Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 август ад. 32
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Сара Иегова итәы соуп!
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 август ад. 32

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан аевангелистцәа Матфеии Лукеи Иисус ииреи ихәыҷреи рыӡбахә шеиҭарҳәо зеиԥшым?

Иисус ииреи ихәыҷреи ирызкны Матфеи еиҭеиҳәо Лука еиҭеиҳәо иеиԥшым, избанзар аҩыџьагьы урҭ ахҭысқәа еиуеиԥшым аганқәа ирыхцәажәоит.

Матфеи дыззаҭгыло Иосиф идҳәалоу ахҭысқәа роуп. Иара еиҭеиҳәоит Иосиф Мариа лцәа лтәымкәа даныҟала аниаҳа ихы шымҩаԥигаз, иԥхыӡ аҿы амаалықь зегь шизеиҭеиҳәаз, насгьы Иосиф амаалықь ииҳәаз дшацныҟәаз (Матф. 1:19—25). Анаҩс Матфеи еиҭеиҳәоит амаалықь Иосиф Мысраҟа дыбналарц шиеиҳәаз, уи уахь иҭаацәеи иареи шцо, даҽа ԥхыӡк аҿы амаалықь Иосиф Израильҟа дхынҳәырц шиеиҳәаз, уи имҩақәҵарақәа дышрықәныҟәаз, насгьы Иосиф Назарет анхара шииӡбаз (Матф. 2:13, 14, 19—23). Матфеи иҟынтә Аевангелие раԥхьатәи ҩ-хык рҿы Иосиф ихьӡ бжьынтәы иаагоуп, Мариа лыхьӡ ԥшьынтә мацара ауп.

Лука еиҳарак дыззаҭгыло Мариа илыдҳәало ауп. Иара еиҭеиҳәоит амаалықь Гавриил Мариа лахь дышнеиз, лыуа Елизавета лахь дышцаз, иара убас Иегова данҳаралкуаз илҳәаз ажәақәа ааигоит (Лука 1:26—56). Уи адагьы, Лука Симеон иажәақәа ааигоит, уи Мариа илеиҳәон Иисус дгәаҟыр шакәхо. Иисус 12 шықәса анихыҵуаз иҭаацәеи иареи ауахәамахь ианца аӡбахә Лука иахьиҳәогьы, Мариа лажәақәа роуп иааиго, Иосиф иажәақәа ракәымкәа. Иара убас Лука иҩуеит усҟан иҟаз ахҭысқәа зегьы Мариа ишылныруаз (Лука 2:19, 34, 35, 48, 51). Лука иҟынтә Аевангелие раԥхьатәи ҩ-хык рҿы Мариа лыхьӡ жәаҩантә иаагоуп, Иосиф ихьӡ хәынтә заҵәык ауп. Убас, Матфеи еиҳарак Иосиф ихәыцрақәеи иусқәеи роуп дыззаҭгыло, Лука Мариа илыдҳәало дазааҭгылоит.

Матфеи иҟынтә Аевангелие аҿы Иисус ишьҭрагьы Лука иҟынтә Аевангелие аҿы иаагоу иеиԥшӡам. Матфеи Иосиф ишьҭра ауп иааигаз, насгьы Иосиф иԥаԥса иеиԥш Иисус Давид иаҳраҭыԥ аанкылара закәанла азин шимоу ааирԥшуеит. Матфеи ишьақәирӷәӷәоит Иосиф аҳ Давид иԥа Соломон ишьҭрала Давид ихылҵшьҭра дшатәыз (Матф. 1:6, 16). Лука Мариа лышьҭра ааигеит, насгьы иааирԥшит Иисус цәеижьла Давид ихылҵшьҭра дшатәыз, ус анакәха Давид иаҳраҭыԥ азин шимаз (Рим. 1:3). Лука иазгәеиҭоит Мариа аҳ Давид иԥа Нафан ишьҭрала Давид ихылҵшьҭра дшатәыз (Лука 3:31). Аха избан Лука Мариа лышьҭраҿы Или иԥҳа шлакәыз зиимҳәо? Избанзар, ишаԥыз еиԥш, ашьҭраҿы ахацәа ракәын иадырбоз. Убри аҟынтә Иосиф Или диԥоуп ҳәа Лука иахьиҳәаз иаанарԥшуан Иосиф Или имаҳә шиакәыз (Лука 3:23).

Матфеии Лукеи рҟынтә Аевангелиеқәа рҿы иаагоу Иисус ишьҭра еилыкка иаанарԥшуеит Иисус Мессиа шиакәыз. Иисус ихылҵшьҭра убас ибзианы ирдыруан аҟынтә, афарисеицәеи асадуккеицәеи уи аҳ Давид дшихылҵшьҭраз мап ацәыркуамызт. Иахьа аҩ-шьҭрак ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы агәра ҳдыргоит Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегьы шынаӡо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра