Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииун ад. 18—22
  • «Ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «Ҳ-АНЦӘА ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ИОУП»
  • ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ШӘИЗИАШАЗ
  • АҚЬЫРСИАНТӘ АКЗААРА ШӘЫХЬЧАЛА
  • Иегова заҵәык шәизиашаз
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииун ад. 18—22
Моисеи израильаа драцәажәоит

«Ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп»

«Уӡырҩы, Израиль, ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп» (ҨЫНТӘ. [ВТОР.] 6:4).

АШӘАҚӘА: 138, 112

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Иаанагозеи «ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп»?

  • Ишԥаҳалшо «Иегова заҵәык» имаҵ шаҳуа ааҳарԥшыр?

  • Ишԥаҳалшо аизараҿы аҭынчреи акзаареи рыхьчара?

1, 2. а) Избан Ҩынтәазакәан (Второзаконие) 6:4 иану ажәақәа иахьа аӡәырҩы изырдыруа? б) Избан Моисеи арҭ ажәақәа зиҳәаз?

ҨЫНТӘЗАКӘАН (Второзаконие) 6:4 иану ауриатә ажәақәа аиудаизм ныҟәызго ауаа рыԥсҭазаараҿы ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ихадоу аҭыԥ ааныркылоит. Арҭ ажәақәа «Шма» захьӡу анцәаиҳәара иахәҭакуп. Ари анцәаиҳәара ажәеинраала раԥхьатәи ажәа инақәыршәаны ахьӡ аиуит. Анцәа ихаҵара змоу ауриацәа ари анцәаиҳәара есыҽны шьыжьи-хәылбыҽхеи иаԥхьоит, убасала иаадырԥшуеит Анцәа ишизиашоу.

2 Ҩынтәзакәан (Второзаконие) 6:4 иану Моисеи иажәақәа роуп. Иара арҭ ажәақәа 1473 шықәсазы ҳ. ҟ. Моав акаршәраҿы еизаз израильтәи ажәлар иреиҳәеит. Ауриацәа иаарласны Иордан ирны Изқәыргәыӷыз адгьыл ргар акәын (Ҩынтә. [Втор.] 6:1). Моисеи 40 шықәса израильаа драԥхьагылаҩын. Иара иҭахын ажәлар ргәы шьҭихырц, ирзыԥшыз ауадаҩрақәа гәымшәарыла ирԥыларц азы. Дара Иегова иқәгәыӷлар, насгьы изиашаны иаанхалар рыхәҭан. Моисеи ииҳәаз арҭ ажәақәа израильаа хашҭшьа змам ак акәны ирзыҟалеит. Иегова израильаа ириҭаз жәа-ԥҟараки егьырҭ амҩақәҵарақәеи анеиқәиԥхьаӡа ашьҭахь, Моисеи Ҩынтәзакәан (Второзаконие) 6:4, 5 (уаԥхьа) ирну амч ӷәӷәа змаз ажәақәа иҳәоит.

3. Иарбан зҵаарақәоу ҳара еилҳарго?

3 Ирдыруазма Моисеи дзацәажәоз израильаа Рынцәа Иегова — «Иегова заҵәык» шиакәу? Ҳәарада, ирдыруан. Агәрахаҵара аазырԥшуаз ауриацәа рабацәа — Авраам, Исаак, Иаков Рынцәа, иаӡәыку Анцәа, имҵахырхәон. Ус акәзар, избан Моисеи Анцәа — «Иегова заҵәык иоуп» ҳәа зиҳәаз? Иадҳәалоума уи 5-тәи ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу? Уа иануп Анцәа угәынаӡала, уԥсынаӡала, удырранаӡала, улшаранаӡала бзиа дышбалатәу. Иаанагозеи Ҩынтәзакәан (Второзаконие) 6:4, 5 рҿы иану ажәақәа ҳара ҳзы?

«Ҳ-АНЦӘА ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ИОУП»

4, 5. а) Иаанагозеи ажәақәа «Иегова заҵәык»? б) Дызлареиԥшымзи Иегова егьырҭ ажәларқәа зымҵахырхәоз анцәахәқәа?

4 Иегова зеиԥшыҟам Нцәоуп. Ажәақәа «Иегова заҵәык» иаанагоит Иегова идукыло аӡәгьы дшыҟам. Избан Моисеи арҭ ажәақәа ихы изаирхәаз? Уи иаанагомызт х-хаҿрак змоу анцәа дыҟоуп ҳәа амцдинхаҵара ирыланарҵәо агәаанагара ҿаԥиҽырц иҭахын ҳәа. Иегова дгьыли-жәҩани зшаз, Жәҩантәылаҿы Зегьирхаку иоуп. Иара ида уаҳа Нцәа дыҟам. Иара иоуп иаӡәыку, иҵабыргу Нцәас иҟоу, иара иеиԥшу аӡәгьы дыҟам (2 Сам. [2 Сам.] 7:22). Моисеи израильаа иргәалаиршәарц иҭахын зымаҵ рулаша Иегова заҵәык шиакәу. Дара егьырҭ анцәахәқәа ирымҵахырхәоз рыкәша-мыкәша инхоз ажәларқәа ирҿымԥшлар акәын. Урҭ ауаа агәра ргон нцәахәқәак аԥсабаратә цәырҵрақәа анапхгара рзыруеит ҳәа.

5 Иаҳҳәап, мысраа амра анцәахәы Ра, ажәҩан анцәаԥҳәыс Нут, адгьыл анцәахәы Геб, Нил анцәахәы Хапи, иара убас хыԥхьаӡара змам иԥшьоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирымҵахырхәон. Иегова Мысра жәа-рыцҳарак ианрықәиршәа, арҭ амцнцәахәқәа аӡәырҩы лаирҟәит. Еицырдыруаз ханаантәи анцәахәы Ваал аҿиареи, ажәҩани, иара убас ақәеи афырҭыни дрынцәахәуп ҳәа дыԥхьаӡан. Аҭыԥқәа жәпакы рҿы Ваал аҭыԥантәи хылаԥшхәыс дрыԥхьаӡон (Ахыԥхь. [Чис.] 25:3). Убри аҟынтә израильаа иргәалашәалар рыхәҭан Рынцәа, «иҵабыргу Анцәа» — «Иегова заҵәык» шиакәу (Ҩынтә. [Втор.] 4:35, 39).

6, 7. Иаанагозеи еиҭа ажәақәа «Иегова заҵәык», насгьы ишԥашьақәирӷәӷәеи Иегова иара дшаӡәыку?

6 Иегова зҽызымԥсахуа, азиашара аазырԥшуа Нцәоуп. Иара убас ажәақәа «Иегова заҵәык» иаадырԥшуеит ихықәкқәеи иусқәеи еснагь урықәгәыӷыртә ишыҟоу. Иегова иажәеи иуси еиҿагылом. Иара иҵабыргу, азиашара аазырԥшуа Нцәоуп. Иегова ахаангьы иҽиԥсахӡом. Зны иара Авраам ажәа ииҭеит Изқәыргәыӷыз адгьыл ихылҵшьҭрақәа ирҭынхартә ишыҟаиҵо. Ииҳәаз наигӡарц азы, Иегова узыршанхо аџьашьахә дуқәа ҟаиҵеит. Уи нахыс 430 шықәса шцахьазгьы, иара иажәа наигӡеит (Аҟаз. [Быт.] 12:1, 2, 7; Ақәҵ. [Исх.] 12:40, 41).

7 Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова израильаа сышаҳаҭцәа ҳәа анырзиҳәа, иара иациҵеит: «Сара сҽысыԥсахӡом. Сара саԥхьа Нцәа дыҟамызт, сара сышьҭахьгьы аӡәгьы дыҟамызт». Игәҭакы аҽшамԥсахуа даналацәажәоз, иҳәеит: «Сара ахаангьы сҽысыԥсахӡом» (Ис. [Ис.] 43:10, 13; 44:6; 48:12). Изакәытә ҳаҭыр дуузеи израильаа ираҭәашьаз! Иахьа ҳаргьы уи аҩыза аҳаҭыр ҳаҭәашьоуп — зҽызымԥсахуа, еснагь азиашара аазырԥшуа Анцәа Иегова имаҵ аура (Мал. [Мал.] 3:6; Иак. 1:17).

8, 9. а) Дыззыԥшузеи Иегова имаҵ зуа рҟынтә? б) Ишԥааирԥши Иисус Моисеи иажәақәа шаҟа ихадоу?

8 Ишаҳбо еиԥш, Моисеи ажәлар иргәалаиршәеит Иегова иҽшимԥсахыз, анаҩсгьы бзиа ишибо, насгьы дышреиҷаҳауа. Ус акәзар, еилкаауп дара Иегова заҵәык иахь азиашара аарԥшра, насгьы гәынаӡала, ԥсынаӡала, лшаранаӡала бзиа ибара шрыхәҭаз. Убри аҩыза азиашара ақәыԥшцәагьы иаадырԥшлар акәын, избанзар рҭаацәа еснагь уи ддырҵалар рыхәҭан (Ҩынтә. [Втор.] 6:6—9).

9 Иегова игәаԥхареи игәҭаки рганахь ала иҽиԥсахӡом аҟынтә, еилкаауп иахьагьы имаҵзуҩцәа рахь имоу ихадоу аҭахрақәа рыҽшырмыԥсахыз. Ҳмаҵзура Анцәа игәаԥхаларц азы, ҳаргьы иара заҵәык ҳизиашазар, насгьы ҳгәынаӡала, ҳаԥсынаӡала, ҳалшаранаӡала бзиа даҳбалар ауп. Иисус уи зегь реиҳа ихадоу ԥҟароуп ҳәа азиҳәеит. (Уаԥхьа Марк 12:28—31.) Убри аҟынтә шәааи еилҳаргап ажәақәа «ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп» рҵакы ииашаҵәҟьаны ишеилаҳкаауа ҳхымҩаԥгашьала иааҳарԥшыр шҳалшо.

ИЕГОВА ЗАҴӘЫК ШӘИЗИАШАЗ

10, 11. а) Иаанагозеи Иегова заҵәык имҵахырхәара? б) Ишԥаадырԥши ауриацәа иреиуаз ԥшьҩык арԥарцәа Иегова заҵәык ишизиашаз?

10 Иегова ҳара ҳзы иаӡәыку Нцәас дыҟазарц азы, иара заҵәык ҳизиашазар ауп. Даҽа нцәаки иареи рымҵахырхәара залшом. Иара убас ҳамҵахырхәара амцдинхаҵара аҵарақәа ма аҵасқәа ирылаҳамҟьашьлар ауп. Ҳара еснагь иаҳгәалашәозар ауп Иегова анцәахәқәа дшыруаӡәкым, мамзаргьы урҭ рҟынтә еиҳа амч змоу ҳәа иԥхьаӡоу шиакәым. Иегова заҵәык иоуп зымҵахырхәара иаԥсоу. (Уаԥхьа Аатра 4:11.)

11 Даниил ишәҟәаҿы ауриацәа иреиуаз ԥшьҩык арԥарцәа рыӡбахә ҳәоуп — Даниил ихаҭа, насгьы Ананиа, Мисаил, Азариа. Дара Иегова заҵәык ишизиашаз злааԥшыз Анцәа иҿаԥхьа ицқьамыз афатә ахьырымфоз ала мацара акәӡам, аха иара убас Навуходоносор ихьтәы баҟа амҵахырхәара мап ахьацәыркыз ауп. Дара рзы ихадаз еилкаан: рыԥсҭазаараҿы Иегова раԥхьатәи аҭыԥ ааникылон, насгьы аҵыхәтәанынӡа изиашан (Дан. [Дан.] 1:1—3:30).

12. Ҳҽызцәаҳахьчалар акәзеи, Иегова заҵәык ҳизиашазарц ҳҭахызар?

12 Аҵыхәтәанынӡа Иегова ҳизиашазарц ҳҭахызар, ҳаԥсҭазаараҿы Иегова иҭыԥ даҽакы иааннакылартә алҳаршом. Изакәызеи иара? Жәа-ԥҟарак рҿы иҳәоуп Иегова имаҵзуҩцәа иара ида даҽа нцәак дышрымамзар акәу, насгьы аныхамҵахырхәара аформақәа зегьы рҽырцәырыхьчалар шрыхәҭоу (Ҩынтә. [Втор.] 5:6—10). Иахьа аныхамҵахырхәара еиуеиԥшым аформақәа шьҭнахуеит, насгьы урҭ зны-зынла иаразнак иузгәаҭом. Аха Иегова идҵақәа рҽырмыԥсахӡеит, иара уаанӡа еиԥш «Иегова заҵәык» иоуп. Шәааи уи ҳара ҳзы иаанаго еилҳаргап.

13. Иарбан усқәоу Иегова иаасҭа бзиа иаҳбар ҳалшо?

13 Кәаласаа рахь 3:5 (уаԥхьа) аҿы иану ажәақәа Иеговеи ҳареи зыхә ҳараку ҳаизыҟазаашьақәа бжьызхуа аусқәа рҟынтә ҳгәаҳҽанырҵоит. Иазгәашәҭ ари ажәеинраалаҿы агәыҳәра аныхамҵахырхәара шахьӡу. Ус анакәха, амал арҳара ма абеиахара реиԥш иҟоу ҳгәаҳәарақәа убас иӷәӷәахар рылшоит, урҭ нцәахә дук иеиԥш иаҳзыҟалоит. Ажәеинраала зегьы ҳазааҭгылар, иаҳбоит уа зыӡбахә ҳәоу егьырҭ агәнаҳақәагьы агәыҳәра ишадҳәалоу, ус анакәха урҭгьы ныхамҵахырхәароуп. Убас еиԥш иҟоу агәазыҳәара ӷәӷәақәа Анцәа иаасҭа еиҳа бзиа рбара ҳалагар ҳалшоит. Уи аҩыза алҳаршар, ҳара ҳзы Иегова «Иегова заҵәык» иакәхом. Ҳара ус ҟалар ҳҭахӡам!

14. Иарбан гәҽанҵароу апостол Иоанн иҳаиҭаз?

14 Апостол Иоанн уи иеиԥшу азхәыцра иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, аӡәы адунеи иднагало бзиа ибозар,— «ацәеижь зызгәыҳәуа, иаҭаху, аблақәа зызгәышьуа, ирҭаху», уи ауаҩы Анцәа иахь абзиабара имам (1 Иоанн 2:15, 16). Уи иаанагоит ҳааҟәымҵӡакәа ҳгәы шҭаҳҵаалар акәу: иаҳгәаԥхома ҳара ари адунеи аҿы бзиа ирбо агәырҿыхагақәа, аҽеилаҳәашьа, насгьы Иегова имаҵ зымуа иааигәаны рыҿцәажәара? Ҳашьҭаӡами ҳара «еиҳау», иаҳҳәап, аҵара ду аиура ҳҽазаҳшәозар? (Иер. [Иер.] 45:4, 5). Ҳара адунеи ҿыц даара ҳазааигәоуп. Убри аҟынтә Моисеи иажәақәа ҳхамышҭлар ҳахәҭоуп. Ҳара «ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык» шиакәу ибзианы еилаҳкаауазар, иара убас уи аҵыхәтәанынӡа агәра ганы ҳаҟазар, усҟан иара заҵәык ҳизиашаны ҳаанхалоит, насгьы иара ишиҭаху еиԥш ахамеигӡара аарԥшны имаҵ ҳаулоит (Аур. 12:28, 29).

АҚЬЫРСИАНТӘ АКЗААРА ШӘЫХЬЧАЛА

15. Избан апостол Павел ақьырсианцәа изыргәалаиршәаз Рынцәа Иегова заҵәык шиакәу?

15 Иегова — «Иегова заҵәык» иоуп аҟынтә, имаҵзуҩцәа рыбжьара акзаара ыҟазар ауп, насгьы рыԥсҭазаараҿы рхықәкқәа еиԥшызар ауп. Актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизараҿы иҟан ауриацәа, абырзенцәа, римаа, насгьы егьырҭ ажәларқәа иреиуаз ауаа. Дара зегьы культуралеи, шьҭралеи, ҟазшьалеи еиԥшымызт. Уи иахҟьаны уаанӡатәи рҵасқәа рааныжьра, насгьы Анцәа ишашьцыламыз ала имаҵ аура рцәыцәгьан. Убри азоуп апостол Павел урҭ ақьырсианцәа Рынцәа Иегова заҵәык шиакәу зыргәалаиршәаз. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 8:5, 6.)

16, 17. а) Иарбан ԥааимбаражәоу лабҿаба иахьа инаӡо, насгьы ишԥанаӡо уи? б) Еилазгар алшозеи ҳқьырсиантә акзаара?

16 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара иахьатәи ақьырсиантә еизарақәа ирызкны? Аԥааимбар Исаиа ишәҟәаҿы заа иҳәан «аҵыхәтәантәи амшқәа рзы» ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа ииашоу амҵахырхәара иасимволу Иегова ишьхахь ишхало. Дара ирҳәалоит: «Иара [Иегова] имҩақәа ҳирҵоит, нас ҳара имҩақәҵарала ҳныҟәалоит» (Ис. [Ис.] 2:2, 3). Шаҟа гәахәара дуузеи арҭ ажәақәа лабҿаба ишынаӡо ахьаҳбо! Убри азоуп ҳаизарақәа рҿы расалеи, культуралеи, бызшәалеи еиԥшым ауаа зыҟоу. Дара зегьы Иегова дҳараркуеит! Аха уи инадҳәаланы ицәырҵуеит изызхәыцтәу зҵаарақәак.

Расалеи культуралеи еиԥшым ауаа акреицырфоит

Ишәыхьчома шәара ақьырсиантә еизараҿы иҟоу акзаара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16—19.)

17 Иаҳҳәап, шәышԥарзыҟоу шәара шьҭрала ишәеиԥшым ақьырсианцәа? Шәара уамашәа ижәбозар ауеит урҭ рбызшәа, рҽеилаҳәашьа, рхымҩаԥгашьа, насгьы рыфатә. Итәымышәшьома шәара урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, еиҳа ишәзааигәоу мацара шәрацәажәо? Мамзаргьы шәеизараҿы, шәраион аҿы, ма шәфилиал аҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа шәара шәаасҭа иқәыԥшзар, даҽа расак, ма культурак иатәызар, иалшәыршома уи Иегова ижәлар рыбжьара иҟазар акәу акзаареи аҳәоуеиқәшәареи еиланагар?

18, 19. а) Иарбан лабжьароу Ефесаа рахь 4:1—3 рҿы иаҳаԥшаауа? б) Ишԥаҳалшо аизараҿы акзаара ахьчара?

18 Ишԥаҳалшо арҭ ацәҟьақәа ҳҽырцәаҳахьчар? Апостол Павел ибеиаз, милаҭ рацәала ауаа ахьынхоз ақалақь Ефес иҟаз ақьырсианцәа ахәарҭа злаз лабжьарақәак риҭеит. (Уаԥхьа Ефесаа рахь 4:1—3.)a Павел ахынраалареи, аҟәымшәышәреи, ачҳареи абзиабареи реиԥш иҟаз аҟазшьақәа дрыхцәажәон. Урҭ ахыбра зку агәашьақәа иреиԥшуп. Аха ахыбра ахылаԥшра аҭахуп, насгьы иагу ҟаҵалатәуп, мамзар уи еилабгар алшоит. Убри аҟынтә Павел Ефес инхоз ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон гәазыҟашьала акзаара рыхьчаларц.

19 Аизараҿы акзаара ахьчара зегьы иаҳуалуп. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара? Раԥхьаӡа иргыланы ҳара еизҳарҳалар ауп, насгьы иааҳарԥшлар ауп Павел зыӡбахә иҳәоз аҟазшьақәа — ахынраалареи, аҟәымшәышәреи, ачҳареи, абзиабареи. Иара убас иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп ҳаидызкыло аҭынчра ҳахьчаларц азы. Аҭӡамц аҿы ицәырҵуа ашьшьарақәа иреиԥшу аилибамкаарақәа анҳабжьало, урҭ ирласны иҳаӡбалар ауп, ҳабжьара аҭынчреи акзаареи ҳахьчарц азы.

20. Ишԥааҳарԥшуеи ажәақәа «ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп» рҵакы шеилаҳкаауа?

20 «Ҳ-Анцәа Иегова — Иегова заҵәык иоуп»,— шаҟа идуузеи арҭ ажәақәа рҵакы! Урҭ израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл аныргоз изықәшәоз ауадаҩрақәа ирцәымшәарц азы амч рнаҭеит. Арҭ ажәақәа ҳгәаҵанӡа инаҳгар, уи ааигәахара иаҿу агәырҩа ду аан ҳаӷәӷәаны ҳаанхарц азы амч ҳнаҭоит, насгьы џьанаҭ дгьыл аҿы аҭынчреи акзаареи ҳацхраалоит. Убри аҟынтә шәааи анаҩсгьы Иегова заҵәык ҳизиашаз. Бзиа даҳбалап Иегова, насгьы гәынаӡала, ԥсынаӡала, ҳалшаранаӡала имаҵ ҳаулап. Иара убас ақьырсиантә акзаара ҳахьчарц азы, иҳалшо зегь ҟаҳҵалап. Усҟан Иисус уасақәас иалихуа ирызкны ииҳәаз ажәақәа шынаӡо ҳбар ҳалшоит: «Шәааи, Саб илыԥха змоу, аԥсабара аниша аахыс ишәзырхиоу Аԥсҳара ҭынхас шәазыҟала» (Матф. 25:34).

a Ефесаа рахь 4:1—3 (АдҾ): «Убас, сара, Иҳақәиҭу ихьӡала иҭаку, сшәыҳәоит ишәымоу ааԥхьара ишаҭәоу ала шәхы мҩаԥыжәгаларц, ахынраалареи, аҟәымшәышәреи, акрычҳареи аарԥшуа, бзиабарала шәеибачҳауа, шәеидызкыло аҭынчраҿы гәазыҟашьала акзаара хьчауа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра