Иҿышәҵаауама шәара Иегова ихәыцшьа?
«Еснагь шәҽышәыԥсахла, шәыхшыҩи шәдырреи рҿыцуа» (РИМАА РАХЬ 12:2).
1, 2. Еилаҳкаауазеи ҳара Иегова ҳаизааигәахацыԥхьаӡа? Иаажәга аҿырԥштәы.
ШӘХАҾЫ иаажәг аӡәы ахәыҷы аҳамҭа ииҭошәа. Аҭаацәа ахәыҷы иарҳәоит: «Иҳәа иҭабуп». Иара ус иҳәоит, аха изиҳәо иҭаацәа иҳәатәуп ҳәа ахьиарҳәаз ауп. Аха ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа еиликаауа далагоит иҭаацәа аџьшьара аарԥшра хадоуп ҳәа зырыԥхьаӡо. Аҵыхәтәаны иара ихаҭа иҭабуп аҳәара иҭаххоит, избанзар еиликаауеит аџьшьара аарԥшра шхадоу.
2 Убас еиԥш ҳаргьы аҵабырг аилкаара ҳаналага, Иегова иԥҟарақәа рзыӡырҩра шаҟа ихадоу еилаҳкааит. Аха Иегова еиҳа ҳаизааигәахацыԥхьаӡа, ихәыцшьа еиӷьны еилаҳкаауеит, иаҳҳәап бзиа иибо, ицәымӷу, насгьы еиуеиԥшым азҵаарақәа дшырзыҟоу. Иегова ихәыцшьа иҳадаҳкыло аӡбарақәеи ҳусқәеи ирнырлартә алҳаршозар, ихәыцшьа иҿаҳҵаауеит.
3. Избан Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцра ҳцәыцәгьахар залшо?
3 Ҳара Иегова ихәыцшьа иҿҵаара шаҳгәаԥхогьы, зны-зынла иара иеиԥш ахәыцра ҳцәыцәгьоуп, избанзар ҳнаӡаӡам. Иаҳҳәап, ҳара иаҳдыруеит Иегова дшазыҟоу ицқьам ахымҩаԥгашьа, аматериализм, ажәабжьҳәаратә ус, ишакәым ала ашьа ахархәара, уҳәа убас иҵегьы. Аха Иегова арҭ аусқәа убас дызрыхәаԥшуа аилкаара ҳцәыцәгьахар алшоит. Нас ишԥаҳалшо еиҳа еиӷьны Иегова иеиԥш ахәыцшьа аҵара? Насгьы ишԥаҳацхраало уи ииашаны ахымҩаԥгара уажәы, насгьы ҳаԥхьаҟа?
ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА ИҾАҲҴААР ШҲАЛШО
4. Иаанагозеи ҳхәыцшьа арҿыцра?
4 Шәаԥхьа Римаа рахь 12:2. Ари ажәеинраалаҿы апостол Павел иазгәеиҭеит Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцларц азы иҟаҵатәу. Иара иҳәеит: «Ари адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз». Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш уи иаанагоит адунеи ахәыцшьа мап ацәаҳкыр шҳахәҭоу. Аха уи адагьы Павел иҳәеит ҳахшыҩи ҳдырреи ҳарҿыцлароуп ҳәа. Уи иаанагоит ҳара ишҳахәҭоу Анцәа Иажәа аҭҵаара, ихәыцрақәа реилкаара, урҭ рызхәыцра, насгьы уи иҿаҳҵаарц азы аџьабаа абара.
5. Иҳаилшәыркаа аԥхьареи аҭҵаареи злеиԥшым.
5 Аҭҵаара ус баша аԥхьареи аҭакқәа рыҵшьреи аасҭа еиҳауп. Аҭҵаара анымҩаԥаҳго ҳара ҳазхәыцуеит ҳзыԥхьаз Иегова изкны иаҳнарҵо, иҟаиҵо, насгьы иара дышхәыцуа. Ҳара ҳҽазаҳшәоит Иегова ак ҟаҳҵаларц, ма акы ҳҽацәаҳахьчаларц зҳаиҳәо аилкаара. Иара убас ҳазхәыцуеит ҳхымҩаԥгашьеи ҳхәыцшьеи рҿы ԥсахрақәас иҟаҳҵаша. Ҳәарада, аҭҵаара анымҩаԥаҳго абарҭ азҵаарақәа зегь рызхәыцра ҳалымшар ауеит. Аха аҭҵаара иазалаҳхыз аамҭа абжа иадамзаргьы ҳзыԥхьаз азхәыцра иазаҳкуазар, уи ахәарҭа ҳзаанагоит (Аԥсалом 119:97; 1 Тимофеи иахь 4:15).
6. Иҟалозеи Анцәа Иажәа ҳаназхәыцуа?
6 Иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҳаназхәыцуа иааџьоушьаша ак ҟалоит. Ҳара иаҳбоит Иегова ихәыцрақәа агра шрымам. Ҳара Иегова ихәыцшьа еилаҳкаауеит, аҵыхәтәаны уи иҿаҳҵаауеит. Уи абзоурала ҳара ҳхәыцшьа ҳаԥсахуеит, насгьы иҳарҿыцуеит. Хәыҷы-хәыҷла Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцра ҳалагоит.
ҲХӘЫЦРАҚӘЕИ ҲУСҚӘЕИ ШЕИДҲӘАЛОУ
7, 8. а) Дышԥазыҟоу Иегова амал? (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.) б) Ихадахозеи ҳара ҳзы, амазара Иегова дшазыҟоу еиԥш ҳазыҟазар?
7 Ҳхәыцрақәа ҳусқәа ирныруеит (Марк 7:21—23; Иаков 2:17). Шәааи уи шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәқәак еилҳаргап. Ҿырԥштәык Иисус иира иадҳәалоуп. Уи иаҳнарбоит Иегова амал дшазыҟоу. Иосифи Мариеи ирацәаны аԥара шрымамызгьы, Иегова урҭ алихит Иԥа драаӡаларц азы (Алевит 12:8; Лука 2:24). Иисус дани Мариа уи «аҽыхәчара дҭалҵеит, избан акәзар асасааирҭаҿ урҭ рзы аҭыԥ ыҟамызт» (Лука 2:7). Иегова иҭаххазҭгьы, Иисус иеиӷьыз аҭыԥ аҿы дииртә еиԥш иҟаиҵар илшон. Аха иара иҭахын Иисус Анцәа имҵахырхәара зегь реиҳа иахьхадоу аҭаацәараҿы изҳаларц. Уи ауп Иегова изы зегь реиҳа ихадаз.
8 Иисус иира иадҳәалоу аҭоурых иаҳнарбоит Иегова амазара дшазыҟоу. Аҭаацәа шьоукы ирҭахуп рхәыҷқәа иаарҭаху зегь рымазарц, уи Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа ирԥырхагахаргьы. Аха ишаҳбаз еиԥш, Иегова изы зегь реиҳа ихадоу иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа роуп. Ихадоузеи ҳара ҳзы? Иаадырԥшуазеи ҳусқәа? (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:5.)
9, 10. Ишԥаҳалшо егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны аҟалара иадҳәалоу азҵаара Иегова иеиԥш ҳшахәаԥшуа ааҳарԥшыр?
9 Даҽа ҿырԥштәык иаҳнарбоит Иегова дшырзыҟоу егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны иҟало ақьырсианцәа. Избанзар урҭ ирыхҟьаны аӡәы агәнаҳа ҟаиҵар, ма Иегова имаҵ аура даҟәыҵыр алшоит. Иисус иҳәеит: «Сара схазҵауа ахәыҷқәа иреиуоу аӡәы дзырҩашьауа изы, еиҳа еиӷьуп алу хаҳә ихәда иахшьны амшын далажьзар» (Марк 9:42). Арҭ ажәақәа рҵакы даара иӷәӷәоуп! Ҳара иаҳдыруеит Иисус ихәыцшьа иаб ихәыцшьа ишеиԥшыз. Убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова игәы ишамыхәо аӡәы ихымҩаԥгашьа иахҟьаны даҽаӡәы дшьацәхныслозар (Иоанн 14:9).
10 Ҳахәаԥшуама ари азҵаара Иеговеи Иисуси шахәаԥшуа еиԥш? Иаадырԥшуазеи ҳусқәа? Иаҳҳәап, ҳара иаҳгәаԥхозар ауеит иалкаау еилаҳәашьак, хцәыҟаҵашьак, ма еиҭа даҽакы. Аха иҟаҳҵозеи ҳара уи аизараҿы аӡәы ишигәамԥхо, мамзаргьы ицқьам ахәыцрақәа шизцәырнаго еилаҳкаазар? Ҳгәазҭанаҵома ҳашьцәа рахь иҳамоу абзиабара уи мап ацәкра? (1 Тимофеи иахь 2:9, 10).
11, 12. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова ицәымӷу ҳцәымӷзар, насгьы аҽынкылара еизҳарҳауазар?
11 Абар ахԥатәи аҿырԥштәы. Иегова ицәымӷуп ацәгьара (Исаиа 61:8). Ҳәарада, иара идыруеит ҳанамӡара иахҟьаны зны-зынла ииашаны ахымҩаԥгара шаҳцәыцәгьоу. Ус шакәугьы, иара иҭахуп иара иеиԥш ацәгьара ҳцәымӷзарц. (Шәаԥхьа Аԥсалом 97:10.) Иегова ацәгьара зицәымӷу ҳазхәыцуазар, ихәыцшьа иҿҵаара ҳзымариахоит, насгьы ацәгьара аҽацәыхьчара иҳацхраауеит.
Абиблиаҿы иалкааны зыӡбахә ҳәам аусқәагьы Анцәа игәаԥхом
12 Ҳара ацәгьара ҳцәымӷзар, Абиблиаҿы иалкааны зыӡбахә ҳәам аусқәагьы Анцәа ишигәамԥхо еилаҳкаалоит. Иаҳҳәап, иахьа адунеи еиҳа-еиҳа иалаҵәоит ашьамхаҿы акәашара ҳәа изышьҭоу иламысдароу акәашара ахкы. Шьоукы уи цәгьарак аҵаӡам ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар ауаҩы цәеижьла изааигәахаӡомa. (Шәахәаԥш албаага.) Аха убас аума Иеговагьы уи дшазыҟоу? Ишәхашәмыршҭлан Иегова цәгьарас иҟоу зегьы шицәымӷу. Убри аҟынтә, шәааи, ацәгьара ааигәарагьы ҳамнеирц азы аҽынкылара еизҳарҳалап, насгьы Иегова ицәымӷу аусқәа рахь ацәымӷра ааҳарԥшлап (Римаа рахь 12:9).
УАЖӘНАТӘ УАЗХӘЫЦЛА УАԤХЬАҞА ИҞАУҴО
13. Избан Иегова еиуеиԥшым азҵаарақәа дышрыхәаԥшуа уажәнатә еилаҳкаалар зҳахәҭоу?
13 Аҭҵаара анымҩаԥаҳго ҳара Иегова еиуеиԥшым азҵаарақәа дшырзыҟоу еилаҳкаалар ауп, избанзар уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Усҟан хырԥашьа змам аӡбара ҳадаҳкылар акәхар, иҟаҳҵаша ҳдыруазаауеит (Ажәамаанақәа 22:3). Шәааи Абиблиа иану ҿырԥштәқәак еилҳаргап.
14. Еилаҳкаауазеи Иосиф Потифар иԥҳәыс илиҭаз аҭак аҟынтә?
14 Потифар иԥҳәыс Иосиф дхылхырц данашьҭаз, иара уи иаразнак мап ацәикит. Еилкаауп Иосиф дшазхәыцуаз Иегова аҭаацәалазаара дшазыҟоу. (Шәаԥхьа Аҟазаара 39:8, 9.) Иосиф уи илеиҳәеит: «Ишԥаҟасҵо сара абри аҩыза ацәгьара дуӡӡа, агәнаҳа Анцәа иҿаԥхьа?». Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит ари азҵаара аганахь ала иара Иегова ихәыцшьа шимаз. Иуҳәар улшозеи уара ухазы? Иҟауҵозеи аус уцызуа ихы угәаирԥхо далагар? Мамзаргьы аӡәы иламысдоу СМС аацҳара ма асахьа узааишьҭыр?b (Шәахәаԥш албаага.) Ааи, зҵаарак аганахь ала заа Иегова ихәыцшьа еилаҳкаазар, насгьы уи ҳадаҳкылазар, ҳизиашаны аанхара еиҳа иаҳзымариахоит.
15. Ишԥаҳалшо Иегова ҳизиашаны аанхара, хҩык ауриацәа реиԥш?
15 Иара убас шәазхәыц Седрахи, Месахи, Авденагои реиԥш еицырдыруаз хҩык ауриацәа рҿырԥштәы. Аҳ Навуходоносор ахьы иалхны иҟаиҵаз абаҟа иамҵахырхәарц данрыҳәа, дара лакҩакрада уи мап ацәыркит. Дара аҳ ирҭаз аҭак иаанарԥшит Иегова изиашаны иаанхар иҟалар алшоз ишазхәыцхьаз (Ақәҵымҭа 20:4, 5; Даниил 3:4—6, 12, 16—18). Иаҳҳәар ҳалшозеи иахьатәи аамҭа иазкны? Иҟауҵозеи уара уусураҿы аиҳабы амцдинхаҵара иадҳәалоу аныҳәазы аԥара алоуҵарц дуҳәар? Иегова ихәыцшьа еилаҳкаарц азы уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳақәшәаанӡа аԥшра иаԥсаӡам, еиӷьуп уи уажәнатә ҳазхәыцыр. Усҟан ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ҳақәшәар, ииашаны ахымҩаԥгара, насгьы ииашоу аҭак аҟаҵара ҳалшоит, хҩык ауриацәа ишыҟарҵаз еиԥш.
Имҩаԥугама уара ухатә ҭҵаара, ихаурҭәаама адокумент, насгьы уиацәажәама уҳақьым? (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Ишԥаҳацхраауеи Иегова ихәыцшьа ибзианы иахьаҳдыруа, иаалырҟьаны аҳақьымцәа рыцхыраара ҳҭаххар?
16 Иегова ихәыцшьа ҳазхәыцуазар, иаалырҟьаны аҳақьымцәа рыцхыраара ҳҭаххаргьы иара ҳизиашаны ҳаанхар ҳалшоит. Ҳәарада, ҳара ашьа, насгьы уи злашьақәгылоу ихадоу ԥшь-хәҭак мап рцәаҳкуеит (Аусқәа 15:28, 29). Аха иҟоуп ашьа иадҳәалоу еиуеиԥшым апроцедурақәа. Уи азҵаараҿы ақьырсианцәа зегьы абиблиатә принципқәа ирызхәыцны рхатә ӡбара рыдыркылар ауп. Ианбеиӷьу уи иадҳәалоу аӡбара адкылара? Ахәышәтәырҭаҿы ҳанышьҭоу, ахьаа анҳамоу, насгьы ирласны аӡбара ҳадаҳкыларц ианҳақәыӷәӷәо аума? Ҳәарада, мап. Ҳара иҳахәҭоуп уажәнатә аҭҵаара мҩаԥаҳгар, ҳаӡбара уеилзыркаауа адокумент хаҳарҭәаар, насгьы ҳҳақьым ҳиацәажәарc. (Шәахәаԥш албаага.)
17—19. Избан изхадоу уажәнатә Иегова ихәыцшьа аилкаара? Иаажәга аҿырԥштәы.
17 Уи адагьы, шәазхәыц шаҟа ирласны Иисус аҭак ҟаиҵаз Пиотр иҟынтә иҟәыӷам алабжьара аниоу. Пиотр иҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Иҳақәиҭу!». Иисус иҭак иаанарԥшит Анцәа иара иҟынтә дыззыԥшыз, насгьы адгьыл аҿы иԥсҭазаареи иԥсреи ирызкыз аԥааимбаражәақәа ирацәаны дышрызхәыцуаз. Уи адырра абзоурала иара Иегова дизиашазарц азы амч иман, насгьы ҳара зегьы ҳҿихырц азы иԥсы ҳахҭынҵара илшеит. (Шәаԥхьа Матфеи 16:21—23.)
18 Анцәа иҭахуп иахьа иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәаларц, насгьы ажәабжьҳәаратә ус аҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵаларц (Матфеи 6:33; 28:19, 20; Иаков 4:8). Аха шьоукы ргәы ацәгьара шҭамгьы, уи аҟаҵара иаҳԥырхагахар алшоит, Пиотр Иисус диԥырхагахар шалшоз еиԥш. Иаҳҳәап, аусураҿы уеиҳабы еиҳаны аԥара урҳаларц азы еиӷьу усурак удигалар ҟалоит. Аха уи азы уара аизарақәа ма ажәабжьҳәара еиҳа еиҵаны аамҭа азуклар акәхоит. Мамзаргьы уара ашкол уҭазар, иҟалап еиҳау аҵара уоурц азы урҵаҩы даҽа ҭыԥк ахь аиасразы алшара уиҭозар. Уи аҩыза уақәшәар, аӡбара удукылаанӡа уиҳәома уара Анцәа, имҩаԥугома аҭҵаара, насгьы урацәажәома уҭаацәа ма аизара аиҳабацәа? Еиӷьуп уажәнатә уи аганахь ала Иегова ихәыцшьа еилукаар, насгьы уи иҿуҵаар. Усҟан ари аҩыза аҭагылазаашьа уақәшәар, уи ухнахӡом. Уара иҟауҵаша ибзиаҵәҟьаны иудыруеит, избанзар Иегова имаҵ шууло заа иуӡбахьеит.
19 Иҟалап шәхаҿы иаазар иаалырҟьаны шәзықәшәар алшо Иегова иахь иаашәырԥшуа азиашара ԥызшәо егьырҭ аҭагылазаашьақәагьы. Ҳәарада, ҳара ҳзықәшәар алшо зегь ҳаздырӡом. Аха ҳхатә ҭҵаара аан Иегова ихәыцрақәа ҳрызхәыцуазар, ауадаҩра ҳанақәшәо еилаҳкаахьаз ҳгәалашәоит, насгьы иҟәыӷоу аӡбара адкылара еиҳа иаҳзымариахоит. Убри аҟынтә, шәааи, ҳхатә ҭҵаара анымҩаԥаҳго Иегова еиуеиԥшым азҵаарақәа дшырзыҟоу ҳазхәыцлап, ихәыцшьа иҿаҳҵаалап, иара убас еилаҳкааз уажәы, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ишҳацхраауа ҳазхәыцлап.
ИЕГОВА ИХӘЫЦРАҚӘЕИ ШӘԤЕИԤШИ
20, 21. а) Избан адунеи ҿыц аҿы иҳауа ахақәиҭра агәырӷьара заҳзаанагало? б) Ишԥаҳалшо уажәнатә аԥсҭазаара алагәырӷьара?
20 Ҳара ҳгәы ҳыҭ-ҳыҭуа адунеи ҿыц ҳазыԥшуп. Аӡәырҩы џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхара иақәгәыӷуеит. Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа ахьааи агәаҟрақәеи рҟынтә ахақәиҭра ҳауеит, насгьы ҳхатә гәаанагареи ҳгәаҳәарақәеи инарықәыршәаны аӡбарақәа рыдкылара ҳалшоит.
21 Аха уи иаанагаӡом ҳхақәиҭра ҳәаак амамкәа иҟалоит ҳәа. Иҟәымшәышәу ауаа Иегова изакәанқәеи ихәыцшьеи инарықәыршәаны аӡбарақәа рыдыркылалоит. Уи агәырӷьара дуи аҭынчреи рзаанагоит (Аԥсалом 37:11). Уи ҟалаанӡа уажәнатә Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵаалар ҳалшоит, уи ҳаԥсҭазаара насыԥла иарҭәуеит.
a Ашьамхаҿы акәашара ари иаартцәоу амаҭәа зшәу акәашаҩ ауаҩы ишьамхы дықәтәаны ииашам агәазыҳәарақәа изцәырызго акәашара аныналыгӡо ауп. Ҭагылазаашьақәак рҿы уи ицқьам ахымҩаԥгашьа ауп ҳәа иԥхьаӡахар алшоит, убри аҟынтә аӡбаратә комитет еиҿкаатәхоит. Ақьырсиан ицқьам ари ахымҩаԥгашьа далахәхазар, аизара аиҳабацәа ацхырааразы дрыҳәар ауп (Иаков 5:14, 15).
b Аҭел ала иламысдоу СМС аацҳара, асахьа, ма авидеонҵамҭа ашьҭра иахьӡуп асекстинг. Аҭагылазаашьа инақәыршәаны аӡбаратә комитет еиҿкаатәхар ауеит. Зны-зынла тәылақәак рҿы ицқьам уи ахымҩаԥгашьа иалахәу аҿар ацәгьаҟаҵаҩцәа реиԥш аусӡбара иарҭоит. Еиҳаны еилышәкаарц азы шәҭал асаит jw.org, насгьы шәаԥхьа астатиа онлаин «Что мне нужно знать о секстинге?» аҟәша «Вопросы молодежи» аҿы. (Шәахәаԥш аҟәша БИБЛЕЙСКИЕ УЧЕНИЯ > ПОДРОСТКИ.) Иара убас шәахәаԥш ноиабр, 2013 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҟны астатиа «Как поговорить со своим ребенком-подростком о секстинге?», адаҟьақәа 4, 5.
c Аӡбара адкылара иуцхраауа апринципқәа ирызкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз», адаҟьақәа 215—218.