«Ҳара шәара ҳшәыццоит»
«Ҳара шәара ҳшәыццоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу» (ЗАХ. [ЗАХ.] 8:23).
1, 2. а) Ииҳәазеи Иегова заа ҳаамҭа иазкны? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ИЕГОВА ҳаамҭа иазкны заа иҳәахьан: «Урҭ амшқәа раан еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо, ажәларқәа зегь рҟынтә жәаҩык ауаа аиудеи икалҭ иахьынҳалоит, иахьынҳалоит, насгьы ирҳәоит: „Ҳара шәара ҳшәыццоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу“» (Зах. [Зах.] 8:23). Ари аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу жәаҩык ауаа реиԥш, адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу иахьа, инықәырԥшны иуҳәозар, «аиудеи» икалҭ иахьынҳалеит. Дара рзы ҳаҭыр дууп «Анцәа дызмоу-дхазҵо Израильаа» аус рыцура, избанзар Иегова идоуҳала иалихыз иԥацәа дшырзылԥхо рдыруеит (Гал. 6:16).
2 Аԥааимбар Захариа иеиԥш, Иисус иҳәеит Анцәа ижәлар рыбжьара акзаара шыҟазар акәу. Иара ишьҭанеицәа злахәу ҩ-гәыԥк рыӡбахә иҳәон, «агәарҭа маҷ», насгьы «егьырҭ ауасақәагьы». Уи агәарҭа акны иҟалоит, Ахьчагьы даӡәны дроуеит (Лука 12:32; Иоанн 10:16). Аха уи инадҳәаланы ицәырҵуеит азҵаарақәа: 1) Ирдыруазар аума егьырҭ ауасақәа адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху зегьы рыхьӡ? 2) Иарбан гәазыҟашьоу Анцәа идоуҳала иалху ирымазар акәу? 3) Ҳашԥазыҟазар акәу ҳаизараҿы аӡәы Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи рыдкылара далагазар? 4) Гәҭыхас иҳамазар аума ачеи аҩи здызкыло рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа? Шәааи арҭ азҵаарақәа рҭак еилҳаргап.
ИАҲДЫРУАЗАР АУМА АНЦӘА ИДОУҲАЛА ИАЛХУ ЗЕГЬЫ РЫХЬӠ?
3. Избан уажәы иаҳҳәар зҳалымшо Анцәа иахьатәи имаҵзуҩцәа рҟынтәи 144 000-ҩык рахь иаҵанакуа зусҭцәахо?
3 Ирдыруазар аума егьырҭ ауасақәа иахьа адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху зегьы рыхьӡ? Ажәакала, мап. Избан? Избанзар ақьырсиан Анцәа идоуҳала далхызаргьы, уи иаанагаӡом иҳамҭа хымԥада иоуеит ҳәа. Убри азоуп Аҩсҭаа «иалкаақәоугьы рхыхразы» амц-ԥааимбарцәа ихы изаирхәо (Матф. 24:24). Анцәа идоуҳала иалху жәҩантәи иҳамҭа иоуоу-имоуоу аӡәгьы издырӡом, уи даԥсоуп ҳәа Иегова иӡбаанӡа. Иегова уи ауаҩы даԥсоуп ҳәа иӡбар, аҵыхәтәантәи амҳәыр иааирхоит. Уи ҟалоит ииашоу Анцәа идоуҳала иалху иԥсра аҿаԥхьа, мамзаргьы «алахьеиқәра ду» иалагаанӡа маҷк шагу (Аат. 2:10; 7:3, 14). Убри аҟынтә Анцәа иахьатәи имаҵзуҩцәа рҟынтәи 144 000-ҩык рахь иаҵанакуа зусҭцәоу аилкаара ашьҭалара иаԥсам1.
4. Ишԥаҳалшо иахьа адгьыл аҿы инхо доуҳала иалху ҳрыццалар, урҭ зегьы ирыхьӡу ҳзымдыруазаргьы?
4 Ишԥарылшо «егьырҭ ауасақәагьы» иахьа адгьыл аҿы инхо адоуҳатә Израиль иаҵанакуа ирыццаларц, урҭ зегьы ирыхьӡу рзымдыруазар? Иазгәашәҭ Захариа иԥааимбаражәаҿы жәаҩык ауаа рыӡбахә шаҳәо. Урҭ «аиудеи икалҭ иахьынҳалоит, иахьынҳалоит, насгьы ирҳәоит: „Ҳара шәара ҳшәыццоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу“». Ара аиудеи ҳәа зыӡбахә ҳәоу аӡә иоуп, аха ахьӡцынхәра «шәара» иаанарԥшуеит урҭ шырацәоу. Убри аҟынтә «аиудеи» ҳәа зызҳәоу Анцәа идоуҳала иалху ргәыԥ ауп. Егьырҭ ауасақәа уи рдыруеит, насгьы аус рыцыруеит. Дара уи агәыԥ иалахәу зегьы рыхьӡ рдыруазар акәӡам. Аҩыра ҳаанаԥхьом дарбанзаалак аӡәы ишьҭанеира, избанзар Ҳамҩақәҵаҩ — Иисус Христос иоуп (Матф. 23:10).
ИАРБАН ГӘАЗЫҞАШЬОУ АНЦӘА ИДОУҲАЛА ИАЛХУ ИРЫМАЗАР АКӘУ?
5. Иарбан гәҽанҵароу Анцәа идоуҳала иалху ҭакԥхықәрала изызнеир акәу, насгьы избан уи зхадоу?
5 Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло ҭакԥхықәрала иазнеилароуп 1 Коринфаа рахь 11:27—29 (уаԥхьа) аҿы иану агәҽанҵара. Ииҳәарц ииҭахызи уи ала апостол Павел? Анцәа идоуҳала иалху ақьырсиан Ахәылԥаз аҿы ҵакы амҭаӡакәа, хәыцырҭада ача ифон, а́ҿа ааникылон, Иеговеи иареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьамызҭгьы (Аур. 6:4—6, АдҾ; 10:26—29). Ари агәҽанҵара Анцәа идоуҳала иалху иргәаланаршәоит жәҩантәи рҳамҭа макьана ишырмоуц. Урҭ анаҩсгьы рхықәкахьы, Анцәа илыԥхала Христос Иисус иҿы ираҭәашьахо иреиҳау ахьӡ-аԥшахьы ицалароуп (Флп. 3:13—16).
6. Иарбан гәазыҟашьоу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ирымазар акәу?
6 Павел Анцәа идоуҳала иалху ргәазҭеиҵон: «Сшәыҳәоит ишәымоу аԥсҭазаара ааԥхьара ишаҭәоу ала имҩаԥыжәгаларазы». Анаҩс уи шыҟаҵатәу рзеиҭеиҳәеит: «Аӡәи-аӡәи шәеизгәыкла, шәеибашаҭала, хачҳарала шәеизыҟаз, бзиа шәеибабала, Шәашьҭаз доуҳала аҟазаареи аҭынчреи ракзаара» (Еф. 4:1—3). Иегова идоуҳа аԥагьара акәымкәа ахынраалара аизырҳара иҳацхраауеит (Кәал. 3:12, АдҾ). Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа егьырҭ раасҭа еиӷьуп ҳәа рхы рыԥхьаӡаӡом. Дара ирдыруеит доуҳала иалхзар, уи ишаанамго Иегова адгьылаҿтәи агәыӷра змоу раасҭа иԥшьоу адоуҳа хымԥада еиҳаны ириҭоит ҳәа. Урҭ еиҳа адырра рымоуп, насгьы Абиблиа еиҳа инарҵауланы еилыркаауеит ҳәа рыԥхьаӡом. Уи адагьы, дара даҽаӡәы доуҳала далхуп, насгьы Ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи идикылалар ауп ҳәа агәра иргара иашьҭаӡам. Анцәа идоуҳала иалху ахынраалара аарԥшуа еилыркаауеит жәҩантәи аԥсҭазаарахь ауаа ааԥхьара рызҭо Иегова шиакәу.
7, 8. Иззыԥшымзар акәзеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа, насгьы избан?
7 Жәҩантәи ааԥхьара аиура шҳаҭыр дуугьы, Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа иазыԥшӡам ҷыдала иалкааны ирызнеилоит ҳәа (Еф. 1:18, 19; уаԥхьа Филиппаа рахь 2:2, 3). Доуҳала иалху зегьы Иегова идоуҳа хаҭала шаҳаҭра рнаҭоит. Уи ауаа зегьы ирылаҳәахаӡом. Убри аҟынтә дара иџьаршьаӡом жәҩантәи ааԥхьара шрымоу аӡәы агәра агара ицәыцәгьазар. Урҭ иргәалашәоит Абиблиа ишану аӡәы Анцәа иҷыдоу дҵак азы далихит ҳәа иҳәозар, иаразнак уи агәра агара ишаԥсам (Аат. 2:2). Ус анакәха, жәҩантәи ааԥхьара змоу ақьырсианцәа аӡәы ианиабадыруа, доуҳала ишалху атәы аҳәара иалагом. Иҟалап урҭ зынӡаск уи иагьаламцәажәозар, мыцхәы рхы ӡыррымгарц азы. Иара убас дара, ҳәарада, жәҩантәи аҳамҭа шрымоу иалаҽхәом (1 Кор. 1:28, 29; уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 4:6—8).
8 Иара убас Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа уаа дуқәоуп ҳәа рхы рыԥхьаӡом. Дара жәҩантәи ааԥхьара змоу егьырҭ ауаа ирышьҭаӡам, урҭ рыҿцәажәаразы, мамзаргьы Абиблиа аҭҵааразы агәыԥ еиҿыркаарц азы (Гал. 1:15—17). Ус ҟарҵозҭгьы, дара аизараҿы акзаара иаԥырхагахон, насгьы аҭынчра ахьчара иацхраауа, иара убас Анцәа ижәлар еидызкыло иԥшьоу адоуҳа иаҿагылон. (Уаԥхьа Римаа рахь 16:17, 18.)
ҲАШԤАРЗЫҞАЗАР АКӘУ ҲАРА?
9. Избан изхадоу Ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло ҳшырзыҟоу ацклаԥшра? (Шәахәаԥш арамка «Абзиабара иԥшӡамкәа ахы мҩаԥнагом».)
9 Ҳашԥарзыҟазар акәу Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло? Зны Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Шәарҭ зегьы шәеишьцәоуп». Анаҩс иациҵеит: «Зҽыҳаразкуа — дларҟәхоит; зҽылазырҟәуа — дҳаракхоит» (Матф. 23:8—12). Убри аҟынтә ауаа рырҳаракра иашахомызт, урҭ Анцәа идоуҳала иалху Христос иашьцәа ракәзаргьы. Убас, Абиблиа ҳаанаԥхьоит арҵаҩцәа, аизара аиҳабацәа, ирымоу агәрахаҵара ҳаҿыԥшларц, аха аӡәы ирҳаракра ҳнарҵаӡом, уи ԥхьагылаҩыс дыԥхьаӡаны (Аур. 13:7). Аҩыраҿы иануп шьоукы еиҳа иҵаулоу аҳаҭыр иаԥсоуп ҳәа. Аха урҭ уи изаԥсоу доуҳала иахьалху азы акәӡам. Дара ибзианы анапхгара руеит, иара убас Анцәа Иажәа аҳәараҿы, насгьы арҵараҿы аџьабаа ду рбоит (1 Тим. 5:17, АдҾ). Убри азы жәҩантәи ааԥхьара змоу мыцхәы ианҳараҳкуа, иманшәалам аҭагылазаашьа иақәҳаршәар ҳалшоит. Уи адагьы, доуҳала иалху ҷыдала иалкааны ҳрызнеилар, ахынраалара аарԥшра рцәыцәгьахоит (Рим. 12:3). Ҳара иаҳҭахӡам ҳхымҩаԥгашьа иахҟьаны Христос иашьцәа рҟынтәи аӡәы гха дук ҟаиҵар! (Лука 17:2).
Ҳашԥарзыҟазар акәу Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—11.)
10. Ишԥаҳалшо Анцәа идоуҳала иалху рахь апатуқәҵара аарԥшра?
