«Адгьыл зегь Аӡбаҩ» еснагь иашарала ихы мҩаԥигоит
«Иара ацаҟьа даҩызоуп, иусқәа наӡоуп, имҩақәа зегь аиаша-ҵабыргра рыҵоуп» (ҨЫНТӘ. 32:4).
1. Ишԥааирԥши Авраам Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу агәра шиго? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
«ИЛШОМА адгьыл зегь Аӡбаҩ ииашамкәа ихы мҩаԥигар?» (Аҟаз. 18:25). Арҭ ажәақәа рыла Авраам иааирԥшит агәра шиго Иегова Содоми Гоморреи данрықәыӡбо, инаӡоу аиашара шааирԥшуа. Авраам агәра ганы дыҟан Иегова ауаа мцқьақәа анықәиго, аиашақәа шықәимхуа. Иара иҳәеит: «Уи ҟалашьа амам!» 400 шықәса раҟара анҵы Иегова иҳәеит иара изкны Моисеи абарҭ ажәақәа аниҵарц: «Иара ацаҟьа даҩызоуп, иусқәа наӡоуп, имҩақәа зегь аиаша-ҵабыргра рыҵоуп. Иара амцҳәара злам аиашара Анцәа иоуп» (Ҩынтә. 31:19; 32:4).
2. Иабантәаадыруеи Иегова ахаангьы иашамрала ихы шымҩаԥимго?
2 Избан Авраам агәра ганы дзыҟаз Иегова еснагь ииашоу аӡбарақәа шидикыло? Избанзар Иегова аиашара аарԥшраҿы зегь иреиӷьу ҿырԥшуп. Иара инормақәа иашоуп, убри аҟынтә аусқәа еснагь ииашаны иӡбоит. Уи инеиҳангьы, Абиблиа иануп: «Уи аиашеи иашала аӡбареи бзиа ибоит» (Аԥсал. 32:5 [33:5, АдҾ]).
3. Иарбан иашамроу ари адунеи аҿы ауаа зықәшәо? Иаажәга аҿырԥштәы.
3 Шаҟа игәырҭынчгоузеи Иегова аиашара бзиа иахьибо! Аха иахьа адунеи иашамрала иҭәуп. Иаҳҳәап, шьоукы абахҭа иҭаркуеит, иҟарымҵаз ацәгьауразы ахара рыдҵаны. Ус еиԥш иҟаз акгьы зхарамыз ауаа ажәашықәсала абахҭа иҭакын. Аӡбаратә експертиза ҿыц, ДНК анализ, акгьы шырхарамыз анышьақәнарӷәӷәа ауп урҭ рхы ианақәиҭха. Ари аҩыза аиашамра угәы ԥнажәоит, аха иҟоуп аиашамра ақьырсианцәа зыхгара еиҳа ирцәыцәгьоу.
АИЗАРАҾЫ
4. Иԥышәахар шԥалшо ақьырсиан игәрахаҵара?
4 Ақьырсианцәа ибзианы еилыркаауеит ари адунеи аҿы аиашамра иақәшәар шрылшо. Аха ҳагәрахаҵара ԥышәахар алшоит аизараҿы аӡәы ииашамкәа дҳазныҟәазар, мамзаргьы даҽаӡәы уи аҩыза дшақәшәаз ҳбазар. Шәхы шԥамҩаԥыжәго шәара аизараҿы уи аҩыза шәақәшәазар? Иарԥсыҽуама уи шәыгәрахаҵара?
5. Избан изџьашьатәым аизараҿы аиашамра ҳахьақәшәо?
5 Ҳанамӡара иахҟьаны, ҳара зегьы аамҭа-аамҭала агхақәа ҟаҳҵоит аҟынтә, еилаҳкаауеит аизараҿы ииашамкәа иҳазныҟәар, мамзаргьы ҳара егьырҭ ус ҳрызныҟәар шалшо (1 Иоанн 1:8). Уи аҩыза лассы-лассы иҟалом, аха иҟаларгьы, Анцәа изиашоу ақьырсианцәа уи уамашәа ирбаӡом, насгьы ргәы карыжьӡом. Иегова иҳаиҭаз Иажәаҿы иаагоу алабжьарақәа ҳацхраауеит ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аӡәы ҳаниргәаауа Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарц (Аԥсал. 54:13—15 [55:12—14, АдҾ]).
6, 7. Дзықәшәазеи иашьак аизараҿы, насгьы иарбан ҟазшьақәоу ииашаны ахымҩаԥгара ицхрааз?
