Абри адоуҳа шаҳаҭра ауеит ҳара Анцәа ҳашихшароу
«Абри Адоуҳа шаҳаҭра ауеит ҳара Анцәа ҳашихшароу» (РИМ. 8:16).
1—3. а) Избан Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. иналукаартә изыҟаз? б) Ишԥанаӡеи уи аҽны Аҩыра ианыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
МҼЫШОУП, ашьыжь асааҭ 9 раҟара ыҟоуп. Иерусалим еизаз рзы ари амҽыша егьырҭ амҽышақәа иреиԥшхом. Ари ныҳәамшуп — Аҩынҩажәижәаба мшы ауп — убри аҟынтә асабша мшы ҳәа иԥхьаӡоуп. Аныҳәарҭахьы есышьыжьтәи амҭақәа наргахьан. Зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп аԥхьаԥшьаҩы инапқәа ирынҵаны ииҟьо амҭа аннеиго ҳәа. Уи ачарыц ҿа иалху, аҵәырса злоу ҩ-чак ауп. (Алев. [Лев.] 23:15—20). Ари иаанагар акәын ачарыц архра ишалагаз. Ицоит 33 шықәса ҳ. ҳ.
2 Аныҳәарҭаҿы зегь шцац ицоит. Аха уа акәымкәа, уада ҭбаа-ҭыцәк аҿы уажәымзар-уажәы акрызҵазкуа хҭыск ҟалараны иҟоуп. Уа 120-ҩык раҟара Христос иҵаҩцәа еизан, Анцәа иҳәара иаҿуп (Аус. 1:13—15). Иаарласны иҟалараны иҟоу ахҭыс Аҩынҩажәижәаба мшы аҽны аԥхьаԥшьаҩы иҟаиҵоз даараӡа иадҳәалан. Уи ала 800-ҟа шықәса раԥхьа Иоиль ииҳәахьаз аԥааимбаражәа наӡеит (Иоиль [Иоиль] 2:28—32; Аус. 2:16—21). Иарбан акрызҵазкуа хҭысу зыӡбахә ҳәоу?
3 Уаԥхьа Аусқәа 2:2—4а. Ари ауада ҭбаа-ҭыцә аҿы еизаз ақьырсианцәа иԥшьоу адоуҳа роуит (Аус. 1:8, АдҾ). Дара аԥааимбаражәа аҳәара иалагеит, даҽакала иуҳәозар рыбла иабаз иџьашьахәу аусқәа ртәы аҳәара. Иаарласны ауаа рацәаҩны еизеит, насгьы апостол Пиотр иҟалаз иаанагоз рзеиҭеиҳәеит. Анаҩс иара иациҵеит: «Шәарҭ шәахьтә дарбанзаалакь имоу агәнаҳарақәа дрыхьхәааит, иҽинаҭааит, Иисус Христос ихьӡала игәнаҳарақәа ихихразы — убасҟан Аԥсы Цқьа иахьтә аҳамҭа [«иԥшьоу адоуҳа аҳамҭа», АдҾ] шәоуеит». 3 000-ҩык раҟара Пиотр иажәақәа ирықәныҟәаны рҽырнаҭит, мамзаргьы аӡы рыҽӡаархит, изқәыргәыӷыз иԥшьоу адоуҳагьы роуит (Аус. 2:37, 38, 41).
4. а) Избан Аҩынҩажәижәаба мшы ҳара ҳзы аҵакы замоу? б) Иарбан акрызҵазкуаз даҽа хҭыску ашәышықәсақәа раԥхьа убри аҽны иҟалаз? (Шәахәаԥш азгәаҭа.)
4 Избан Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. ҳара ҳзы аҵакы замоу? Ҳәарада, Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы имҩаԥысуаз азы акәӡам. Аха Иисус Христос аԥхьаԥшьаҩ ду иаҳасабала ари аԥааимбаражәатә сахьа ахьынаигӡаз ауп1. Уи аҽны аныҳәарҭахь инаргоз аҵәырса злаз ҩ-чак симоволс ирымаз Анцәа идоуҳала иалхыз Христос иҵаҩцәа роуп. Урҭ аҵаҩцәа игәнаҳаз ауаа рҟынтәи иалхын, Анцәа ихшарахарц азы. Убас исимволтәу «раԥхьатәи шәырны» иҟалаз рҟынтәи шьоукы жәҩантәи Аҳраҿы напхгара ҟарҵаларц алшара роуит. Уи Аҳра Анцәа изыӡырҩуа егьырҭ ауаа меигӡарахда азылԥхарақәа рзаанагоит (Иак. 1:18; 1 Пиотр 2:9). Убри аҟынтә иарбан гәыӷроу иҳамазаалакгьы — ажәҩан аҿы Иисус анапхгара ицҟаҵара, мамзаргьы џьанаҭ дгьыл аҿы анхара — усҟан иҟалаз ахҭыс ҳара зегьы ҳаԥсҭазаара даараӡа ианырит.
АНЦӘА ИДОУҲАЛА АЛХРА ШЫМҨАԤЫСУА
5. Иабантәиаадыруеи ҳара Анцәа идоуҳала алхра шеиԥшым?
5 Шәхаҿы иаажәг Христос иҵаҩцәа мцабз лашараҵас доусы хаз-хазы ашәахәабызқәа шырхаԥхоз. Шәаргьы урҭ шәрылазҭгьы, уи амш ахаангьы ишәхашҭраны шәыҟамызт. Шәара аҵыхәтәанынӡа агәра ганы шәыҟазаалон Анцәа идоуҳала шәшалху, еиҳарак џьашьахәыла атәым бызшәала ацәажәара шәалагазҭгьы (Аус. 2:6—12). Аха ироуама Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы иԥшьоу адоуҳа урҭ 120-ҩык раҟара џьашьахәыла ишроуз еиԥш? Мап. Уи амш аҽны Иерусалим иҟаз егьырҭ ауаа иԥшьоу адоуҳа роуит аӡы рҽанӡаархуаз (Аус. 2:38, АдҾ). Урҭ мцабз лашараҵас ашәахәабызқәа рхамԥхаӡеит. Уи адагьы, Анцәа идоуҳала иалху рҟынтә шьоукы аӡӡаахраан акәӡам иԥшьоу адоуҳа анроуз. Иаҳҳәап, самариаа уи роуит аӡы рҽанӡаарх ашьҭахь аамҭақәак анҵы (Аус. 8:14—17, АдҾ). Зынӡа уамашәа иубаша, Корнили иҭаацәеи иареи иԥшьоу адоуҳа роуит аӡы рыҽӡаархаанӡа (Аус. 10:44—48, АдҾ).
6. Ироуазеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы, насгьы ишԥарныруеи уи дара?
6 Ишаҳбаз еиԥш, Анцәа идоуҳала иалху иԥшьоу адоуҳа шроуа еиԥшым. Шьоукы доуҳала ишалху иаразнак еилыркаар рылшоит, егьырҭ уи азы аамҭа рҭахуп. Ишыҟазаалакгьы, Анцәа идоуҳала иалху зегьы апостол Павел зыӡбахә иҳәоз рымоуп: «Шәара агәра аныжәга ашьҭахь, Христос ила Анцәа шәзықәиргәыӷыз иԥшьоу адоуҳа амҳәыр шәаархан, уи адоуҳа иаҳҭынхо шасыс иазыҟалоит» (Еф. 1:13, 14, АдҾ). Убас иԥшьоу адоуҳа ргәыӷра шынаӡо ала шасыс, даҽакала иуҳәозар лагаланы, мамзаргьы шьақәырӷәӷәараны иазыҟалоит. Абри аҩыза ашьақәырӷәӷәара ақьырсиан ианиоуа, Анцәа идоуҳала дшалху аҵыхәтәанынӡа агәра ганы дҟалоит. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:21, 22; 5:5.)a
7. Иҟарҵалар акәзеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы, жәҩантәи рҳамҭа роурц азы?
