АБИБЛИАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҬАК
Ишԥацәырҵи ацәгьара?
Игәазҭазҵодаз Иисус ацәгьара аҟаҵара? (Матфеи 4:8—10)
Еиҳараҩык ауаа иқьиазарц, ргәы разызарц, насгьы егьырҭ ауааи дареи ҭынч еицынхаларц рҭахуп. Нас избан иахьа лассы-лассы агәымбылџьбарареи, ақәымчреи, аиашамреи заҳбо? Аацҳарақәа рҿы еиҳараӡак ихлымӡаахха иҟоу ацәгьоурақәеи амашәырқәеи ирылацәажәоит. Дыҟоума ауаа ацәгьара аҟаҵара ргәазҭазҵо аӡәы? (Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:19.)
Анцәа иоума ауаа ацәгьара рылаҵаны изшаз? Мап, Анцәа Иегова ауаа иара иеиԥшны ишеит, иааирԥшуа абзиабара ақәныҟәаразы агәаҳәара рыҭаны (Аҟазаара 1:27; Иов 34:10). Аха убри аамҭазгьы Анцәа ауаа алхра ахақәиҭра рыҭаны ишеит. Ҳара ҳазхылҵыз ацәгьара амҩа ианылеит, Анцәа иҿыԥшра рҭахымхеит, убри аҟынтә анаӡара рцәыӡит. Дара рҟынтәи агәнаҳа ҳара ҳахь ииасит. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:4, 5.)
Иҳалазаалома ҳара еснагь ацәгьара?
Анцәа иҭахуп ҳҟазшьа бааԥсқәа ҳарҿагылаларц (Ажәамаанақәа 27:11). Убри аҟынтә иара аус бааԥсқәа шыҟаҳамҵаша, насгьы анасыԥҵәҟьа шҳауша ҳирҵоит. Аха иахьа ҳара иҳалшом Анцәа ибзиабара инагӡаны аҿыԥшра. (Шәаԥхьа Ԥсалом 32:8.)
Иахьа ацәгьара адунеи ишахыҵәахьоугьы, уи ус наӡаӡа иҟалом. Анцәа ацәгьара зиаҩижьыз, уи иалҵшәа бааԥсхаз ауаа ирбарц азы ауп (2 Пиотр 3:7—9). Аха хара имгакәа адгьыл Анцәа изыӡырҩуа, насгьы насыԥ змоу ауаа рыла иҭәуеит. (Шәаԥхьа Ԥсалом 37:9—11.)