10 Ишԥаҳалшо Анцәа идоуҳала иалху рахь апатуқәҵара аарԥшра? Иаҳҳәап, доуҳала алхра иазку азҵаарақәа раҳамҭалар. Ҳара досу ҳус ҳаҿызар ауп, иаҳусым ҳалацәажәом (1 Фес. 4:11). Иара убас ҳара ҳхәыцлаӡом доуҳала иалху иҭаацәа, ихатә ҩыза, ма иуацәа иара иеиԥш жәҩантәи ааԥхьара рымоуп ҳәа. Агенетикеи аҭаацәалазаареи уи зынӡа иадҳәалам (1 Фес. 2:12). Уи адагьы, иахәҭам доуҳала иалху ихатә ҩыза азҵаарақәа иҭара, иаҳҳәап, џьанаҭ дгьыл аҿы ихатә ҩыза ида ихы шԥеибало ҳәа. Убас еиԥш иҟоу ажәақәа игәы идырхьыр ауеит. Адунеи ҿыц аҿы Иегова хымԥада инапы аартны «ԥсы зхоу зегьы ргәы ирҭәуеит» (Аԥсал. 144:16 [145:16, АдҾ]).
11. Иарбан шәарҭароу ҳҽызцәаҳахьчо, ауаа мыцхәы рырҳаракра шьцыларас иҳамамзар?
11 Анцәа идоуҳала иалху ииашаны ирзыҟоу ашәарҭара рҽацәырыхьчоит. Абиблиа ҳгәы ҳҽаннаҵоит аизараҿы амц-еишьцәа ҟалар шалшо (Гал. 2:4, 5; 1 Иоанн 2:19). Урҭ Анцәа идоуҳала иалху ракәушәа рхы аадырԥшларгьы ауеит. Иара убри адагьы, доуҳала иалху рҟынтәи шьоукы рыгәрахаҵара рцәыӡыр алшоит (Матф. 25:10—12; 2 Пиотр 2:20, 21). Урҭ ауаа аиаша мҩа ҳацәхьаҵыртә рылҳаршом, егьырҭ мыцхәы рырҳаракра шьцыларас иҳамамзар (Иуда 16). Иара убас ҳагәрахаҵара ԥсыҽхом, аҭакԥхықәра ду змоу ақьырсиан, ма шықәсы рацәала Анцәа имаҵ зуаз иаалырҟьаны аиаша мҩа дацәхьаҵыр.
ГӘҬЫХАС ИҲАМАЗАРОУМА АЧЕИ АҨИ ЗДЫЗКЫЛО РХЫԤХЬАӠАРА АХЬЕИЗҲАУА?
12, 13. Избан изахәҭам Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа гәҭыхас аҟаҵара?
12 Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Агәаларшәара ахәылԥаз аан ачеи аҩи здызкылоз рхыԥхьаӡара еиҵахон. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳбо зынӡа даҽакуп: урҭ рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Гәҭыхас иҳамазароума ҳара уи? Мап. Шәааи еилҳаргап избан.
13 «Иҳақәиҭу Иара Иитәқәоу идыруеит» (2 Тим. 2:19). Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло анырыԥхьаӡо, жәҩантәи ааԥхьара змоу зусҭцәаҵәҟьоу аилкаара залшом. Урҭ рыбжьара иҟазар ауеит доуҳала иалхуп ҳәа ииашамкәа згәы иаанаго. Иҟоуп уаанӡа издызкылоз рҟынтәи шьоукы аамҭа анца иаҟәыҵыз. Егьырҭ аԥсихикатә чымазара, ма аемоциатә уадаҩрақәа рымоуп аҟынтә, Христос ажәҩан аҿы напхгара ицҟарҵалоит ҳәа ргәы иаанагоит. Убри аҟынтә ачеи аҩи здызкыло рхыԥхьаӡареи макьана адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху рхыԥхьаӡареи еиқәшәоит ҳәа узҳәом.
14. Иаҳәозеи Абиблиа алахьеиқәра ду ианалаго аамҭазы Анцәа идоуҳала иалху рҟынтәи шаҟаҩы нхо иазкны?
14 Иисус ажәҩан аҿы Анцәа идоуҳала иалху еизигарц данаауа, дара адгьыл еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иҟазаалоит. Абиблиаҿы иануп уи аамҭазы Иисус иҟаиҵо: «Иагьааишьҭышт Иара Имаалықьцәа, абыжь дуқәа зхылҵуа рбыкьқәа рыманы, аԥшьы-ԥшак ахьынӡа-наӡааӡо, ажәҩан ахы-аҵыхәа зегь рахьтә урҭ Иара иаликаахьоу еизыргашт» (Матф. 24:31). Иԥшьоу Аҩыра иаҳнарбоит ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы доуҳала иалху рҟынтә адгьыл аҿы инхо шмаҷхо (Аат. 12:17, АдҾ). Аха уа иаҳәаӡом алахьеиқәра ду ианалаго шаҟаҩы нхо рхыԥхьаӡара атәы.
15, 16. Еилаҳкаалар ҳахәҭоузеи Иегова иалихыз 144 000-ҩык рганахь ала?
15 Иегова иӡбоит идоуҳа змоу аналхтәу (Рим. 8:28—30). Иегова урҭ ралхра далагеит Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь. Актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизара иалахәыз зегьы доуҳала иалхзар ауан. Аха анаҩстәи ашәышықәсақәа инадыркны аҵыхәтәантәи амшқәа ирылагаанӡа, Христос ҳишьҭанеицәоуп ҳәа зҳәоз реиҳараҩык ииашаҵәҟьоу қьырсианцәамызт. Иисус урҭ «амаркаџьы» иаҿирԥшит. Аха уи аамҭазгьы Иегова ииашоу ақьырсианцәа рҟынтәи шьоукы доуҳала иалихит. Иубаратәы иҟан урҭ Иисус зыӡбахә иҳәоз «ачарыц» иадукылар шалшоз (Матф. 13:24—30). Аҵыхәтәантәи амшқәа раангьы Анцәа 144 000-ҩык ирхыԥхьаӡалахо ралхра даҿуп2. Ҳәарада, ари апериод анынҵәо аамҭазы Иегова жәҩантәи ааԥхьара аӡәы ииҭарц иӡбазар, ҳара азин ҳамам уи ҟәыӷарам ҳәа аҳәара (Рим. 9:20, 21; уаԥхьа Римаа рахь 9:11, 16)3. Ҳара аусуцәа иаадырԥшуаз агәынамӡара ҳхы ацәыҳахьчароуп. Урҭ аӡахәаҭра аԥшәма изашшуан сааҭ заҵәык аус зуаз ириҭаз аџьаԥса азы. (Уаԥхьа Матфеи 20:8—15.)
16 Жәҩантәи агәыӷра змоу зегьы игәрагоу, иҟәышу атәы иҵанакуам (Матф. 24:45—47). Иахьа, актәи ашәышықәсазы ишыҟаз еиԥш, Иеговеи Иисуси имаҷу агәыԥ ала ауаа рацәа дырчоит. Актәи ашәышықәсазы Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рыҩраҿы Анцәа идоуҳала иалхыз рахьтә иалахәыз рацәаҩымызт. Иахьагьы ианаамҭоу афатә аҭара зду доуҳала иалху ргәыԥ маҷ ауп.
17. Еилаҳкаазеи ҳара ари астатиа аҟынтәи?
17 Еилаҳкаазеи ҳара ари астатиа аҟынтәи? Иегова ауаа рзы ҩ-ҳамҭак ирхиеит: адоуҳатә «иудеиаа» рзы — жәҩантәи аԥсҭазаара, исимволтәу «жәаҩык ауаа» рзы — адгьыл аҿы аԥсҭазаара. Анцәа дазыԥшуп урҭ аҩ-гәыԥк изакәанқәа ирықәныҟәалоит, насгьы азиашара аадырԥшлоит ҳәа. Дара еснагь ахынраалара аадырԥшлароуп. Урҭ рыбжьара акзаара ыҟазароуп, насгьы аизараҿы аҭынчра рыхьчалароуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа иаарласны инҵәоит аҟынтә, шәааи Иисус инапхгара аҵаҟа акны иҟоу агәарҭа еиԥш Анцәа имаҵ ҳаулап.
^ 1 Абзац 3. Аԥсалом 86:5, 6 [87:5, 6, АдҾ] иану ажәақәа иаадырԥшуеит ажәҩан аҿы Иисус напхгара ицҟаҵаразы зыԥсы ҭало зегьы рыхьӡқәа ҳаԥхьаҟа иаҳдырыр шалшо (Рим. 8:19, АдҾ).
^ 2 Абзац 15. Аусқәа 2:33 (АдҾ) аҿы Иисус доуҳала алхраҿы далахәуп ҳәа аҳәоит, аха жәҩантәи ааԥхьара рызҭо Иегова иоуп.
^ 3 Абзац 15. Еиҳау аинформациа шәыԥшаар шәылшоит маи 1, 2007 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҿы, адаҟьақәа 30—31, аурыс.