Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ноиабр ад. 17—21
  • Ахә ҳаракны ишәшьома шәара Анцәа Иажәа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахә ҳаракны ишәшьома шәара Анцәа Иажәа?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИАЖӘЕИ ИҲАЗЦӘЫРҴУА АЦӘАНЫРРАҚӘЕИ
  • ИЕГОВА АНАПХГАРА ШҲАИҬО
  • ИЕГОВА ИҼЫУАРДЫН ԤХЬАҞА ИЦОИТ
  • ИЕГОВА ШӘИЗИАШАЗ, ИОРГАНИЗАЦИА ШӘАДГЫЛАЗ
  • Иегова иорганизациа напхгара аиҭоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Анцәа ижәлар Иажәа инақәыршәаны еиҿкаауп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ноиабр ад. 17—21

Ахә ҳаракны ишәшьома шәара Анцәа Иажәа?

«Ишәаҳаз Анцәа иажәа ауаҩытәыҩса ихы иҭҳәаау ак еиԥш акәымкәа, ишәыдышәкылт иара шыҟаз аиԥш, Анцәа иитәу... ажәаны» (1 ФЕССАЛОНИКАА РАХЬ 2:13).

АШӘАҚӘА: 96, 94

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан библиатә лабжьарақәоу ҳцәаныррақәа раанкылара иҳацхраауа?

  • Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова иҽыуардын ԥхьаҟа ицоит ҳәа?

  • Ишԥашәылшо Иегова иорганизациа аҵыхәтәанынӡа шәшадгылоу аашәырԥшыр?

1—3. Ицәырызгар алшози Еводиеи Синтихиеи рыбжьара аилибамкаара, насгьы ишԥалшо ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа рҽырцәыхьчара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ИЕГОВА имаҵзуҩцәа иԥшьоу Анцәа Иажәа, Абиблиа, ахә ҳаракны иршьоит. Ҳара ҳнаӡам аҟынтә, зны-зынла Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа ҳауеит. Ишԥаҳадаҳкыло урҭ? Ҿырԥштәыс иааҳгап актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсиан ҳәсақәа Еводиеи Синтихиеи. Анцәа идоуҳала иалхыз арҭ ақьырсиан ҳәсақәа аимак-аиҿак рыбжьалеит. Еимаркзеи урҭ? Абиблиаҿы уи аӡбахә анӡам, аха ҳхаҿы иааҳгап уи зыхҟьар алшоз.

2 Еводиа афатә хаа лырхиеит, насгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы сасра иаалыԥхьеит. Синтихиа ааԥхьара лырымҭаӡеит. Абар лара илаҳауеит урҭ аамҭа ибзианы ишырхыргаз. Лара илҳәар алшон: «Исызхаҵом Еводиа абас дышсызныҟәаз! Сара сгәы иаанагон ҳаиҩызцәа бзиақәоуп ҳәа». Синтихиа дырҭиизшәа лхы лбоит, лҩызагьы лгәы лыхшәеит, уаҳагьы лыгәра лгаӡом. Усҟан ларгьы Еводиа лҿы иҟаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи сасра иаалыԥхьарц лыӡбоит, аха Еводиа илалҳәаӡом. Еводиеи Синтихиеи ирыбжьалаз аилибамкаара аизараҿы аҭынчра еиланагар алшон. Абиблиаҿы ианӡам анаҩс иҟалаз, аха урҭ аиаҳәшьцәа апостол Павел ириҭаз алабжьара иқәныҟәазар ҟалап (Филиппаа рахь 4:2, 3).

3 Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа иахьагьы аизараҿы аилибамкаарақәа цәырыргар алшоит. Аха Анцәа Иажәа, иану алабжьарақәа урҭ рыӡбара, мамзаргьы зынӡа рҽырцәыхьчара иҳацхраауеит. Иегова Иажәа ахә ҳаракны иаҳшьозар, уа иану амҩақәҵарақәа инарықәыршәаны ҳанхалоит (Аԥсалом 26:11 [27:11, АдҾ]).

АНЦӘА ИАЖӘЕИ ИҲАЗЦӘЫРҴУА АЦӘАНЫРРАҚӘЕИ

4, 5. Иарбан библиатә лабжьарақәоу ҳцәаныррақәа раанкылара иҳацхраауа?

4 Ҳәарада, тәамбашақә, мамзаргьы ииашамкәа иҳазныҟәоит ҳәа ҳгәы ианаанаго, ҳцәаныррақәа раанкылара ҳцәыцәгьоуп. Ҳара ҳгәы ҳнархьыр алшоит ҳашьҭра, ҳцәаԥштәы, ма даҽакала егьырҭ ҳахьреиԥшым азы иҽеимкәа иахьҳазныҟәо. Еиҳа ахьаа ҳзаанагоит ус иҳазныҟәо ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ракәзар. Иарбан библиатә лабжьароу иҳацхраар алшо, ас еиԥш иҟоу ауадаҩра ҳақәшәазар?

5 Иегова ауаа анишаз инаркны дара реизыҟазаашьақәа дрыцклаԥшуеит. Иара ибоит ҳцәаныррақәеи ҳусқәеи. Ииашам ацәаныррақәа ҳазцәырызго ахәыцрақәа ҳзааиуазар, анаҩс ҳзыхьхәуа ак ҳамхаҳәар, ма иҳамхаҟаҵар алшоит. Убри аҟынтә даара ихадоуп иҟәыӷоу абиблиатә лабжьарақәа рықәныҟәара: аҽынкылара аарԥшреи агәаара ахымыццакреи. (Шәрыԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 16:32; Екклезиаст [Экклезиаст] 7:9.) Ҳәарада, ҳара ҳхы аус адаҳулалар ауп зегьы мыцхәы ҳгәы иаҳмырсларц, насгьы егьырҭ гәыҭбаарыла иранаҳажьларц азы. Иеговеи Иисуси рзы даара акраҵанакуеит ҳара егьырҭ иранаҳажьуоу-иранаҳмыжьуоу (Матфеи 6:14, 15). Ижәбома шәара егьырҭ ранажьреи шәцәаныррақәа раанкылареи еиӷьны ишәҵалар шакәу?

6. Избан ҳгәаҿы агәыԥжәара еизҳалартә залҳмыршар акәу?

6 Аҽынкылара змам ауаа лассы-лассы игәымбылџьбарахоит. Уи иахҟьаны егьырҭ дара рҽырцәырыхьчо иалагар алшоит, насгьы аизара иҽеим анырра арҭоит. Зны-зынла ус еиԥш иҟоу ауаа ргәыԥжәареи ирымоу ацәымӷреи анаадмырԥшуа ыҟоуп, аха знымзар-зны уи «ацәгьара аизараҿы ицәырҵуеит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 26:24—26). Иҟалап аизара аиҳабацәа урҭ Анцәа Иажәа иану аилкаараҿы ацхыраара рыҭара рылшар: агәыԥжәареи, ацәымӷреи, агәаареи Анцәа иорганизациаҿы иҟамзар ауп (Алевит [Левит] 19:17, 18; Римаа рахь 3:11—18). Шәақәшаҳаҭума шәара уи?

ИЕГОВА АНАПХГАРА ШҲАИҬО

7, 8. а) Напхгара шԥарзиуеи Иегова ижәлар? б) Иарбан мҩақәҵарақәоу Анцәа Иажәаҿы иану, насгьы избан урҭ ҳрықәныҟәалар зҳахәҭоу?

7 Иегова адгьыл аҿы иҟоу иорганизациа иаҵанакуа ажәлар анапхгареи адоуҳатә фатәи игәрагоу, иҟәышу атәы ила ириҭоит. Уи атәы анапхгара изҭо аизара ахада, Иисус Христос, иоуп (Матфеи 24:45—47; Ефесаа рахь 5:23). Актәи ашәышықәсазы иҟаз анапхгаратә хеилак еиԥш, игәрагоу, иҟәышоу атәы Анцәа идоуҳа зҵоу иажәа, ма иаацҳара, ахә ҳаракны ишьоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 2:13.) Шәааи еилҳаргап ҳара ҳзы Абиблиаҿы иану зыхә ҳараку мҩақәҵарақәак.

8 Абиблиаҿы иануп ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рҭаара шҳахәҭоу (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Уи ҳаанаԥхьоит зыгәра ҳго ирыдҳәалоу азҵаарақәа рганахьала акзаара аарԥшра (1 Коринфаа рахь 1:10). Анцәа Иажәа ҳгәазҭанаҵоит ҳаԥсҭазаараҿы Аҳра аԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара (Матфеи 6:33). Уи адагьы, Абиблиа иаҳнарбоит ҳаҭыр зқәу адҵа шҳаду — ҩнаҭацыԥхьаӡа, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, иара убас иформалтәым аҭагылазаашьақәа рҿы ажәабжь аҳәара (Матфеи 28:19, 20; Аусқәа 5:42; 17:17; 20:20). Анцәа Иажәа аизара аиҳабацәа иднарҵоит аизара ацқьара иацклаԥшларц (1 Коринфаа рахь 5:1—5, 13; 1 Тимофеи иахь 5:19—21). Ҳәарада, Иегова дазыԥшуп иорганизациа иаҵанакуа зегьы цәеижьлеи доуҳалеи ицқьазаауеит ҳәа (2 Коринфаа рахь 7:1).