7 Иуҳәар алшома абри аҩыза ашьақәырӷәӷәара зауа ақьырсиан хымԥада жәҩантәи аҳамҭа иоуеит ҳәа? Мап. Уи ауаҩы жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара шимоу агәра ганы дыҟоуп, аха уи аҳамҭа иоурц азы, аҵыхәтәанынӡа диашаны даанхар ауп. Апостол Пиотр уи абас иҳаилиркааит: «Убри аҟнытә сашьцәа, шәарҭ, иааԥхьоу-иалыԥшаау шәакәны шәызлаҟоу ала, абарҭ рҿы еиҳа-еиҳа шәҽызлашәырӷәӷәаша шәашьҭаз: абри амҩала шәанныҟәа, бзанҵык шәшьацәхныслараны шәыҟам, Усҟан Иҳақәиҭу Аиқәырхаҩ Иисус Христос наунагӡатәи Иԥсҳараҿы гәырӷьарала шәрыдыркылоит» (2 Пиотр 1:10, 11). Убри аҟынтә Анцәа идоуҳала иалху ақьырсиан илшо зегь ҟаиҵалароуп диашаны даанхарц азы, мамзар жәҩантәи иҳамҭа иоуӡом (Аур. 3:1; Аат. 2:10).
АҚЬЫРСИАН ДОУҲАЛА ДШАЛХУ ШЕИЛИКААУА
8, 9. а) Избан ауаа реиҳараҩык доуҳала алхра шымҩаԥысуа аилкаара зырзымариам? б) Ишԥеиликаауеи ауаҩы жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара шимоу?
8 Иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа реиҳараҩык ирзымариамзар ауеит доуҳала алхра шымҩаԥысуа аилкаара. Уи џьашьатәым, избанзар дара рхаҭа доуҳала иалхӡам. Аԥхьанатә Анцәа иҭахын ауаа зегьы адгьыл аҿы наӡаӡа инхаларц (Аҟаз. [Быт.] 1:28; Аԥсал. 36:29 [37:29, АдҾ]). Убри аҟынтә ақьырсианцәа шьоукы ажәҩан аҿы Аҳра напхгаҩцәас, насгьы ԥшьаҩцәас аҟалара алшара рыҭара Анцәа ҷыдала ииӡбаз ак ауп. Ауаҩы ари аҩыза ааԥхьара аниоуа, ихәыцшьеи идунеихәаԥшышьеи, игәыӷреи рҽырыԥсахуеит. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 1:18.)
9 Аха иабантәидыруеи ақьырсиан ишимоу жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара, насгьы иԥшьоу адоуҳа ашьақәырӷәӷәара? Аҭак ҳаԥшаауеит Павел ацқьацәа иреиуахарц ааԥхьара змаз Анцәа идоуҳала иалхыз римтәи аишьцәа иреиҳәаз ажәақәа рҿы: «Шәара ишәоуз адоуҳа шәытәцәаны акәымкәа, ззин ыҟоу ԥацәаны шәҟанаҵоит. Абри Адоуҳа иабзоураны Анцәа иахь иаҳҳәоит: „Авва, Аб!“ Абри Адоуҳа шаҳаҭра ауеит ҳара Анцәа ҳашихшароу» (Рим. 1:7; 8:15, 16). Ажәакала, иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала Анцәа ауаҩы иеилиркаауеит жәҩантәи Аҳра напхгаҩыс аҟаларазы ааԥхьара шимоу (1 Фес. 2:12).
10. Избан 1 Иоанн 2:27 (АдҾ) аҿы изану Анцәа идоуҳала иалху рырҵара аҭахӡам ҳәа?
10 Абас еиԥш Анцәа ҷыдала иааиԥхьаз ауаа доуҳала ишалху ала даҽа шьақәырӷәӷәарак рҭахӡам. Иегова урҭ аҵыхәтәанынӡа агәра диргоит. Апостол Иоанн Анцәа идоуҳала иалху рахь ихы рханы иҳәеит: «Шәара Иԥшьоу Анцәа шәалихит, шәара зегьы аҵабырг жәдыруеит». Анаҩс иациҵеит: «Шәара шәакәзар, Анцәа идоуҳала шәалихит, уи еснагь ишәыцҟазаауеит, убри аҟынтә шәырҵара аҭахӡам. Анцәа идоуҳа ихы иаирхәоит иахәҭоу зегь шәирҵарц азы, уи адоуҳа иашаҵабыргла иҟоуп, мцра алам. Убри аҟынтә иара шәицыз, уи адоуҳа ишышәнарҵаз еиԥш» (1 Иоанн 2:20, 27, АдҾ). Ҳәарада, Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ҳара зегь ҳаиԥш адоуҳатә рҵара рҭахуп. Аха дара жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара шрымоу даҽаӡәы иҟынтәи ашьақәырӷәӷәара рҭахӡам. Иегова имч ду, иԥшьоу идоуҳа, ихы иархәаны уи аҩыза агәрагара риҭоит.
ЕИҬА АИРА
11, 12. Иарбан зҵаарақәоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ирызцәырҵыр алшо, аха зыгәра ганы иҟоузеи дара?
11 Иԥшьоу адоуҳа ақьырсиан агәрагара анинаҭо, иара иааџьоушьартә иҽиԥсахуеит. Зны Иисус Никодим даниацәажәоз, уи апроцесс еиҭеиҳәеит. Иара иҳәеит уи ауаҩы хыхьтә дироуп, мамзаргьы, еиҭагақәак рҿы ишаҳәо еиԥш, деиҭеироуп ҳәа (Иоанн 3:3, 5)2. Анаҩс Иисус иациҵеит: «Иуасҳәаз џьаумшьан: шәара хыхьтә шәироуп. Аԥсы [«аԥша», АдҾ] — иахьаҭаху илеи-ҩеиуеит, иуаҳауеит уи ашьҭыбжь, аха иахьынхауа, иахьцауа уздырам: абас ауп Аԥсы [«адоуҳа», АдҾ] иахшаз дарбанзаалакь изы ишыҟоу» (Иоанн 3:7, 8). Ишаҳбо еиԥш, ари аҩыза ааԥхьара змам уи иаанаго аҵыхәтәанынӡа ирзеилкаауам.
12 Жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара зауз рхы иазҵаауазар ауеит: «Избан ҷыдала сара сзалху? Избан даҽаӡәы зиакәым?» Иҟалап дара уи иаԥсоуп ҳәа рмыԥхьаӡозаргьы. Аха ааԥхьара шрымоу ала алак-ҩакра рызцәырҵӡом. Урҭ ргәы гәырӷьаралеи џьшьаралеи иҭәуп. Дара Пиотр имаз ацәаныррақәа рызцәырҵуеит. Иара иҳәон: «Хьӡи-ԥшеи имазааит Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаб Анцәа — иҳалалра ду амчхарала аԥсцәа рахьтә Иисус Христос игылара иабзоураны Уи аԥсҭазаара ҿыц ҳаиҭеит, иҳаиҭеит агәыӷра ҿыц, Иҳауит — ицқьоу, баара-еицакра зқәым, канӡашьа змам аҳамҭа-џьынџь шәара шәзы жәҩан аҿы иҟазааразы» (1 Пиотр 1:3, 4). Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа арҭ ажәақәа ианрыԥхьо, жәҩантәи Раб хаҭала дышрацәажәо агәра ганы иҟоуп.
13. Аҽшԥаԥсахуеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рхәыцшьа, насгьы изыхҟьозеи уи?
13 Арҭ ақьырсианцәа иԥшьоу адоуҳа агәрагара рнаҭаанӡа, урҭ адгьыл аҿы наӡаӡа анхара иақәгәыӷуан. Дара Иегова адгьыл ацәгьара аҟынтә ианирыцқьо, насгьы насыԥ рыманы уа ианынхало аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. Иҟалап урҭ рхаҿы иааргозҭгьы рҭынхацәеи рҩызцәеи рыԥсы анҭалалак ишырԥыло. Дара ирҭахын рнапала идыргыло аҩнаҿы анхара, рбаҳчаҿы иҿырхло ашәыр афара (Ис. [Ис.] 65:21—23). Избан уажәы даҽакала изхәыцуа? Дара адгьыл аҿы анхара агәыӷра ргәы ахымшәаӡеит. Уи зыхҟьаз аемоциатә уадаҩрақәа ракәӡам. Дара иаалырҟьаны агәаанагара рызцәырымҵӡеит адгьыл аҿы наӡаӡа анхара гәҿыӷьроуп ҳәа. Иара убас уи зыхҟьаз ажәҩан аҿы анхара зеиԥшроу аилкаара ахьырҭаххаз акәӡам. Арҭ аԥсахрақәа ҟазҵаз Анцәа идоуҳа ауп. Уи ажәҩан ахь ааԥхьара шрымоу агәрагара мацара акәӡам ирнаҭаз, аха рхәыцшьеи ргәыӷреи аԥсахит.
14. Ишԥазыҟоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа адгьылтәи рыԥсҭазаара?
14 Нас ииашоума ахәыцра Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа аԥсра рҭахуп ҳәа? Апостол Павел уи азҵаара аҭак абас иҟаиҵеит: «Ари ақьалаҿы ҳаҟанаҵ, ҳара аидара ҳаҵоуп, ҳӷызы-ӷызуеит, аха уи ақьала ҳшәаҳхырц ахьаҳҭаху азы акәӡам, иаҳҭахуп даҽак ҳшәаҳҵар, ԥсра зқәу ԥсҭазаарала иԥсаххарц азы» (2 Кор. 5:4, АдҾ). Дара адгьылтә ԥсҭазаара аинтерес рцәымӡӡеит, насгьы уи лассы инҵәандаз ҳәа иԥшӡам. Урҭ аԥсҭазаара пату рзақәуп, насгьы рҭаацәеи рҩызцәеи дареи есҽны Иегова имаҵ аура алшара ахьрымоу агәахәара рзаанагоит. Аха изҿызаалакгьы, ԥхьаҟатәи ргәыӷра ссир еснагь иргәалашәоит (1 Кор. 15:53; 2 Пиотр 1:4; 1 Иоанн 3:2, 3; Аат. 20:6).
ИШӘЫМОУМА ШӘАРА ААԤХЬАРА ЖӘҨАНТӘИ АԤСҬАЗААРАХЬ?
15. Ишьақәзмырӷәӷәозеи ауаҩы Анцәа идоуҳала дшалху?
15 Иҟалап шәара шәхәыцуазар: «Исымоума сара уи аҩыза ааԥхьара?» Ишәымоуп ҳәа шәгәы иаанагозар, шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа: иаашәырԥшуама шәара амаҵзураҿы иҷыдоу агәацԥыҳәара? Иҭышәҵаауама шәгәақәкны Абиблиа, насгьы ишәгәаԥхома «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоу» зегь аилкаара? (1 Кор. 2:10). Дазылԥхома Иегова шәмаҵзура ҷыдала? Ишәымоума шәара агәаҳәара ӷәӷәа игәаԥхара анагӡаразы? Ишәымоума шәара ауаа рахь абзиабара ӷәӷәа, насгьы еилышәкаауама урҭ доуҳала рыцхраара аҭакԥхықәра шшәыду? Ижәбома шәара шәыԥсҭазаараҿы Анцәа дышшәыцхраауа? Иҟалап арҭ азҵаарақәа зегьы «ааи» ҳәа рҭак ҟашәҵазар. Аха иаанарԥшуама уи жәҩантәи агәыӷра шшәымоу? Мап. Избан? Избанзар ус аҭак ҟазҵо Анцәа идоуҳала иалху рымацара ракәӡам. Иегова иԥшьоу идоуҳа ақьырсианцәа зегьы еиԥшны ириҭоит, урҭ иарбан гәыӷроу ирымазаалакгьы. Ииашаҵәҟьаны, жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара шшәымоу агәра ганы шәахьыҟам иаанарԥшуеит Анцәа идоуҳала шәшалхым. Иегова иалихыз азҵаара рызцәырҵӡом ааԥхьара рымоу-ирымаму ҳәа. Уи ус шакәу дара ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит!
16. Иааԥхьоума ажәҩан ахь Анцәа идоуҳа змоу зегьы? Иҳаилшәыркаа.
16 Иԥшьоу Аҩыраҿы ирацәоуп Анцәа идоуҳа змаз изиашаз имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа, аха урҭ жәҩантәи агәыӷра рымамызт. Руаӡәк Иоанн Анаҭҩы иакәын. Иисус уи даараӡа дирҽхәон, аха жәҩантәи Аҳра анапхгараҿы дшыҟамло иҳәеит (Матф. 11:10, 11). Аҳ Давидгьы Анцәа идоуҳа иман (1 Сам. [1 Сам.] 16:13). Уи доуҳала ишәыз уаҩын, насгьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала Абиблиа ахәҭақәак иҩит (Марк 12:36, АдҾ). Аха Аҩынҩажәижәаба мшы аҽны Пиотр иҳәеит Давид ажәҩан ахь дхамлаӡеит ҳәа (Аус. 2:34). Иԥшьоу адоуҳа абзоурала арҭ ауаа аус дуқәа ҟарҵон, аха урҭ жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара рымоуп ҳәа адоуҳа иҷыдоу шаҳаҭра рнамҭаӡеит. Ари иаанагаӡомызт дара уи иаԥсамызт ҳәа. Иегова урҭ џьанаҭ дгьыл аҿы рыԥсы ҭеиҵоит (Иоанн 5:28, 29; Аус. 24:15).
17, 18. а) Иарбан гәыӷроу Анцәа имаҵзуҩцәа реиҳараҩык ирымоу? б) Иарбан зҵаарақәоу анаҩстәи астатиаҿы еилыргахо?
17 Иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа реиҳараҩык жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара рымаӡам. Урҭ Давид, Иоанн Анаҭҩы, иара убас егьырҭ ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз аҳәсеи ахацәеи ирымаз агәыӷра аҩыза рымоуп. Авраам иеиԥш, иахьатәи Анцәа имаҵзуҩцәа Аҳра анапхгара аҵаҟа ианынхало аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп (Аур. 11:10). Аҵыхәтәантәи арҭ аамҭақәа раан жәҩантәи аԥсҭазаарахь ааԥхьара змоу рҟынтәи адгьыл аҿы иаанхаз маҷуп (Аат. 12:17). Ус анакәха 144 000-ҩык Анцәа идоуҳала иалху реиҳараҩык риашара хьчаны иԥсхьеит.
18 Аха аӡәы жәҩантәи агәыӷра сымоуп ҳәа иҳәозар, ишԥаизыҟазар ахәҭоу адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу ақьырсианцәа? Шәышԥахәаԥшуеи шәара шәеизараҿы аӡәы Иҳақәиҭу Иуаххьа аҿы ачеи аҩи идикылар? Гәҭыхас иҳамазар аума жәҩантәи агәыӷра ҳамоуп ҳәа зҳәо рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит.
^ 1 Абзац 4. Иҟалап Аҩынҩажәижәаба мшы азгәаҭара аамҭа Синаи аҿы израильаа Азакәан анрыҭаз аамҭа иақәшәозҭгьы (Ақәҵ. [Исх.] 19:1). Ус акәзар, уи аҽны Моисеи ила Анцәеи израильааи Азакәан ауасиаҭ рыбжьаҵан, убри амш аҽны ашәышықәсақәа рышьҭахь Иисус ила Анцәеи адоуҳатә Израильаа ауасиаҭ ҿыц рыбжьаҵан.
^ 2 Абзац 11. Еиҭа аира иаанаго иазку инарҭбаау аинформациа шәыԥшаар шәылшоит апрель 1, 2009 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 3—11, аурыс.
[Албаага]
a 2 Коринфаа рахь 1:21, 22 (АдҾ): «Шәареи ҳареи Христос ҳшитәу агәра ҳзырго, насгьы доуҳала ҳалызхыз Анцәа иоуп. Иара имҳәыр ҳааирхеит, иҳаиҭеит ҳгәаҿы иԥшьоу адоуҳа, ԥхьаҟатәи аҳамҭа шҳауа ала шасыс иазыҟоу».
2 Коринфаа рахь 5:5 (АдҾ): «Уи азы ҳазыҟазҵаз Анцәа иоуп, уи ԥхьаҟатәи аҳамҭа шҳауа ала шасыс иазыҟоу адоуҳа ҳаиҭеит».