АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИШԤАЖӘДЫРУЕИ ШӘАРА ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА?
Иҳазҭода ҳара афинанстә цхыраара?
Есышықәса ҳара миллионла Абиблиақәеи абиблиатә публикациақәеи ҭҳажьуеит, насгьы ирылаҳарҵәоит. Ҳара адунеи ахьынӡа-наӡааӡо афилиалқәеи атипографиақәеи ҳаргылоит, насгьы ҳархылаԥшуеит. Жәанызқьла аизарақәа мҩаԥысуеит иӡыргацәам, аха иманшәалоу Аҳратә залқәа захьӡу амҵахырхәаразы иҟоу аҭыԥқәа рҿы. Ихызҩода арҭ ахарџьқәа зегьы?
Ҳара ҳус злашьақәгылоу хатәгәаԥхаралатәи аҭара алоуп (2 Коринфаа 9:7). 1879 шықәсазы ажурнал «Ахьчаратә бааш» аҩбатәи аҭыжьымҭаҿы ианын: «Ҳара агәра ҳгоит „Сионтәи ахьчаратә бааш“ [усҟан уи ажурнал ус ахьӡын] ИЕГОВА дшацхраауа, убри аҟынтә ҳара ахаангьы ауаа рыцхыраара ҳаҳәалаӡом». Ҳара иахьа уажәраанӡагьы ари апринцип ҳақәныҟәоит.
Хатәгәаԥхарала иарҭо аԥара ишиашоу ҳфилиалқәа руак ахь ирышьҭуеит, мамзаргьы Аҳратә залқәа зегь рҿы уи азы иҟоу аиашьык иҭарҵоит. Ҳара алагала ажәабатәи ахәҭа ҳшәаӡом, аԥара еизаҳгаӡом, насгьы ҳдинхаҵаратә маҵзуреи ҳпубликациеи рзы аԥара ҳгаӡом. Ҳара ажәабжь ахьаҳҳәо, аизараҿы аҵара ахьыдҳарҵо, насгьы амҵахырхәара аҭыԥқәа ахьҳаргыло азы аԥара ҳзыршәаӡом. Избанзар Иисус иҳәеит: «Амала ишшәоуз аиԥш, амала ирышәҭала» (Матфеи 10:8). Ҳфилиалқәеи адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭеи рҿы амаҵ зуа, Анапхгаратә хеилак иалахәугьы уахь иналаҵаны, хәыда-ԥсада аџьабаа рбоит.
«Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ рус хкқәа рҿы еиԥш, рдинхаҵараҿы иҟоу аизгарақәа шьақәгылоуп хатәгәаԥхарала иҟарҵо мацарала: досу ихала иӡбоит шаҟа, насгьы шаҟа лассы-лассы аԥара аиҭо» (Ауаҩы изинқәа зыхьчо европатәи аӡбарҭа, 2011 шықәса).
Хатәгәаԥхарала иарҭо иара убас аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз ирыцхраарц азы ирышьҭуеит. Раԥхьатәи ақьырсианцәа агәаҟра иақәшәаз рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз гәахәарыла ирыцхраауан (Римаа 15:26). Ҳаргьы убас ааха зауз ҳрыцхраауеит рыҩнқәеи амҵахырхәара аҭыԥқәеи еиҭашьақәыргыло, афатәи, амаҭәеи, ахәшәқәеи рыла еиқәыршәо.