Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/9 ад. 7
  • Избан ҳара ажәабжь зрылаҳҳәо?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан ҳара ажәабжь зрылаҳҳәо?
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
    Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
  • Абиблиа аилкааразы ацхыраара
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Асаит jw.org ҳхы иаҳархәоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Ииашаҵәҟьоу қьырсианцәоума Иегова ишаҳаҭцәа?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/9 ад. 7

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИШԤАЖӘДЫРУЕИ ШӘАРА ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА?

Избан ҳара ажәабжь зрылаҳҳәо?

Ҳара егьырҭ ҳрылызкаауа ҩнаҭацыԥхьаӡа, ауаа рацәа ахьеизо, насгьы иахьабалак ауаа ахьыҟоу инарҭбааны имҩаԥаҳго ажәабжьҳәаратә ус ауп. Избан ҳара ус зыҟаҳҵо?

Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь рыларҳәоит Анцәа дҳараркырц, насгьы ихьӡ зегьы еицырдыруа иҟарҵарц азы (Ауриацәа 13:15). Иара убас ҳара Христос Иисус идҵа анагӡара ҳҭахуп: «Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҟынтә аҵаҩцәа азыҟашәҵала... сара ишәыдысҵаз зегьы рықәныҟәара дырҵо» (Матфеи 28:19, 20, АдҾ).

Уи адагьы, ҳара иаҳзааигәоу бзиа иаҳбоит (Матфеи 22:39). Ҳәарада, ҳара еилаҳкаауеит ауаа реиҳараҩык рхатәы динхаҵаратә гәаанагара шрымоу, насгьы ҳажәабжь зегьы аинтерес шырзаҵам. Аха ҳара иаадыруеит Абиблиа иану ажәабжь аԥсҭазаара шеиқәнархо. Убри аҟынтә ҳаргьы, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш, «Иисус Христос изку... ажәабжь бзиа» рылаҳарҵәоит (Аусқәа 5:41, 42).

Асоциолог Антонио Кова Мадуро иазгәеиҭеит «Иегова ишаҳаҭцәа ахамеигӡара ду шаадырԥшуа, ирылшо зегьы ҟаҵо... иԥшьоу атекст адгьыл аҿы зегь раасҭа ихароу аҭыԥқәа рҟынӡа инаӡарц» (венесуелатәи агазеҭ «Универсаль»).

Ҳпубликациақәа ирыԥхьо реиҳараҩык Иегова ишаҳаҭцәа ракәӡам. Иара убас миллионҩыла Абиблиа зҳарҵо егьырҭ адинхаҵарақәа ирыҵанакуеит. Аха дара Иегова ишаҳаҭцәа иҭабуп ҳәа рарҳәоит урҭ ахьырҭаауа азы.

Ҳәарада, шәара ишәызцәырҵыр ауеит Иегова ишаҳаҭцәа ирызку егьырҭ азҵаарақәагьы. Аҭак шәыԥшаар шәылшоит

  • хаҭала Иегова ишаҳаҭцәа шәрацәажәар;

  • ҳофициалтә саит шәҭалар;

  • хәыда-ԥсада иҟоу, зегьы рзы иаарту ҳаиԥыларақәа шәырҭаар.

Иегова ишаҳаҭцәа ирызку аинформациа еиҳаны аилкаара шәылшоит «Иегова ишаҳаҭцәа: еиҿкаауп ажәабжь бзиа рылаҳәаразы» захьӡу урысшәала иҟоу афильм шәахәаԥшыр.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра