Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ииуль ад. 30—31
  • Дыԥсыма Иисус сара сызгьы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дыԥсыма Иисус сара сызгьы?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИСУС ИԤСХҬЫНҴАРА ДШАХӘАԤШУАЗ
  • ПАВЕЛ ИЦХРААЗ
  • ИЕГОВА «ҲГӘЫ ААСҬА ДЕИҲАУП»
  • Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аҿыхра ахә ҳаракны ишәшьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аҿыхра — иреиҳаӡоу Анцәа иҳамҭа
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ауаатәыҩса рҿыхразы Анцәа ииӡбыз
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ииуль ад. 30—31

Дыԥсыма Иисус сара сызгьы?

АБИБЛИАҾЫ ирацәоуп ҳара ҳцәаныррақәа рҩызцәа змаз ауаа ражәақәа (Иак. 5:17). Иаҳҳәап, ҳара иаҳзымариоуп Павел ииҳәаз абарҭ ажәақәа реилкаара: «Абзиара ҟасҵарц ианақәыскуа аамҭазы, сывараҿ ацәгьара гылоуп... Сара — насыԥ змам уаҩуп, суаҩ рыцҳауп» (Рим. 7:21—24). Павел иаартны ииҳәаз арҭ ажәақәа ҳаԥсыҽрақәа риааираҿы иҳацхраауеит.

Аха Павел дызлацәажәоз урҭ ацәаныррақәа рымацара ракәӡам. Галаҭаа рахь 2:20 аҿы иара агәра ганы иҳәеит: «[Иисус] сара бзиа сибеит, ихгьы сықәиҵеит». Агәра ганы шәыҟоума шәаргьы убас? Иҟалап зны-зынла ишәцәыцәгьазар.

Уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы акгьы ҳаԥсамшәа анаҳбо, Иегова бзиа ҳшибо, насгьы ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз агәра агара ҳцәыцәгьоуп. Уи ацәанырра ҳԥырхагоуп Иисус хаҭала ҳара ҳзы дшыԥсыз агәра агара. Иҭахума Иисус иԥсы хаҭала ҳара ишҳахҭниҵаз агәра ганы ҳаҟазарц? Ааи акәзар, иҳацхраауазеи уи аҿы? Шәааи арҭ ҩ-зҵаарак еилҳаргап.

ИИСУС ИԤСХҬЫНҴАРА ДШАХӘАԤШУАЗ

Иисус ииашаҵәҟьаны иҭахуп иԥсы хаҭала ҳара ишҳахҭниҵаз агәра ганы ҳаҟазарц. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Шәхаҿы иаажәг Лука 23:39—43 (АдҾ) аҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭыс. Иисус иганаҿы агәаҟратә шьаҟаҿы ахаҵа дыкнаҳауп. Иара ус цәгьак шыҟаиҵаз иҳәоит. Уи ахаҵа ашьаҟаҿы дыкнарҳазар, ус анакәха иҟаиҵаз ацәгьоура даара иӷәӷәан. Иара дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иисус диҳәоит: «Иисус, сугәаларшәа Уаҳрахь уаннеилак».

Ҭақс иеиҳәазеи Иисус? Шәхаҿы иаажәг Иисус иган аҿы икнаҳау ацәгьаҟаҵаҩ илакҭа дҭаԥшырц дышхьаҳәуа, уи ахьаа шинаҭогьы. Иисус хаала ахаҵа иеиҳәоит: «Иашала иуасҳәоит иахьаҵәҟьа, уара џьанаҭ усыцҟалоит». Иисус илшон баша ахаҵа игәалаиршәар «Ауаҩытәыҩса Иԥа... дзааз иԥсҭазаарала шьардаҩы ҿихыр[ц] азы» шакәу (Матф. 20:28). Аха иазгәашәҭ Иисус иԥсхҭынҵара хаҭала уи ацәгьаҟаҵаҩ изаанагоз дшахцәажәаз. Иисус ихы иаирхәаз ажәақәа «уара», насгьы «усыцҟалоит» ирныԥшуан уи хаҭала дышизхәыцуаз. Иисус уи ауаҩ џьанаҭ дгьыл аҿы дшынхало иеиҳәеит, убри алагьы иԥсхҭынҵара хаҭала иара хәарҭас изаанаго иирбеит.

Ҳәарада, Иисус иҭахын уи ахаҵа еиликаарц хаҭала иара изгьы дшыԥсуа. Иисус иҭахызҭгьы Анцәа имаҵ аура алшара змамыз ацәгьаҟаҵаҩ Иисус хаҭала иара изы дшыԥсуа еиликаарц, ҳәарада, уи иҭахуп Анцәа имаҵ зуа ақьырсиан агәра ганы дыҟазарц Иисус хаҭала иара изгьы дшыԥсыз. Иҳацхраауазеи уаанӡа агәнаҳақәа шыҟаҳҵахьазгьы, Иисус хаҭала ҳара ҳзы дшыԥсыз агәра агара?

ПАВЕЛ ИЦХРААЗ

Иисус Павел идиҵаз амаҵзура агәра инаргон уи хаҭала иара изы дшыԥсыз. Иара иҳәоит: «Мчы-лшарас иҟоу зегьы сызҭауа, Иҳақәиҭу Христос Иисус иҭабуп ҳәа иасҳәоит ииаша-ҵабыргу аӡәы ҳәа сыԥхьаӡаны, имаҵ аура ахьсаҭәеишьаз, избанзар уаанӡа зны ахаҵара змаз сырџьон, иԥхарсуа исыман, сырзыӷьашкын» (1 Тим. 1:12—14). Павел еиликаауан Иисус уи адҵа ииҭазар, игәра шигоз, бзиа дшибоз, насгьы агәшаҭара шааирԥшуаз. Иисус ҳаргьы ажәабжьҳәара дҵас иҳаиҭеит (Матф. 28:19, 20). Иҳацхраар алшома ажәабжьҳәара дҵас иахьҳаду Иисус хаҭала ҳара ҳазгьы дшыԥсыз аилкаара?

34 шықәса раҟара аизара иалцаз Альберт иҳәоит: «Сыгәнаҳақәа еснагь сыла ихгылоуп. Аха ажәабжь анысҳәо, Павел иеиԥш избоит Иисус хаҭала уи адҵа саргьы ишсыдиҵаз. Уи сгәы шьҭнахуеит, схы пату ақәҵара салагоит, сыԥсҭазаара насыԥ аиоуеит, ԥхьаҟатәи сԥеиԥш агәырӷьара сзаанагоит» (Аԥсал. 51:3).

Абиблиа зшәырҵо ауаа зегьы агәра дшәыргала Иисус бзиа ишибо, насгьы дара рахь агәшаҭара шааирԥшуа

Уаанӡа ацәгьоурақәа ирҿыз, зыԥсҭазаара қәымчрала иҭәыз Аллан иҳәоит: «Сара иахьа уажәраанӡа исхашҭӡом ауаа шаҟа ацәгьара рзызуз. Зны-зынла уи даараӡа сгәы канажьуеит, аха Иегова иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иасҳәоит сара сҩыза агәнаҳаҟаҵаҩ ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара ахьиаҭәеишьаз. Ауаа ажәабжь бзиа шрыдыркыло анызбо, уи исгәаланаршәоит Иегова ақьиареи абзиабареи шааирԥшуа. Сара избоит ихы сархәаны сара исеиԥшыз ауаа дрыцхраарц шиҭаху».

Ажәабжьҳәара ҳҽаналаҳархәуа ҳамчқәа аус бзиақәа ирзаҳкуеит, насгьы ибзиоу ауп ҳзызхәыцуа. Иисус ари адҵа ҳадиҵазар, ус анакәха ҳагәра игоит, бзиа ҳаибоит, насгьы агәшаҭара ааирԥшуеит.

ИЕГОВА «ҲГӘЫ ААСҬА ДЕИҲАУП»

Аҩсҭаа ицәгьоу идунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы ҳгәы ҳақәыӡбалоит. Ишԥаҳалшо урҭ ацәаныррақәа риааира?

Џьин данқәыԥшыз лҭаацәеи аизареи рҿаԥхьа дқьырсианушәа лхы аалырԥшуан, аха даҽаџьара лхы иҽеимкәа имҩаԥылгон. Уи азы лара зны-зынла лхы ахара адылҵоит. Џьин илҳәоит: «Сара сгәы шьҭнахуеит Иегова ҳгәы аҵкыс дшеиҳау ахьыздыруа» (1 Иоанн 3:19, 20, АдҾ). Џьин леиԥш ҳаргьы ҳгәы шьҭнахыр ауеит Иеговеи Иисуси агәнаҳа ҳшаҵоу ахьеилыркаауа. Ишәхашәмыршҭын: Иисус иԥсы зыхҭниҵаз инаӡоу ауаа ракәӡам, аха зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа роуп (1 Тим. 1:15).

Иисус хаҭала ҳара ҳзы дшыԥсыз агәра ганы ҳаҟазарц азы иара инаӡам ауаа дшырзыҟаз инарҵауланы ҳазхәыцлар ауп, насгьы иҳадиҵаз ажәабжьҳәаратә ус гәык-ԥсыкала ҳҽалаҳархәлароуп. Усҟан ҳара Павел иеиԥш иаҳҳәар ҳалшоит: «Уи сара бзиа сибеит, ихгьы сықәиҵеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра