Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ианвар ад. 14—19
  • Ишԥашәыхьчари шәгәы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥашәыхьчари шәгәы?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «АГӘЫ» — ИАҴАНАКУАЗЕИ УИ?
  • АҨСҬАА ҲГӘЫ АБЖЬЫХРА ИҼШАЗИШӘО
  • ИШԤАҲАЛШО ҲГӘЫ АХЬЧАРА?
  • ШӘҶАԤШЬАЛА
  • Уаӷа ибзианы дудыруаз
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • «Ихьчала угәы»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Шәлахҿыхыз! Аҩсҭаа шәылбааидарц иҭахуп
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Анырра азҭода шәара шәхәыцшьа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ианвар ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 3

Ишԥашәыхьчари шәгәы?

«Зегь раасҭа ихьчалатәу рҟынтәи ихьчала угәы» (АЖӘАМ. 4:23).

АШӘА 36 «Ихьчала угәы»

АХҲӘААa

1—3. а) Бзиа дзибози Иегова Соломон, насгьы иарбан зылԥхарақәоу уи ииҭаз? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго ари астатиаҿы?

СОЛОМОН Израиль аҳас даныҟалаз даара дқәыԥшын. Аҳра аура даналага Иегова уи иеиҳәеит: «Иҳәа иусҭарц иуҭаху». Ҭакс Соломон иҳәеит: «Сара макьана сқәыԥшуп, насгьы аԥышәа сымам. [...] Убри аҟынтә иҭ умаҵзуҩы аӡырҩра аазырԥшуа агәы, ужәлар русқәа рыӡбаразы» (1 Аҳ. 3:5—10). «Аӡырҩра аазырԥшуа агәы» — шаҟа ахынраалара илази Соломон! Убри азоуп Иегова уи бзиа дзибоз! (2 Сам. 12:24). Анцәа иқәыԥшыз аҳ иҟаиҵаз аҳәара даараӡа игәы иахәеит, убри аҟынтә иара Соломон ииҭеит аҟәыӷареи аилкаареи злаз агәы (1 Аҳ. 3:12).

2 Соломон Иегова дизиашанаҵы меигӡарахда азылԥхарақәа иоуан. Иара «Израиль Анцәа Иегова» изы ауахәама аргылара иаҭәашьан (1 Аҳ. 8:20). Иара убас Анцәа иҟынтә иоуз аҟәыӷара абзоурала иара зегьы деицырдыруан. Уи инеиҳангьы, Анцәа идоуҳа абзоурала иара Абиблиа иахәҭакхаз х-шәҟәык иҩит. Урҭ ашәҟәқәа руак Ажәамаанақәа ахьӡуп.

3 Ажәамаанақәа рҿы ажәа «агәы» шәынтә раҟара иуԥылоит. Иаҳҳәап, Ажәамаанақәа 4:23 рҿы иануп: «Зегь раасҭа ихьчалатәу рҟынтәи ихьчала угәы». Иаҵанакуазеи ари ажәеинраалаҿы ажәа «агәы»? Ари астатиаҿы уи азҵаара аҭак ҳауеит. Иара убас еиҭа ҩ-зҵаарак рҭак еилҳаргоит: иҽшԥазишәо Аҩсҭаа ҳгәы абжьыхра? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳгәы ҳахьчарц азы? Аҵыхәтәанынӡа Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарц азы ҳара ихадоу арҭ азҵаарақәа рҭак ҳдыруазар ауп.

«АГӘЫ» — ИАҴАНАКУАЗЕИ УИ?

4, 5. а) Ишԥаҳацхраауеи Аԥсалом 51:6 ажәа «агәы» иаҵанакуа аилкаара? б) Избан ҳгәы ҳахьчалар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

4 Ажәамаанақәа 4:23 рҿы ажәа «агәы» иаҵанакуа «ауаҩы игәаҭа», мамзаргьы «игәаҵа» ауп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 51:6.) Даҽакала иаҳҳәозар, ажәа «агәы» иаанарԥшуеит ҳгәаҵаҿы иҵәаху ахәыцрақәеи, ацәаныррақәеи, ҳмотивқәеи, ҳгәазыҳәарақәеи. Уи иаҵанакуа ауаа ҳшырбо акәӡам, аха ҳзеиԥшраҵәҟьоу ауп.

5 Ҳгәаҭа зеиԥшроу ацклаԥшра шаҟа ихадоу еилаҳкаарц азы еилҳаргап ҳгәабзиара иадҳәалоу ҿырԥштәык. Актәи, ҳара агәабзиара ҳамазар ҳҭахызар, ихырҳагоу афатә ҳфалар, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа абаҩрҵәыра ҟаҳҵалар ауп. Убас еиԥшҵәҟьа ҳдоуҳатә гәабзиара ӷәӷәазарц ҳҭахызар, иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи ҳрыԥхьалар, насгьы ҳагәрахаҵара усла ишьақәҳарӷәӷәалар ауп. Еилаҳкаауа ҳхы ианаҳархәо, насгьы уи егьырҭ ианырзеиҭаҳҳәо ҳагәрахаҵара шыӷәӷәо ааҳарԥшуеит (Рим. 10:8—10; Иак. 2:26). Аҩбатәи, ауаҩы дыԥшӡазар, ҳахьихәаԥшуа агәабзиара имоуп ҳәа ҳгәы иаанагар ауеит, аха иара чымазарак имазар алшоит. Убас еиԥш, адоуҳатә усқәа ирацәаны аамҭа рзаҳкуазар, ҳагәрахаҵара ӷәӷәоуп ҳәа ҳгәы иаанагозар ауеит, аха иҳазгәамҭаӡакәа ҳгәаҿы иҽеим агәазыҳәарақәа ирызҳауазар алшоит (1 Кор. 10:12; Иак. 1:14, 15). Ҳара ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлар ауп Аҩсҭаа иара иеиԥш ахәыцра ҳалагар шиҭаху. Иҽшԥазишәо иара уи аҟаҵара? Насгьы иԥшаҳалшо ҳара ҳхы ахьчара?

АҨСҬАА ҲГӘЫ АБЖЬЫХРА ИҼШАЗИШӘО

6. Иарбан хықәку Аҩсҭаа имоу, насгьы дышԥашьҭоу иара уи анагӡара?

6 Аҩсҭаа иҭахуп иара ҳиеиԥшхарц — Иегова ҳаиҿагыларц, инормақәа ҳрықәымныҟәаларц, ҳхы мацара ҳазхәыцларц. Иара иҭахуп иара иеиԥш ҳхәыцларц, насгьы ҳхы мҩаԥаҳгаларц, аха уи ҳарҟаҵара илшом. Убри аҟынтә иара ихықәкы наигӡарц азы егьырҭ азнеишьақәа ихы иаирхәоит, иаҳҳәап, инырра аҵаҟа иҟоу ауаа (1 Иоанн 5:19). Иара дгәыӷуеит ҳара урҭ аамҭа рыцыхгара ҳалагоит ҳәа, уи ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи бжьнахыр шалшо шаҳдыруагьы (1 Кор. 15:33). Аҳ Соломонгьы ихьыз убри ауп. Иара амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз аҳәса рацәаны иааигеит, урҭ анырра ӷәӷәа ирҭеит, убри аҟынтә хәыҷы-хәыҷла игәы Иегова ицәхьаҵит (1 Аҳ. 11:3).

Ишԥашәылшо Аҩсҭаа инырра аҟынтә шәгәы ахьчара? (Шәахәаԥш абзац 7.)c

7. Ихы иаирхәозеи Аҩсҭаа еиҭа, иара иеиԥш ахәыцра ҳалаиргарц азы, насгьы избан агәҽанызаара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

7 Аҩсҭаа ауаа иара иеиԥш ахәыцра иалаиргарц азы афильмқәеи ателедырраҭарақәеи ихы иаирхәоит. Иара идыруеит ауаа зықәшәо ахҭысқәа рзыӡырҩра шаҳгәаԥхо, насгьы урҭ ҳгәы арҿыхара адагьы, ҳхәыцшьеи, ҳцәаныррақәеи, ҳусқәеи ишырныруа. Иисус ауаа аҵабырг андирҵоз еиуеиԥшым ахҭысқәа еиҭеиҳәон. Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит Самариа иатәыз ақьиара аазырԥшыз ахаҵа изку ажәамаанеи иҟьалаз аԥа изку ажәамаанеи (Матф. 13:34; Лука 10:29—37; 15:11—32). Аха Аҩсҭаа анырра зиҭо ауаа еиҭарҳәо ахҭысқәа ҳара анырра бааԥс ҳарҭар алшоит. Ҳәарада, афильмқәеи адырраҭарақәеи ицәгьоу ак рыламзаргьы ауеит. Аха уеизгьы агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп. Ҳазхәаԥшыша анаҳаӡбо, ҳхы ҳазҵаалар ауп: «Иснарҵома ари афильм, мамзаргьы адырраҭара сцәеижьтә гәазыҳәарақәа рыҽрыҭара цәгьарак аҵам ҳәа?» (Гал. 5:19—21; Еф. 2:1—3). Ус акәзар, уи ачымазара ҿкы еиԥш шәҽацәышәыхьчала, избанзар убасала Аҩсҭаа шәхәыцшьа данырыр алшоит.

8. Ишԥарыцхраар алшо аҭаацәа рхәыҷқәа ргәы ахьчара?

8 Аҭаацәа, шәара шәхәыҷқәа шәыхьчалароуп, Аҩсҭаа урҭ ргәы абжьыхра илымшарц азы. Уи иҷыдоу ҭакԥхықәроуп. Ҳәарада, шәара шәхәыҷқәа чмазҩымхарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵоит. Иаҳҳәап, есымша шәыҩны еилшәыргоит, насгьы шәхәыҷқәа ирԥырхагахар алшо зегь ықәыжәгоит. Убас еиԥш шәара шәхәыҷқәа шәыхьчалароуп Аҩсҭаа ихәыцшьа зныԥшуа афильмқәеи, адырраҭарақәеи, аелектронтә хәмаррақәеи, асаитқәеи рҟынтә. Иегова аҭакԥхықәра ду шәыдиҵеит — шәара ишәыхәҭоуп шәхәыҷқәа иара иҩызцәахартә еиԥш рыцхраара (Ажәам. 1:8; Еф. 6:1, 4). Убри аҟынтә шәхәыҷқәа рзы Абиблиа шьаҭас измоу аԥҟарақәа рышьақәыргылара шәымшәалан. Ирашәҳәа урҭ зхәаԥшлар ҟало, насгьы иҟамло. Идеилшәыркаа уи аҩыза аԥҟарақәа зышьақәшәыргылаз (Матф. 5:37). Шәхәыҷқәа ирызҳацыԥхьаӡа Иегова инормақәа инарықәыршәаны ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа дшәырҵала (Аур. 5:14). Иара убас ишәхашәмыршҭлан дара ирашәҳәо аасҭа идшәырбо аҿырԥштәы еиҳа ишырныруа (Ҩынтә. 6:6, 7; Рим. 2:21).

9. Ҳгәы зызҭеиҵозеи Аҩсҭаа, насгьы изшәарҭоузеи уи?

9 Аҩсҭаа иара убас иҭахуп ҳара Иегова иаҳирҵо акәымкәа, ауаа ирҳәо еиҳа ҳазхәыцларц (Кәал. 2:8). Иаҳҳәап, иара ауаа ргәазҭеиҵоит амал арҳара зегь раасҭа ихадоуп ҳәа ихәыцларц. Ус ихәыцуа ауаҩы амал ирҳаргьы алшоит, аха измырҳаргьы алшоит. Изырҳаргьы, измырҳаргьы уи шәарҭоуп. Избан? Избанзар иара иԥсҭазаара зегь амал арҳара иазикуеит, насгьы уи азы игәабзиареи, иҭаацәареи, Анцәеи иареи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи ашәарҭара иҭаиргылоит (1 Тим. 6:10). Ҳара аҟәыӷара злоу жәҩантәи Ҳаб иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, аԥара ииашаны азыҟазаара дахьҳацхраауа азы (Еккл. 7:12; Лука 12:15).

ИШԤАҲАЛШО ҲГӘЫ АХЬЧАРА?

Ажәытәан инхоз аҷаԥшьаҩцәеи агәашәхьчаҩцәеи реиԥш шәҷаԥшьала, насгьы иҽеим анырра аҟынтә шәгәы шәыхьчала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)d

10, 11. а) Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара ҳгәы ҳахьчаларц азы? б) Иарбан усу инаигӡоз аҷаԥшьаҩы, насгьы излаиеиԥшузеи ҳаламыс уи?

10 Ҳгәы ҳахьчаларц ҳҭахызар, ашәарҭара иаразнак игәаҳҭалар, насгьы аамҭа мгакәа уи ҳхы ацәаҳахьчалар ауп. Ажәамаанақәа 4:23 рҿы «ихьчала» ҳәа иаагоу ажәа иаҳгәаланаршәоит аҷаԥшьаҩы инаигӡоз аус. Аҳ Соломон ихаан аҷаԥшьаҩы ақалақь аҭӡамцқәа рҿы дҷаԥшьон, ауаа ашәарҭара шыҟоу рылеиҳәаларц азы. Ари аҿырԥштәы иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа ҳгәы абжьыхра илымшарц азы иҟаҳҵалар акәу.

11 Ажәытәан аҷаԥшьаҩцәа агәашәқәа зыхьчози дареи рыжәҩахыр еибыҭаны аус еицыруан (2 Сам. 18:24—26). Аӷацәа анааигәахоз дара ақалақь агәашәқәа адыркларц иацклаԥшуан, убас ала ақалақь рыхьчон (Неем. 7:1—3). Абиблиа ала иҳааӡо ҳаламысb аҷаԥшьаҩы иеиԥш ҳгәаҳҽаннаҵоит Аҩсҭаа ҳгәы абжьыхра данашьҭоу, даҽакала иаҳҳәозар, ҳхәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳмотивқәеи, ҳгәазыҳәарақәеи рнырра иҽаназишәо. Ҳаламыс ашәарҭара шыҟоу анҳаҵанаҳәо, ҳара иаразнак уи ҳҽацәаҳахьчарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп.

12, 13. Иарбан гәаҳәароу иҳазцәырҵыр алшо, аха ишԥаҳалшо уи аиааира?

12 Шәааи еилаҳкаап Аҩсҭаа ҳгәы абжьыхра илҳмыршар шҳалшо ҳзырбо ҿырԥштәык. Анцәа Иажәа иануп: «Шәара шәыҩнуҵҟа акалҭбааԥсра, ахәымгарақәа... ҭыԥ рымамзароуп» (Еф. 5:3). Аха иҟаҳҵозеи аус ҳацызуа, мамзаргьы аҵара ҳацызҵо ицқьам ахымҩаԥгашьа иазкны ацәажәарақәа цәырыргозар? Ҳара иаҳдыруеит адгьылтә гәаҳәарақәеи амцқьареи мап рыцәкра шҳахәҭоу (Тит 2:12). Ҳҷаԥшьаҩы, мамзаргьы ҳаламыс, ашәарҭара шыҟоу ҳаҵанаҳәар ауеит (Рим. 2:15). Аха ҳазыӡырҩуама уи ҳара? Уи аҭыԥан ҳара иаҳҭаххар алшоит ҳақәлацәа рзыӡырҩра, мамзаргьы иаҳдырбо асахьақәа рыхәаԥшра. Аха убасҟан иаамҭоуп ақалақь агәашәқәа рыркра, даҽакала иаҳҳәозар, атема аԥсахра, мамзаргьы зынӡа наҟ ацара.

13 Ҳақәлацәа рхәыцшьа рҿаҳамҵаарц, насгьы иҽеим русқәа ҳарҿымԥшларц азы агәымшәара аҭахуп. Аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳҽазышәарақәа шибо. Иара Аҩсҭаа ихәыцшьа аҿагыларазы амчи аҟәыӷареи ҳаиҭоит (2 Аш. 16:9; Ис. 40:29; Иак. 1:5). Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара еиҭа ҳгәы ҳахьчарц азы?

ШӘҶАԤШЬАЛА

14, 15. а) Иҟаҳҵар акәзеи ҳгәы ааҳартырц азы, насгьы ишԥаҟаҳҵари уи? б) Ишԥаҳацхраауеи Ажәамаанақәа 4:20—22 Абиблиа аԥхьара еиҳаны ахәарҭа алхра? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Абиблиа шәанаԥхьо, уи шәазхәыцлар шшәылшо».)

14 Ҳгәы ҳахьчарц азы ҳара уи иҽеим анырра амаиурц азы аркра адагьы, анырра бзиа аиурц азы иааҳартлароуп. Иаҳгәалаҳаршәап еиҭах ақалақь аҭӡамцқәа. Аӷа ақалақь даназааигәахоз агәашәқәа зыхьчоз урҭ аиркуан. Аха афатәи егьырҭ амаҭәарқәеи ақалақь ианҭаргалоз иара урҭ ааиртуан. Ақалақь агәашәқәа ахаангьы иаадмыртуазҭгьы, ауаа зегьы амла иагон. Убас еиԥш ҳаргьы Анцәа ихәыцшьа еилаҳкааларц азы ҳгәы ааҳартлароуп.

15 Иегова ихәыцшьа Абиблиа иануп, убри аҟынтә уи ҳанаԥхьо, Иегова ихәыцшьа ҳхәыцшьеи, ҳцәаныррақәеи, ҳусқәеи ирнырлартә алҳаршоит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Абиблиа аԥхьара еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы? Даараӡа ихадоуп Анцәа иҳәара. Иаҳәшьак илҳәоит: «Абиблиа аԥхьара салагаанӡа сара Иегова сиҳәоит Иажәа иану аус џьашьахәқәа рбара дсыцхраарц азы» (Аԥсал. 119:18). Уи адагьы ҳара ҳзыԥхьо ҳазхәыцлар ауп. Анцәа ҳаниҳәо, Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа, ҳзыԥҳьо ҳгәаҵанӡа инеиуеит, уи абзоурала иара инормақәеи ипринципқәеи бзиа рбара ҳалагоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 4:20—22; Аԥсал. 119:97).

Абиблиа шәанаԥхьо, уи шәазхәыцлар шшәылшо

Абиблиа шәанаԥхьо абарҭ азҵаарақәа шәхы иашәҭала:

  • Исеилнаркаауазеи сзыԥхьаз Анцәа Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари ацыԥҵәаха Абиблиа ихадоу атема?

  • Ишԥасылшо еилыскааз схы иасырхәар?

  • Схы иасырхәар шԥасылшо арҭ ажәеинраалақәа егьырҭ срыцхраарц азы?

16. Хәарҭас иаҳзаанагозеи JW Broadcasting? Иаажәга аҿырԥштәы.

16 Анцәа ихәыцшьа иҿаҳҵааларц ҳҭахызар, ҳара иара убас JW Broadcasting® аҿы иҟоу аматериал ҳахәаԥшлар ауп. Хаҵеи-ԥҳәыси ирҳәоит: «Есымза иҭыҵуа апрограммақәа рыла Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит! Ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, мамзаргьы ҳхы заҵәны ианаҳбо, урҭ даара ҳгәы шьҭырхуеит. Аҩны ҳаныҟоу ҳара лассы-лассы ҳашәақәа ҳарзыӡырҩуеит. Ҳара урҭ аҿаҳкуеит афатә аныҟаҳҵо, аҩны анеилҳарго, мамзаргьы ачеи анаҳжәуа». Арҭ апрограммақәа ҳгәы ахьчара иҳацхраауеит. Дара Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа ҳдырҵоит, насгьы Аҩсҭаа ихәыцшьа аҿагылара иҳацхраауеит.

17, 18. а) Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова иаҳирҵо ҳхы ианаҳархәо, 1 Аҳцәа 8:61 иану инақәыршәаны? б) Иаҳнарҵозеи аҳ Езекиа иҿырԥштәы? в) Ҳзызиҳәалар ҳалшозеи ҳара Иегова, Аԥсалом 139:23, 24 иану Давид иажәақәа инарықәыршәаны?

17 Ииашоу ахымҩаԥгара ахәарҭа шаҳзаанаго анаҳбо, ҳагәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Иак. 1:2, 3). Иара убас уи агәырӷьара ҳзаанагоит, избанзар Иегова дышҳаргәырӷьо, насгьы дышҳазгәдуу ҳдыруеит, уи игәы аҟаҵаразы иҳамоу агәаҳәара еиҳагьы иарӷәӷәоит (Ажәам. 27:11). Ҳзықәшәо аԥышәарақәа рҿы ҳара иҳалшоит бзиа ҳазбо Ҳаб гәык-ԥсыкала имаҵ шаҳуа аарԥшра (Аԥсал. 119:113). Ҳара гәыкала иаҳҭахуп иара изакәанқәа рықәныҟәара, насгьы игәаԥхара анагӡара. (Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 8:61.)

18 Иҟаҳҵалома ҳара агхақәа? Ҳәарада, избанзар ҳнаӡаӡам. Уи анҳахьуа аҳ Езекиа иҿырԥштәы ҳгәалаҳаршәар ҳалшоит. Иаргьы агхақәа ҟаиҵеит. Аха уи дахьхәит, насгьы гәыкала анаҩсгьы Иегова имаҵ иуан (Ис. 38:3—6; 2 Аш. 29:1, 2; 32:25, 26). Шәааи Аҩсҭаа ҳхәыцшьа бжьихыртә илҳмыршап. Ҳиҳәалап Иегова «аӡырҩра аазырԥшуа агәы» ҳаиҭарц азы (1 Аҳ. 3:9; шәаԥхьа Аԥсалом 139:23, 24). Зегь раасҭа ихьчалатәу рҟынтәи ҳгәы ҳахьчалар, ҳара Иегова ҳизиашаны ҳаанхар ҳалшоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҵанакуазеи ажәа «агәы»?

  • Иҽшԥазишәо Аҩсҭаа ҳгәы абжьыхра?

  • Ианбаҳарклар ахәҭоузеи ҳгәы уи ҳахьчарц азы, насгьы ианбааҳартлар акәзеи уи?

АШӘА 54 «Абар, амҩа»

a Ҳизиашаны ҳаанхома ҳара Иегова, мамзаргьы Аҩсҭаа ҳхихыртә, насгьы Анцәа имаҵ аура ҳаҟәихыртә илҳаршоу? Уи зхьыԥшу иаҳхаҳго аԥышәарақәа шаҟа иӷәӷәоу акәӡам, аха ҳгәы шаҟа ибзианы иҳахьчо ауп. Иаҵанакуазеи ажәа «агәы»? Иҽшԥазишәо Аҩсҭаа ҳгәы абжьыхра? Насгьы ишԥаҳалшо ҳара уи ахьчара? Ари астатиаҿы ихадоу абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ҳара Иегова ҳаишеит ҳагәҭахәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳхымҩаԥгашьеи рызхәыцразы, насгьы урҭ ахәшьара рыҭаразы алшара ҳаҭаны. Абиблиа иҳаилнаркаауеит уи алшара аламыс шахьӡу (Рим. 2:15; 9:1). Абиблиа ала иааӡо аламыс ари Иегова инормақәа шьаҭас иҟаҵаны ауаҩы ихәыцрақәеи, иусқәеи, ицәаныррақәеи цәгьоу ибзиуоу иеилзыркаауа лшароуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: иӡааху ҳашьа ателевизор данахәаԥшуа аамҭазы ицқьам сахьак цәырҵуеит. Иара иҟаиҵаша иӡбар ауп.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ақалақь зҷаԥшьо ауаҩы ақалақь анҭыҵ ашәарҭара шыҟоу ибоит. Иара ҵаҟа игылоу агәашәхьчаҩцәа адырра риҭоит, даргьы иаразнак агәашәқәа адыркырц иалагоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра