АБИОГРАФИА
Ҳамҩақәҵаҩ Ду иҿы аҵара ҵара ҳаҟәыҵӡом
АБЛОКПОСТҚӘА, амца зкыз абаррикадақәа, афырҭынқәа, тәылак аҿы инхоз ауаа рыбжьара аибашьрақәа, аевакуациа. Сыԥшәмеи сареи апионерс, насгьы миссионерс амаҵ анаҳуаз, егьырҭ ауадаҩрақәагьы ҳрықәшәон. Аха уи аҩыза аԥсҭазаара ахьалаҳхыз ахаан ҳахьымхәӡацт. Иегова еснагь дҳацхраауан, дагьҳзылԥхон. Иахьа уажәраанӡагьы иара иҿы аҵара ҳҵоит (Иов 36:22; Ис. 30:20).
ҲҬААЦӘА РҾЫРԤШЫ
1950-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы сҭаацәа Италиантәи Канадаҟа ииасит. Уаҟа Ки́ндерсли (апровинциа Саска́чеван) анхара иалагеит. Хара имгакәа дара аҵабырг еилыркааит. Убри инаркны ҳҭаацәараҿы Анцәа имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ ааннакылеит. Зны-зынла ҳшынҭаацәаз ҳаицны шьыжьы инаркны хәлаанӡа ажәабжь ҳҳәон. Убри аҟынтә 8 шықәса анысхыҵуаз, ицхырааҩу пионерс амаҵ аура салагеит ҳәа зны-зынла сыхәмарны исҳәоит.
Ҳҭаацәа, 1966 шықәса шыҟаз еиԥш
Сҭаацәа уиаҟара аԥара рымаӡамызт. Аха Иегова имаҵ руларц азы ирымаз ахәыҷы иеигӡаӡомызт. Уи аҟны аҿырԥш бзиа сырҭон. 1963 шықәсазы сани саби Пасаде́на (аштат Калифорниа, Еиду Аштатқәа) имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аконгресс ахь ицарц азы ирҭииз рацәоуп. 1972 шықәсазы ҳара канадатәи ақалақь Треилҟа (апровинциа Британиатәи Колумбиа) ҳаиасит, уа аиталиан бызшәала ицәажәоз ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәаларц азы. Уанӡа 1 000 километра бжьан. Саб адәқьан аҿы еилыргаҩыс аус иуан. Еиҳа еиӷьу аусура анидыргалоз, мап икуан, избанзар адоуҳатә усқәа рҟынтә акы дахнагар иҭахӡамызт.
Сҭаацәа аҿырԥш бзиа ахьсырҭоз азы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Дара рыбзоурала саныхәыҷыз еилыскаахьан Анцәа Иаҳра сыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы исыргылалар, Иегова цхыраарада сшаанимыжьуа (Матф. 6:33). Уи ус шакәу сыԥсҭазаараҿы зныкымкәа избахьеит.
СААМҬА ЗЕГЬ АНЦӘА ИМАҴ АУРА ИАЗЫСКИТ
1980 шықәсазы Де́бби зыхьӡыз адоуҳатә хықәкқәа змаз аиаҳәшьа бзиа ԥҳәысс дызгеит. Ҳара ҳаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазаҳклар ҳҭахын, убри аҟынтә хымз рышьҭахь Дебби апионертә маҵзура далагеит. Шықәсык анҵы ацхыраара ахьаҭахыз ихәыҷу еизарак ахь ҳаиасит. Убасҟан саргьы пионерс амаҵ аура салагеит.
Ҳчара амш аҽны. 1980-тәи ашықәс
Аха аамҭак ашьҭахь уахь ҳахьиасыз ҳахьхәын, уантәи ҳцарц ҳаӡбеит. Аха зны араион ахылаԥшҩы ҳиацәажәарц ҳаӡбеит. Уи ҳашиацәажәаз ауп. Иара хаала, аха иаартны ус ҳаиҳәеит: «Шәара ауадаҩрақәа мыцхәы шәхы рзышәышьҭуеит. Уи аҭыԥан ибзиоу гәашәҭала, убри шәхы азышәышьҭ». Уи алабжьара даараӡа иҳахәеит (Аԥсал. 141:5). Ҳара иаразнак уи ҳхы иаҳархәеит, аиашьа дышиашазгьы ҳбеит. Ҳара игәаҳҭеит ҳаизараҿы Иегова изы еиҳаны аџьабаа збалар зҭаху шыҟоу, ахәыҷқәеи Иегова имаҵ зымуа ахацәа змаз аиҳәшьцәеи уахь иналаҵаны. Уи ихадоу ак ҳнарҵеит. Ҳара еилаҳкааит ибзиоу ҳхы азышьҭны Иегова аҭагылазаашьа ириашаанӡа ачҳара аарԥшны ишыԥшлатәу (Мих. 7:7). Уи нахыс еиҭа агәырӷьара ҳауит.
Раԥхьаӡа акәны апионерцәа рышкол ҳанахысуаз, арҵаҩцәа бзиақәа ҳаман. Уаанӡа дара егьырҭ атәылақәа рҿы амаҵ руан. Дара асахьақәа ҳарбаны изықәшәоз ауадаҩрақәеи ирымаз азылԥхарақәеи рыӡбахә ҳзеиҭарҳәон. Урҭ рҭоурыхқәа ҳанырзыӡырҩ, миссионерцәас амаҵ ҳауларц ҳҭаххеит. Убас иҿыцу ахықәкы ҳауит.
Аҳратә зал аҿаԥхьа. Британиатәи Колумбиа, 1983-тәи ашықәс
Ҳхықәкы ҳазааигәахарц азы 1984 шықәсазы афранцыз бызшәала иахьцәажәоз апровинциа Квебе́кҟа ҳаиасит. Британиатәи Колумбиантәи уанӡа 4 000 километра бжьан. Ҳара уа иҟаз акультура ҳашьцылар акәын, абызшәа ҿыцгьы ҳҵар акәын. Иҟан даҽа уадаҩракгьы — ҳара аԥара ҳазхаӡомызт. Аамҭак азы акартош заҵәык ҳфон. Иара уигьы аферма змаз иаҳдыруаз аӡәы иуҭраҿы иҵаҳхларц азин ҳаиҭеит. Дебби акартош иалхны фатәыс иааҟалымҵоз ҳәа ак ыҟамызт! Ауадаҩрақәа ҳашрықәшәозгьы, агәырӷьара ҳаман, избанзар Иегова дышҳацхраауаз ҳбон (Аԥсал. 64:10).
Ҽнак зны ҳшазыԥшымыз аҭел абжьы геит: ҳара канадатәи Вефиль ахь ҳаарыԥхьеит. Ҳара ҳгәырӷьару-ҳҵәыуару ҳаздыруамызт. Ганкахьала уи ҳаигәырӷьеит, аха даҽа ганкахьала Галаад ашкол ҳахысыр ҳҭахын, арзаҳалгьы хаҳарҭәаахьан. Аха ҳахьаарыԥхьаз ҳцеит. Вефиль ахь ҳаннеи, афилиал акомитет аҿы амаҵ зуаз аиашьа Ке́ннет Ли́ттл ҳиазҵааит: «Галаад ахь ҳаарыԥхьар, иҟаҳҵои?» Иара иҳәеит: «Уи ааԥхьара аншәоулак ҳалацәажәап».
Мчыбжьык ашьҭахь Деббии сареи Галаад ашкол ахь ҳаарыԥхьеит. Убри аҟынтә ҳара аӡбара ҳадаҳкылар акәын. Аиашьа Литтл иҳәеит: «Иалышәхуазаалакгьы, даҽакы алхтәын ҳәа зны-зынла шәгәы иаанагалоит. Акы даҽакы аасҭа еиӷьуп ҳәа узҳәаӡом. Иегова уигьы-уигьы дазылԥхар илшоит». Ҳара Галаад алаҳхит. Уи ашьҭахь аиашьа Литтл иҟәыӷоу иажәақәа зныкымкәа иаҳгәалашәахьан. Ҳара ҳаиԥш алхра ҟазҵараны иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи аиашьа иажәақәа рзеиҭаҳҳәон.
АМИССИОНЕРТӘ МАҴЗУРА ҲАЛАГЕИТ
(Армарахь) Иулиссис Гласс
(Арӷьарахь) Џьек Редфорд
Ҳара даара ҳаигәырӷьеит 24-ҩык астудентцәа аҵара ахьырҵоз Галаад ашкол 83-тәи акласс аҿы аҵара ахьаҳҵоз. Аҵара ҳалагеит апрель 1987 шықәсазы Бруклин (Ниу-Иорк). Еиҳарак аҵара ҳзырҵоз аишьцәа Иу́лиссис Гласси Џьек Ре́дфорди ракәын. Ҳаахьаԥшаанӡа хәымз ахьцаз ҳамбаӡеит. Сентиабр 6, 1987 шықәсазы аҵара ҳалгеит. Гуд Жо́ни Мари́и ҳареи Гаитиҟа ҳрышьҭит.
Гаити. 1988-тәи ашықәс
1962 шықәса инаркны Галаад аушьҭымҭацәа Гаитиҟа ирышьҭӡомызт. Уи ашықәс азы уа иаанханы иҟаз амиссионерцәа атәыла иалырцеит. Ҳара Гаитиҟа ҳааит. Уа 35-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа рыла ишьақәгылаз ихараз ашьхараҿы иҟаз аизара хәыҷ аҿы амаҵ аура ҳалагеит. Ҳара ҳқәыԥшын, аԥышәагьы ҳамаӡамызт, насгьы амиссионерцәа ахьынхоз аҩнаҿы ҳхала ҳанхон. Гаити инхоз ауаа цәгьала иӷарын, аԥхьашьа ззымдыруазгьы рацәаҩын. Миссионерцәас амаҵ анаҳуаз раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ҳазқәымшәаз ҳәа акгьы ыҟамызт! Аилаҩынтрақәа ыҟан, ауаа аҳәынҭқар дамхны даҽаӡә дарҭон, абаррикадақәа амца ддыркуан. Уи адагьы, афырҭын ӷәӷәақәа ҟалалон.
Гаити инхоз ачҳара аарԥшны зегь зхызгоз, насгьы агәырӷьара змырӡуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҿаҳҵааз рацәоуп. Урҭ рыԥсҭазаара мариамызт, аха дара Иеговеи ажәабжьҳәаратә уси бзиа ирбон. Зықәрахь инеихьаз аԥхьашьа ззымдыруаз иаҳәшьак 150 библиатә жәеинраала раҟара ҿырҳәала илдыруан. Ҳакәша-мыкәша иҟаз ахҭысқәа еиҳагьы агәра ҳдыргон ауаатәыҩса рыуадаҩрақәа зыӡбо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу. Уи егьырҭ ауаагьы ирзеиҭаҳҳәалар ҳҭахын. Абиблиа зҳарҵоз ауаа анҳгәалашәо, ҳгәы ԥхаррак ныҵалоит. Урҭ рҟынтә шьоукы ԥыҭрак ашьҭахь пионерцәас, иҷыдоу пионерцәас, насгьы аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ аура иалагеит.
Гаити Тре́вор зыхьӡыз иқәыԥшыз амормон иаҳасабала миссионерс амаҵ зуаз хаҵак сиабадырит. Иареи сареи Абиблиа аӡбахә зныкымкәа ҳалацәажәахьан. Шықәсқәак рышьҭахь сзыргәырӷьоз ак сзыԥшын. Тревор иҟынтә асаламшәҟәы соуит. Уа ианын: «Иааиуа аконгресс аҿы аӡы сыҽӡаасхуеит! Сара Гаитиҟа схынҳәыр сҭахуп, уаанӡа мормонк иаҳасабала миссионерс амаҵ ахьызуаз аҭыԥқәа рҿы иҷыдоу пионерс амаҵ зуларц азы». Тревор игәыхәтәы наӡеит: иԥшәмеи иареи акыршықәса Гаити ажәабжь бзиа рҳәон.
ЕВРОПАҞА ҲЦОИТ, НАС — АФРИКАҞА
Словениа амаҵ аниуаз. 1994-тәи ашықәс
Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа рус уаанӡа закәанла иахьышьақәырӷәӷәамыз Европа ахәҭахьы ажәабжь ҳҳәаларц ҳрышьҭит. 1992 шықәсазы Лиублиа́наҟа (Словениа) ҳцеит. Урҭ аҭыԥқәа рзааигәароуп сҭаацәа ахьиз-иахьааӡаз. Иугославиа ҳәа хьӡыс измаз атәыла атерриториаҿы усҟан аибашьра еилымгаӡацызт. Уаҟа ажәабжьҳәаратә ус иахылаԥшуаз Вена иҟаз австриатәи афилиали За́греб (Хорватиа), насгьы Белгра́д (Сербиа) иҟаз аофисқәеи ракәын. Ахьыԥшымра зауз аҳәынҭқаарақәа зегьы рҿы Вефильқәа раартра ргәы иҭан.
Абасала, ҳара даҽазнык абызшәа ҿыц ҳҵар, насгьы иҿыцу акультура ҳҽаҳаршьцылар акәхеит. Уа инхоз ауаа ирҳәон: «Е́зик е те́жик». Уи иаанагоит «Ҳбызшәа аҵара уадаҩуп». Ус иагьыҟан, рбызшәа аҵара ҳцәыуадаҩын. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала Анцәа имаҵ ахьыруаз ҳгәы шьҭнахуан. Ҳорганизациаҿы ԥсахрақәак аныҟалоз, дара урҭ рыҽрықәдыршәон, Иегова уи азы дшырзылԥхозгьы ҳбон. Ҳара даҽазнык иаҳбеит Иегова ианаамҭоу зегь аҭыԥ ишықәиҵо, насгьы уи абзиабара аҵаҵаны ишыҟаиҵо. Словениа ҳаныҟаз, уаанӡа аԥсҭазаара иаҳнарҵахьаз даара иҳахәеит. Иара уагьы иаҳҵаз рацәоуп. Аха аԥхьаҟа иҵегьы аԥсахрақәа ҳзыԥшын.
2000-тәи ашықәс азы ҳара Мраҭашәаратәи Африка иҟоу Кот-д’Ивуа́рҟа ҳрышьҭит. Нас, ноиабр, 2002 шықәсазы, уа аибашьра иалагеит аҟынтә, атәыла ҳалганы Сье́рра-Лео́неҟа ҳрышьҭит. Убасҟан ауп Сьерра-Леоне 11 шықәса ицоз аибашьра анеилга. Иаалырҟьаны Кот-д’Ивуар ҳалҵны ацара ахьҳақәшәаз ҳзымариаӡамызт. Аха аԥсҭазаара иаҳнарҵаз агәырӷьара амырӡра иҳацхрааит.
Сьерра-Леоне амаҵ анаҳуаз агәырӷьара ҳзаазгоз рацәан. Уаҟа Абиблиа аҵара зҭахыз ауаа рацәаҩын. Уи адагьы, ачҳара аарԥшны акыршықәса ицоз аибашьра зхызгаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирымаз абзиабара ҳгәы шьҭнахуан. Дара ӷарны инхон, аха ирымаз ахәыҷы егьырҭ ирыцеиҩыршон. Иаҳәшьак Дебби маҭәак ҳамҭас илылҭарц лҭаххеит. Раԥхьа Дебби мап лкырц далагеит. Аха аиаҳәшьа лҳамҭа лыдылкыларц длыҳәеит. Лара илҳәеит: «Аибашьра анцоз егьырҭ атәылақәа рҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳацхраауан. Уажәшьҭа ҳаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы ак ҟаҳҵалар ҳҭахуп». Деббии сареи Сьерра-Леоне инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарҿыԥшларц хықәкыс иқәҳаргылеит.
Аамҭак ашьҭахь ҳара Кот-д’Ивуарҟа ҳхынҳәит. Аха аполитика иахҟьаны уа еиҭах аилаҩынтрақәа ҟалеит. Убри аҟынтә ноиабр, 2004 шықәсазы авертолиот ала уи аҭыԥ ҳалган ҳаргеит. Ҳамаҭәақәа рҟынтә 10 кьылак еиҳаны ҳгар ҟалаӡомызт. Уи ауха афранцызцәа иртәыз арратә базаҿы ҳаҟан. Ҳара апол аҿы ҳацәан. Адырҩаҽны Швеицариаҟа ҳаргеит. Цхагәы шыҟаз Вефиль ахь ҳнеит. Уаҟа афилиал акомитет аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи Амаҵзура аиӷьтәразы ашкол аҿы рҵаҩцәас иҟаз аишьцәеи урҭ рыҳәсеи ҳԥылеит. Ҳара ахаан иаҳхашҭӡом урҭ ҳшыргәыдрыҳәҳәалоз, насгьы афатә ԥхеи шаҟа уҭаху швеицариатәи ашоколади рхианы ишаҳԥылаз. Урҭ рыбзиабара ҳгәы иҭанҵәом.
Ахҵәацәа рзы Кот-д’Ивуар ажәахә сыманы сықәгылоит. 2005-тәи ашықәс
Ҳара аамҭала Га́наҟа ҳрышьҭит, нас, Кот-д’Ивуар иҟаз аилаҩынтрақәа анеиқәтәа, уахь ҳхынҳәит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшуаз абзиабареи ақьиареи рыбзоурала тәылак аҟынтә даҽа тәылак ахь аиасра ахьҳақәшәоз, насгьы ҳмаҵзураҿы аԥсахрақәа ҳахьрықәшәоз иахҟьаны иҳамаз астресс ахгара иҳацхраауан. Иегова иорганизациаҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыбжьоу абзиабара ахаан иузрымхӡом. Аха Деббии сареи иҳаӡбеит уи ахә ҳаракны иаҳшьаларц, насгьы иахәҭоу ак еиԥш ахаан ҳамыхәаԥшларц. Аиаша уҳәозар, иуадаҩыз урҭ аамҭақәа иаҳдырҵаз рацәоуп.
МРАГЫЛАРА ААИГӘА АМАҴ ҲУЕИТ
Мрагылара Ааигәа. 2007-тәи ашықәс
2006 шықәсазы ҳара ихадоу адунеизегьтәи аусбарҭа аҟынтә асаламшәҟәы ҳауит. Уа ианын Мрагылара Ааигәа амаҵ аура ҳшырышьҭуа. Ҳара аинтерес зҵаз ахҭысқәеи ауадаҩрақәеи ҳзыԥшын — абызшәа ҿыц ҳҵар акәын, ркультурагьы ҳашьцылар акәын. Аполитикеи адинхаҵареи ирыхҟьаны ауадаҩрақәа ахьырацәаз уи аҭыԥ аҿы иаҳҵашаз рацәан. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ркультура шеиԥшымызгьы, аизараҿы акзаара ахьыҟаз даараӡа ҳгәы ҟанаҵон. Уи зыбзоураз аизараҿы зегьы Иегова иорганизациа аҟынтә анапхгара иахьақәныҟәоз акәын. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи реиҳараҩык рҭынхацәеи, аҵара рыцызҵози, аус рыцызуази, ргәылацәеи шырҿагылозгьы, агәымшәара аарԥшны зегь рхыргон. Уи даараӡа ҳгәы ҟанаҵон.
2012 шықәсазы ҳара Тель-Ави́в (Израиль) имҩаԥысыз иҷыдоу аконгресс ду ҳаҭааит. 33 шықәса ҳ. ҳ. азы имҩаԥысыз Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аахыс Иегова ижәлар абас хыԥхьаӡара рацәала ари аҭыԥ аҿы имеизаӡацызт. Уи ииашаҵәҟьаны хҭыс дуун!
Ҽнак зны Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылахь ҳцарц иҳаҳәеит. Ҳара публикациақәак шьҭаҳхын, аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцаҳуит, насгьы идумыз аконгрессқәа ҳарҭааит. Зехьынџьара аруаа абџьар кны игылан, аблокпостқәагьы рацәан. Аха ҳара ҳшәаӡомызт, избанзар есымша ԥыҭҩык ажәабжьҳәаҩцәа ҳацын, уи адагьы, аруаа рылаԥш ҳаҵамшәаларц азы агәҽанызаара ааҳарԥшуан.
АФРИКАҞА ҲХЫНҲӘУЕИТ
Конго ажәахә сҽазыҟасҵоит. 2014-тәи ашықәс
2013 шықәсазы ҳара иҿыцу адҵа ҳарҭеит — Кинша́са (Адемократиатә Республика Конго) иҟоу афилиал ахь ҳрышьҭит. Конго идуу, иԥшӡоу тәылоуп, аха уа инхо ауаа аӷарреи уа иҟаз аибашьрақәеи ирыхҟьаны игәаҟуеит. Уахь ҳанырышьҭ, раԥхьа ҳгәы иаанагеит: «Африка ҳашьцылахьеит, убри аҟынтә уахь ацаразы ҳахиоуп». Аха иаҳҵашаз иҵегьы ирацәазаарын! Иаҳҳәап, уа амҩақәеи ацҳақәеи ахьыҟамыз аҭыԥқәа рацәан. Конго инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа ҳарҭон! Дара ӷарны ишынхозгьы, агәырӷьара рыман, ачҳара аарԥшны зегь рхыргон, ажәабжь аҳәара бзиа ирбон, насгьы аизарақәеи аконгрессқәеи рҭаара даара ишырзымариамызгьы, урҭ бжьарыжьуамызт. Аҵабырг еилызкаауаз, насгьы Иегова имаҵ аура иалагоз ауаа рхыԥхьаӡара есааира еизҳауан. Уи агәра ҳнаргон Иегова дышҳацхраауаз, насгьы дшаҳзылԥхоз. Конго ҳаныҟаз ашықәсқәа раан аԥышәа ду ҳауит, насгьы иҳазгәакьахаз аҩызцәа ҿыцқәа ҳарҳаит.
Аладатәи Африка ажәабжь ҳҳәоит. 2023-тәи ашықәс
2017 шықәса анҵәамҭазы Аладатәи Африка иҟоу Вефиль ахь ҳаиасит. Уи уаанӡа амаҵ ахьаҳуаз Вефильқәа зегьы раасҭа идуун. Уи адагьы, уаанӡа ахаан инаҳмыгӡацыз аус ҳадырҵеит. Ажәакала, ҳара еиҭах иҿыцу ак ҳҵар акәын. Аха иҳамаз аԥышәагьы даара иҳахәеит. Уи атәылаҿы ҳара акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ зуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрабадырит. Урҭ 20, 30, 40 шықәса, шьоукы еиҳангьы, Иегова имаҵ руан. Урҭ даара бзиа иаҳбеит. Вефиль аҿы еиуеиԥшым арасақәеи акультурақәеи иртәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәк иеиԥш ҭынч аус еицыруеит! Уи угәы ҟанаҵоит. Иубарҭоуп урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи цәаҩа ҿыцла рҽеиларҳәаларц, насгьы абиблиатә принципқәа рыла инхаларц азы ирбо аџьабаа Иегова дшазылԥхо.
Деббии сареи Иегова имаҵ аура иазаҳкыз ашықәсқәа раан аинтерес зҵоу адҵақәа рацәаны иҳаман. Ҳара иҿыцу акультурақәа ҳаҽрықәҳаршәон, абызшәа ҿыцқәа ҳҵон. Уи анымариамызгьы ыҟан. Аха Иегова иорганизациеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраарала Иегова гәыкала бзиа ҳшибо ҳбон (Аԥсал. 144:2). Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова аҵара ахьаҳирҵоз еиҳа еиӷьны имаҵ аура иҳацхраауеит.
Сҭаацәа абас сахьырааӡаз азы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Акыр исзаԥсоу Деббигьы лыцхыраара ахә ҳаракны исшьоит. Иара убас еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа ахьсырҭоз азы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Деббии сареи аԥхьаҟа Ҳамҩақәҵаҩ Ду иҵегьы иаҳирҵо ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп!