Анцәа аус ицура — гәырӷьара дууп
«Ҳарҭ — Анцәа иусзуцәа ҳакәны ҳаҟоуп» (1 КОР. 3:9).
1. Иарбан лшароу Зегьирхаку Иегова егьырҭ ириҭо?
ИЕГОВА Зегьирхаку, насгьы Зегьзшаз иоуп. Иара иҟәыӷареи имчи ҳәаа рымам. Анцәа изиашаз Иовгьы уи еиликааит. Ашамҭақәа ирызкны Иегова уи азҵаарақәа ииҭеит, анаҩс Иов иҳәеит: «Уажәшьҭа издыруеит уара зегь шулшо, гәҭакыс иузынамыгӡо ҳәа акгьы шыҟам» (Иов [Иов] 42:2). Иегова игәҭакқәа зегьы аӡәы ицхыраарада инаигӡар шилшогьы, абзиабара аарԥшны егьырҭ ааиԥхьоит урҭ рынагӡараҿы рхы аладырхәырц.
2. Иарбан ихадоу усу Иегова Иисус идиҵаз?
2 Раԥхьаӡа Анцәа дишеит ихшаазаҵәу Иԥа. Иегова уи алшара ииҭеит егьырҭ зегьы ршараҿы дицхраарц (Иоанн 1:1—3, 18). Абар Иисус изкны апостол Павел ииҩуаз: «Жәҩани дгьыли рҿы иҟоу зегьы, иаҳбауагьы, иаҳамбауагьы, Иара ила иаԥҵахеит: ахадаратә мчра аума, аиҳабыра роума, ачынуаа роума — иарбан мчразаалакь Иара ила, Иара изы иаԥҵоуп» (Кәал. 1:15—17). Иегова Иԥа дҳареикит адунеи ашараҿы аҽалархәра алшара иҭаны, насгьы ихадоу ари аус аҿы уи иааникылоз ароль атәы егьырҭ ирзеиҭеиҳәеит.
3. Иарбан лшароу Иегова Адам ииҭаз, насгьы избан?
3 Иегова аус ицуразы ауаагьы алшара риҭеит. Иаҳҳәап, иара Адам идиҵеит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ахьӡқәа риҭарц (Аҟаз. [Быт.] 2:19, 20). Шәазхәыц ари аус Адам шаҟа агәахәара изаанагоз! Иара арҭ ашамҭақәа дрыцклаԥшуан, рҟазшьақәеи рхымҩаԥгашьеи ҭиҵаауан, насгьы доусы ирнаало ахьӡқәа рзиԥшаауан. Ҳәарада, Иегова ихала урҭ ахьӡқәа рыҭара илшон, избанзар иара иоуп изшаз. Аха иара абзиабара аарԥшны, уи аҩыза алшара Адам ииҭеит. Иара убас Анцәа Адам идиҵеит адгьыл зегьы Едемтәи абаҳча еиԥш џьанаҭны иҟаиҵарц (Аҟаз. [Быт.] 1:27, 28). Аха Адам Анцәа аус ицура иҭахымхеит. Уи иара алҵшәа бааԥс изаанагеит, ихылҵшьҭрақәагьы иӷәӷәаны ирнырит (Аҟаз. [Быт.] 3:17—19, 23).
4. Иаҳзеиҭашәҳәа Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы аус шицыруаз, игәаԥхара нагӡо.
4 Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа егьырҭ ауаагьы ириҭеит алшара игәҭакы анагӡараҿы рхы аладырхәырц. Нои аковчег иргылеит, уи иабзоураны иҭаацәеи иареи Адунеизегьтәи аӡхыҵра аан еиқәхеит. Моисеи израильаа мысратәи атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭитәит. Иисус Навин Анцәа ижәлар Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеигеит. Соломон Иерусалимтәи аныҳәарҭа иргылеит. Мариа Иисус иан лакәхеит. Абарҭ реиԥш Анцәа изиашаз егьырҭ ауаагьы Иегова игәаԥхара анагӡаразы аус ицыруан.
5. Иарбан усу ҳара ҳҽалаҳархәыр ахьҳалшо, аха иҭахызма Иегова уи аҿы ацхыраара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
5 Иахьа Иегова ҳааиԥхьоит Амессиантә Аҳра адгыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵаларц. Иҟоуп еиуеиԥшым иԥшьоу амаҵзура ахкқәа. Ақьырсианцәа урҭ амаҵзура ахкқәа зегьы рхы рзалархәуам, аха ҳара зегьы иҳалшоит Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара. Ҳәарада, Иегова ацхырааҩцәа иҭахӡам. Иара илшон ажәабжь бзиа ажәҩан аҟынтәигьы ауаа рзеиҭаҳәара. Иисус иажәақәа рыла, Анцәа илшон Амессиантә Аҳ изкны ахаҳәқәагьы еибарҵәаартә иҟаиҵар (Лука 19:37—40). Аха Иегова иусуҩцәаны аҟалара алшара ҳаиҭеит (1 Кор. 3:9). Апостол Павел иҩуан: «Ҳарҭ, маҵурак еицымҩаԥызго шьоук раҳасабала [«иара аус ицуа», АдҾ] ҳшәыҳәоит, ҳшәашьапкуеит Анцәа илыԥха, ишәзыҟаиҵо албааԥшра тәамбарала акәымкәа, ишаҭәоу ишәыдышәкылаларазы» (2 Кор. 6:1). Анцәа иусуҩцәаны аҟазаара — ҳаҭыруп, насгьы гәырӷьара дууп. Шәааи еилҳаргап уи ус шакәу узырбо мзызқәак.
АНЦӘА АУС АНИЦАҲУА, АГӘЫРӶЬАРА ҲАУЕИТ
6. Иарбан цәаныррақәоу ихшаазаҵәу Анцәа Иԥа имаз, Иаб дивагыланы аус анициуаз?
6 Жәытә-натә аахыс Иегова имаҵзуҩцәа аус аницыруаз, агәырӷьара рзаанагон. Ажәамаанақәа 8-тәи ахаҿы ихшаазаҵәу Анцәа Иԥа иҳәоит: «Иегова имҩақәа рылагамҭаны сҟаиҵеит... ...Усҟан иара иҿы сара зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны сыҟан, есыҽны агәахәара изаазгон, иҿаԥхьа еснагь сгәырӷьон» (Ажәам. [Прит.] 8:22, 30). Иаб дивагыланы аус анициуаз, Иисус даара дгәырӷьон, избанзар иџьабаа алҵшәа аанагон, насгьы Иегова бзиа дшибо еиликаауан. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы?
Иҟоума еиҳаны агәырӷьара ҳзаазго даҽа уск, ауаа абиблиатә ҵабырг рырҵара аасҭа? (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Избан ажәабжьҳәаратә ус агәырӷьара заҳзаанаго?
7 Иисус иҳәон аӡәы ак аниаҳҭо, насгьы ак анҳарҭо, уи ҳнасыԥны ҳшыҟанаҵо (Аус. 20:35). Ҳара ҳаигәырӷьоит аҵабырг ахьаҳаԥшааз, насгьы уи егьырҭ рзеиҭаҳәара ҳгәаԥхоит. Егьырҭ Абиблиа аилкаара ҳанрыцхраауа, ҳара иаҳбоит ауаа доуҳала ишымлаго. Урҭ Анцәа иахь агәрахаҵара анроуа, насгьы иара Иажәа аҟынтәи еилыркааз аҵабырг ахә ашьара ианалаго, рыгәқәа џьшьарала иҭәуеит. Ҳара ҳгәы иахәоит урҭ Анцәа ишизааигәахо, насгьы рхәыцшьеи рыԥсҭазаашьеи шырыԥсахуа анаҳбо. Усҟан еилаҳкаауеит ажәабжьҳәаратә ус даараӡа ишхадоу. Уи иабзоураны Анцәа инышәаз ауаа наӡаӡа анхара алшара роуеит (2 Кор. 5:20). Иарбан усу еиҳа агәырӷьареи агәахәареи ҳзаазго, ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь анеира ирыцхраауа аус аасҭа?
8. Ирҳәазеи ҩыџьа аишьцәа Анцәа аус ицура ирзаанаго агәырӷьара иазкны?
8 Ауаа ажәабжь бзиа ианақәҿырҭуа, агәырӷьара ҳзаанагоит, уи адагьы ҳгәы иахәоит Иегова дшаҳзыразу анеилаҳкаауа. Уи амаҵзураҿы иҟаҳҵо зегьы ахә ҳаракны ишьоит. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:58.) Италиа инхо аиашьа Марко иҳәоит: «Ҳәашьа сзаҭом шаҟа агәахәара ду сзаанаго исылшо зегь Иегова изы иахьыҟасҵо, сџьабаа иаарласны изхашҭуа аӡәы изы акәымкәа». Убас еиԥш иҳәеит Италиа инхо Франко зыхьӡу даҽа иашьак: «Иегова Иажәеи егьырҭ адоуҳатә мазарақәеи ҳаиҭеит. Урҭ рыла иара есыҽны бзиа ҳшибо, насгьы ҳџьабаа ахә шишьо ҳгәалаиршәоит, ҳара иҟаҳҵо акгьы иаԥсам ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы. Убри азоуп сара Анцәа аус ицура сзеигәырӷьо. Уи сыԥсҭазаара аҵакы анаҭоит».
АНЦӘА АУС АНИЦАҲУА, ҲАГӘРАХАҴАРА ҲАЦЕИҨЫЗШОИ ИАРЕИ ҲАРЗААИГӘАХОИТ
9. Иарбан еизыҟазаашьақәоу Иеговеи Иисуси ирымаз, насгьы избан?
9 Ҳара бзиа иаҳбо аус анрыцаҳуа, урҭ ҳарзааигәахоит, насгьы рҟазшьақәа еиӷьны еилаҳкаауеит. Ҳара еилаҳкаауеит урҭ рыгәҭакқәа, иара убас урҭ нарыгӡарц шырҭаху. Иҟалап Иисус Иегова миллиард шықәсала аус ициуазҭгьы. Уи аамҭа иалагӡаны урҭ рыбжьара абзиабара дуи аишьцылара ӷәӷәеи еизҳаит. Дара шаҟа еизааигәаз атәы даналацәажәоз, Иисус иҳәеит: «Сареи Саби ҳаӡәуп» (Иоанн 10:30). Иеговеи Иисуси рҳәоу еиқәшәаны аус еицыруан, иааџьоушьаша акзаара аарԥшны.
10. Избан ажәабжьҳәара аҽалархәра ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои, Иеговеи, ҳареи ҳзеизааигәанатәуа?
10 Иисус Иегова диҳәон иҵаҩцәа ихьчаларц. Избан? Абар иара инцәаиҳәараҿы ииҳәаз: «Ҳара ҳаиԥш даргьы аӡәны иҟазааразы» (Иоанн 17:11). Абиблиатә принципқәа ҳанрықәныҟәо, насгьы ажәабжьҳәаратә ус ҳаналахәу, ҳара зеиԥшыҟам иҟазшьақәа еиӷьны еилаҳкаауеит. Ҳара еилаҳкаауеит иара иқәгәыӷра, насгьы инапхгара ацныҟәара зҟәыӷароу. Анцәа ҳанизааигәахо, иаргьы даҳзааигәахоит. (Уаԥхьа Иаков 4:8.) Иара убас ҳара ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарзааигәахоит, избанзар ҳхықәкқәа еиқәшәоит, ҳаицгәырӷьоит, ауадаҩрақәа еицҳхаҳгоит. Октеивиа зыхьӡу Великобританиа инхо аиаҳәшьа илҳәоит: «Иегова аус ицура сыгәрахаҵара сыцеиҩызшои сареи ҳаизааигәанатәуеит». Лара илҳәоит уи ус закәу еицырзеиԥшу ахықәкқәа ахьрымоу ауп ҳәа. Ишәымаӡами шәаргьы уи аҩыза ацәанырра? Ишәмыцхрааӡои егьырҭ рзааигәахара урҭ иара иргәырӷьара ахьырҭаху?
11. Избан адунеи ҿыц аҿы ҳашьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иҵегьы изыӷәӷәахо, насгьы Анцәа еиҳа ҳзизааигәахо?
11 Иеговеи ҳашьцәеи рахь иахьа иҳамоу абзиабара ӷәӷәоуп, аха адунеи ҿыц аҿы уи еиҳагьы иӷәӷәахоит. Шәазхәыц изеиԥшра усу ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу! Ҳара зыԥсы ҭало ҳарԥылалоит, насгьы Иегова изку адыррақәа раҳҭалоит. Адгьыл аус адаҳулалоит, иџьанаҭны иҟаҳҵарц азы. Изакәытә ус дуузеи иаҳзыԥшу! Шаҟа ҳгәы иахәозеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳажәҩахыр еибыҭаны аус ахьеицаҳауло! Амессиантә Аҳра анапхгара аҵаҟа ауаа хәыҷы-хәыҷла анаӡарахь инеиуеит. Урҭ реизыҟазаашьақәа иҵегьы иӷәӷәахоит, насгьы ԥсы зхоу зегьы ргәы зырҭәуа Анцәа еиҳа изааигәахоит (Аԥсал. 144:16 [145:16, АдҾ]).
ИЕГОВА АУС АНИЦАҲУА, АХЬЧАРА ҲАУЕИТ
12. Ҳашԥахьчо ҳара ажәабжьҳәаратә ус?
12 Ҳара иҳахьчалароуп Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа. Адгьыл Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоуп, насгьы ҳаргьы ҳнаӡам аҟнытә, ари адунеи ахәыцшьеи ахымҩаԥгашьеи рҿыԥшра ҳалагар ауеит. Адунеи адоуҳа иаӷьны ицо аӡы иаҿурԥшыр алшоит. Арҩаш ҳамгарц азы, ҳамч зегь еизганы ҳаҿагыланы ҳцалароуп. Убас еиԥш Аҩсҭаа идунеи адоуҳагьы ҳаҿагылар ауп ҳамҩахымҟьарц азы. Аха ҳашԥахьчо ҳара ажәабжьҳәаратә ус? Ажәабжь бзиа ауаа ианырзеиҭаҳҳәо, ҳара ҳагәрахаҵара зырԥсыҽуа акәымкәа, ихадоу адоуҳатә ҵабыргқәа ҳрызхәыцуеит (Флп. 4:8). Ажәабжьҳәара ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы иҳацхраауеит Анцәа иқәыргәыӷрақәеи инормақәеи рхамышҭра, иара убас ҳдоуҳатә бџьармаҭәа ишахәҭоу еиԥш ахьчара. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 6:14—17.)
13. Дышԥазыҟоу Австралиа инхо аиашьа ажәабжьҳәара?
13 Ҳара ажәабжь бзиа рылаҳәареи егьырҭ адоуҳатә усқәеи ҳанырҿу, ҳхатәы уадаҩрақәа мыцхәы рызхәыцра аамҭа ҳауӡом. Уи ҳара ҳахьчоит. Австралиа инхо аиашьа Џьоуел иҳәоит: «Ажәабжьҳәаратә ус сыцхраауеит аԥсҭазаара ишыҟаҵәҟьоу ахәаԥшра. Сара избоит ауаа зықәшәо ауадаҩрақәа, убри аҟынтә еиҳа еиӷьны еилыскаауеит абиблиатә принципқәа рықәныҟәара ахәарҭа шысзаарго. Ажәабжьҳәаратә ус аҽалархәра сыцхраауеит ахынраалара аарԥшра, Иеговеи сыгәрахаҵара сыцеиҩызшо сашьцәеи саҳәшьцәеи рықәгәыӷра».
14. Избан амаҵзураҿы иааҳарԥшуа агәацԥыҳәара Анцәа идоуҳа шҳамоу зышьақәнарӷәӷәо?
14 Иара убас ажәабжьҳәаратә ус аҽалархәра Анцәа идоуҳа шҳаиҭо агәра агара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, шәара ишәыдыргалеит шахьынхо аҭыԥ аҿы ихаау, ихырҳагоу ача ауаа ирзышәшаларц. Уи азы аӡәгьы аԥара шәзишәаӡом, уи адагьы шәхатә ԥара ахышәшәаар акәхоит. Иаарласны еилышәкаауеит ауаа реиҳараҩык ача агара шырҭахым, уи инеиҳангьы шьоукы гәаӷшақә ишәызныҟәо ишалагаз. Ишәылшарызма ари аҩыза аусураҿы акраамҭа аанхара? Ҳәарада, ари аҭагылазаашьа шәгәы канажьыр ауан, насгьы ари аус анаҩсгьы анагӡара агәаҳәара шәцәыӡуан. Аха ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы шықәсы рацәала раамҭеи рԥареи иамеигӡаӡакәа ажәабжьҳәара иаҿуп, ауаа шырхыччогьы, насгьы гәаӷшақә ишырзыҟоугьы. Ишьақәнамырӷәӷәаӡои уи Анцәа идоуҳа шҳамоу?
АНЦӘА АУС АНИЦАҲУА, ИАРА ИАХЬ, НАСГЬЫИАҲЗААИГӘОУ РАХЬАБЗИАБАРА ААҲАРԤШУЕИТ
15. Ишԥадҳәалоу ажәабжьҳәаратә ус ауаа рганахь ала Анцәа игәҭакы?
15 Ишԥацхраауеи ажәабжьҳәара аус ауаа рганахь ала Анцәа имоу игәҭакы анагӡара? Иегова иҭахын ауаа адгьыл аҿы наӡаӡа инхаларц. Адам агәнаҳа шыҟаиҵазгьы, Анцәа игәҭакы имԥсахӡеит (Ис. [Ис.] 55:11). Иегова ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтәи рхы иақәиҭитәырц азы ашьаҿақәа ҟаиҵеит. Убри азы Иисус адгьыл ахь дааит, насгьы Анцәа изыӡырҩуа ауаа иԥсҭазаара рыхҭниҵеит. Аха Иегова изыӡырҩларц азы, ауаа еилыркаалароуп уи дара рҟынтәи дыззыԥшу. Убри азы Иисус ауаа Анцәа изакәанқәа дирҵон, иҵаҩцәагьы уи ҟарҵаларц рыдиҵеит. Убас, ауаа Анцәа инышәарц ҳанрыцхраауа, ҳара иара игәҭакы анагӡара ҳхы алаҳархәуеит. Иара иҭахуп ауаатәыҩса агәнаҳаи аԥсреи рҟынтәи рхы иақәиҭхарц.
16. Ишԥеидҳәалоу ажәабжьҳәара аҽалархәреи иреиҳау ҩ-ԥҟарак рықәныҟәареи?
16 Наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь иназго амҩала ацара егьырҭ ҳанрыцхраауа, ҳара иаҳзааигәоу рахь, насгьы Иегова иахь абзиабара ааҳарԥшуеит. Иара «иҭахуп ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг рҭаарц» (1 Тим. 2:4). Иарбан ԥҟароу израильаа ирыҭоу Азакәан аҿы иреиҳау ҳәа Иисус ианиазҵаа, иара аҭак ҟаиҵеит: «„Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала“. Ари — раԥхьа игылоу, иреиҳаӡоу акәны иҟоуп; Аҩбатәигьы убри иеиԥшуп: „бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш“» (Матф. 22:37—39). Ҳара арҭ аԥҟарақәа ҳрықәныҟәоит, ажәабжь бзиа ауаа ианырзеиҭаҳҳәо. (Уаԥхьа Аусқәа 10:42.)
17. Иарбан цәанырроу шәара ишәызцәырҵуа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара аҳаҭыр ахьшәаҭәашьоу?
17 Шаҟа даҳзылԥхозеи Иегова! Иара иҳаҭәеишьеит ҳаԥсҭазаара гәырӷьарала изырҭәуа, иареи, ҳареи, егьырҭ ауааи ҳаизааигәазтәуа, насгьы иареи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа зыхьчо аус. Ари аус алшара ҳнаҭоит Анцәеи иаҳзааигәоуи рахь абзиабара аарԥшра. Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы рҭагылазаашьақәа еиԥшым. Аха дара зегьы: иқәыԥшу-иқәыԥшым, амал змоу-измам, иӷәӷәоу-иӷәӷәам — рыгәрахаҵара аӡбахә егьырҭ ирзеиҭарҳәарц азы ирылшо зегь ҟарҵоит. Иҟалап шәара Франциа инхо аиаҳәшьа Шантель илҳәо шәақәшаҳаҭзар: «Жәҩантәылаҿы Зегьзымчу Ахаҭара, Зегьзшаз, насыԥ змоу Анцәа сааиԥхьоит: „Бца! Сыӡбахә ҳәала! Иҳәала гәык-ԥсык ала. Сара амч бысҭоит, ибысҭоит Сажәа, Абиблиа, насгьы амаалықьцәа, иара убас аус быцзуло ауаа. Сара иаҭаху аҵареи изаамҭанытәу амҩақәҵарақәеи бысҭалоит“. Изакәытә ҳаҭыр дуузеи ҳара ҳзы Иегова иҳаиҳәо аҟаҵара, насгьы аус ицура!»