Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииун ад. 28—31
  • Абриллиант аасҭа зыхә ҳараку аҟазшьа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абриллиант аасҭа зыхә ҳараку аҟазшьа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АМАЛ ААСҬА ЗЫХӘ ҲАРАКУ АҞАЗШЬАҚӘА
  • ИЗБАН АЛАМЫСЦҚЬАРА ААРԤШРА ЕСНАГЬ ИЗЫМАРИАМ?
  • ИЕГОВА АЦХЫРААРА ҲАИҬОИТ
  • Иҟауҵозаалак ламысцқьарала ухы мҩаԥгала
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Еснагь аиаша шәҳәала
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Иашарыла анхара заԥсоу
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • «Бара бахьцо саргьы сцоит»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииун ад. 28—31
Хаҵеи-ԥҳәыси апаспорт зтәу ирҭоит

Абриллиант аасҭа зыхә ҳараку аҟазшьа

Жәытә-натә аахыс ауаа абриллиант ахә ҳаракны иршьоит. Бриллиантқәак рыхә даараӡа ицәгьоуп. Аха Анцәа изы абриллиант ма егьырҭ ахаҳәқәа раасҭа еиҳа зыхә ҳараку ыҟоуп. Изакәызеи уи?

Ҽнак зны иӡаахым жәабжьҳәаҩыс иҟаз Аикануш зыхьӡу ԥҳәыск апаспорт лыԥшааит. Апаспорт аҩныҵҟа абанктә картақәа, насгьы аԥара рацәаны иагәылан. Илбаз атәы иӡаахым жәабжьҳәаҩыс иҟаз лхаҵа изеиҭалҳәеит.

Дара уи аамҭазы афинанстә уадаҩра ӷәӷәақәеи ауалқәеи рыман. Аха уеизгьы апаспорт ианыз аҭыӡҭыԥ ала ирыԥшааз дырхынҳәырц рыӡбеит. Апаспорт зтәыз аԥшәмеи иҭаацәеи даара иџьаршьеит хаҵеи-ԥҳәыси иҟарҵаз. Аикануш лхаҵеи лареи урҭ ирзеиҭарҳәеит ламысцқьарала ахымҩаԥгара Абиблиа ишыднарҵаз. Даҽакала ахымҩаԥгара рыламыс иаҵанакуамызт. Ироуз алшара рхы иархәаны, дара уи аҭаацәара Иегова ишаҳаҭцәа рыӡбахә рзеиҭарҳәеит, насгьы апубликациақәа рзаанрыжьит.

Уи аҭаацәара Аикануш ҳамҭас аԥара лыдыргалеит, аха лара уи мап ацәылкит. Адырҩаҽны уи аԥҳәыс Аикануш лыҩныҟа днеит, насгьы абриллианттә мацәаз лызналгеит, уи лымгаргьы лымуит. Убас лара аџьшьара аалырԥшыр лҭахын.

Уи аҭаацәара еиԥш, иахьа аӡәырҩы иџьаршьар ауан Аикануш лхаҵеи лареи иаадырԥшыз аламысцқьара. Аха иџьеишьама уи Иегова? Дышԥазнеи иара урҭ рхымҩаԥгашьа? Иаԥсазма аламысцқьара аарԥшра?

АМАЛ ААСҬА ЗЫХӘ ҲАРАКУ АҞАЗШЬАҚӘА

Арҭ азҵаарақәа рҭак еилкаауп. Иегова имаҵзуҩцәа агәра ганы иҟоуп аҟазшьа бзиақәа раарԥшраҿы иара ианиҿыԥшуа, уи шигәаԥхо. Иегова изы уи ахьы, араӡын, ма егьырҭ ахазынақәа зегь раасҭа ахә ҳаракуп. Ааи, зыхә ҳаркуи иҳаракыми аганахь ала Анцәа ихәаԥшышьа ауаа реиҳараҩык рхәаԥшышьа еиԥшӡам (Ис. [Ис.] 55:8, 9). Анцәа имаҵзуҩцәа Иегова игәаԥхо аҟазшьақәа реизырҳаразы рхы еигӡаӡом, насгьы уи дара рзы даараӡа ихадоуп.

Уи ус шакәу убарҭоуп Абиблиаҿы агәеилых бзиеи аҟәыӷареи ирызкны иаҳәо аҟынтәи. Ажәамаанақәа (Притчи) 3:13—15 аҿы иануп: «Насыԥ имоуп аҟәыӷара зыԥшааз, насгьы агәеилых бзиа зауа ауаҩы, избанзар аҟәыӷара араӡын арҳара аасҭа еиӷьуп, ахашәалахәгьы ахьы иаанаго аасҭа еиҳауп. Уи акораллқәа раасҭа ахә ҳаракуп, зыхә ушьо акы иузадкылом». Еилкаауп Иегова арҭ аҟазшьақәа амазара аасҭа рыхә шишьо.