9. Иҳаиҭада Иисус, Анцәа Иажәа аилкаара дҳацхраарц азы?

9 Шьоукы Абиблиа дара рхала аилкаара рылшоит ҳәа ргәы иаанагоит. Аха Иисус зыгәрагоу, иҟәышу атәы далихит, адоуҳатә фатәы ҳаиҭаларц азы. 1919 шықәса инаркны Иисус Христос уи атәы ила ишьҭанеицәа Анцәа Иажәа аилкаареи уа иану амҩақәҵарақәа рзыӡырҩреи дрыцхраауеит. Убас аизараҿы ацқьареи, аҭынчреи, акзаареи ҳахьчоит. Ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаароуп: «Срықәныҟәома сара Христос иалихиз атәы имҩақәҵарақәа?»

ИЕГОВА ИҼЫУАРДЫН ԤХЬАҞА ИЦОИТ

10. Ишԥахцәажәо Иезекииль ишәҟәаҿы Иегова жәҩантәи иорганизациа?

10 Анцәа Иажәа иҳаилнаркаауеит жәҩантәи иорганизациа шеиҿкаау. Абасала, аԥааимбар Иезекииль Анцәа жәҩантәи иорганизациа ибеит, уи аарԥшын жәҩантәи аҽыуардын ала (Иезекииль [Иезекииль] 1:4—28). Иегова уи аҽыуардын мҩақәиҵоит, насгьы идоуҳа иахьаго ицоит. Иегова иорганизациа жәҩантәи ахәҭа адгьылаҿтәи ахәҭа ианыруеит. Иегова иҽыуардын еснагь ԥхьаҟа ицоит. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса аҩныҵҟа ҳорганизациаҿы имаҷымкәа аԥсахрақәа ыҟан. Урҭ аԥсахрақәа зегьы ҟазҵо Иегова шиакәу шәхашәмыршҭлан. Анцәа иҽыуардын иццакны ԥхьаҟа ицоит — иаарласны Христос иԥшьоу амаалықьцәеи иареи ицқьам ари адунеи ықәыргоит, Иегова закәанла напхгара аҟаҵара азин шимоу шьақәырӷәӷәахоит, ихьӡ ԥшьахоит.

Ҳара хатәгәаԥхарала аргыларатә проектқәа зхы алазырхәуа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит (Шәахәаԥш абзац 11.)

11, 12. Иҟанаҵозеи иахьа Иегова иорганизациа?

11 Шәазхәыц Иегова иорганизациа аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан иҟанаҵо. Аргылара. Шәҩыла аусуҩцәа рхы иамеигӡаӡакәа Уорвик (аштат Ниу-Иорк, Еиду Аштатқәа) иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу русбарҭаҿы аџьабаа рбон. Адунеизегьтәи апроекттә-ргыларатә ҟәша анапхгара аҵаҟа зықьҩыла аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала адунеи зегь аҿы Аҳратә залқәа дыргылоит, насгьы афилиалқәа рырҭбаара рҽаладырхәуеит. Ҳара урҭ рџьабаа азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит! Ишәхашәмыршҭлан, Иегова ахынраалареи азиашареи аарԥшуа хатәгәаԥхаралатәи аҭарала аргыларатә проекткқәа ирыцхраауа Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа дшырзылԥхо (Лука 21:1—4).

12 Арҵара. Ҳара ҳорганизациаҿы атеократиатә рҵара ҳаур ахьҳалшо ашколқәа рацәоуп (Исаиа [Исаия] 2:2, 3). Урҭ рахь иаҵанакуеит Апионертә маҵзура ашкол, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол, Галаад ашкол, Вефиль амаҵ аура иалаго рзы ашкол, Араионтә хылаԥшыҩцәеи урҭ рыҳәсеи рзы ашкол, Аизара аиҳабацәа рышкол, Иԥшьоу амаҵзура ашкол, насгьы Афилиал акомитет иалахәу рыҳәсеи дареи рзы ашкол. Иегова даара бзиа ибоит ижәлар аҵара дырҵара! Иара убас абиблиатә дыррақәа риура иҳацхраауеит ҳофициалтә саит, уа иҟоуп шәкыла абызшәақәа рыла еиҭагоу апубликациақәа. Асаит аҟны иҟоуп аҭаацәарақәеи ахәыҷқәеи рзы аҟәшақәа, иара убас ажәабжьқәа. Шәхы иашәырхәома ҳсаит амаҵзуреи шәҭаацәаратә мҵахырхәареи рҿы?

ИЕГОВА ШӘИЗИАШАЗ, ИОРГАНИЗАЦИА ШӘАДГЫЛАЗ

13. Иарбан ҭакԥхықәроу Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ирыду?

13 Иегова иорганизациаҿы аҟазаара ҳара ҳзы даара ҳаҭыр дууп! Анцәа иҭахрақәеи инормақәеи рдырра аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит — ииашаны ахымҩаԥгареи Иегова иреиҳаӡоу имчра адгылареи. Ари адунеи аҿы ауаа еиҳа-еиҳа агәнаҳа рыҽшарҭогьы, ҳара Иегова иеиԥш ацәгьара ҳцәымӷзар ауп (Аԥсалом 96:10 [97:10, АдҾ]). Ҳара «абзиара цәгьараны, ацәгьара бзиараны» изыԥхьаӡо амцқьацәа ҳарҿыԥшӡом (Исаиа [Исаия] 5:20). Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп аҟынтә, цәеижьлеи, гәаԥхашәалеи, доуҳалеи ацқьара ахьчара ҳҽазаҳшәоит (1 Коринфаа рахь 6:9—11). Иегова бзиа даҳбоит, насгьы аҵыхәтәанынӡа игәра ҳгоит. Ҳара Иегова ҳизиашазарц ҳҭахуп, иара иахь иааҳарԥшуа азиашарагьы Абиблиа иану инормақәа ҳахьрықәныҟәо ианыԥшуеит. Ҳахьыҟазаалакгьы — аҩны, аизараҿы, аусураҿы, ашкол аҿы — урҭ анормақәа ҳрықәныҟәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (Ажәамаанақәа [Притчи] 15:3). Аха ишԥаҳалшо еиҭа Анцәа ҳашизиашоу шьақәҳарӷәӷәар?

14. Ишԥарылшо иқьырсиану аҭаацәа Анцәа иахь азиашара аарԥшра?

14 Ахәыҷқәа рааӡара. Иқьырсиану аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа Иажәа инақәыршәаны ианырааӡо, Иегова иахь азиашара аадырԥшуеит. Уи аҿы Анцәа ицәшәо аҭаацәа иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу аҵасқәа мацара ракәӡам изызхәыцуа. Ари адунеи агәазыҟашьа ақьырсиантә ҭаацәара анырра анамҭалар ауп (Ефесаа рахь 2:2). Аӡы иӡааху ақьырсиан дымхәыцуазар ауп: «Ҳкультураҿы ахәыҷқәа рааӡара зыхәҭоу аҳәса роуп ҳәа иԥхьаӡоуп». Абиблиаҿы еилыкка иануп: «Шәарҭ абацәа, шәыхшара... шәааӡала Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» (Ефесаа рахь 6:4). Анцәа изиашоу аҭаацәа рхәыҷқәа Самуил хәыҷ иеиԥшзар рҭахуп, избанзар уи ианизҳауаз Иегова дицын (1 Самуил [1 Самуила] 3:19).

15. Ишԥаҳалшо Иегова ҳашизиашоу ааҳарԥшыр, ихадоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло?

15 Аӡбарақәа рыдкылара. Иара убас ҳара Анцәа ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит, ихадоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло Анцәа Иажәеи иорганизациеи рҿы ацхыраара ҳаԥшаауазар. Шаҟа ихадоузеи уи? Еилҳаргап аҭаацәа аӡәырҩы зықәшәо имариам ҭагылазаашьак. Даҽа тәылак ахь ииасыз ауаа шьоукы ахшара анроуа, ртәылаҿы инхо рҭынхацәа рахь ирышьҭуеит, избанзар аԥара дырҳалар ауп. Ҳәарада, уи доусы ихала иӡбоит, аха иаҳхаҳмыршҭлар ауп иҳадаҳкыло аӡбарақәа рзы Анцәа аҭак шиаҳҭо. (Шәаԥхьа Римаа рахь 14:12.) Иҟәыӷарахома аҭаацәеи аусуреи ирыдҳәалоу ихадоу аӡбарақәа Абиблиа иану алабжьара ҳазхьамԥшкәа иҳадаҳкылалар? Ҳәарада, мап! Ҳара жәҩантәи Ҳаб ицхыраарада ԥсыхәа ҳамам, избанзар ҳшьаҿақәа ахырхарҭа ҳазрыҭаӡом (Иеремиа [Иеремия] 10:23).

16. Иарбан алхроу иқәыԥшу анык иҟалҵар акәхаз, насгьы илыцхраазеи ииашоу аӡбара адкылара?

16 Даҽа тәылак ахь ииасыз ԥҳәыск аԥа длоуит. Лара илҭахын уи лтәылахь длышьҭырц, иандуи иабдуи драаӡаларц азы. Убри аамҭазы лара Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара далагеит. Уи адоуҳатә қәҿиарақәа ҟалҵеит, насгьы еилылкааит ахәыҷы Иегова имаҵ иуларц азы иааӡара лара уалс ишлыду (Аԥсалом 126:3 [127:3, АдҾ]; Ажәамаанақәа [Притчи] 22:6). Абиблиа иану алабжьара инақәыршәаны, гәык-ԥсык ала Анцәа диҳәон (Аԥсалом 61:8, 9 [62:7, 8, АдҾ]). Лара Абиблиа лзырҵоз аиаҳәшьеи егьырҭ Иегова ишаҳаҭцәеи лҭагылазаашьа рзеиҭалҳәеит. Лҭынхацәеи лҩызцәеи ахәыҷы аҩныҟа длышьҭырц шларҳәозгьы, лара еилылкааит уи шиашам. Лхатә ҩыза аизара ахәыҷи лареи ишреиҷаҳауаз даара иџьеишьеит, уи игәазҭанаҵеит Абиблиа аҵара алагареи аизарақәа рҭаареи. Ҳәарада, уи аԥҳәыс гәык-ԥсык ала иҟалҵаз аҳәара Иегова аҭак шыҟаиҵаз лбеит.

17. Иарбан лабжьарақәоу Абиблиа зҳарҵо рганахь ала иҳаҭаз?

17 Аорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа рықәныҟәара. Ҳара Анцәа ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа ҳахьырзыӡырҩуа алагьы. Еилҳаргап Абиблиа зҳарҵо рганахь ала иҳауа алабжьарақәа. Ҳара иҳабжьаргон: Абиблиа аҵаразы иҟоу ацхыраагӡа хада ала ауаҩы Абиблиа ирҵара ҳалагазар, темак ҳахысцыԥхьаӡа минуҭқәак рыҩныҵҟа ҳорганизациа атәы изеиҭаҳәалатәуп. Уи азы ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит авидеонҵамҭа «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?», насгьы аброшиура «Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?». Уи ацхыраагӡа ҳахысзар, насгьы ауаҩы адоуҳатә қәҿиарақәа ҟаиҵазар, ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» ала аҵара иацаҳҵар ауп. Уи аҟаҵара хадоуп ауаҩы аӡы иҽӡааиххьазаргьы. Иегова иорганизациа абарҭ рҩызцәа амҩақәҵарақәа ҳнаҭоит иҿыцу аҵаҩцәа рыгәрахаҵара ӷәӷәахарц азы (Кәаласаа рахь 2:7). Шәхы иашәырхәома шәара урҭ алабжьарақәа?

18, 19. Иарбан мзызқәоу Иегова аџьшьара иҭаразы иҳамоу?

18 Ҳара Иегова аџьшьара иҭаразы ирацәаны амзызқәа ҳамоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, «ԥсҭазаара ахьҳамоу, ҳахьынеиҭаҵ-ааиҭаҵуа» иара ибзоурала ауп (Аусқәа 17:27, 28). Иара убас иара хәы змам аҳамҭа — Иажәа, Абиблиа, ҳаиҭеит. Фессалоника инхоз ақьырсианцәа реиԥш, Анцәа идоуҳала иҩу иажәа ахә ҳаракны иаҳшьоит (1 Фессалоникаа рахь 2:13).

19 Анцәа Иажәа ацхыраарала ҳара Иегова изааигәахара ҳалшеит, иаргьы даҳзааигәахеит (Иаков 4:8). Жәҩантәи Ҳаб аҳаҭыр ду ҳаҭәеишьеит — иорганизациа ҳахәҭакхеит. Шаҟа рыхә ҳаракны иаҳшьозеи ҳара арҭ азылԥхарақәа! Ҳара аԥсаломшәаҳәаҩ ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит: «Дхьыӡражәга Нцәа Ҳазшаз, избанзар Иара дыбзиоуп, избанзар Иара игәыҳалалра наунагӡа иҟоуп» (Аԥсалом 135:1 [136:1, АдҾ]). Аԥсалом 135 (136, АдҾ) аҿы 26-нтә еиҭаҳәоуп ажәақәа «Иара игәыҳалалра наунагӡа иҟоуп». Иегова иорганизациеи иареи рахь азиашара аарԥшуа, ҳара арҭ ажәақәа шҵабыргыҵәҟьоу агәра ҳгоит, избанзар наунагӡа ҳанхалоит!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра