Егьырҭ рыгхақәа шәзыхҟьашо хаҳәны иҟамлааит
«Аӡәи-аӡәи... ишәанеибажь» (КӘАЛ. 3:13).
1, 2. Иаҳәозеи Абиблиа Иегова ижәлар рхыԥхьаӡара аизҳара иазкны?
АДГЬЫЛ зегь аҿы иҟоуп зеиԥшыҟам еиҿкаара заҵәык. Уи шьақәзыргылоу Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа, ишаҳаҭцәа, роуп. Дара инаӡам, зны-зынла агхақәа зыхьуа уаауп. Аха иԥшьоу Анцәа идоуҳа ацхыраарала уи аиҿкаара еизҳауеит, ишәҭыкакаҷуеит. Шәааи ҳрыхәаԥшып Иегова инаӡам, аха ахамеигӡара аазырԥшуаз имаҵзуҩцәа ихы иархәаны иҟаиҵаз иџьоушьартә иҟоу аусқәа.
2 1914 шықәсазы ицқьам ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа ианрылага, адгьыл аҿы Анцәа имаҵзуҩцәа рхыԥхьаӡара рацәамызт. Аха Иегова ажәабжьҳәаратә ус дазылԥхон. Анаҩстәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа миллионҩыла ауаа Абиблиа иану аҵабырг еилыркааит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Анцәа уи аизҳара шыҟало иазкны абас иҳәахьан: «Имаҷу агәыԥ аҟынтәи зықьҩык ҟалоит, имаҷӡоу аҟынтә — иӷәӷәоу ажәлар. Сара, Иегова, ианаамҭоу уи аус сырццакуеит» (Ис. [Ис.] 60:22). Ари аԥааимбаражәа ҳаамҭазы анаӡара иаҿуп. Еиҿурԥшуазар, атәылақәа жәпакы рҿы инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара адгьыл аҿы инхо Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҵоуп.
3. Ишԥаадырԥшуеи Анцәа ижәлар иахьа абзиабара?
3 Иара убас иахьа Иегова ижәлар дрыцхраауеит рыбжьара рыбзиабара дырӷәӷәаларц. Уи Анцәа иҟазшьа хада ауп (1 Иоанн 4:8). Абзиабара аарԥшраҿы Анцәа иҿыԥшуаз Иисус ишьҭанеицәа иреиҳәеит: «Ишәысҭоит аԥҟара ҿыц — аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала... Шәара сҵаҩцәа шшәакәу злардыруа, шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабарала ауп» (Иоанн 13:34, 35). Арҭ ажәақәа шаҟа ихадоу еилкаахеит аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа атәылақәа жәпакы рҿы аибашьрақәа анцоз. Иаҳҳәап, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраҿы 55 миллионҩык раҟара ҭахеит. Аха Иегова ишаҳаҭцәа уи ашьаарҵәыратә еибашьра иалахәымызт. (Уаԥхьа Михеи [Михей] 4:1, 3). Уи иабзоураны дара уаҩ ишьа рыдымкәа иаанхеит (Аус. 20:26).
4. Изџьашьатәузеи Анцәа ижәлар реизҳара?
4 Анцәа ижәлар игәымбылџьбароу ари адунеи аҿы аизҳара иаҿуп. Абиблиа ишаҳәо ала, адунеи напхгара азызуа «ари аамҭа анцәахәы», Аҩсҭаа, иоуп (2 Кор. 4:4). Иара инапаҵаҟа иҟоуп аполитикатә еилазаарақәеи амассатә информациа ахархәагақәеи. Аха иара ажәабжьҳәаратә ус аанкылара илшом. Ус ишыҟоугьы, Аҩсҭаа изынхаз аамҭа шмаҷу идыруеит аҟынтә, ауаа иҵабыргу Анцәа ицәхьаҵырц азы илшо зегь ҟаиҵоит (Аат. 12:12).
АНЦӘА ИАХЬ ИААҲАРԤШУА АЗИАШАРА АԤЫШӘАРА ИАНҬАГЫЛО
5. Избан егьырҭ зны-зынла ҳгәы ндырхар залшо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
5 Ақьырсиантә еизарақәа рҿы ҳара Анцәеи иаҳзааигәоуи рахь абзиабара аарԥшра шаҟа ихадоу ҳдырҵоит. Убри ауп Иисус иҵаҩцәа идирҵоз. Иарбан ԥҟароу азакәан аҿы иреиҳау ҳәа ианиазҵаа, аҭак ҟаиҵеит: «„Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала“. Ари — раԥхьа игылоу, иреиҳаӡоу акәны иҟоуп; Аҩбатәигьы убри иеиԥшуп: „бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш“» (Матф. 22:35—39). Аха Абиблиаҿы еилыкка иануп Адам игәнаҳа иахҟьаны, ҳара зегьы анамӡара шаҳҭынхаз. (Уаԥхьа Римаа рахь 5:12, 19.) Убри аҟынтә зны-зынла аизараҿы аӡәы иажәақәа ма иусқәа ҳгәы ҳдырхьыр рылшоит. Иҟаҳҵозеи усҟан? Иԥсыҽхома Иегова иахь иҳамоу абзиабара? Иааҳарԥшлома ижәлари иареи рахь азиашара? Ажәытәангьы Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа зны-зынла ражәақәеи русқәеи рыла егьырҭ ргәы ддырхьуан. Урҭ рыӡбахә Абиблиаҿы ҳанаԥхьо, иаҳҵо рацәоуп.
Шәхы шԥамҩаԥыжәгарыз, Или иԥацәеи иареи рхаан Израиль шәынхозҭгьы? (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Избан иаҳҳәар зҳалшо Илии иԥацәа ириашомызт ҳәа?
6 Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аԥхьаԥшьаҩы Илии ҩыџьа аԥацәа иман. Урҭ Иегова иҿаԥхьа ацәгьа ҟарҵон. 1 Самуил (1 Самуила) 2:12 аҿы иануп: «Или иԥацәа акгьы иаԥсамыз ракәын, урҭ Иегова хьаас дрымамызт». Или Анцәа имаҵ аураҿы ихадоу аҭыԥ шааникылозгьы, иԥацәа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟарҵеит. Или урҭ ириашар акәын, аха иара дрызхьаԥшуамызт. Аҵыхәтәаны Анцәа Или иҩнаҭа зегьы ӷәӷәала дақәыӡбеит (1 Сам. [1 Сам.] 3:10—14). Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ихылҵшьҭрақәа ԥхьаԥшьаҩыс амаҵ аура иаҟәыҵит. Или иаамҭазы шәынхозҭгьы, шәышԥазнеиуаз шәара иԥацәа рыгәнаҳақәа дахьрызхьамԥшуаз? Иҟалозма уи шәзыхҟьашо хаҳәны, насгьы шәаҟәыҵуазма Анцәа имаҵ аура?
7. Ишԥаҟаиҵеи Давид агәнаҳа, аха иҟаиҵазеи Анцәа?
7 Иегова Давид бзиа дибон, насгьы уи «сгәы дақәшәоит» ҳәа изиҳәеит (Аус. 13:22; 1 Сам. [1 Сам.] 13:13, 14). Аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь Давид Вирсавиа лҿы дкалҭшьҭаныҟәеит, насгьы лара лцәымтәымкәа дҟалеит. Уи аамҭазы лхаҵа Уриа еибашьра дыҟан. Уи аамҭала ҳәа аҩныҟа даныхынҳә, Давид Уриа Вирсавиа лахь дцаны длыцшьҭаларц азы илшоз зегь ҟаиҵеит, ахәыҷы иаб Уриа иоуп ҳәа зегьы ргәы иаанагарц азы. Аха Уриа аҳ ииҳәаз дацымныҟәеит, убри аҟынтә Давид Уриа аибашьраҿы дҭахартә иҟаиҵеит. Давид игәнаҳа ӷәӷәа алҵшәа бааԥсқәа изаанагеит, уи иахҟьаны иҭаацәеи иареи агәаҟра ӷәӷәақәа ирықәшәеит (2 Сам. [2 Сам.] 12:9—12). Аха Иегова Давид иахь агәшаҭара ааирԥшит, избанзар Давид абжьааԥны Анцәа иҿаԥхьа «игәы цқьаны» дныҟәон (1 Аҳ. [1 Цар.] 9:4). Шәара усҟантәи аамҭазы шәынхозҭгьы, шәышԥазнеиуаз уи? Иҟалозма Давид ихымҩаԥгашьа шәзыхҟьашо хаҳәны?
8. а) Ишԥанеимыгӡеи Пиотр иажәа? б) Избан Иегова Пиотр ихы дзаирхәоз, уи агхақәа шыҟаиҵозгьы?
8 Абиблиа иануп даҽаӡәы иҿырԥштәы, уи Пиотр иоуп. Иисус уи апостолс далихит. Аха уеизгьы, Пиотр зны-зынла ииҳәоз, насгьы иҟаиҵоз аниашамыз ыҟан. Иаҳҳәап, Иисус зегь раасҭа ианицәыцәгьаз аамҭазы иапостолцәа даанрыжьит. Уи аԥхьа Пиотр иҳәахьан Иисус ахаангьы дшаанимыжьуа, егьырҭ ус ҟарҵаргьы (Марк 14:27—31, 50). Аха Иисус дыкны данырга, апостолцәа зегьы, Пиотргьы дналаҵаны, дааныжьны ицеит. Пиотр Иисус зынӡа дсыздырӡом ҳәа зныкымкәагьы иҳәеит (Марк 14:53, 54, 66—72). Аха Пиотр иҟаиҵаз дахьхәит. Убри аҟынтә Иегова уи мап ицәимкит, анаҩсгьы ихы даирхәон. Усҟантәи аамҭазы шәара Иисус ишьҭанеицәа шәыруаӡәкызҭгьы, иарԥсыҽуазма шәыгәрахаҵара Пиотр иҟаиҵаз?
9. Избан агәра ганы шәзыҟоу Иегова еснагь иҟаиҵо шиашоу?
9 Арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы агхақәа шыҟарҵоз, насгьы егьырҭ ргәы шыддырхьуаз. Уи аҩыза иахьагьы ҳақәшәар алшоит. Иҟаҳҵозеи усҟан? Иалҳаршома уи ҳзыхҟьашо хаҳәны иҟаларц? Аӡәы ҳгәы нирхеит ҳәа иаанҳажьуама ҳара Иегова ижәлари иареи, ҳаизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи уахь иналаҵаны? Мамзаргьы Иегова зны-зынла агәнаҳа ҟазҵаз ахьхәырц азы аамҭа шриҭо, насгьы аҵыхәтәаны иара зегь шириашо еилаҳкаауоу? Аха зны-зынла агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз Иегова игәшаҭара мап анацәыркуа, насгьы ианахьымхәуа ыҟоуп. Агәра ганы шәыҟазаалома Иегова ианаамҭоу зегь шиӡбо, иаҭаххаргьы, иахьымхәыз агәнаҳаҟаҵаҩ аизара дшалицо?
ИЕГОВА ШӘИЗИАШАНЫ ШӘААНХАЛА
10. Дышԥарзыҟаз Иисус Иуда Искариоти Пиотри рыгәнаҳақәа?
10 Абиблиаҿы ирацәоуп Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа. Дара иаарыкәыршаны инхоз ауаа агәнаҳа ӷәӷәақәа шыҟарҵозгьы, Анцәа ижәлари иареи ирызиашаны иаанхон. Иаҳҳәап, Иисус 12-ҩык апостолцәа алихаанӡа, уахык шаанӡа Иаб диҳәон. Урҭ апостолцәа дыруаӡәкын Иуда Искариот. Ԥыҭрак ашьҭахь Иуда Иисус диҭиит, аха уи Иисус Иаби иареи реизыҟазаашьақәа бжьнамхит. Иара убас урҭ реизыҟазаашьақәа бжьнамхӡеит Пиотр Иисус мап ахьицәикызгьы (Лука 6:12—16; 22:2—6, 31, 32). Иисус идыруан иҟалаз Иегова имаҵзуҩцәеи иареи ишырхарам. Ишьҭанеицәа шьоукы игәы шкарыжьызгьы, Иисус азиашара ааршԥны идыз аус наигӡон. Иегова уи дизылԥхеит. Иара Иисус иԥсы ҭеиҵеит, насгьы жәҩантәи Аҳраҿы Аҳас дҟалеит (Матф. 28:7, 18—20).
11. Иаҳәози заа Абиблиа иахьатәи Анцәа ижәлар ирызкны?
11 Иисус Иегова имаҵзуҩцәеи иареи рыгәра игон, уи азы иара амзызқәа иман. Уи аҩыза агәрагара ҳаргьы иҳамоуп. Шәрызхәыц аҵыхәтәантәи арҭ аамҭақәа раан Иегова имаҵзуҩцәа ихы иархәаны иҟаиҵо аус џьашьахәқәа! Иахьа ақьырсиантә еизарак аҳасабала еидкылоу Анцәа ижәлар рымацара роуп адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо аҵабырг ауаа ирылазырҵәо, избанзар дара роуп Иегова напхгара ззиуа. Абар Анцәа ижәлар рдоуҳатә ҭагылазаашьа иазкны Исаиа (Исаия) 65:14 иану: «Смаҵзуҩцәа ргәырӷьабжь галоит, избанзар ргәы гәырӷьарыла иҭәызаалоит».
12. Ҳашԥарзыҟазар акәу егьырҭ рыгхақәа?
12 Иегова имаҵзуҩцәа гәырӷьоит, иара инапхгареи ицхыраареи рыбзоурала аус қьиақәа рыҟаҵара ахьрылшо. Уи аамҭазы еиҳа-еиҳа еизҳауа агәырҩеи агәаҟреи ирыхҟьаны, Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу адунеи ҵәаауеит. Убри аҟынтә даараӡа иҟәыӷарахомызт, насгьы ииашахомызт Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы иҟарҵо агхақәа иорганизациеи иареи рхараҵара. Ҳара Иегова иахь азиашара ааҳарԥшлароуп, насгьы егьырҭ рыгхақәа ииашаны рызнеира ҳҵалароуп.
АГХАҚӘА ҲШЫРЗЫҞАЗАР АКӘУ
13, 14. а) Избан ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ачҳара зааҳарԥшлар акәу? б) Иарбан қәыргәыӷроу иаҳгәалашәозар ҳахәҭоу?
13 Ҳхы шԥамҩаԥаҳгар акәу, Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡәы ажәала ма усла ҳгәы ҳирхьзар? Екклезиаст (Экклезиаст) 7:9 аҿы апринцип бзиа ануп: «Агәаара уахымццаклан, избанзар агәаара ахшыҩдақәа роуп згәы иҭоу». Раԥхьатәи ауаа анаӡара рцәыӡижьҭеи 6 000 шықәса раҟара ҵуеит. Инаӡам ауаа агха рмыхьыр ауам. Убри аҟынтә ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи еснагь ииашаны рхы мҩаԥыргалоит ҳәа ҳазымԥшлар ауп. Урҭ рыгхақәа ҳрызхәыцуазар, уи ахәарҭа ҳнаҭом, насгьы Анцәа ижәлар амаҵ рыцура агәырӷьара ҳзаанагом. Еиҳа ишәарҭоу, аӡә игха иахҟьаны ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар, насгьы Анцәа иорганизациа аанҳажьыр ауеит. Уи аҩыза ҟалазҭгьы, ҳара Анцәа игәаԥхара анагӡара алшара адагьы, адунеи ҿыц аҿы анхаразы агәыӷра ҳцәыӡыр алшон.
14 Агәырӷьареи агәыӷра ӷәӷәеи рыхьчаразы, угәы шьҭызхуа Иегова иқәыргәыӷра еснагь иаҳгәалашәозар ауп: «Сара ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци сшоит, уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом, ргәахьгьы уаҳа иааиӡом» (Ис. [Ис.] 65:17; 2 Пиотр 3:13, АдҾ). Егьырҭ рыгхақәа ирыхҟьаны иаҳмырӡып иссиру абарҭ азылԥхарақәа.
15. Ииҳәози Иисус егьырҭ рыгхақәа ҳшырзыҟазар акәу аганахь ала?
15 Аха адунеи ҿыц ҟалаанӡа, аӡәы ажәала ма усла ҳгәы анҳирхьуа ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы, Анцәа ихәыцшьа ҳаҿыԥшлар ауп. Ҳазхәыцыр ҳалшоит Иисус иажәақәа рҿы иаарԥшу апринцип: «Ауаа рыгәнаҳарақәа ранашәыжьлар, Жәҩан иҟоу Шәабгьы шәара ишәымоу агәнаҳарақәа шәанаижьуеит; Ауаа рыгәнаҳарақәа ранажьра мап ацәышәкыр, шәара Шәабгьы шәыгәнаҳарақәа шәанаижьуам». Иара убас иаҳгәалаҳаршәап «заҟантә даҭасымҵарызеи агәнаҳа сзызуа сашьа? бжьынтәу?» ҳәа Пиотр Иисус дышиазҵааз. Иисус аҭак ҟаиҵеит: «Иуасҳәом: «бжьынтәы рҟынӡа» — бжьынтә хынҩажәеижәабантәы». Иисус иажәақәа еилыкка иаадырԥшуеит егьырҭ рыгхақәа ранажьра ҳазхиазар шҳахәҭоу (Матф. 6:14, 15; 18:21, 22).
16. Иарбан ҿырԥшу Иосиф иҳаиҭаз?
16 Уи аҿы Иосиф аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара Рахиль лҟынтәи Иаков иоуз аԥацәа дреиҳабын. Иосиф жәаҩык иашьцәа иҵашьыцуан, Иаков уи еиҳа бзиа дахьибоз азы. Дара Иосиф тәыс дырҭиит. Имаҷымкәа ашықәсқәа цеит. Иосиф иус қьиақәа рыла ахьӡ бзиа ирҳаит. Иара Мысра анапхгаҩ ишьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит. Иашьцәа ахьынхоз адгьыл аҿы амлакра аныҟала, урҭ афатә аархәарц азы Иосиф иахь иааит, аха дара рашьа дырзымдырӡеит. Иосиф илшон имаз амчра ихы иархәаны иашьцәа изыруз азы ишьа иур. Уи аҭыԥан иара иашьцәа рҽырыԥсаху-рҽырмыԥсаху еиликаарц азы, иԥишәарц иӡбеит. Иашьцәа ииашаҵәҟьаны рыҽшырыԥсахыз аниба, иара ихы дирдырит. Ԥыҭрак ашьҭахь иҳәеит: «Шәымшәан. Сара шәхәыҷқәеи шәареи афатә шәыгсыжьуам». Абиблиаҿы иануп Иосиф «убасала урҭ ргәы ирҭынчит» ҳәа (Аҟаз. [Быт.] 50:21).
17. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳҭаху, егьырҭ ҳгәы анҳдырхьуа?
17 Ҳара зегьы ҳнаӡам аҟынтә, иаҳхаҳмыршҭлар ауп ҳаргьы егьырҭ ргәы дҳархьыр шҳалшо. Ус шыҟалаз еилаҳкаазар, Абиблиа ишаҳәо еиԥш, згәы нҳархаз ауаҩы ҳцаны ҳаинышәар ауп. (Уаԥхьа Матфеи 5:23, 24.) Ҳара ҳгәы иахәоит егьырҭ ианҳанарыжьуа, насгьы ианҳцәымгәаауа, убри аҟынтә дара рганахь алагьы убас ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Кәаласаа рахь 3:13 аҿы иануп: «Аӡәи-аӡәи шәеибашаҭа, шәгәеизынхарақәа, шәгәалақәа шәыбжьышәх, ишәанеибажь, Христос [«Иегова», АдҾ] ишшәанаижьыз аиԥш». 1 Коринфаа рахь 13:5 аҿы ишану еиԥш, ақьырсианцәа иаадырԥшуа абзиабара «ԥсахеибакра-гәаара алам». Иаҳзааигәоу иранаҳажьуазар, Иегова ҳаргьы иҳанаижьуеит. Егьырҭ ҳгәы анҳдырхьуа, шәааи агәшаҭара ааҳарԥшлап, Жәҩантәи Ҳаб ҳара ҳахь ишааирԥшуа еиԥш. (Уаԥхьа Аԥсалом 102:12—14 [103:12—14, АдҾ].)