6 Ҳахәаԥшып аиашьа Вилли Диль дзықәшәаз ахҭыс. 1931 шықәса инаркны иара Берн (Швеицариа) иҟоу Вефиль амаҵ иуан. 1946 шықәсазы иара Ниу-Иорк (Еиду Аштатқәа) Галаад ашкол 8-тәи акласс ахь ааԥхьара иоуит. Ԥыҭрак ашьҭахь Швеицариа раионтә хылаԥшҩыс амаҵ аура идырҵеит. Абар уи ибиографиаҿы ииҩуа: «Маи, 1949 шықәсазы сара Бернтәи афилиал адырра рысҭеит аҭаацәара алалара сгәы ишҭоу». Иоузеи ҭакс? Уи пионерс амаҵ аура ада, имаз аҭакԥхықәрақәа зегь имырхит. Аиашьа Диль иҳәоит ажәахәқәа иманы ақәгылара азин шимамыз, насгьы аизараҿы аӡәырҩы иԥҳәыси иареи аизара иалцазшәа аԥсшәа шрарымҳәоз.
7 Ишԥеихигеи уи аиашьа Диль? Иара иҳәеит: «Ҳара иаҳдыруан Абиблиа инақәыршәаны аҭаацәара алалара азин шыҟоу, убри аҟынтә ҳара Иегова ҳиҳәон, насгьы ҳиқәгәыӷуан, уи ҳгәы арҭынчуан». Аишьцәа аҭаацәара алалара аганахь ала рхәаԥшышьа анырыԥсах, аиашьа Диль иҭакԥхықәрақәа издыргьежьит. Иегова иахь иааирԥшыз азиашара азы иара азылԥхарақәа иоуитa. Ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Убри аҩыза аҭагылазаашьа саргьы сақәшәар, сизыԥшуама Иегова ачҳара аарԥшны, мамзаргьы схы сақәгәыӷны, аҭагылазаашьа ариашара салагоу?» (Ажәам. 11:2; уаԥхьа Михеи 7:7).
8. Избан аиашамра аарԥшын ҳәа ҳгәы иаанагар залшо?
8 Шәара аиашамра шәақәшәазшәа, ма аизараҿы даҽаӡәы уи дақәшәазшәа шәгәы иаанагазар, ишәхашәмыршҭлан, уи ус ишәнарбазар шалшо. Избан? Ҳара ҳнаӡам, насгьы аҭагылазаашьа ииашамкәа еилаҳкаазар алшоит. Иара убас ҳара афактқәа зегь ҳзымдыруазар ауеит. Аха аҭагылазаашьа ииашаны еилаҳкаа-еилаҳамкаа, Иегова ҳиҳәалароуп, ҳиқәгәыӷлароуп, насгьы ҳизиашаны ҳаанхалароуп. Уи ҳацхраауеит Иегова иахь агәынамӡара аамырԥшра. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 19:3.)
9. Иарбан ҿырԥштәқәоу ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы еилҳарго?
9 Шәааи еилҳаргап ажәытәан инхоз Иегова ижәлар рыбжьара иҟалаз аиашамра иазку х-хҭыск. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Авраам имаҭа иԥа Иосиф иҿырԥштәы. Уи иашьцәа рҟынтә агәаҟрақәа дрықәшәеит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова израильтәи аҳ Ахав дышизныҟәаз, насгьы Пиотр сириатәи Антиохиа даныҟаз ихы шымҩаԥигаз. Арҭ аҿырԥштәқәа ҳанрыхцәажәо, Иегова ихәаԥшышьа аиура, насгьы иареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа рыхьчара ишәыцхраауа аурокқәа ралкаара шәҽазышәшәа, еиҳарак ииашамкәа ишәызныҟәеит ҳәа шәгәы ианаанаго.
ИОСИФ ДААРАӠА ИИАШАМКӘА ИЗНЫҞӘЕИТ
10, 11. а) Дзықәшәазеи Иосиф? б) Иарбан лшароу Иосиф ихы иаирхәаз, абахҭа данҭакыз?
10 Иегова изиашаз имаҵзуҩы Иосиф атәымуаа рҟынтә аиашамра дақәшәеит. Аха еиҳагьы игәы изырхьыз иашьцәа гәакьақәа ииашамкәа иахьизныҟәаз ауп. Уи 17 шықәса анихыҵуаз иашьцәа дырӡан, тәыс дырҭиит. Убас иара Мысра днанагеит (Аҟаз. 37:23—28; 42:21). Ԥыҭрак ашьҭахь аԥҳәыс лцәа ԥиҽит ҳәа ахара идҵаны, иус мыӡбаӡакәа абахҭа дҭаркит (Аҟаз. 39:17—20). Иосиф 13 шықәса раҟара тәыс дыҟан, насгьы абахҭа дҭакын. Иҳацхраар шԥалшо Иосиф иҿырԥштәы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәа рҟынтә аиашамра ҳанақәшәо?
11 Иосиф абахҭа дицҭакын афараон иҿы амаҵ зуаз аҩынаҳаҩцәа реиҳабы. Уахык зны аҩынаҳаҩ аԥхыӡ ибеит, уи аԥхыӡ аҵакы Анцәа Иосиф изааиртит. Аҩынаҳаҩ иԥхыӡ иаанагон иҭыԥ ахь дшыгьежьуа, насгьы афараон имаҵ аура еиҭа дшалаго. Аҩынаҳаҩ иԥхыӡ аҵакы иаҳәаны, Иосиф алшара иоуит иус аиҭаҳәара. Иосиф ииҳәаз адагьы, иимҳәазгьы ҳаназхәыцуа иаҳҵо рацәоуп (Аҟаз. 40:5—13).
12, 13. а) Иабантәаадыруеи Иосиф дзықәдыршәаз дшақәшаҳаҭмыз? б) Иеимҳәазеи Иосиф аҩынаҳаҩ?
12 Уаԥхьа Аҟазаара 40:14, 15. Иазгәашәҭ, Иосиф сырӡеит иҳәеит. Ауриатә бызшәала ари ажәа иаанагоит «сырӷьычит». Еилкаауп Иосиф аиашамра дшақәшәаз. Иосиф иҳәеит акгьы ихараӡамкәа абахҭа дышҭаркыз. Убри аҟынтә аҩынаҳаҩ диҳәеит: «Сыӡбахә афараон изеиҭаҳәа». Избан? Иара ихы дақәиҭхар иҭахын.
13 Иаҳҳәар ҳалшома ҳара Иосиф дзықәшәаз дақәшаҳаҭхеит, насгьы ак аԥсахра иҽазимшәеит ҳәа? Ҳәарада, мап! Иара еиликаауан зныкымкәа аиашамра дшақәшәахьаз. Иара ицхраара зылшоз ауаҩы зегь изеиҭеиҳәеит. Иазгәашәҭ Абиблиаҿы дызӷьычыз рыӡбахә аӡәы изеиҭеиҳәеит ҳәа џьаргьы ишаным. Иара убас уи атәы афараонгьы иеимҳәеит. Иашьцәа Мысра ианнеи, насгьы ианинаала, афараон урҭ гәаартыла идикылеит, итәылаҿы инхаларц рыдигалеит, насгьы иҳәеит: «Мысра бзиарас иҟоу зегь шәара ишәтәхоит» (Аҟаз. 45:16—20).
Уҳәан-сҳәан аҭагылазаашьа еицәанатәуеит (Шәахәаԥш абзац 14.)
14. Иҳацхраауазеи, аизараҿы аӡәы ҳаниргәаауа, игәы изырхьуа ажәақәа иамҳәара?
14 Ақьырсиан ииашамкәа изныҟәеит ҳәа игәы иаанагазар, уи иазкны уҳәан-сҳәан аҳәара иҽацәихьчалар ауп. Ҳәарада, агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҵазар, иахәҭоуп аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара аԥшаара, насгьы иҟалаз рзеиҭаҳәара (Алев. 5:1). Аха агәнаҳа уиаҟара иӷәӷәамзар, аӡәгьы иамҳәаӡакәа, узыргәаази уареи шәеинышәар шәылшоит. (Уаԥхьа Матфеи 5:23, 24; 18:15.) Шәааи Анцәа иахь азиашара аарԥшуа, абиблиатә принципқәа ҳхы иархәаны, ас еиԥш иҟоу аилибамкаарақәа ҳаӡбалап. Зны-зынла иаҳбар ҳалшоит аҭагылазаашьа ииашаны ишаҳзеилымкааз, насгьы аиашамра ҳшақәымшәаз. Усҟан ҳара ҳгәы иахәоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи уҳәан-сҳәан рызҳәо, аҭагылазаашьа ахьеицәаҳамтәыз. Иаҳхаҳмыршҭлароуп: ҳиашазаргьы ҳиашамзаргьы, ҳзыргәааз ацәгьа изҳәара аҭагылазаашьа ахаангьы иаӡбаӡом. Иеговеи ҳашьцәеи ҳрызиашаны ҳаанхозар, ҳара ахаангьы ари аҩыза агха ҟаҳҵаӡом. Аԥсаломшәаҳәаҩ «ҽыԥныҳәа змам» ауаҩы изы иҳәеит «цәгьа зымҳәо, гәыкала иҟоу рзы цәгьара зымуа, иҟам-ианым иузааигәоу изызымҳәо» иоуп ҳәа (Аԥсал. 14:2, 3 [15:2, 3, АдҾ]; Иак. 3:5).
АНЦӘЕИ ШӘАРЕИ ШӘЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫХӘ ШӘШЬАЛА
15. Ишԥеизаанагеи Иосиф азылԥхарақәа Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа?
15 Иосифи Иеговеи реизыҟазаашьақәа рҟынтә ихадоу даҽа урокк алҳкаар ҳалшоит. Иуадаҩыз 13 шықәса рыҩныҵҟа Иосиф ихигаз зегьы Иегова ихәаԥшышьала дахәаԥшуан (Аҟаз. 45:5—8). Иара ахаангьы Иегова акгьы ихареиҵомызт. Иосиф дзықәдыршәаз агәаҟрақәа шихамышҭызгьы, уи дгәымбылџьбарамхеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, анамӡареи ауаа ииашам рхымҩаԥгашьеи Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьнахыртә алимыршеит. Иосиф Иегова дизиашаны дахьаанхаз абзоурала, Иегова аиашамра шықәиго, насгьы иҭаацәеи иареи дшырзылԥхо абара алшара иоуит.
16. Избан аиашамра ҳанақәшәо Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалар зҳахәҭоу?
16 Иосиф иеиԥш, ҳаргьы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыхә ҳшьалар ауп, насгьы иҳахьчалар ауп. Ҳара иалҳмыршалар ауп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рынамӡара бзиа иаҳбо, насгьы зымаҵ ҳуа ҳ-Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахыртә (Рим. 8:38, 39). Аизараҿы аӡәы ҳиргәаазар, шәааи Иосиф ҳаиҿыԥшлап — Иегова ҳаизааигәахалап, насгьы аҭагылазаашьа иара ихәаԥшышьала ҳахәаԥшлап. Абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны ауадаҩра аӡбаразы иҳалшо зегь аныҟаҳҵа, аҭагылазаашьа Иегова инапы ианаҳҵар ауп. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова уи аус ианаамҭоу, насгьы игәаԥхара инақәыршәаны ишиӡбо.
«АДГЬЫЛ ЗЕГЬ АӠБАҨ» ИГӘРА ЖӘГАЛА
17. Ишԥаҳалшо «адгьыл зегь Аӡбаҩ» игәра шаҳго ааҳарԥшыр?
17 Ари адунеи аҿы ҳанхонаҵы, ҳара аиашамра ҳақәшәалоит. Зны-зынла шәара аизараҿы аиашамра шәақәшәазшәа, ма ижәдыруа аӡәы уи дақәшәазшәа шәнарбар алшоит. Уи шәыгәрахаҵара иаԥырхагамхааит (Аԥсал. 118:165 [119:165, АдҾ]). Анцәа шәизиашаны шәаанхала, ацхыраара шәиҭарц шәиҳәала, насгьы шәиқәгәыӷла. Ишәхашәмыршҭлан анамӡара иахҟьаны, аҭагылазаашьа ииашамкәа еилышәкаазар, насгьы афактқәа зегь шәзымдыруазар шалшо. Иосиф иҿырԥштәы ишаҳнарбаз еиԥш, уҳәан-сҳәан аҳәара ҳҽацәаҳахьчалар ауп, избанзар уи аҭагылазаашьа еицәанатәуеит. Шәхы шәақәгәыӷны аҭагылазаашьа аӡбара шәаламгакәа, Анцәа шәизиашаны шәаанхала, насгьы ачҳара аарԥшны Иегова зегь аниӡбо шәазыԥшла. Усҟан Иегова Иосиф дшизылԥхаз еиԥш, шәаргьы дышәзылԥхоит. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова, «адгьыл зегь Аӡбаҩ», еснагь ииашаны ихы шымҩаԥиго, избанзар «имҩақәа зегь иашоуп» (Аҟаз. 18:25; Ҩынтә. 32:4).
18. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
18 Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ажәытәан инхоз Иегова ижәлар рыбжьара иҟалаз аиашамра иазку еиҭа ҩ-хҭыск. Урҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит аиашарахь Иегова имоу ахәаԥшышьа ахынраалареи анажьреи ишрыдҳәалоу.
a Шәахәаԥш ноиабр 1, 1991 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» аҿы иану Вилли Диль ибиографиа «Иегова — мой Бог, на которого я уповаю».