АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИШԤАЖӘДЫРУЕИ ШӘАРА ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА?
Зыгәра ргозеи Иегова ишаҳаҭцәа?
Иегова ишаҳаҭцәа «Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп» ҳәа агәра ргоит (2 Тимофеи 3:16). Ҳара ҳзы Абиблиа — Ҳазшаз даҳзырдыруа, аҵакы змоу аԥсҭазаара зламҩаԥгатәу узырбо, хәарҭа злоу напхгароуп.
Абиблиаҿы иҳәоуп: «Ауаа ирдыруазарц, уара Иегова ҳәа ахьӡ змоу, уара аӡәк шуакәу адгьыл аҿы Зегьирхаку» (Ԥсалом 83:18). Убри аҟынтә ҳара ҳзымҵахырхәо Анцәа Иегова заҵәык иоуп, иара ишаҳаҭцәа реиԥш, ихьӡ зегьы еицырдыруа иҟаҳҵар ҳҭахуп (Исаиа 43:10—12).
Ҳара ҳқьырсианцәоуп аҟынтә, агәра ҳгоит «Анцәа Иԥа»a Иисус адгьыл ахь дшааз, насгьы Мессиа шиакәхаз (Иоанн 1:34, 41; 4:25, 26). Иисус данԥсы ашьҭахь, жәҩантәи аԥсҭазааразы иԥсы ҭаҵан (1 Коринфаа 15:3, 4). Ԥыҭрак ашьҭахь иара Анцәа Иаҳраҿы Аҳас дҟалеит (Аатра 11:15). Ари Аҳра — адгьыл џьанаҭны иҟазҵо иҟаҵәҟьоу еиҳабыроуп (Даниил 2:44). «Ауаа ҟәымшәышәқәа адгьыл рҭынхоит, насгьы аҭынчра нагӡа агәахәара рнаҭалоит»,— аҳәоит Абиблиа (Ԥсалом 37:11, 29).
«Абиблиа ианаԥхьо, дара агәра ргоит уи адаҟьақәа рыла Анцәа дышрацәажәо. Дара аԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа ианрықәшәо, Анцәа Иажәа рхы иархәаны, аӡбашьа убра ирыԥшаауеит. [...] Дара рзы Анцәа Иажәа аԥсы шҭац иҭоуп» (акатоликтә ԥшьаҩы Бенџьамин Чераиат, анемец газеҭ «Миунстерлендише фольксцаитунг»).
Иегова ишаҳаҭцәа агәра ргоит абиблиатә принципқәа рықәныҟәара иахьагьы ахәарҭа шаанаго (Исаиа 48:17, 18). Ҳара урҭ апринципқәа ҳрыцәхьаҵӡом. Иаҳҳәап, Абиблиа агәҽанызаара ҳнаҭоит ҳцәеижь зҟьашьуа аусқәа рганахь ала, убри аҟынтә ҳара аҭаҭын ҳахаӡом, анаркотикқәа ҳадаҳкылаӡом (2 Коринфаа 7:1). Ҳара ҳҽырцәаҳахьчоит Абиблиаҿы изқәыӡбоу аусқәа, иаҳҳәап аҩҽаршьра, асексуалтә гәаԥхашәадара, аӷьычра (1 Коринфаа 6:9—11).
a Абиблиаҿы Иисус изкны иануп «Ихшаазаҵәу Анцәа Иԥа» иоуп ҳәа, избанзар иара Иегова ихала заҵәык, насгьы раԥхьаӡа иишаз иоуп (Иоанн 3:18; Кәаласаа 1:13—15).