Иаҳҳәар ҳалшозеи аламысцқьара иазкны?

Иегова еснагь аламысцқьара ааирԥшуеит, иара «зажәа ԥсахрак ақәым Анцәа» иоуп (Тит 1:2). Иара апостол Павел игәы азҭеиҵеит актәи ашәышықәсазы инхоз ауриацәа иреиуаз ақьырсианцәа асаламшәҟәы рзыҩра: «Шәныҳәала ҳара ҳзы; ҳарҭ ҳаламыс ацқьара, ахирра агәра ҳгоит, иҟаҳҵо зегьы гәык-ԥсык ала, иаша-ҵабыргла иҟаҳҵоит» (Аур. 13:18).

Иисус Христос аламысцқьара шаарԥшлатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иаҳгәалаҳаршәап аԥхьаԥшьаҩы Каиафа Иисус ишиеиҳәаз: «Зыԥсҭоу Анцәа уинсырқәуеит, иҳаҳә, Уара уоума Анцәа Иԥа Христос?» Иисус ламысцқьарала Мессиа шиакәу деилиркааит, урҭ ажәақәа рзы Синедрион Иисус Анцәа дирџьоит ҳәа ахара иднаҵар шауазгьы, насгьы ашьра иқәырҵар шрылшозгьы (Матф. 26:63—67).

Иааҳарԥшуама ҳара аламысцқьара, иаҳҳәап, аҵыхәтәанынӡа зегь ҳамҳәар, ма ишыҟаҵәҟьаз еиҭаҳамҳәар, уи афеида ҳзаанагозар?

ИЗБАН АЛАМЫСЦҚЬАРА ААРԤШРА ЕСНАГЬ ИЗЫМАРИАМ?

Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа рзы аламысцқьара аарԥшра мариам, избанзар аӡәырҩы ауаа рхы-рыԥсы иашьҭоуп, ак абаҳарҳари ҳәа идәықәуп (2 Тим. 3:2). Афинанстә кризиси аусура аԥшаара ахьыцәгьоуи ирыхҟьаны, ауаа аламысцқьара ишахәаԥшуа аҽаԥсахит. Аӡәырҩы аӷьычреи, аӡәы иитәу мцҳәарыла ицәгареи, егьырҭ ииашам аусқәеи цәгьара рылам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Иахьа инхо ауаа аӡәырҩы ари аҩыза агәазыҟашьа аадырԥшуеит, насгьы лассы-лассы ирҳәоит ахашәалахәы уоурц уҭахызар, аламысцқьара аарԥшра иаҭыԥым ҳәа. Ақьырсианцәа шьоукгьы аԥаразы аԥсыцәгьара ахьаадырԥшуаз иахҟьаны, ииашамкәа рхы мҩаԥыргеит, уи аизараҿы рыхьӡ бжьнахит (1 Тим. 3:8; Тит 1:7).

Аха ииашоу ақьырсианцәа реиҳараҩык Иисус иҿыԥшуеит. Дара еилыркаауеит ақьырсиантә ҟазшьақәа амали аԥареи раасҭа рыхә шыҳараку. Убри аҟынтә Анцәа изиашоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ашкол аҿы ахәшьара бзиақәа роурц азы ихырҩылааӡом (Ажәам. [Прит.] 20:23). Аиаша ҳҳәозар, аламысцқьара еснагь зегьы ахә ршьом. Убри аҟынтә ҳаргьы ҳаламысцқьаразы Аикануш иҭабуп ҳәа шларҳәаз еиԥш иҳарҳәоит ҳәа ҳазыԥшымзар ауп. Аха Анцәа игәаԥхоит ҳара ламысцқьарала ҳхы анымҩаԥаҳго. Убас ҳаламыс цқьаны иаанхоит. Уи акы иузадкылом.

Уи ус шакәу ҳнарбоит Гагик зыхьӡу аиашьа иҿырԥштәы. Иара еиҭеиҳәоит: «Сқьырсианхаанӡа анаплак ду аҿы аус зуан. Уи аиҳабы иахәҭаз ашәахтә имшәарц азы, ахашәалахәы шаҟа ыҟаҵәҟьаз аирбаӡомызт. Напхгаҩык иеиԥш, ашәахтә алхҩы аҵарҭыша иҭаны „сиацәажәалар“ акәын, ҳмахинациақәа имбозшәа ҟаиҵаларц азы. Аҵыхәтәаны сара зыгәра агара иаԥсам ауаҩы ихьӡ сырҳаит. Аҵабырг анеилыскаа, урҭ аусқәа мап рцәыскит, сусуразы имаҷымкәа аԥара шсоуазгьы. Сара схатә бизнес аасыртырц сыӡбеит. Иаразнак сбизнес закәанла ишьақәсырӷәӷәеит, насгьы ашәахтәқәа зегь сшәоит» (2 Кор. 8:21).

Гагик иациҵоит: «Схашәалахәы уаанӡатәи аасҭа ҩынтә еиҵахеит, убри аҟынтә сҭаацәа рныҟәгара сцәыцәгьахеит. Аха уажәшьҭа сара еиҳа насыԥ сымоуп. Иегова иҿаԥхьа сыламыс цқьоуп. Сыҷқәынцәа рзы сҿырԥш бзиоуп, аизараҿгьы аҭакԥхықәрақәа сырҭеит. Ашәахтә алхыҩцәеи абизнес аҿы аус зцызуеи рыбжьара ахьӡ бзиа сырҳаит».

ИЕГОВА АЦХЫРААРА ҲАИҬОИТ

Иегова игәаԥхоит аҟазшьа бзиақәа, аламысцқьарагьы уахь иналаҵаны, раарԥшраҿы ҳаниҿыԥшуа, уи ала иаҳирҵо анҳарԥшӡо (Тит 2:10). Иара аҳ Давид игәазҭеиҵеит угәы шьҭызхуа абарҭ ажәақәа рыҩра: «Сара сажәит, аха макьана исымбац ауаҩы цқьа дгәыгәҭажьны, ихылҵуагь ча ҿаҵак рымамкәа» (Аԥсал. 36:25 [37:25, АдҾ]).

Уи Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа ицәшәоз Руфь лҿырԥшы иаҳнарбоит. Лара зықәрахь инеихьаз ланхәа даанылмыжьӡеит. Руфь Израиль дынхаларц, насгьы иҵабыргу Анцәа имаҵ луларц лыӡбеит (Руфь [Руфь] 1:16, 17). Моисеи изакәан инақәыршәаны, лара аџьабаа бо ачахҳәаҵәқәа еизылгон, уи абзоурала зыламыс цқьоу, аусура бзиа избо ҳәа ахьӡ бзиа лырҳаит. Давид ԥыҭрак ашьҭахь ишиҳәаз еиԥш, Иегова Руфьи Ноеминьи аанимыжьӡеит (Руфь [Руфь] 2:2—18). Иегова Руфь лматериалтә ҭахрақәа мацара ракәӡам дзеиҷаҳаз. Руфь дылхылҵшьҭрахеит аҳ Давид, иара убас изқәыргәыӷыз Мессиаҵәҟьагьы! (Руфь [Руфь] 4:13—17; Матф. 1:5, 16).

Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы зда ԥсыхәа ыҟамгьы арҳара рцәыцәгьоуп. Амц рҳәар, еиҳа ирзымариахоит, аха дара ргәы ақәкны аус аура иаҿуп. Уи ала зеиԥшыҟам Анцәа иҟазшьақәа, аламысцқьарагьы уахь иналаҵаны, амал аасҭа рыхә шыршьо аадырԥшуеит (Ажәам. [Прит.] 12:24; Еф. 4:28).

Руфь леиԥш, адунеи ахьынӡа-наӡааӡо инхо ақьырсианцәагьы Иегова ацхырааразы амч шимоу агәра ганы иҟоуп. Дара еснагь Абиблиаҿы иану ақәыргәыӷра ҳазҭаз иқәгәыӷуеит, уи абас иҳәеит: «Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам» (Аур. 13:5). Иегова зныкымкәа ишьақәирӷәӷәахьеит еснагь аламысцқьара аазырԥшуа ацхыраара анырҭаху дышрыцхраауа. Иара зда ԥсыхәа ҳамам шҳаиҭо аганахь ала иажәа наигӡоит (Матф. 6:33).

Ааи, ауаа абриллианти зыхә ҳараку егьырҭ ахаҳәқәеи даара рыхә ршьоит. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп жәҩантәи Ҳаб иааҳарԥшуа аламысцқьареи егьырҭ аҟазшьақәеи зыхә ҳараку ахаҳәқәа раасҭа рыхә шишьо!

Иегова ишаҳаҭцәа ахаҵа ажәабжь изеиҭарҳәоит алитературазы акәырҷыжь авараҿы

Ламысцқьарала ҳхы анымҩаԥаҳго, ҳаламыс цқьазаауеит, насгьы хақәиҭрала егьырҭ ажәабжь раҳәара ҳалшоит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра