Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 ноиабр ад. 21—26
  • Анырра азҭода шәара шәхәыцшьа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анырра азҭода шәара шәхәыцшьа?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА АХӘАРҬА ҲЗААНАГОИТ
  • ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА АКЫРӠА ЕИӶЬУП
  • АДУНЕИ АНЫРРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • ИАНЫРУАДА УХӘЫЦШЬА УАЖӘЫ?
  • Иҿышәҵаауама шәара Иегова ихәыцшьа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ари адунеи ахәаԥшышьа мап ацәышәкла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ишԥашәыдышәкыло шәара аӡбарақәа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ишԥашәыхьчари шәгәы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 ноиабр ад. 21—26

Анырра азҭода шәара шәхәыцшьа?

«Ари адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз... еснагь шәҽышәыԥсахла, шәыхшыҩи шәдырреи рҿыцуа» (РИМАА РАХЬ 12:2).

АШӘАҚӘА: 88, 45

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Избан Иегова ихәыцшьа ахәарҭа заҳзаанаго?

  • Избан Иегова ихәыцшьа адунеи ахәыцшьа аасҭа акырӡа изеиӷьу?

  • Иҟаҳҵар ҳалшозеи ари адунеи ҳаԥсахлартә алҳмыршарц азы?

1, 2. а) Ҭакс ииҭазеи Иисус Пиотр, уи ухы рыцҳашьа ҳәа аниеиҳәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Избан Иисус ус зиҳәаз?

ИИСУС иҵаҩцәа ираҳаз рызхаҵомызт! Дара ргәы иаанагон иара израильтәи аҳра еиҭашьақәиргылоит ҳәа, аха Иисус иреиҳәеит иаарласны дгәаҟны дшыԥсуа. Убри аҟынтә апостол Пиотр иҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Иҳақәиҭу! абарҭқәа Уара иуԥеиԥшхарым!» Ҭакс Иисус иҳәеит: «Усԥырыцқьа наҟ, аџьныш! уара Сара сзы урҩашьаҩуп, Анцәа иитәу, иақәиҵахьоу ала акәымкәа, уаҩытәыҩсатәла ауп ушхәыцуа» (Матфеи 16:21—23; Аусқәа 1:6).

2 Арҭ ажәақәа рыла Иисус иааирԥшит Иегова ихәыцшьеи Аҩсҭаа анапхгара зиҭо ари адунеи ахәыцшьеи шеиԥшым (1 Иоанн 5:19). Пиотр Иисус игәазҭеиҵон аӡәырҩы ауаа ишыҟарҵо еиԥш ихы мацара дазхәыцларц. Аха Иисус идыруан Иегова ишиҭахыз иара изыԥшыз агәаҟрақәеи аԥсреи иҽырзыҟаиҵарц. Иисус иҟаиҵаз аҭак иаҳнарбоит иара Иегова ихәыцшьа шидикылаз, насгьы адунеи ахәыцшьа дшаҿагылаз.

3. Избан Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцра зыцәгьоу, аха адунеи иатәу ауаа шхәыцуа еиԥш ахәыцра зымариоу?

3 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара иҳазкны? Ҳашԥахәыцуеи ҳара: Иегова иеиԥш, мамзаргьы ари адунеи аҿы инхо ауаа реиԥш? Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара ҳусқәа рыла Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳхәыцрақәа ирызкны? Иаҳбома ҳара аџьабаа Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцларц азы, даҽакала иаҳҳәозар, ихәаԥшышьа иҿаҳҵаарц азы? Уи аҟаҵара ус имариам. Аха ари адунеи ахәыцшьа аҿҵаара даара имариоуп, избанзар иааҳакәыршаны иҟоу зегьы уи адоуҳа алаҽны иҟоуп (Ефесаа рахь 2:2). Иара убас ауаа лассы-лассы рхы мацара ауп изызхәыцуа, ҳаргьы дара реиԥш ахәыцра ҳалагар алшоит. Ааи, Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцра цәгьоуп, аха ари адунеи аҿы ауаа шхәыцуа еиԥш ахәыцра мариоуп.

4. а) Иҟалар алшозеи ари адунеи ҳхәыцшьа ианырлартә алҳаршар? б) Еилаҳкаауазеи ари астатиа аҟынтә?

4 Ари адунеи ҳхәыцшьа ианырлартә алҳаршар, ҳара ҳхы мацара ҳазхәыцуа ҳалагоит, насгьы ацәгьеи абзиеи закәу ҳхала иҳаӡбаларц ҳҭаххоит (Марк 7:21, 22). Убри аҟынтә даара ихадоуп ауаа шхәыцуа еиԥш акәымкәа, Иегова иеиԥш ахәыцшьа аҵара. Ари астатиа ҳацхраауеит уи аҟаҵара. Ҳара еилҳаргоит Иегова ихәыцшьа ҳамазар, уи ахақәиҭра шҳамнамхуа, аха ахәарҭа шаҳзаанаго. Иара убас ҳара еилҳаргоит ари адунеи ҳаԥсахлартә алҳмыршар шҳалшо. Анаҩстәи астатиа иаҳнарбоит Иегова иалкаау зҵаарақәак дшырзыҟоу еилаҳкаар, насгьы ихәыцшьа иҿаҳҵаар шҳалшо.

ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА АХӘАРҬА ҲЗААНАГОИТ

5. Избан шьоукы изырҭахым аӡәы инырра аҵаҟа иҟазарц?

5 Шьоукы ирҭахӡам дарбанзаалак аӡәы рхәыцшьа данырларц. Дара ирҳәоит: «Сара схы схагылоуп». Уи ала дара ирҳәар рҭахуп аӡбарақәа рхала ирыдыркылаларц азин шрымоу. Дара ирҭахӡам иҟарҵо зегь аӡәы дацклаԥшларц, мамзаргьы аӡәы иҿыԥшра мчыла ирыдицалаларцa. (Шәахәаԥш албаага.)

6. а) Иарбан хақәиҭроу Иегова иҳаиҭо? б) Иамоума аҳәаа уи ахақәиҭра?

6 Иазгәаҭатәуп, Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵааргьы, ҳхатә гәаанагарагьы ҳамазар шалшо. 2 Коринфаа рахь 3:17 аҿы иануп: «Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу — иҟоуп ахақәиҭра». Иегова ахақәиҭра ҳаиҭоит, убри аҟынтә ҳзеиԥшразар ҳҭаху ҳхала иҳаӡбоит. Иаҳҳәап, ҳара ак аасҭа даҽак еиӷьаҳшьозар алшоит, насгьы ҳгәы шҳарҿыхаша ҳхала иҳаӡбоит. Убас ауп Иегова ҳара ҳшишаз. Аха уи иаанагаӡом иааҳҭаху зегь ҟаҳҵалар ауеит ҳәа. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:16.) Уск бзиоу ицәгьоу аилкаара анаҳҭаху, Иегова иҭахуп иара Иажәаҿы анапхгара ҳаԥшааларц. Иҳамнахуама уи ахақәиҭра, мамзаргьы ахәарҭа ҳзаанагоу?

7, 8. Иаҳцәыӡуама ҳара ахақәиҭра Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵаауазар? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Уи еиӷьны еилаҳкаарц азы, шәааи, ҿырԥштәык еилҳаргап. Аҭаацәа рҽазыршәоит рхәыҷқәа ибзианы рааӡара. Иаҳҳәап, дара рхәыҷқәа иддырҵоит ламысцқьарала анхара, ргәы ақәкны аус аура, насгьы егьырҭ реиҷаҳара. Уи ахәыҷқәа ахақәиҭра рымнахӡом. Арҭ амҩақәҵарақәа ахәыҷқәа ахәарҭа рзааргоит, насгьы анасыԥ аиура ирыцхраауеит. Дара ианрызҳалак, насгьы хазы анхара ианцалак, ишынхалаша рхала ирыӡбалар рылшоит. Рҭаацәа ишыддырҵоз еиԥш анхара рыӡбар, ииашоу аӡбарақәа рыдкылара рзымариахоит, насгьы ауадаҩрақәа рҽырцәырыхьчоит.

Иегова ихәаԥшышьа иҿаҳҵаарц, насгьы инормақәа инарықәыршәаны ҳанхаларц ҳааиԥхьоит

8 Абзиабара злоу аб иеиԥш, Иегова иҭахуп ихәыҷқәа зегь иреиӷьу аԥсҭазаара рымазарц (Исаиа 48:17, 18). Убри аҟынтә иара иаҳирҵоит ҳхы шымҩаԥаҳгалашеи егьырҭ ҳшырзыҟазаашеи ирызку ихадоу апринципқәа. Иара ихәаԥшышьа иҿаҳҵаарц, насгьы инормақәа инарықәыршәаны ҳанхаларц ҳааиԥхьоит. Уи ахақәиҭра ҳамнахӡом, аха иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит (Аԥсалом 92:5; Ажәамаанақәа 2:1—5; Исаиа 55:9). Уи абзоурала анасыԥ ҳзаазго аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳалшоит, аха убри аамҭазгьы ҳхатә гәаанагара ҳцәыӡӡом (Аԥсалом 1:2, 3). Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцуазар, уи ирацәаны азылԥхарақәа ҳзаанагоит!

ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА АКЫРӠА ЕИӶЬУП

9, 10. Ишьақәзырӷәӷәозеи Иегова ихәыцшьа ари адунеи ахәыцшьа аасҭа ишеиӷьу?

9 Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵааларц заҳҭаху даҽа мзызкгьы ыҟоуп — иара ихәыцшьа ари адунеи ахәыцшьа аасҭа акырӡа еиӷьуп. Адунеи еиуеиԥшым алабжьарақәа ҳнаҭоит. Иаҳҳәап, иарбан хымҩаԥгашьоу ииашоу, аҭаацәараҿы анасыԥ шыԥшаатәу, аԥара ирацәаны ишырҳатәу, уҳәа убас иҵегьы. Аха урҭ алабжьарақәа реиҳарак Иегова ихәыцшьа иаҿагылоит. Иаҳҳәап, лассы-лассы адунеи ауаа рхы мацара иашьҭазарц ргәазҭанаҵоит. Иара убас ицқьам ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамшәа аанарԥшуеит. Уи инеиҳангьы, хаҵеи-ԥҳәыси еиҳа насыԥ рымазарц азы хаз-хазы инхаларц ма еилыҵырц ргәазҭанаҵоит, уи азы амзыз шрымамгьы. Ари алабжьара Абиблиа иаҳнарҵо иаҿагылоит. Аха иарбан лабжьароу иахьа еиҳа рхы иадырхәо: ари адунеи алабжьара, ма абиблиатә лабжьара?

10 Иисус иҳәеит аҟәыӷара иара аусқәа рыла ахы аанарԥшуеит ҳәа (Матфеи 11:19). Адунеи анаукеи атехнологиеи рганахь ала ԥхьаҟа ишцазгьы, ауаа ирылшом анасыԥ аиура иаҳԥырхаго ихадоу ауадаҩрақәа рыӡбара. Иаҳҳәап, дара ирзаанкылом аибашьрақәа, арасизм, насгьы ацәгьоурақәа. Уи инеиҳангьы, адунеи азы ицқьам ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵам. Аха аӡәырҩы еилыркаауеит уи иахҟьаны аҭаацәарақәа шхыбгало, ачымазарақәа шцәырҵуа, уҳәа убас иҵегьы. Ирхаҳҳәаар ҳалшозеи Иегова илабжьарақәа? Иара ихәаԥшышьа здызкылаз ақьырсианцәа рҭаацәарақәа нысыԥ рымоуп, ргәы бзиоуп, насгьы адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо рашьцәеи раҳәшьцәеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәоуп (Исаиа 2:4; Аусқәа 10:34, 35; 1 Коринфаа рахь 6:9—11). Уи ишьақәнарӷәӷәоит Иегова ихәыцшьа адунеи ахәыцшьа аасҭа акырӡа ишеиӷьу.

11. Ианыруадаз Моисеи ихәыцшьа, насгьы лҵшәас иаанагазеи уи?

11 Ажәытәан инхоз Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа ирдыруан иара ихәыцшьа акырӡа ишеиӷьу. Иаҳҳәап, Моисеи «Мысра иамаз аҵара-дырра аганқәа зегьы рыла» дшааӡазгьы, еиликаауан ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара иахыҵхырҭоу Иегова шиакәу (Аусқәа 7:22; Аԥсалом 90:12). Убри аҟынтә иара Иегова диҳәон: «Умҩақәа сзаарт» (Ақәҵымҭа 33:13). Моисеи Иегова алшара ииҭеит ихәыцшьа данырларц, убри аҟынтә Иегова Моисеи ихы даирхәон игәаԥхара наигӡарц азы. Моисеи уи ихаҿгьы изаагомызт. Уи инеиҳангьы Иегова Моисеи аҳаҭыр ду иаҭәеишьеит. Абиблиаҿы иануп иара агәрахаҵара ӷәӷәа змаз дшыруаӡәкыз (Ауриацәа рахь 11:24—27).

12. Шьаҭас ирымазеи Павел иӡбарақәа?

12 Апостол Павел иҟәышыз, аҵара ду змаз уаҩын, иара идыруан ауриа бызшәеи абырзен бызшәеи (Аусқәа 5:34; 21:37, 39; 22:2, 3). Аха иара адунеи аҟәыӷара мап ацәикит, насгьы иӡбарақәа Анцәа Иажәа шьаҭас ирыман. (Шәрыԥхьа Аусқәа 17:2; 1 Коринфаа рахь 2:6, 7, 13.) Уи абзоурала иара имаҵзура қәҿиарала инаигӡон, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы зеиԥшыҟам агәыӷра иоуит (2 Тимофеи иахь 4:8).

13. Издыда аҭакԥхықәра ҳхәыцшьа Иегова ихәыцшьа иеиԥшхарц аԥсахразы?

13 Ишаҳбаз еиԥш Анцәа ихәыцшьа адунеи ахәыцшьа аасҭа акырӡа еиӷьуп. Убри аҟынтә ҳара Анцәа инормақәа инарықәыршәаны ҳанхозар, ииашаҵәҟьоу анасыԥи ақәҿиареи ҳамазаауеит. Аха Иегова иара иеиԥш ҳхәыцларц мчыла иҳадицалаӡом. Игәрагоу, иҟәышу атәгьы аизара аиҳабацәагьы ҳхәыцрақәа ирыцклаԥшӡом (Матфеи 24:45; 2 Коринфаа рахь 1:24). Ҳхәыцшьа Анцәа ихәыцшьа иеиԥшхарц азы аԥсахра зыхәҭоу хаҭала ҳара ҳауп. Аха ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

АДУНЕИ АНЫРРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

14, 15. а) Ҳзызхәыцлар ҳахәҭоузеи Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵаарц азы? б) Избан адунеи ахәыцшьа ҳнырлартә алҳмыршар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

14 Римаа рахь 12:2 иануп: «Ари адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз, урҭ шәырзымхьын, шәырмеилаҳан, еснагь шәҽышәыԥсахла, шәыхшыҩи шәдырреи рҿыцуа, гәыбылрала, разрала, здаҟам Анцәа игәаҳәарала шәыҽԥышәшәала, уи аилкаара шәашьҭаз». Ари ажәеинраала иаҳнарбоит аҵабырг еилаҳкаанӡа ҳхәыцрақәа зеиԥшразаалакгьы, уи аԥсахра шҳалшо, Анцәа ихәыцшьа еиҳа иеиԥшхарц азы. Ҳәарада, ҳгенетикеи уаанӡатәи ҳаԥсҭазаашьеи ҳхәыцшьа ианырыр шауагьы, уеизгьы ҳхәыцшьа ҳаԥсахлар ҳалшоит. Еиҳараӡак уи аԥсахра зхьыԥшу ҳара ҳзызхәыцуа ауп. Иегова ихәыцрақәа ҳрызхәыцуазар, еилаҳкаауеит урҭ еснагь ишиашоу. Усҟан иара иҿыԥшра ҳҭаххоит.

15 Аха ҳхәыцшьа ҳарҿыцларц азы ҳара ари адунеи ахәыцшьа ҳнырлартә алҳмыршозароуп. Уи азы ҳара Анцәа ихәыцшьа иаҿагыло зегьы ахәаԥшреи, аԥхьареи, азыӡырҩреи ҳаҟәыҵроуп. Уи шаҟа ихадоу еилаҳкаарц азы, шәааи, афатә иадҳәалоу ҿырԥштәык еилҳаргап. Иҟалап згәабзиара иеиҷаҳауа ауаҩы ихырҳагоу афатә ифаларц иӡбазар. Аха уи ахәарҭа изаанагаӡом, иааиԥмырҟьаӡакәа ибаахьоу афатәгьы ифозар! Убас еиԥш Иегова ихәыцшьа еилаҳкааларц азы иҟаҳҵо зегьы ахәарҭа ҳзааргаӡом, адунеи ахәыцшьа ҳнырлартә алҳаршозар.

16. Ҳхы зцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи ҳара?

16 Иҳалшома адунеи ахәыцшьа зынӡаск ҳҽацәаҳахьчар? Мап, избанзар ҳара ари адунеи ҳзалҵуам (1 Коринфаа рахь 5:9, 10). Ауаа ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәогьы иаҳԥылоит ииашам агәаанагарақәеи амцҵарақәеи рыгәра зго ауаа. Ииашам агәаанагарақәа џьаргьы иаҳмаҳалартә шаҳзыҟамҵогьы, урҭ ҳрызхәыцлар, мамзаргьы иҳадаҳкылалар акәӡам. Иисус иеиԥш ҳара иаразнак мап рцәаҳклар ауп Аҩсҭаа ҳхы иҭеигаларц ииҭаху ахәыцрақәа. Иара убас излаҳалшо ала ари адунеи ахәыцшьа ҳҽацәаҳахьчалароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 4:23.)

17. Ишԥаҳалшо адунеи ахәыцшьа ҳҽацәаҳахьчар?

17 Иаҳҳәап, ибзианы иазхәыцтәуп ҩызцәас ишьҭаҳхуа ауаа зусҭцәоу. Абиблиа заа иҳанаҳәоит Иегова имаҵ зымуа ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхыр, дара реиԥш ахәыцра ҳшалаго (Ажәамаанақәа 13:20; 1 Коринфаа рахь 15:12, 32, 33). Иара убас ҳара агәырҿыхагақәа ҟәыӷарала иалаҳхлароуп. Аеволиуциеи, агәымбылџьбарареи, ицқьам ахымҩаԥгашьеи зныԥшуа агәырҿыхагақәа мап анырцәаҳкуа «Анцәа иеилкаара, иазхаҵара» иаҳԥырхагоу аҟынтә ҳахшыҩ ҳахьчо́ит (2 Коринфаа рахь 10:5).

Ҳрыцхраауама ҳхәыҷқәа ишәарҭоу агәырҿыхагақәа мап рыцәкра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)

18, 19. а) Избан адунеи ахәыцшьа иаразнак ианубарҭам еиҳагьы агәҽанызаара заарԥшлатәу? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, насгьы избан?

18 Аха зны-зынла адунеи ахәыцшьа иаразнак иузгәамҭар алшоит. Убри аҟынтә аҟәыӷареи агәҽанызаареи ҳамазар ауп. Иаҳҳәап, ажәабжьқәа убас еиҭарҳәалар алшоит, урҭ заҳауа ауаа еиуеиԥшым аполитикатә хәаԥшышьақәа ирзыразхартә еиԥш. Иара убас ажәабжьқәа рҿы ари адунеи азы ихадоу ахықәкқәа ҳараркуеит. Еиуеиԥшым афильмқәеи ашәҟәқәеи ауаа иддырҵоит зегь реиҳа ихадоу дара рхаҭа, насгьы рҭаацәарақәа роуп ҳәа. Уи иашоушәа, насгьы ахшыҩ аҵоушәа угәы иаанагар алшоит. Аха ари аҩыза ахәаԥшышьа Абиблиа иану иаҿагылоит. Уа иануп ҳҭаацәеи ҳареи ииашаҵәҟьоу анасыԥ анҳауа зегь реиҳа Иегова бзиа данаҳбо шакәу (Матфеи 22:36—39). Иара убас ахәыҷқәа рзы иҟоу ҭоурыхқәак азныказы цәгьарак рыҵамшәа убар алшоит, аха урҭ ирыхҟьаны ахәыҷы ицқьам ахымҩаԥгашьа иашоуп ҳәа игәы иаанагар ауеит.

19 Ҳәарада, уи иаанагаӡом агәырҿыхагақәа зегьы мап рцәаҳклар ауп ҳәа. Аха ҳхы ҳазҵаалар бзиоуп: «Игәасҭома сара иаразнак адунеи ахәыцшьа, уи еилыкка ианубарҭамгьы? Сацклаԥшуама сара схәыҷқәа зхәаԥшуа, насгьы изыԥхьо, иара убас сацклаԥшуама сыхгьы? Срыцхраауама схәыҷқәа Иегова ихәыцшьа аиура, адунеи ахәыцшьа аҿагылара рзымариахарц азы?». Ари адунеи ахәыцшьеи Иегова ихәыцшьеи шеиԥшым еилыкка иаҳбозар, адунеи анырра ҳҽаҳҭаӡом.

ИАНЫРУАДА УХӘЫЦШЬА УАЖӘЫ?

20. Ишԥеилкаатәу анырра ҳазҭо дызусҭоу?

20 Ҳара иаҳхаҳмыршҭлар ауп аинформациа ахьынтәиҳауа ҩ-хыҵхырҭак мацара рҟынтә шакәу. Актәи, Иегова иҟынтә, аҩбатәи, Аҩсҭаа идунеии иареи рҟынтә. Дарбану уара иуныруа? Уи аинформациа зҟынтә иудукыло иоуп. Ҳара ари адунеи ахәаԥшышьа ҳадаҳкылозар, уи ҳхәыцшьа аԥсахлоит, аҵыхәтәаны ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи адунеи иатәу ауаа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи иеиԥшхоит. Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп ҳазхәаԥшуа, ҳзыԥхьо, ҳаззыӡырҩа, насгьы ҳзызхәыцуа ацклаԥшра.

21. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

21 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит Иегова ихәаԥшышьа ҳамазарц ҳҭахызар, адунеи ахәыцшьа аҽацәыхьчара шҳахәҭоу. Ҳара Анцәа ихәыцшьа иҿаҳҵаарц азы ихәыцрақәа ҳрызхәыцлар ауп. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит уи аҟаҵара шҳалшо.

a Аиаша уҳәозар, аӡәгьы ихьыԥшым ауаҩгьы егьырҭ рнырра дзацәцом. Иаҳҳәап, иара аԥсҭазаара шыҟалаз дазхәыцуазаргьы, мамзаргьы ишәиҵаша иӡбозаргьы, маҷк иадамзаргьы егьырҭ ргәаанагара иныруеит. Аха ауаҩы анырра изҭало ихала далихыр илшоит.

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Ҳара Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцуазар, Иегова ихәыцшьа ҳамоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара зыхә ишьо ахә ҳшьоит, насгьы ицәымӷу ҳцәымӷуп. Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵаарц азы Анцәа ипринципқәа ирҿагыло адунеи ахәыцшьа ҳаҿагылозар ауп

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра