Аха Иисус иҳәарц иҭахӡамызт ус хымԥада иҟалараны иҟоуп ҳәа. Ари ажәамаанаҿгьы акрызҵазкуа агәҽанҵара ыҟоуп. Уа иҳәоуп хәҩык игаӡази хәҩык иҟәышызи аҭыԥҳацәа рыӡбахә. Ус акәзар, Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рхала ирыӡбоит рҽеиқәыршәаны иҟазаару, мамзаргьы хара имԥшӡакәа, ииашам амҩа алырхру. Анцәа идоуҳа апостол Павел игәазҭанаҵеит доуҳала иалху ақьырсианцәа убри аҩыза ахшыҩҵак реиҳәарц. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 6:4—9; еиҿшәырԥш Ҩынтәзакәан 30:19.) Иазгәашәҭ, ара Павел аишьцәеи аиаҳәшьцәеи даара ӷәӷәала рыгәшырҽаниҵазгьы, анаҩс иара гәыкала агәра диргеит дара акырӡа еиӷьу ак шырзыԥшу. Иисусгьы ишьҭанеицәа рыгәра игон, ари аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана рзеиҭаҳәаны агәҽанҵара анриҭоз. Иара агәра ганы дыҟан Анцәа идоуҳала иалху зегьы ииашаны ишаанхо, насгьы аҳамҭа ссир роур шрылшо!

«ЕГЬЫРҬ АУАСАҚӘА» РЗЫ АУРОК

14. Хәарҭас ирзаанагозеи «егьырҭ ауасақәа» жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку Иисус иажәамаана?

14 Иисус ари ажәамаана Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа рахь ихы рханы ирзеиҭеиҳәеит. Иаанагома «егьырҭ ауасақәа» уи аҟынтәи акгьы рзалгаӡом ҳәа? (Иоан. 10:16). Мап! Иаҳгәалаҳаршәап ари ажәамаана ихадоу аурок зынӡа ишымариоу: «Шәҷаԥшьала». Ирыҵанакуама ари ааԥхьара Анцәа идоуҳала иалху рымацара? Иисус зны иҳәеит: «Шәара ишәасҳәауа — зегьы ирасҳәауа ауп: шәҷаԥшьала» (Мар. 13:37). Иара иҭахуп иара ишьҭанеицәа зегьы ииашоу амаҵзура ргәы аздырхиаларц, насгьы Анцәа идоуҳала иалху реиԥш илахҿыхны иҟазарц. Убри аҟынтә егьырҭ ақьырсианцәа урҭ рҿырԥшы иқәныҟәоит, насгьы рыԥсҭазаараҿы Анцәа имаҵзура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы идыргылоит. Насгьы иаҳхаҳмыршҭлароуп аҭыԥҳа гаӡақәа иҟәышыз аҭыԥҳацәа ахәша рырҭарц ишрыҳәаз. Урҭ рыҳәара башан. Уи иаҳгәаланаршәоит ҳара ҳҭыԥан ииашаны аҟазаара, аҵабырг ӷәӷәала адгылара, насгьы алахҿыхра аӡәгьы ишилымшо. Ҳара зегьы иаҳԥеиԥшуп Иегова иалихыз Аӡбаҩ иҿаԥхьа аҭак аҟаҵара. Ҳара ҳахиазароуп, избанзар иара зынӡа иаарласны даауеит!

Игаӡоу аҭыԥҳацәа ахәша рырҭарц азы иҟарҵаз аҳәара иаҳгәаланаршәоит ҳара ҳҭыԥан ииашаны аҟазаареи алахҿыхреи аӡәгьы ишилымшо

15. Избан ииашоу ақьырсианцәа зегьы ргәы хыҭхыҭуа Христос иҭацеи иареи рҭаацәалалара изазыԥшу?

15 Иисус иажәамаанаҿы ихадоу ахҭыс — ачара ауп. Уи, хымԥада, ақьырсианцәа зегьы рзы аҵак ду амоуп. Ҳара зегьы уи ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп! Анцәа идоуҳала иалху зегьы ажәҩан аҿы еизгахоит, насгьы Армагеддон ашьҭахь Христос иҭацахоит (Аатр. 19:7—9). Ажәҩан аҿы иҟало ари аҭаацәалазаара ауаа зегьы рзы изылԥхарахоит, избанзар адгьыл зегьы инаӡоу аиҳабыра напхгара азнаулоит. Иарбан гәыӷроу иҳамазаалакгьы, ажәҩан аҿы, ма адгьыл аҿы, шәааи жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку Иисус иажәамаана аурок алаҳхып. Шәааи ҳҽазаҳкып акрычҳареи алахҿыхреи раарԥшра. Усҟан ҳара Иегова иҳазирхиаз аԥеиԥш бзиа агәахәара ду ҳзаанагар алшоит!

a Ажәамаана аҟынтә еилыкка иубарҭоуп «абар, аԥҳәысҳәаҩ даауеит» (ажәеинраала 6) ҳәа абжьы анга инаркны аԥҳәысҳәаҩ дааиаанӡа (ажәеинраала 10) аамҭа шыбжьысыз. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Христос иаара аҷыдара алыркааит. Дара еилыркааит иара дшааигәоу, насгьы Аҳ иеиԥш напхгара шиуа. Уажәшьҭа урҭ акрычҳара аарԥшны иаара иазыԥшызар ауп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра