Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 октиабр ад. 3—10
  • «Бзиа ҳаибабалап... иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Бзиа ҳаибабалап... иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИШАҴӘҞЬОУИ ИИАШАҴӘҞЬАМИ АБЗИАБАРА
  • «ҲУСИ ҲИАШАРЕИ РЫЛА» АБЗИАБАРА ШААҲАРԤШЛАША
  • Абзиабара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 октиабр ад. 3—10

«Бзиа ҳаибабалап... иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла»

«Бзиа ҳаибабалап, ажәа мацарала акәымкәа, бызла акәымкәа, иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла» (1 ИОАНН 3:18).

АШӘАҚӘА: 106, 100

ИШӘГӘАЛАШӘОМА ШӘАРА?

  • Иарбан бзиабара хку егьырҭ иреиҳау?

  • Изакәызеи гәыкалатәи абзиабара?

  • Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳабзиабара гәыкала ишыҟоу?

1. Иарбан бзиабара хку егьырҭ иреиҳау? Иҳаилшәыркаа. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ИИАШОУ апринципқәа шьаҭас измоу абзиабара (агапе),— Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Иара уи Дахыҵхырҭоуп (1 Иоанн 4:7). Ари абзиабара ахкы егьырҭ зегьы иреиҳауп. Ари абзиабарахь иаҵанакуа аишьцыларатә цәанырра ԥхақәа роуп, аха еиҳарак уи убарҭоуп феида иашьҭам, иқьиоу аусқәа рыла. Еилыркаагатә усумҭак ишаҳәо ала, абзиабара ага́пе «ҳгәы зызҭанаҵо аусқәа рыла иааԥшуеит». Ари аҩыза феида иашьҭам абзиабара анааҳарԥшуа, мамзаргьы ҳара ҳахь ианаадырԥшуа, ҳаԥсҭазаара гәырӷьарыла иҭәуеит, насгьы аҵакы аиуеит.

2, 3. Ишԥааирԥши Иегова ауаа рахь феида иашьҭам абзиабара?

2 Иегова ауаа бзиа ишибоз ааирԥшит Адами Евеи ишаанӡа акырӡа шыбжьаз. Иара Адгьыл ишеит, ауаа рзы зеиԥшыҟам наӡаӡатәи аҩны. Уа дара баша анхара адагьы, аԥсҭазаара иалагәырӷьалар рылшон. Уи зыҟаиҵаз ихазы акәӡам, аха ҳара ҳзы ауп. Иара убас феида иашьҭам абзиабара Иегова игәазҭанаҵеит адгьыл аҿы инхало ихәыҷқәа зеиԥшыҟам алшара рыҭара — дара рзы ирхиаз џьанаҭ дгьыл аҿы анхара.

3 Адами Евеи Иегова ианиҿагыла ашьҭахь, иналукаартә иҟоу знеишьала феида иашьҭам абзиабара ааирԥшит. Иара агәра ганы дыҟан урҭ ирхылҵуа шьоукы ибзиабаразы аџьшьара шаадырԥшло, убри аҟынтә раԥхьаҟа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә рхы иақәиҭхарц алшара рымазарц деиҷаҳаит (Аҟаз. 3:15; 1 Иоанн 4:10). Иегова Аиқәырхаҩ даауеит ҳәа аниҳәаз ашьҭахь инаркны аԥсхҭынҵара ҟаҵоуп ҳәа иԥхьаӡон. 4 000 шықәса раҟара рышьҭахь Иегова иԥазаҵә ауаа дриҭеит (Иоанн 3:16). Иегова иааирԥшыз абзиабара ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит.

4. Излоубарҭоузеи инаӡам ауаа феида иашьҭам абзиабара аарԥшра шрылшо?

4 Ҳара Анцәа ҳиеиԥшны ҳшоуп, убри аҟынтә ҳаргьы феида иашьҭам абзиабара аарԥшра ҳалшоит. Иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны уи аҟаҵара еиҳа иаҳцәыцәгьоуп, аха уеизгьы иҳалшоит. Авель Анцәа бзиа дшибоз ааирԥшит феида дашьҭамлакәа, зегь иреиӷьыз уи ианизнеига (Аҟаз. 4:3, 4). Убас еиԥш иҟаз абзиабара Нои игәазҭанаҵеит ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа икәша-мыкәша иҟаз ауаа Анцәа иажәабжь рзеиҭаҳәара, урҭ уи ишазымӡырҩуазгьы (2 Пиотр 2:5). Авраам изы Анцәа иахь абзиабара зегь раасҭа ихадан, насгьы уи усла ишьақәирӷәӷәеит. Иара Анцәа ишидиҵаз еиԥш иԥа Исаак амҭас инагара дазхиан (Иак. 2:21). Ҳара иаҳҭахуп Анцәа изиашаз арҭ ауаа ҳарҿыԥшлар, насгьы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, феида иашьҭам абзиабара ааҳарԥшлар.

ИИШАҴӘҞЬОУИ ИИАШАҴӘҞЬАМИ АБЗИАБАРА

5. Ишԥаҳалшо ҳара ииашаҵәҟьоу абзиабара аарԥшра?

5 Изакәызеи ииашаҵәҟьоу абзиабара? Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Бзиа ҳаибабалап, ажәа мацарала акәымкәа, бызла акәымкәа, иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла» (1 Иоанн 3:18). Иаанагома уи абзиабара жәала иаарԥшлатәӡам ҳәа? Мап (1 Фес. 4:18). Аха абзиабара ари баша ажәа ԥшӡақәа ракәӡам, уи усла иаарԥшлатәуп. Иаҳҳәап, ақьырсианцәа рҟынтә аӡәы ацхыраара иҭаххар, ажәа қьиақәа мацара ихәаӡом (Иак. 2:15, 16). Убас еиԥш, Иеговеи иаҳзааигәоуи рахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит Анцәа ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара еизирҳарц иҳәара адагьы, ҳхаҭагьы ажәабжь бзиа иааиԥмырҟьаӡакәа иаҳҳәаларц (Матф. 9:38).

6, 7. а) Изакәызеи ииашаҵәҟьоу абзиабара? б) Иаажәга ииашаҵәҟьам абзиабара закәу ҳзырбо аҿырԥштәқәа.

6 Апостол Иоанн иҩит «ҳуси ҳиашарылеи рыла» бзиа ҳаибабалароуп ҳәа. Ус акәзар, ҳабзиабара ҩ-цәак ахамзар ауп, мамзаргьы гәыкала иҟазароуп (Рим. 12:9; 2 Кор. 6:6). Ҳабзиабара гәыкала иҟоуп ҳәа узҳәом, ҳазлаҟам ала ҳхы ааҳарԥшуазар, асабрада ҳҿоушәа. Нас иҟоума ҩ-цәак зхоу абзиабара? Ҳәарада, мап. Уи иагьбзиабарам зынӡа, аха акгьы иаԥсам рҩашьагоуп.

7 Еилҳаргап ииашаҵәҟьам абзиабара закәу ҳзырбо аҿырԥштәқәа. Едемтәи абаҳчаҿы Аҩсҭаа Ева длеиҷаҳауашәа ихы мҩаԥигон, аха иусқәа иаадырԥшит ихы мыцхәы бзиа ишибоз, насгьы дшыгьангьашыз (Аҟаз. 3:4, 5). Давид аҳас даныҟаз Ахитофел зыхьӡыз аҩыза диман. Аха Ахитофел ихазы феида дашьҭан, убри аҟынтә Давид диҭиит (2 Сам. 15:31). Убас ҟарҵоит иахьа ихьаҵыз ақьырсианцәа, насгьы аизараҿы акзаара еилазгарц зҭаху егьырҭ ауаа. Дара ауаа бзиа ирбошәа ҟарҵоит, аха «ажәа ԥшӡала, ҩысҭаарала» ргәы иҭоу рҵәахуеит (Рим. 16:17, 18).

8. Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?

8 Ҩ-цәак зхоу абзиабара еиҳарак изцәырԥхашьагоу, уи ауаа ахьаларжьо азоуп. Уи аҩыза «абзиабара» ауаа ажьар алшоит, аха Иегова дузжьаӡом. Иисус иҳәеит агәыҩбацәа даараӡа ишахьырхәхо (Матф. 24:51). Иегова ишаҳаҭцәа, ҳәарада, рыбзиабара ҩ-цәак ахазарц рҭахӡам. Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар бзиан: «Еснагь иаасырԥшуама сара ииашаҵәҟьоу абзиабара? Мамзаргьы уи мыцхәы ахбзиабареи амци аныԥшуоу?» Шәааи еилҳаргап гәыкала абзиабара аарԥшра шҳалшо жә-знеишьак.

«ҲУСИ ҲИАШАРЕИ РЫЛА» АБЗИАБАРА ШААҲАРԤШЛАША

9. Ҳгәы зызҭанаҵозеи ииашаҵәҟьоу абзиабара?

9 Аус қьиақәа ҟашәҵала, уи аӡәгьы игәеимҭаргьы. Аишьцәа рҟынтә аӡәы ацхыраара аниҭаху ҳара уи аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит, ҳхы ӡырымгаӡакәа. (Уаԥхьа Матфеи 6:1—4.) Ананиеи Сапфиреи даҽакала рхы мҩаԥыргеит. Хатәгәаԥхарала аҭара аныҟарҵа, уи зегь ираҳарц азы еиҳаны иҟарҵазшәа амц рҳәеит. Дара иаадырԥшыз агьангьашразы иахьырхәын (Аус. 5:1—10). Ииашаҵәҟьоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит гәырӷьарыла аишьцәа рымаҵ аура, уи аӡәгьы изымдыруазаргьы. Анапхгаратә хеилак адоуҳатә фатәы архиараҿы ирыцхраауа аишьцәа рхы ӡырыргом, насгьы аус здыруло егьырҭ ирарҳәаӡом.

10. Ишԥаҳалшо егьырҭ ҳаҭыр рықәаҳҵалар?

10 Егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала. (Уаԥхьа Римаа рахь 12:10.) Иисус егьырҭ ҳаҭыр рықәаҳҵалар шҳалшо аганахь ала аҿырԥштәы ҳаиҭеит. Иара уиаҟара ҳаҭыр зқәымыз адҵақәа наигӡон (Иоанн 13:3—5, 12—15). Ус еиԥш иҟоу ахынраалара аизырҳаразы имаҷымкәа аџьабаа батәуп. Апостолцәагьы иԥшьоу адоуҳа роуаанӡа зны-зынла Иисус ихымҩаԥгашьа рзеилкаауамызт (Иоанн 13:7). Ҳара егьырҭ ҳаҭыр рықәаҳҵоит иҳамоу аҵареи, амазареи, ма Иегова иорганизациаҿы иҳамоу аҭакԥхәықәрақәа егьырҭ ҳреиӷьыртәуеит ҳәа ҳмыԥхьаӡозар (Рим. 12:3). Аӡәы ддырҽхәозар уи иҵашьыцра аҭыԥан ҳиеигәырӷьалоит, ҳаргьы уи ҳиеиҵамкәа арҽхәара ҳаԥсоуп ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы.

11. Избан арҽхәара гәыкала иҟазар захәҭоу?

11 Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи гәыкала ишәырҽхәала. Аӡәы ирҽхәаразы алшара ҳамазар уи ҳаҩҳмыжьлароуп, избанзар Абиблиа иаҳәоит ус еиԥш иҟоу ажәақәа ауаҩы игәы шьҭнахуеит ҳәа (Еф. 4:29). Аха аӡәы дҳарҽхәозар, иаҭаху алабжьара иаҳҭарц азы феидак ҳашьҭамкәа гәыкала иҟаҳҵалароуп (Ажәам. 29:5). Гьангьашрахон ауаҩы дырҽхәаны анаҩс ианимаҳауа дҳарџьалар. Апостол Павел ахаан ус ҟаиҵомызт. Иара егьырҭ анирҽхәоз, ииашаҵәҟьоу абзиабара ааирԥшуан. Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа асаламшәҟәы рзиҩит, уа иара урҭ гәыкала ирҽхәон (1 Кор. 11:2). Аха коринфаа зегь рыла ииашаны рхы мҩаԥыргомызт. Павел уи иаартны, аха убри аамҭазгьы ирхааны иреиҳәеит (1 Кор. 11:20—22).

Ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа, ҳара абзиабареи агәыҳалалреи ааҳарԥшуеит (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ишԥеидҳәалоу ииашаҵәҟьоу абзиабареи асасдкылареи?

12 Асасдкылара аашәырԥшла. Иегова иҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь агәыҳалалра ааҳарԥшларц. (Уаԥхьа 1 Иоанн 3:17.) Аха уи феида алымгакәа, гәыкала иааҳарԥшлароуп. Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Еиҳарак аҩныҟа иаасыԥхьоу аизараҿы ихаданы исыԥхьаӡо, исзааигәоу сҩызцәа, ма ак сыҭара зылшо ауаа роума? Мамзаргьы исзымдыруа, ма ак сыҭара злымшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахьгьы асасдкылара аасырԥшуоу?» (Лука 14:12—14). Иҟаҳҵар ҳалшозеи ақьырсианцәа рҟынтә аӡәы аҟәыӷара ахьааимырԥшыз азы ацхыраара иҭаххазар, мамзаргьы иара иахь иааҳарԥшыз асасдкыларазы иҭабуп ҳәа имҳәазар? Усҟан абиблиатә лабжьара ақәныҟәара ахәҭоуп: «Асасдкылара шәылаз, абри аамҭазы шьоукы рымаҵ ахьыжәуа гәамҵрак азыҟамҵакәа» (1 Пиотр 4:9). Егьырҭ ҳанрыцхраауа ииашоу агәазыҟашьа ҳамазар, уи анасыԥ ҳзаанагалоит (Аус. 20:35).

13. а) Ианбаҳҭаххар алшо еиҳаны ачҳара? б) Иҟаҳҵар ҳалшозеи, иԥсыҽу ҳрыцхраарц азы?

13 Иԥсыҽу шәрыцхраала. Абиблиатә лабжьара «Лшара змам, аԥсыҽқәа, гәыгәҭышәмыжьын, зегьы рышҟа ахачҳара аашәырԥшла» шаҟа гәыкала абзиабара ааҳарԥшуа аилкаара иҳацхраауеит (1 Фес. 5:14). Доуҳала иԥсыҽу рҟынтә аӡәырҩы аамҭак ашьҭахь рыгәрахаҵара дырӷәӷәоит, аха шьоукы анаҩсгьы ачҳара аарԥшны ирыцхраалатәуп. Ҳара иҳалшоит урҭ ргәы шьҭызхша Абиблиа аҟынтә азхәыцрақәа дырбара, ажәабжьҳәара иҳаццарц рыдгалара, мамзаргьы ус баша ҳтәаны ҳарзыӡырҩыр ауеит. Аха убри аамҭазгьы ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи «иԥсыҽу» «иӷәӷәоу» ҳәа еилаҳамхлароуп, избанзар ҳара зегьы ҳахьыӷәӷәоуи ҳахьыԥсыҽуи аганқәа ыҟоуп. Апостол Павел еиуеиԥшым аганқәа рҿы дшыԥсыҽыз иҳәон (2 Кор. 12:9, 10). Убри аҟынтә ҳара зегьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхыраара ҳҭахуп.

14. Иарбан ҽазышәарақәоу иҟаҳҵалар ҳахәҭоу, ҳашьцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьазарц азы?

14 Аҭынчра ахьчара шәҽазышәшәала. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп ҳашьцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьазарц азы, ииашаны ҳаилырымкааит ма ииашамкәа иҳазныҟәеит ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы. (Уаԥхьа Римаа рахь 12:17, 18.) Аӡәы дҳаргәаазар, уи иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҳҵар ауп, аха уи гәыкала иҟаҵатәуп. Иаҳҳәап, ус баша «Сгәы иалоуп ус ахьыҟалаз» аҳәара аҭыԥан, шәара ишәылшоит иҟалаз азы ахара шәаргьы ишшәыду шақәшаҳаҭхар, насгьы ишәҳәар: «Саҭамыз сажәақәа рыла угәы ахьынсырхаз». Аҭынчра ахьчара еиҳараӡак ихадоуп хаҵеи-ԥҳәыси рзы. Ииашахомызт дара ауаа рҿаԥхьа анасыԥ рымоушәа рхы аадырԥшлар, аха аӡәгьы ианиимбо имеицәажәалар, улазырҟәуа ажәақәа рхы иадырхәалар, мамзаргьы ақәымчра аадырԥшлар.

15. Ишԥаҳалшо егьырҭ гәыкала ишранаҳажьуа ааҳарԥшыр?

15 Гәыкала ишәанеибажьла. Аӡәы ҳиргәаар, ҳара уи ианаҳажьуеит, насгьы игәаӷ ҳкӡом. «Хачҳарала шәеизыҟаз, бзиа шәеибабала... шәашьҭаз доуҳала аҟазаареи аҭынчреи ракзаара» ҳәа Абиблиа иану алабжьара ҳақәныҟәалар, ҳара ҳгәы шаҳдырхьыз зызгәамҭогьы гәыкала иранаҳажьлоит (Еф. 4:2, 3). Абзиабара «ицәгьахәыцуам», убри аҟынтә гәыкала иранаҳажьларц азы ҳгәы ҳзырхьыз иҟаиҵаз ҳгәаламшәалар ауп (1 Кор. 13:4, 5). Аӡәы игәаӷ анышьҭаҳхуа, ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҿы адагьы, Иегова иҿгьы аизыҟазаашьа бзиақәа ҳцәыӡыр алшоит (Матф. 6:14, 15). Ҳгәы ҳзырхьуа рзы Анцәа ҳиҳәозар, уи ала гәыкала ишранаҳажьыз ааҳарԥшлоит (Лука 6:27, 28).

16. Ҳашԥарзыҟазар ахәҭоу Иегова имаҵ аураҿы ҳаҭыр зқәу адҵақәа?

16 Шәхатә интересқәа мап рыцәкра шәазхиаз. Иегова имаҵ аураҿы иҳамоу ҳаҭыр зқәу адҵақәа алшара ҳарҭоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳабзиабара шиашаҵәҟьоу ашьақәырӷәӷәара, насгьы «даҽа шьоукы ирыхәашагьы» аҟаҵара (1 Кор. 10:24). Иаҳҳәап, аконгрессқәа ахьымҩаԥысуа азалқәа рҿы амҩақәҵаҩцәа азал иҩналоит, аконгресс иаҭаауа ҩналаанӡа. Аха дара рхазы ма рҭаацәара рзы иреиӷьу аҭыԥқәа ныркыларц иалагаӡом. Уи аҭыԥан дара лассы-лассы урҭ аҭыԥқәа егьырҭ рзы инрыжьуеит. Амҩақәҵаҩцәа ринтересқәа мап рцәыркуеит, избанзар феида иашьҭам абзиабара аадырԥшуеит. Иҳалшома ҳара урҭ рҿыԥшра?

17. Игәызызҭанаҵозеи ииашаҵәҟьоу абзиабара агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсиан?

17 Агәнаҳа шыҟашәҵаз шәҳәала, насгьы уаҳа иҟашәымҵалан. Зны-зынла ақьырсианцәа агәнаҳа ӷәӷәа аныҟарҵо, иахьыԥхашьо ма егьырҭ ргәы рдырхьыр ахьырҭахым азы иҟарҵаз рҵәахуеит (Ажәам. 28:13). Аха ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа абзиабара зынӡа иузадкылом, избанзар агәнаҳа ҟазҵаз идагьы, егьырҭ аԥхасҭа рзаанагоит. Уи иахҟьаны аизара зегь Анцәа идоуҳаи аҭынчреи ацәыӡыр алшоит (Еф. 4:30). Ииашаҵәҟьоу абзиабара агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз игәазҭанаҵоит аизара аиҳабацәа ацхыраара ирҭарц рыҳәара (Иак. 5:14, 15).

18. Шаҟа ихадоузеи ииашаҵәҟьоу абзиабара?

18 Абзиабара — зегь иреиҳау ҟазшьоуп (1 Кор. 13:13). Абзиабара ҳамазар, ҳара иааҳарԥшлоит Христос ҳашишьҭанеиуа, насгьы Иегова, абзиабара Ахыҵхырҭа, ҳшиҿыԥшуа (Еф. 5:1, 2). Павел иҩуан: «Абзиабара сыламзар — сызлаҟақәоу зегьы башоуп, акгьы саԥсам» (1 Кор. 13:2). Шәааи анаҩсгьы егьырҭ бзиа иаҳбалап ажәала мацара акәымкәа, «иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла»!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра