Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ииуль ад. 25—29
  • Иегова сшазыԥшымыз еиԥш дысзылԥхеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова сшазыԥшымыз еиԥш дысзылԥхеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤХАШЬАРА СШАИААИЗ
  • ГАЛААД ЗЕИԤШЫҞАМ АҴАРА СОУЕИТ
  • АМИССИОНЕРРА ИАҲНАРҴАЗ РАЦӘОУП
  • КЕНИА АМАҴ АНЫЗУАЗ
  • ЕФИОПИА ИҲАУЗ АЗЫЛԤХАРАҚӘА
  • ИЕГОВА ЕИЗИРҲАИТ
  • Иегова имаҵзураҿы сыззыԥшымыз ахҭыс бзиақәеи зыхә ҳараку аурокқәеи
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ҳамҩақәҵаҩ Ду иҿы аҵара ҵара ҳаҟәыҵӡом
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ииуль ад. 25—29

АБИОГРАФИА

Иегова сшазыԥшымыз еиԥш дысзылԥхеит

Еиҭеиҳәеит Манфред Тонак

«ПИОНЕРС амаҵ аура салагароуп. Аха исзаанагаҵәҟьоума уи агәахәара?» — абас схәыцуан сара. Сара Германиа аус зуан, сусурагьы бзиа избон. Ҳара Германиантәи афатә африкатәи ақалақьқәа рахь иҳашьҭуан, иаҳҳәап, Дар-ес-Салам, Елизабетвиль, Асмера. Африкантәи Германиаҟа иааҳгозгьы ыҟан. Усҟан схаҿгьы исзаагомызт мышкызны урҭ аҭыԥқәа рҿы миссионерс амаҵ шызуло!

Алакҩакрақәа сыриааины пионерс амаҵ аура саналага, сыԥсҭазаара сшақәымгәыӷуаз еиԥш аҽаԥсахит (Еф. 3:20). Аха сгәазҭазҵазеи уи ашьаҿа аҟаҵара? Абар сҭоурых.

Сара сиит Берлин (Германиа) 1939 шықәсазы, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аналага мызқәак рышьҭахь. Аибашьра анҵәамҭазы, 1945 шықәсазы, аҳаирпланқәа рыла Берлин абомбақәа ақәрыжьуа иалагеит. Зны ҳамҩа абомба ақәрыжьит, усҟан сҭаацәеи сареи аҽыҵәахырҭаҿы ҳҽаҳҵәахит. Ԥыҭрак ашьҭахь сан дахьиз ақалақь Ерфуртҟа ҳаиасит, уа уиаҟара ишәарҭамызт.

Сҭаацәеи саҳәшьеи сареи Германиа. 1950 шықәса шыҟаз

Сан даараӡа илҭахын аҵабырг аилкаара. Лара афилософцәа рҩымҭақәа дрыԥхьон, насгьы еиуеиԥшым адинхаҵарақәа ҭылҵаауан, аха илҭахыз лзыԥшаауамызт. Ус 1948 шықәса шыҟаз еиԥш ҩыџьа Иегова ишаҳаҭцәа ҳаҩнашә иасит. Сан урҭ аҩныҟа иаалыԥхьан, иаразнак азҵаарақәа рықәлыԥсеит. Сааҭкгьы мҵыкәа еиԥш, саҳәшьеиҵби сареи ус ҳалҳәеит: «Сара аҵабырг сыԥшааит!» Дук мырҵыкәа сани, саҳәшьеиҵби, сареи Ерфурт имҩаԥысуаз аизарахь аныҟәара ҳалагеит.

1950 шықәсазы ҳара еиҭах Берлинҟа ҳхынҳәит. Уа аизара «Берлин-Кроицберг» ахь аныҟәара ҳалагеит. Анаҩс даҽа ҭыԥк ахь ҳаиасит, насгьы аизара «Берлин-Темпельхоф» ахь ҳныҟәон. Ԥыҭрак ашьҭахь сан аӡы лыҽӡаалхит, аха сара слакҩакуан. Избан?

АԤХАШЬАРА СШАИААИЗ

Сара Иегова имаҵ аураҿы рацәак аџьабаа збомызт, избанзар сыԥхашьаҩын. Ҩышықәса ажәабжьҳәара сышныҟәозгьы, знызаҵәыкгьы аӡәы симацәажәацызт. Аха агәымшәара злаз, насгьы аԥышәарақәа раан Иегова изиашаны иаанхаз аишьцәа амаҵ рыцура саналага, хәыҷы-хәыҷла аҽыԥсахра салагеит. Шьоукы Мрагыларатәи Германиа иҟаз аконцлагерқәа ирҭакын, даҽа шьоукы — абахҭақәа. Егьырҭ Мрагыларатәи Германиаҟа ҳпубликациақәа ыиаргарц азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон. Урҭ рҿырԥшы даара сархәыцит. Сара схәыцит: «Арҭ ақьырсианцәа Иеговеи рашьцәеи рзы рыԥсҭазаара иамеигӡазар, абахҭа ҳҭаркуеит ҳәагьы имшәазар, сара аԥхашьара саиааирц азы хымԥада исылшо ак ҟасҵароуп».

1955 шықәсазы имҩаԥысуаз акампаниа аԥхашьара аиааира исыцхрааит. «Информатор»a аҿы ианырҵаз Неитон Норр исаламшәҟәаҿы ианын уи акампаниа зегьы инарылукаартә ишыҟало. Иара иҳәеит ажәабжьҳәаҩцәа зегьы акампаниа рхы аладырхәыр, уи амза аҩныҵҟа адгьыл зегь зеиԥшыҟам шаҳаҭра шаиуа. Убас иагьыҟалаҵәҟьеит! Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа сара Иегова сҽизыскит, насгьы 1956 шықәсазы саҳәшьеи, саби, сареи аӡы ҳаҽӡааҳхит. Аха уи нахыс исыдыскылар акәын ихадаз даҽа ӡбарак.

Сара издыруан апионертә маҵзура зегь раасҭа ишеиӷьу, аха уеизгьы уи алагара сахыццакуамызт. Сара исыӡбеит зегь раԥхьаӡа иргыланы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахәаахәҭшьа сҵарц. Убри азы Берлинтәи аҵараиурҭа сҭалеит. Аҵара саналга ашьҭахь исҭаххеит пионерс амаҵ аура салагаанӡа сзанааҭ аҿы аԥышәа соурц. Убри аҟынтә 1961 шықәсазы иреиҳау амшынбаӷәаза ахьыҟаз ақалақь Гамбург аҿы аусура салагеит. Сусура даараӡа исгәаԥхон аҟынтә апионертә маҵзура сахыццакуамызт. Исыцхраазеи нас аҽыԥсахра?

Сара Иегова идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иасҳәоит абзиабара аазырԥшуаз аишьцәа рыла адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара дахьсыцхраауаз азы. Сҩызцәа ԥыҭҩык пионерс амаҵ аура иалагеит. Сара сзы уи ҿырԥш бзиан. Урҭ рыдагьы, Иегова сиқәгәыӷларц сгәазҭеиҵон аконцлагер зхызгахьаз Ерих Мундт. Иара исзеиҭеиҳәеит аконцлагер аҿы зхы иақәгәыӷуаз аишьцәа ирласны ишыԥсыҽхаз, аха Иегова иқәгәыӷуаз иара изиашаны ишаанхаз, насгьы аизараҿы зегьы рзы ишҿырԥшыгахаз.

Апионертә маҵзура саналагаз. 1963 шықәса

Иара убас ԥыҭрак ашьҭахь Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ аура иалагаз аиашьа Мартин Пиотцингер аишьцәа еснагь ргәы шьҭихуан. Иара иҳәон: «Агәымшәара зыхә ҳараку малуп!» Абарҭ ажәақәа санрызхәыц ашьҭахь, сусура аансыжьырц сыӡбеит, насгьы ииун, 1963 шықәсазы пионерс амаҵ аура салагеит! Уи зегь иреиӷьыз аӡбара акәхеит! Ҩымз рышьҭахь иҷыдоу пионерс амаҵ зуларц сыдыргалеит, усҟан аусура ҿыц сагьашьҭамлаӡацызт. Шықәсқәак рышьҭахь Иегова сыззыԥшымыз азылԥхара сиҭеит. Галаад ашкол 44-тәи акласс ахь ааԥхьара соуит.

ГАЛААД ЗЕИԤШЫҞАМ АҴАРА СОУЕИТ

Аишьцәа Неитан Норри Лаимон Суингли ирҳәоз аҟынтә зегь реиҳа игәныскылеит абарҭ ажәақәа: «Шәмаҵзура ааныжьра шәахымыццакын». Дара иҳадыз амаҵзура наҳагӡаларц ҳгәазҭарҵон, уи мариамхаргьы. Аиашьа Норр иҳәеит: «Шәхы ззышәышьҭуазеи шәара: аҳәынҵәа, ахәаҷа-маҷақәа, аӷарра, мамзаргьы ашәҭқәеи, аҵлақәеи, иҿаԥха-ҿаччо ауааи ракәу? Шәҽазышәшәала ауаа бзиа рбара!» Зны Лаимон Суингл аишьцәа шьоукы рмаҵзура зынрыжьыз анаҳзеиҭеиҳәоз илаӷырӡқәа изнымкылеит. Иажәахә наигӡарц азы иара дааҭгыланы иҽирҭынчыр акәхеит. Уи сгәаҵанӡа инеит, сара исыӡбеит Христосгьы изиашоу иашьцәагьы ахаангьы ргәы дсмырхьырц (Матф. 25:40).

Сара, Клод, Генрих. Лубумбаши ҳмиссионертә маҵзура аан (Конго, 1967 шықәса)

Ҳахьырышьҭуа атәылақәа анҳарҳәа, Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәа ԥыҭҩык ҳакәшан ргәы хыҭ-хыҭуа ҳахьцо азҵаара иалагеит. Дара атәылақәа зегьы ибзианы ирыхцәажәеит, аха сара Конго (Киншаса) сышцо анысҳәа, дара маҷк иааҭгылеит, анаҩс иацырҵеит: «Аа, Конго! Иегова духылаԥшааит!» Урҭ ашықәсқәа рзы зегьы еицырдыруан Конго (Киншаса) аибашьра шцоз, насгьы ауаа шнибарҵәоз. Аха сара Галаад аҿы еилыскааз сазхәыцуан. Галаад ҳаналга ашьҭахь дук мырҵыкәа, сентиабр 1967 шықәсазы Генрих Денбостели, Клод Линдсеии, сареи Конготәи аҳҭнықалақь Киншасаҟа амҩа ҳақәлеит.

АМИССИОНЕРРА ИАҲНАРҴАЗ РАЦӘОУП

Киншасаҟа ҳаниас хымз рыҩныҵҟа афранцыз бызшәа ҳҵон. Анаҩс ақалақь Лубумбашиҟа (уаанӡа Елизабетвиль) ҳаԥрит, уи Конго аладахьы ишьҭоуп, насгьы Замбиатәи аҳәаа иазааигәоуп. Ақалақь агәҭаҵәҟьа амиссионерцәа рзы аҩны ыҟан, ҳара уа анхара ҳалагеит.

Лубумбаши иаҵанакуаз аҭыԥқәа жәпакы Иегова ишаҳаҭцәа ршьапы ықәдмыргылацызт, убри аҟынтә уа ауаа Аҳра ажәабжь рмаҳацызт. Иаарласны Абиблиа аҵара зҭахыз зегьы уи рзымҩаԥгара ҳахьымӡо ҳалагеит. Иара убас ҳара шаҳаҭра раҳҭон аҳәынҭқарраҿы аҭыԥ ду аанызкылоз ауааи аполициа аусзуҩцәеи. Еиҳараҩык Анцәа Иажәа ҳаҭыр ақәырҵон, насгьы ҳажәабжьҳәаратә ус ргәаԥхон. Ирацәаҩын суахили абызшәала ицәажәоз, убри аҟынтә Клод Линдсеии сареи уи абызшәагьы ҳҵеит. Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа, суахили бызшәала имҩаԥысуаз аизарахь ҳаиаргеит.

Даараӡа ирацәан ҳзыргәырӷьоз, амаҵзураҿы ҳзықәшәоз аинтерес зҵаз ахҭысқәа, аха ауадаҩрақәагьы ҳаман. Иаҳҳәап, лассы-лассы ижәны иҟаз бџьарла еибыҭаз аруаа ҳрықәшәон, иара убасгьы зыԥсахы еибакны иҟаз аполициа аусзуҩцәа иҟам-ианым ҳақәырҳәацәон. Зны бџьарла еибыҭаз аполициа аусзуҩцәа аизара ахьымҩаԥаҳгоз ҳмиссионертә ҩны иажәлеит, нас ихадоу русбарҭахь ҳаргеит. Уа ахәылбыҽха асааҭ 10-нӡа анышә ҳақәыртәаны ҳрыман.

1969 шықәсазы араионтә маҵзура сыдырҵеит. Уи амаҵзура аан зны-зынла сара даара ихараз аҭыԥқәа рахь ацара сықәшәон, амҩақәа аҳәынҵәа иарганы иҟан, аҳаскьын акәзар сышәара еиҳан. Қыҭак аҿы аҟәарҭ акәҷарақәа аманы уахык иаашаанӡа скаруаҭ иҵатәан. Ахаангьы исхашҭуам ашара иалагаанӡа уи «ҟәах-ҟәах» ахга сшаанарԥшуаз. Иара убас исхашҭуам хәылбыҽхала аишьцәеи сареи ҳаизаны амца ҳаҿҳәатәаны ҳшеицәажәоз.

Зегь раасҭа ауадаҩрақәа ҳазцәырызгоз шәашьцәа ҳауп ҳәа зҳәоз, аха ииашаҵәҟьаны «Китавала» захьӡыз аполитикатә гәыԥ иалаз ауаа ракәынb. Урҭ рахьтә шьоукы аӡгьы рыҽӡаархит, аизара аиҳабыс амаҵ аура иалагазгьы ыҟан. Аха дара ирылымшеит гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ зуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ржьара (Иуда 12, АдҾ). Аҵыхәтәаны Иегова аизара ирыцқьеит. Уи нахыс аҵабырг здызкылаз даараӡа ирацәахеит.

1971 шықәсазы Киншасатәи афилиал ахь саарыԥхьеит. Уа еиуеиԥшымыз адҵақәа насыгӡон, иаҳҳәап, асаламшәҟәқәа рҭак ҟасҵон, аизарақәа иаҿарҵоз алитература сырхион, иара убас амаҵзура иадҳәалаз аусқәа ҟасҵон. Вефиль аҿы сара исдырҵеит идуу, аха амҩақәеи, афымцеи, атранспорти ахьеиқәшәам атәылаҿы ҳус шеиҿкаатәу. Зны-зынла ҳаирпланла иҳашьҭуаз асаламшәҟәқәа аизарақәа рҟынӡа мызла инеиуамызт. Асаламшәҟәқәа аҳаирплан иақәхны анышьқәа рыла идәықәырҵон, аха анышьқәа аӡы иҭиаауаз аҵиаақәа ирылахон, насгьы мчыбжьыла ирызӡхыгомызт. Аха ҳус уеизгьы ԥхьаҟа ицон.

Сара даараӡа иџьасшьон аԥара шыҟамызгьы аишьцәа аконгресс дуқәа шеиҿыркаауаз анызбоз. Асцена ҟарҵарц азы дара атермитқәа рыҭрақәа рхы иадырхәон, асланқәа рҳаскьын ала аҭӡамцқәа дыргылон, насгьы атәарҭа ҭыԥқәа ҟарҵон. Ахыбреи, адашьмеи, астолқәеи акалам иалырхуан. Аҵәымӷқәа рҭыԥан аҵла ацәа рхы иадырхәон. Сара сызрыцхрааӡомызт, аха згәы казмыжьуаз, ауадаҩрақәа иџьоушьартә еиԥш рыӡбашьа иақәшәоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи сгәы шьҭырхуан. Сара урҭ гәык-ԥсыкала бзиа избеит. Шаҟа игәхьаазгози урҭ, даҽа тәылак ахь амаҵ аура санырышьҭ!

КЕНИА АМАҴ АНЫЗУАЗ

1974 шықәсазы Наиробитәи (Кениа) афилиал аҿы амаҵ аура салагеит. Ҳус даара ирацәан, избанзар Кениатәи афилиал 10 тәылак рҿы ажәабжьҳәара аус иахылаԥшуан, урҭ рахьтә тәылақәак рҿы ҳдинхаҵара мап ацәкын. Сара зныкымкәа урҭ атәылақәа сырҭааит, еиҳарак Ефиопиа. Усҟан уа аишьцәа ӷәӷәала ирышьҭашәарыцон. Аӡәырҩы гәымбылџьбарала ирызныҟәон, абахҭа иҭаркуан, иршьызгьы ыҟан. Аха дара Иегова изиашаны иаанхеит, избанзар иареи дареи, насгьы рашьцәеи дареи реизыҟазаашьақәа бзиан.

1980 шықәсазы сара даҽа ҳамҭак соуит, Геил Матесони сареи ҳаԥсҭазаара еилаҳҵеит. Геил Канада диит. Лареи сареи Галаад ашкол аҿы аҵара еицаҳҵон. Ҳара акыраамҭа асаламшәҟәқәа еимаҳдон. Геил миссионерс Боливиа амаҵ луан. 12 шықәса рышьҭахь ҳара Ниу-Иорк ҳаиқәшәеит. Дук мырҵыкәа Кениа ҳаибагеит. Сара ахә ҳаракны исшьоит Геил еснагь адоуҳатә хәаԥшышьа ахьлымаз, насгьы илымаз ахьлызлырхоз. Иахьа уажәраанӡа лара дҩыза бзиоуп сара сзы.

1986 шықәсазы Геили сареи араионтә маҵзурахьы ҳрышьҭит, аха убри аамҭазгьы сара афилиал акомитет аҿы амаҵ зуан. Ҳара Кениатәи афилиал иаҵанакуаз атәылақәа жәпакы ҳарҭаауан.

Асмара аконгресс аҿы ажәахә сҳәоит. 1992 шықәса

Даараӡа сгәы иахәоит 1992 шықәсазы Асмара (Еритреиа) аконгресс амҩаԥгара ҳаҽшазыҟаҳҵоз анысгәалашәо. Усҟан уа ҳдинхаҵара мап ацәкӡамызт. Илахьеиқәҵаган, аха иҳаԥшааз аказарма заҵәык акәын, уи адәахьала аасҭа, аҩныҵҟа еиҳагьы еицәан. Аконгресс аҽны сара даара иџьасшьеит аишьцәа уи шаҟа идырԥшӡаз анызба. Ушьҭа уи Иегова имҵахырхәаразы иақәнаго ҭыԥхеит. Имаҷымкәа аҭаацәарақәа аҩны ирымаз ааганы ицәыршәагаз аҭыԥқәа зегь рҵәахит. Уи иухамышҭуаз аконгресс аҿы 1 279-ҩык ауаа ыҟан.

Араионтә маҵзураҿы еснагь зегь еиԥшымызт, зны-зынла аокеан аԥшаҳәаҿы аҩн ду аҿы ҳанхон, зны-зынла — аихатә бӷьыцқәа ирылхыз ҩныжәк аҿы, уантәи ашьышьмаҭраҟынӡа 100 метрак бжьан. Аха ҳахьынхоз аҭыԥ зеиԥшразаалакгьы, ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадаз агәацԥыҳәара аазырԥшуаз апионерцәеи ажәабжьҳәаҩцәеи иаашар хәлаанӡа амаҵ ахьрыцаҳуаз акәын. Даҽа ҭыԥк ахь амаҵ аура ҳанырышьҭ, иҳазгәакьахаз аҩызцәа рацәаҩны инҳажьыр акәхеит, урҭ даара игәхьааҳгон.

ЕФИОПИА ИҲАУЗ АЗЫЛԤХАРАҚӘА

1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы 1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Кениатәи афилиал иаҵанакуаз тәылақәак рҿы ҳдинхаҵара закәанла ишьақәдырӷәӷәеит. Убри аҟынтә урҭ атәылақәа рҿы афилиалқәеи аофисқәеи ҟалеит. 1993 шықәсазы ҳара Аддис-Абеба (Ефиопиа) ҳрышьҭит, аофис аҿы амаҵ ҳауларц азы. Уа ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа ҳдинхаҵара мап ацәкын.

Ефиопиа, араионтә маҵзура аан. 1996 шықәса

Иегова Ефиопиа ажәабжьҳәара аус дазылԥхеит. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы пионерс амаҵ аура иалагеит. 2012 шықәса инаркны есышықәса 20 процент ажәабжьҳәаҩцәа пионерс амаҵ руан. Уи адагьы, атеократиатә школқәа рымҩаԥгара иалагеит, насгьы 120 инареиҳаны Аҳратә залқәа дыргылеит. 2004 шықәсазы вефильтәи аҭаацәара иҿыцу ахыбрахь ииасит, уи аҭыԥ аҿы Аконгрессқәа рзалгьы дыргылеит.

Геили сареи Ефиопиа аҩызцәа бзиақәа рацәаны иҳарҳаит. Урҭ иаадырԥшуаз ақьиареи ахаареи азы гәык-ԥсыкала бзиа иаҳбеит. Ааигәа ҳгәамбзиара иахҟьаны Агәҭанытәи Европатәи афилиал ахь ҳрышьҭит. Уа ҳара даараӡа иҳаиҷаҳауеит, аха уеизгьы Ефиопиа иҟоу ҳҩызцәа гәхьааҳгоит.

ИЕГОВА ЕИЗИРҲАИТ

Ҳара ҳаблала иаҳбеит Иегова аҵабырг ажәла шеизирҳаз (1 Кор. 3:6, 9). Иаҳҳәап, раԥхьаӡакәны Коппербелт (Конго) руандатәи ашьхаусзуҩцәа ажәабжь анырзеиҭасҳәоз, Руанда ажәабжьҳәаҩцәа зынӡа иҟамызт. Иахьа уа 30 000-ҩык инареиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ыҟоуп. 1967 шықәсазы Конго (Киншаса) 6 000-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа ыҟан, аха иахьа 230 000-ҩык раҟара ыҟоуп. 2018 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз иаҭааит. Кениатәи афилиал иаҵанакуаз атәылақәа зегь рҿы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 100 000-ҩык иреиҳауп.

50 шықәса инареиҳаны раԥхьа Иегова апионертә маҵзура алагара дсыцхраарц азы еиуеиԥшым аишьцәа ихы иаирхәеит. Иахьа уажәраанӡагьы сара сыԥхашьаҩуп, аха Иегова аҵыхәтәанынӡа иқәгәыӷшьа сҵеит. Африка исоуз аԥышәа сыцхрааит ачҳара аизырҳара, насгьы исымоу сзырхара. Геили сареи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иаадырԥшуаз асасдкылара ҳаршанхон, насгьы дара ахаангьы ргәы карыжьуамызт, еснагь Иегова иқәгәыӷуан. Сара Анцәа иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иасҳәоит иааирԥшуа сзыԥсам ақьиаразы! Иегова сшазыԥшымыз еиԥш дысзылԥхеит! (Аԥсал. 37:4).

a Ԥыҭрак ашьҭахь уи «Иԥшьоу ҳмаҵзура» ахьӡҵан, иахьа уи аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» ауп.

b Ажәа «Китавала» аауеит суахили абызшәа аҟынтә, уи иаанагоит «напхгара аура ма аҟаҵара». Уи аполитикатә гәыԥ хықәкыс иамаз Бельгиа аҟынтә ахьыԥшымра аиура акәын. Китавала иалаз ауаа ҳпубликациақәа ргон, ирыԥхьон, насгьы ауаа ирыладырҵәон. Дара рполитикатә хәаԥшышьақәеи, амагиа злаз рҵасқәеи, ицқьамыз рхымҩаԥгашьеи иашоушәа аадырԥшырц азы абиблиатә ҵарақәа рыԥсахуан.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра