Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb18 март ад. 7
  • «Шәҷаԥшьала»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Шәҷаԥшьала»
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Иеиԥшу аматериал
  • Шәлахҿыхзаауама шәара?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Шәырзыӡырҩуама шәара агәҽанҵарақәа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • «Азакәанхымхәыц аргама иҽхитуеит»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
mwb18 март ад. 7

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАТФЕИ 25

«Шәҷаԥшьала»

25:1—12

Иисус жәа-ҭыԥҳак ирызку ажәамаана Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа ирзеиҭеиҳәеит, аха уи ақьырсианцәа зегьы иаҳнарҵо рацәоуп (bp156 13—17). «Шәҷаԥшьала, избанзар шәарҭ Ауаҩытәыҩса Иԥа данаауа амшгьы, асааҭгьы шәыздырӡом»,— иҳәеит Иисус (Матф. 25:13). Иулшома ари ажәамаана аҵакы ҳаилыркаара?

  • Аԥҳәысҳәаҩ (ажә. 1): Иисус.

  • Иҟәышу аҭыԥҳацәа (ажә. 2): ирыду адҵа анагӡара иазхиоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа; дара ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа лашарбагаҵас илашоит (Флп. 2:15).

  • Абжьы: «Абар, аԥҳәысҳәаҩ даауеит!» (ажә. 6): Христос дшааз шьақәзырӷәӷәо адырга.

  • Игаӡоу аҭыԥҳацәа (ажә. 8): Аԥҳәысҳәаҩ иԥыларц идәықәлаз, аха агәҽанызаареи азиашареи зцәыӡыз Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа.

  • Иҟәышу аҭыԥҳацәа егьырҭ ахәша рыцеиҩшара мап ацәыркуеит (ажә. 9): Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аҵыхәтәантәи амҳәыр анраархалахак ашьҭахь Анцәа изиашамхаз изрыцхрааӡом.

  • «Аԥҳәысҳәаҩ дааит» (ажә. 10): Иисус ақәыӡбаразы даауеит арыцҳара ду аҵыхәтәахьы инеиаанӡа хәыҷык шагу.

  • Иҟәышу аҭыԥҳацәа аԥҳәысҳәаҩ ицны ачарахь еицыҩналоит, ашәқәагьы акуеит (ажә. 10): Иисус Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа ажәҩан аҿы еизигоит, азиашара ззымыхьчаз жәҩантәи рҳамҭа рцәыӡуеит.

Ажәамаанаҿы иҳәаӡам Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аӡәырҩы ииашаны иаанхаӡом, насгьы даҽа шьоук рыла иԥсаххоит ҳәа. Уи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рзы гәҽанҵароуп: дара рхала ирыӡбоит рҽеиқәыршәаны иҟазаару, мамзаргьы хара имԥшӡакәа, ииашам амҩа алырхру. Иисус иҳәеит: «Шәыхианы шәыҟаз» (Матф. 24:44). Иара иҭахуп ҳара зегьы — иҳамоу агәыӷра зеиԥшразаалакгьы — ииашоу амаҵзура ҳгәы азҳархиаларц, насгьы ҳҷаԥшьаларц.

Ишԥасылшо сара сышҷаԥшьо аасырԥшыр?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра