Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 6—7
  • Абиблиа аилкааразы ацхыраара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиа аилкааразы ацхыраара
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЖӘЫТӘАН ИҞАЗ АЦХЫРААРА
  • ИАХЬА ИҲАУА АЦХЫРААРА
  • Избан ҳара ажәабжь зрылаҳҳәо?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Асаит jw.org ҳхы иаҳархәоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
    Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 6—7

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ШӘАРА АБИБЛИА ЕИЛЫШӘКААР ШӘЫЛШОИТ

Абиблиа аилкааразы ацхыраара

Шәхаҿы иаажәг ахаан шәахьыҟамыз атәылахь шәаазшәа. Шәара шәзы зегь ҿыцуп: ауаа, аҵасқәа, афатә, аԥара. Еилкаауп иҟашәҵо шәақәымшәо шәаанхар шалшо.

Убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа изцәырҵыр ауеит раԥхьаӡа Абиблиа иаԥхьо ауаҩы. Ари ашәҟәы анаашәыртуа, шәара шәзы зегь ахьҿыцу ажәытә аамҭақәа рахь шәнанагоит. Уа шәара ишәԥылоит филистимцәақәак, ижәбоит амаҭәа ашәхаԥжәара еиԥш иҟоу ишәзеилымкаауа аҵасқәа, насгьы еилышәкаауеит аманна захьӡу афатә ҿыци адрахма ҳәа ирдыруа амонетеи рыӡбахә (Ақәҵымҭа 16:31; Иисус Навин 13:2; 2 Самуил 3:31; Лука 15:9). Абри зегьы иахҟьаны иҟашәҵо шәзымдыруа шәықәхар алшоит. Атәыла ҿыц ахь шәанааз еиԥш, аӡәы ацхыраара шәиҭар, абри зегьы иаанаго шәеилиркаар, ҳәарада, шәара уи ауаҩы даараӡа иҭабуп ҳәа иашәҳәоит, ус акәӡами?

АЖӘЫТӘАН ИҞАЗ АЦХЫРААРА

XVI ашәышықәсазы ҳ. ҟ. Абиблиа раԥхьатәи ацәаҳәақәа рыҩра ианалагаз инаркны, Иԥшьоу Аҩыра аилкаараҿы ацхыраара ҟазҵоз ауаа ыҟан. Иаҳҳәап, израильаа раԥхьатәи рԥыза Моисеи ажәлар Аҩыра деилиркаауан (Ҩынтәзакәан 1:5).

Жәабаҟа шәышықәса рышьҭахьгьы ажәлар ирыман Аҩыра деилзыркаауаз аԥышәа змаз арҵаҩцәа. 455 шықәса рзы ҳ. ҟ. Иерусалим иҟаз ашҭақәа руак аҿы еизеит ауриацәа рацәаҩны, имаҷымкәа ахәыҷқәа нарылаҵаны. Арҵаҩцәа Иԥшьоу Аҩыра «рыбжьы ҭыганы иаԥхьон». Убри инеиҳангьы, дара «ажәлар ирыцхраауан изыԥхьоз аилкаара» (Неемиа 8:1—8).

500 шықәса рышьҭахь уи иеиԥшу арҵаратә ус далахәын Иисус Христос. Ажәлар арҵаҩ иеиԥш акәын еиҳарак дшырдыруаз (Иоанн 13:13). Иара аҵара дирҵон гәыԥҩыла еизоз ауаа рацәа реиԥш, хаҭа-хаҭалагьы. Зны иара ашьхаҿы еизаз ауаа рҿаԥхьа ажәахә иҳәеит, уи «жәлары еицџьаршьон» (Матфеи 5:1, 2; 7:28). Ааԥынразы 33 шықәса ҳ. ҳ. Иерусалим азааигәара иҟаз ақыҭахь ицоз ҩыџьа иҵаҩцәа драцәажәон, урҭ ак агмыжькәа Аҩыра иану деилиркаауан (Лука 24:13—15, 27, 32).

Иисус иҵаҩцәагьы егьырҭ Анцәа Иажәа иану ддырҵон. Зны ефиоптәи аҭыԥ ду аанызкылоз ауаҩы ҽыуардынла дцон, насгьы Иԥшьоу Аҩыра аҟынтәи ацыԥҵәаха даԥхьон. Аҵаҩы Филипп уи дихьӡаны диазҵааит: «Узыԥхьо атәы узеилкаауама?» Уи ауаҩы аҭак ҟаиҵеит: «Излеилыскаарызеи, иаанаго абас-абас ауп ҳәа зҳәо акы умаҳакәа?» Убасҟан Филипп иеилиркаауеит уи дзыԥхьаз аҵакы (Аусқәа 8:27—35).

ИАХЬА ИҲАУА АЦХЫРААРА

Ажәытәан иҟаз арҵаҩцәеи амҩақәҵаҩцәеи реиԥш, иахьа Иегова ишаҳаҭцәагьы имҩаԥыргоит абиблиатә рҵаратә ус (Матфеи 28:19, 20). Есымчыбжьа дара 239 тәылеи атерриториеи рҿы инхо 9 миллионҩык ауаа Абиблиа аилкаара ирыцхраауеит. Аҵара иахысуа аӡәырҩы ақьырсианра атәы зынӡа ирыздыруамызт. Уи аҵара хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит шәыҩны, мамзаргьы иманшәалоу даҽа ҭыԥк аҿы. Шьоукы ҭелла, ма даҽа хархәагак ала аҵара ргәаԥхоит.

Инарҭбааны уи аҵара атәы еилышәкаар шәылшоит Иегова ишаҳаҭцәа руаӡәк шәидҵаалар. Шәара ижәбоит Абиблиа уаҩы изаамыртуа амаӡа шаным. «Уи хәарҭоуп аҵарашьҭкаараҿ, аҿаԥҽраҿы, агхақәа рырҽеираҿ, аиаша-ҵабырг ашҟа амҩа ақәҵараҿ», ауаҩы «акы згым аӡә иакәны, аус бзиақәа, аус хирқәа дрызшаны дҟаларазы» (2 Тимофеи 3:16, 17).

Шәахәаԥш авидеоролик «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?»

Шәахәаԥш авидеоролик «Ишԥамҩаԥысуеи абиблиатә ҵара?»

Онлаин ацхыраара

Ишәҭахума шәара шәхала Абиблиа ҭышәҵаар? Шәааҳаԥхьоит Иегова ишаҳаҭцәа рофициалтә саит шәаҭаарц. Уа ишәыԥшаауеит хәыда-ԥсада иҟоу 700 бызшәа инареиҳаны рыла Абиблиа иазку аинформациа. Асаит аҿы иаагоуп атемақәа:

Лассы-лассы ауаа ирызцәырҵуа азҵаарақәа

  • Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?

  • Избан ауаа зыԥсуа?

  • Иҟалозеи ауаҩы данԥсуа?

Есҽны ауаа зықәшәо ауадаҩрақәа

  • Адепрессиа змоу рзы ацхыраара

  • Иухымго ачымазара ишаиааилатәу

  • Аԥара амамзаареи ауалқәеи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа

Аҭаацәаразы ацхыраара

  • Аимак-аиҿакра ишаҟәыҵтәу

  • Ахәыҷқәа аҭакԥхықәра злоу уааны ишааӡалатәу

  • Ахәыҷқәа агәаԥхашәатә принципқәа шрылааӡалатәу

Аҿар рызҵаарақәа

  • Асексуалтә қәыӷәӷәара ишаҿагылатәу

  • Ианухыччо иҟаҵалатәу

  • Азаҵәра ишаиааитәу

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра