Аҟәымшәышәра аҟәыӷара иатәуп
Абырг илыдтәалоу Тоньи ашә данас, аԥҳәыс иаалыртит. Уи Тоньи длацәҳаит ибыргыз лан лахь заа дахьымааз азы. Тоньи дшагымхазгьы, иҟалаз аилибамкаара азы уи аԥҳәыс лҿаԥхьа аҭамзаара шьҭалҵеит.
ДАҼАЗНЫГЬЫ убас иҟалеит. Иҟалҵазеи Тоньи? Лара илҳәоит: «Сара имариамыз аҭагылазаашьа сақәшәеит. Уи ииашамкәа ахара сыдылҵон». Аха уеизгьы, Тоньи еиҭа аҭамзаара шьҭалҵеит, насгьы уи аԥҳәыс уажәы шаҟа илцәыцәгьоу шеилылкаауа лалҳәеит.
Шәхы шԥамҩаԥыжәгарыз шәара, Тоньи лҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы? Ишәылшарызма ҟәымшәышәрала аҭак лыҭара? Мамзаргьы аҽынкылара аарԥшра шәцәыцәгьахозу? Ҳәарада, ари аҩыза аҭагылазаашьақәа рҿы аҭынчра аарԥшра мариам. Астресс анҳамоу, ма ҳгәы ԥыржәарц ианашьҭоу, аҟәымшәышәра аарԥшра даара ицәгьоуп.
Ус шакәугьы, Абиблиа ақьырсианцәа аҟәымшәышәра аарԥшра ргәазҭанаҵоит. Анцәа Иажәа ишаҳнарбо ала, уи аҟазшьа ҳара аҟәыӷара шҳамоу аанарԥшуеит. Иаков иҩуан: «Дыҟоума шәара шәыбжьара иҟәыӷоу, акрыздыруа ауаҩԥсы? ус еиԥш иҟоу ауаҩы, их ду беиа ибауа акәымкәа, иҟәыӷара — иаԥсоу ԥсҭазаарала, аус хирқәа рыла иааирԥшааит» (Иак. 3:13). Ишԥеидҳәалоу аҟәымшәышәреи Анцәа иҟәыӷареи? Иҳацхраауазеи ҳара Анцәа игәаԥхо ари аҟазшьа аизырҳара?
АҞӘЫМШӘЫШӘРА ААРԤШРА ЗҞӘЫӶАРОУ
Аҟәымшәышәра аҭынчра ахьчара иуцхраар алшоит. «Ажәа ҭынч агәеибакра ааннакылоит, угәы узырхьуа ажәа агәыԥжәара арҿиоит» (Ажәам. [Прит.] 15:1).
Ҳгәыԥжәара анааҳарԥшуа, аҭагылазаашьа еиҳа еицәаҳтәуеит (Ажәам. [Прит.] 26:21). Иҟәымшәышәу ажәақәа ауаҩы ддырҭынчуеит. Урҭ гәаӷшақә иаҳзыҟоу ауаҩгьы игәы дырԥсаҳәар рылшоит.
Уи ус шакәу Тоньи лхаҭа агәра лгеит. Аԥҳәыс иаалырԥшыз агәыԥжәара Тоньи дшазнеиз анылба, дагьамхаҵәуеит. Лара илҳәеит ирацәаны ауадаҩрақәа зныкала лҟәаҟәа ишықәҳаз. Тоньи Абиблиа аҟынтәи ахәыцрақәа лзеиҭалҳәеит, аԥҳәыс Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит. Уи зегьы зыбзоурахаз Тоньи аҭынчра аарԥшны, хаала лхы ахьымҩаԥылгаз ауп.
Аҟәымшәышәра ҳнасыԥны ҳҟанаҵоит. «Бзазара рымоуп цәгьара злам [мамзаргьы иҟәымшәышәу], урҭ адунеи ртәхоит» (Матф. 5:5).
Избан иҟәымшәышәу ауаа анасыԥ зрымоу? Аҽынкылара змамыз аӡәырҩы ауаа аҟәымшәышәра аарԥшышьа рҵеит, насгьы инасыԥхеит. Урҭ рыԥсҭазаара еиҳа еиӷьхеит, иара убас ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку иссиру агәыӷра роуит (Кәал. 3:12). Урҭ дреиуоуп Адольфо, иара Испаниа раионтә хылаԥшҩыс амаҵ иуеит.
Адольфо еиҭеиҳәоит: «Сара сыԥсҭазаара ҵакыдан. Лассы-лассы сеицрашәон, сыԥсахы анеибакуаз сҩызцәаҵәҟьагьы сыцәшәон. Аҵыхәтәаны шьоуки сареи ҳанеибапҟәоз, фынтә аҳәызба сыларҵеит, усҟан ирацәаны ашьа ахьысцәыӡыз иахҟьаны, сыԥсырц акгьы сыгымхеит».
Уажәы Адольфо егьырҭ аҟәымшәышәра аарԥшышьа дирҵоит, уи аҿы аҿырԥш бзиагьы дирбоит. Уи убас дтатоуп, насгьы дҟәымшәышәуп, ауаа иҩызахара рҭахуп. Адольфо иҳәоит абас еиԥш аҽыԥсахра ахьилшаз даара дшеигәырӷьо. Иара Иегова даара иҭабуп ҳәа иеиҳәоит, аҭынчреи аҟәымшәышәреи раарԥшра дахьицхрааз азы.
Иааҳарԥшуа аҟәымшәышәра Анцәа даргәырӷьоит. «Уҟәышыз, сара сԥа, насгьы сыргәырӷьала, сара аҽыԥныҳәа сызҭо аҭак исҭартә» (Ажәам. [Прит.] 27:11).
Иегова иаӷа цәгьа Аџьныш ҽыԥныҳәа иҭара даҿуп. Шьаҭа имамкәа уи Иегова ихараиҵо аусқәа ирыхҟьаны, Анцәа иԥсахы еибакыр алшон, аха Абиблиаҿы иануп иара агәыԥжәара аарԥшра дахыццакӡом ҳәа (Ақәҵ. [Исх.] 34:6). Ҳара уи аҿы Иегова иҿыԥшра ҳҽазаҳшәозар, ҟәыӷарыла ҳхы мҩаԥаҳгоит, насгьы дҳаргәырӷьоит (Еф. 5:1).
Иахьатәи адунеи аҿы ақәымчреи агәымбылџьбарареи рацәоуп. Зны-зынла ахамаԥагьара иаанахәаз, Анцәа дзырџьо, ацәгьа зҳәо, аҽынкылара змам, игәымбылџьбарақәоу ауаа ҳрықәшәоит (2 Тим. 3:2, 3). Ус ишыҟоугьы, ҳара ақьырсианцәа раҳасабала, аҟәымшәышәра ааҳарԥшлар ауп. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Жәҩан ахьтә уаҩы изылыԥхо аҟәыӷара... хӡырымгарала, ауаҩы ихӡыӡаарала, иххәыцрала... иҭәуп» (Иак. 3:17). Ус анакәха, хӡырымгарала, ауаҩы ихӡыӡаарала ҳныҟәозар, Анцәа иҟәыӷара ҳамоуп. Уи аҩыза аҟәыӷара ааҳарԥшуазар, ҳгәы анԥыржәогьы ҟәымшәышәрала аҭак ҟаҳҵалоит, насгьы ҵҩа змам аҟәыӷара змоу Иегова еиҳа ҳаизааигәахоит.