АБИОГРАФИА
Иегова имаҵ аура агәырӷьара ду сзаанагоит
1951 шықәсазы сара Руе́нҟа сцеит. Уи канадатәи апровинциа Квебе́к иҟоу қалақь хәыҷуп. Сара исырҭаз аҭыӡҭыԥ ахь снеин, ашә сасит. Аҩнашә иауз хаҵак иааиртит. Уи Галаад ашкол аушьҭымҭа Марсе́ль Фильто́a иакәын. Иара 23 шықәса ихыҵуан, сара — 16 шықәса ракәын, урылагьы иара иаасҭа акырӡа сеиҵан. Сара Руен пионерс амаҵ зуларц сшаарышьҭыз зныз асаламшәҟәы исырбеит. Уи данаԥхьа, даасыхәаԥшын, ус дсазҵааит: «Уан ара ушыҟоу лдыруоу?»
СҬААЦӘА РЫҨНЫ САНЫҞАЗ
Сани саби Швеицариантәи Канадаҟа ииасит, уа ашахтиортә қалақь Ти́мминс (апровинциа Онта́рио) аҿы анхара иалагеит. Сара сиит 1934 шықәсазы. 1939 шықәса раҟара шыҟаз сан «Ахьчаратә бааш» аԥхьареи аизарақәа рахь аныҟәареи далагеит. Лара еснагь лхәыҷқәа зегьы уахь ҳалгон. Дук мырҵыкәа лара аӡы лыҽӡаалхит.
Сан Иегова ишаҳаҭ лакәны даныҟала, саб уи игәамԥхаӡеит. Аха сан аҵабырг бзиа илбон. Лара лзы зегь раасҭа ихадан Анцәа дизиашаны аанхара. 1940-тәи ашықәсқәа рзы Канада Иегова ишаҳаҭцәа ирышьҭашәарыцо ианалагагьы, лара уи дамыршәаӡеит. Саб сан лгәы шылирхьуазгьы, лара еснагь хаалеи патуқәҵаралеи дизныҟәон. Сан лҿырԥшы ф-ҩык сашьцәеи саҳәшьцәеи сареи Иегова имҩа анылара ҳгәазҭанаҵеит. Аамҭак ашьҭахь саб иҽиԥсахит, насгьы уиаҟара даҳԥырхагаӡамызт.
СААМҬА ЗЕГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИАЗЫСКУА САЛАГЕИТ
Аԥхын, 1950 шықәсазы сара «Атеократиатә аизҳара» захьӡыз Ньиу-Иорк имҩаԥысыз аконгресс саҭааит. Уа сара адунеи зегь аҟынтә иааз аишьцәеи аиҳәшьцәеи срацәажәеит, насгьы аинтерес зҵаз Галаад ашкол аушьҭымҭацәа ринтервиуқәа саҳаит. Уи зегь пионерс аҟалара сгәанарԥхеит. Аҩныҟа санааи иаразнак арзаҳал хасырҭәааит. Канадатәи афилиал аҟынтә аҭак соуит, насгьы зны аӡы сыҽӡаасхырц сарҳәеит. 1950 шықәса, октиабр 1 азы убас иагьыҟасҵеит. Мызк ашьҭахь пионерс амаҵ аура саналага, Капуске́исингҟа сиасырц исыҳәеит. Уи ақалақь хәыҷ сыҩны акыр иацәыхаран.
Квебек амаҵ зуеит
Ааԥын, 1951 шықәсазы афилиал афранцыз бызшәала ицәажәо ажәабжьҳәаҩцәа ирыҳәеит, уи аҩыза алшара рымазар, Квебекҟа ииасырц. Уа ажәабжьҳәаҩцәа азхаӡомызт. Сара схәыҷы аахыс афранцыз бызшәеи англыз бызшәеи здыруан аҟынтә, аиасра шсылшо сҳәеит. Сара Руенҟа срышьҭит, сажәабжь саналагоз зыӡбахә сҳәаз ақалақь. Уа аӡәымзар-аӡәы дсыздырӡомызт, издыруаз сахьнеишаз аҭыӡҭыԥ заҵәык акәын. Аха зегь рыла сманшәалахеит. Марсельи сареи ҳаиҩызцәа бзиахеит. Ԥшьышықәса сара Квебек амаҵ зуан, нас иҷыдоу пионерс сҟалеит.
ГАЛААДИ АКЫРААМҬА СЫЗЗЫԤШЫЗ АЗЫЛԤХАРАҚӘЕИ
Сара Квебек амаҵ анызуаз Галаад ашкол 26-тәи акласс ахь саарыԥхьеит. Сара уи даараӡа сеигәырӷьеит. Аҵара Са́ут-Ла́нсинг (аштат Ньиу-Иорк) имҩаԥысуан. Аҵара ҳалгеит 1956 шықәса, февраль 12 азы. Уи ашьҭахь иахьа Га́наb иаҵанакуа атерриториа Мраҭашәаратәи Африкаҟа срышьҭит. Аха уахь сцаанӡа Канадаҟа схынҳәны сдокументқәа еиқәдыршәаанӡа «мчыбжьқәак» сыԥшыр акәын.
Мчыбжьқәак шысҳәоз, бжьымз дуӡӡа цеит. Уи аамҭазы Торо́нто сыҟан, уа сыздызкылаз Криппс рҭаацәараҿы сынхон. Уа рыԥҳа Ше́ила слабадырит. Ҳара бзиа ҳаибабеит. Лҳәара сгәы ишҭаз еиԥш, свиза ааит. Шеилеи сареи Анцәа ҳиҳәан, Африкаҟа сцарц ҳаӡбеит. Ҳара маҷк ҳааԥшырц ҳаӡбеит, насгьы асаламшәҟәқәа рыла ҳшеицәажәало еибаҳҳәеит. Уи мариамызт, аха нас еилаҳкааит иҟаҳҵаз шиашаз.
Африкаҟа амҩа мыз дуӡӡак сықәын. Раԥхьа адәыӷбала сдәықәлеит, нас — аидара ныҟәызго аӷбала, аҵыхәтәаны — ҳаирпланла. Убасала сара А́ккра (Гана) снеит. Сара аобласттә маҵзура снапы ианырҵеит. Гана зегьы, насгьы ааигәара иҟаз Берег Слоновой Кости (уажәы Кот-д’Ивуа́р), иара убас Тоголе́нд (уажәы То́го) стерриториақәа ракәын. Саамҭа аиҳарак афилиал аҟынтә аишьцәа исырҭаз аџьип ала сымацара сныҟәон. Сара смаҵзура даараӡа исгәаԥхон!
Аԥсшьара мшқәа раан сара араионтә конгрессқәа сырҭаауан. Аконгрессқәа рзалқәа ҳамаӡамызт, убри аҟынтә аишьцәа аамҭала акалам иалхны ахыб ҟарҵон, насгьы апальма амахәқәа ақәырҵон. Уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи маҷк иадамзаргьы амра аҟынтә иахьчон. Ахолодильникқәа ҳамаӡамызт аҟынтә, аишьцәа шьыбжьон афатә ҟарҵарц азы ааигәа арахә ҭакны ирыман.
Урҭ аконгрессқәа рҿы узырччоз ахҭысқәагьы ҟалалон. Зны миссионерс иҟаз Херб Џье́ннингсc ажәахә иманы дықәгылон. Ус асцена аԥхьа ацәҵыс аацәырҵит. Херб дааҭгылеит, ацәҵысгьы иҟанаҵо азымдыруа анахь-арахь иҩуа иалагеит. Нас иӷәӷәаз ԥшьҩык аишьцәа ааин, ацәҵыс рыманы акрыфарҭахь ицеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рнапы аинҟьара иалагеит.
Аконгрессқәа анҳамамыз амшқәа рзы сара ааигәа иҟаз ақыҭақәа рахь сцаны, афильм «Общество нового мира в действии» дсырбон. Уи азы сара ҩ-ҵлак ма ҩ-шьаҟак рыбжьара аба шкәакәа еиҵыхны апроектор аҿаскуан. Ақыҭаҿы инхоз ауаа уи даараӡа еигәырӷьон. Аӡәырҩы уаанӡа ахаан акино рымбаӡацызт. Аекран аҿы ауаа рыҽшӡаархуа анырбоз, рнапы аинҟьара иалагон. Уи афильм аӡәырҩы идеилнаркааит Иегова ишаҳаҭцәа аӡәкра зыбжьоу аорганизациа шракәу.
Гана иаҳуз ҳчара. 1959 шықәса
Африка амаҵ зуеижьҭеи ҩышықәса ҵырц егьагмызт. 1958 шықәсазы Ньиу-Иорк имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконгресс ахь сцеит. Шеилагьы уахь днеит усҟан лара Квебек иҷыдоу пионерс амаҵ луан. Шаҟа ҳаигәырӷьазеи ҳахьеибабаз! Уаанӡа ҳара асаламшәҟәқәа рыла ҳаицәажәон, аха ҳанеибаба дсыццарц иаразнак иласҳәеит, ларгьы уи дақәшаҳаҭхеит. Сара аиашьа Норрd асаламшәҟәы изысҩит, насгьы Шеила Галаад аҵара дахысны, Африка амаҵ еицаҳауларц сиҳәеит. Иара дақәшаҳаҭхеит. Шеила Гана данааи ҳара ҳаибагеит. Ҳара ҳчара ҳуит Аккра 1959 шықәса, октиабр 3 рзы. Ҳара иаҳбон Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа иахьхадаз азы дшаҳзылԥхаз.
КАМЕРУН АМАҴ ЕИЦАҲУЕИТ
Камерунтәи афилиал аҿы аус зуеит
1961 шықәсазы ҳара Камеру́нҟа ҳрышьҭит, уаҟа иҿыцу афилиал аасыртырц сыдырҵеит. Хәдацәахьы аус ыҟан. Уаанӡа сара афилиал аҿы амаҵ смуӡацызт, убри аҟынтә исҵашаз рацәан. 1965 шықәсазы Шеила лцәалтәымкәа дшыҟалаз еилаҳкааит. Аиаша сҳәозар, ахшара дышҳауа раԥхьа агәра ҳазгомызт. Аха иаҳзыԥшу аԥсахрақәа ҳреигәырӷьо, насгьы Канадаҟа аиасра ҳҽазыҟаҳҵо ҳаналага, даара ҳгәы ҳзырхьыз ак ҟалеит.
Шеила ахәыҷы дылцәыӡит. Аҳақьым иҳәеит аҷкәын дҳаураны ҳшыҟаз. Уи атрагедиа 50 шықәса раԥхьа ишыҟалазгьы уи ахаан иаҳхашҭӡом. Ҳара агәырҩа шҳамазгьы, бзиа иаҳбоз ҳмиссионертә маҵзура аанҳмыжьӡеит.
Шеилеи сареи Камерун. 1965 шықәса
Камерун иҟаз аишьцәа аполитика рҽахьаладмырхәуаз азы ирышьҭашәарыцон. Алхрақәа анымҩаԥысуаз аҭагылазаашьа еиҳагьы аҽарцәгьон. 1970 шықәса, маи 13 рзы зегь раасҭа ҳзыцәшәоз ҟалеит. Иегова ишаҳаҭцәа рус закәанла мап ацәыркит. Хәымз заҵәык раԥхьа ҳахьиасыз иҿыцыз ҳфилиал ԥшӡа ҳамырхит. Амиссионерцәа зегьы, Шеилагьы саргьы уахь ҳналаҵаны, мчыбжьык ала атәыла ааныжьны ҳцарц ҳарҳәеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааныжьны ацара ҳцәыуадаҩын. Урҭ даара бзиа иаҳбеит, насгьы дара рзы ҳгәы ҭынчӡамызт.
Уи ашьҭахь шықәсыбжак Франциа иҟаз афилиал аҿы ҳаҟан. Сара изласылшоз Камерунтәи аишьцәа срыцхраауан. Декабр мзазы ҳара нигериатәи афилиал ахь ҳрышьҭит, уи афилиал Камерун иҟаз аишьцәа рхылаԥшра адырҵеит. Нигериатәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала ҳрыдыркылеит, уа шықәсқәак рыҩныҵҟа амаҵ ҳуан.
ИМАРИАМЫЗ АӠБАРА
1973 шықәсазы ҳара имариамыз аӡбара ҳадаҳкылар акәхеит. Шеила лгәабзиара иадҳәалоу ауадаҩра ӷәӷәақәа лымеижьҭеи ԥыҭраамҭак ҵуан. Ньиу-Иорк аконгресс аҿы ҳаныҟаз лара аҵәыуара далаган, абас лҳәеит: «Уаҳа сылшом! Сара еснагь сааԥсаны сыҟоуп, сыгәгьы бзиаӡам». Мраҭашәаратәи Африка аҟны амаҵ ҳуеижьҭеи 14 шықәса инареиҳаны иҵуан. Шеила гәыкала Иегова имаҵ ахьылуаз азы лыхә ҳаракны исшьон. Аха иааит акы аԥсахразы аамҭа. Ҳара зегьы ибзианы ҳазхәыцит, насгьы зныкымкәа Иегова ҳиҳәеит, нас Канадаҟа ҳхынҳәырц ҳаӡбеит. Уа Шеила лҽылхәышәтәыр лылшон. Африкантәи ацареи ҳмаҵзура ааныжьреи ҳаԥсҭазаараҿы иҳадаҳкылахьоу аӡбарақәа рҟынтә зегь раасҭа иуадаҩын.
Канадаҟа сара акыр шықәса издыруаз сҩызак иҿы аусура салагеит. Иара Торонто азааигәара амашьынақәа иҭиуан. Шеилеи сареи ауаҭах амаҳхит, насгьы иҿыцмыз, аха хар змамыз аҩнымаҭәа ааҳхәеит. Убасала ҳара ауал ҳақәымҵаӡакәа Канадаҟа аиасра ҳалшеит. Ҳара имариоу аԥсҭазаара мҩаԥаҳгалар ҳҭахын, аԥхьаҟа, иҳалшар, ҳаамҭа зегь дырҩегь амаҵзура иазаҳкларц азы. Уи ҳшазыԥшымыз еиԥш иаарласны иҟалеит.
Усҟан Но́рвал (апровинциа Онтарио) Аконгрессқәа рзал аргылара иаҿын. Сара сабшала уа срыцхрааларц сыӡбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи Аконгрессқәа рзал сахылаԥшларц исыҳәеит. Шеила лгәабзиара еиҳа еиӷьхахьан аҟынтә, уи адҵа анагӡара ҳалшоит ҳәа ҳгәы иаанагеит. Убри аҟынтә уи аус ҳнапы аҳаркырц ҳаӡбеит. 1974 шықәса, ииун мзазы ҳара Аконгрессқәа рзал аҿы иҟаз ауаҭах ахь ҳаиасит. Ҳара дырҩегь ҳаамҭа зегь амаҵзура иазаҳклар ахьҳалшоз даараӡа ҳаигәырӷьеит!
Шеила лгәабзиара еиҳа-еиҳа еиӷьхон. Ҩышықәса рышьҭахь араионтә маҵзура ҳалагеит. Ҳраион Манито́ба иҟан, уи аӡын бааԥсқәа ахьыҟоу канадатәи провинциоуп. Аха аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи асасдкылара ду аадырԥшуан. Ҳара еилаҳкааит ҳахьыҟазаалакгьы ихадоу Иегова имаҵ аура шакәу.
СЫԤСЫ АХЬЫНӠАҬОУ ИСХАМЫШҬУА АУРОК
Ҳара шықәсқәак рыҩныҵҟа араионтә маҵзура наҳагӡон. Нас, 1978 шықәсазы, канадатәи Вефиль ахь ааԥхьара ҳауит. Уи ашьҭахь хара имгакәа урокс исзыҟалаз хҭыск сақәшәеит. Сара Монреа́ль имҩаԥысуаз иҷыдоу аиԥылараҿы афранцыз бызшәала сааҭки бжаки ицоз ажәахә сыманы сықәгыларц исыҳәеит. Аха аӡырҩцәа исҳәоз уиаҟара аинтерес рызцәырнамгаӡеит. Ажәахә ашьҭахь амаҵзуратә ҟәша аҟынтә иашьак даасыдгылан, аус здызулашаз сеиҳәеит. Уажәы сара еилыскаауеит ажәахәқәа рҳәара уиаҟара сшазыманшәалам. Аха усҟан алабжьара адкылара сцәыуадаҩхеит. Ҳара маҷк ҳаиҿанагалеит. Аиашьа иахирҟьацәоит ҳәа сгәы иаанагеит, избанзар сирҽхәарц азы ажәакгьы имҳәаӡеит. Сара илабжьара сыдсымкылаӡеит, избанзар алабжьара сызҭазгьы, уи шсиҭазгьы сгәамԥхаӡеит. Уи сара сганахь ала гха ӷәӷәан.
Зышьҭахь аурок бзиа соуз афранцыз бызшәала исҳәаз ажәахә
Мышқәак рышьҭахь афилиал акомитет аҿы амаҵ зуаз аиашьа дсацәажәеит. Сара алабжьара ахьсыдсымкылаз ииашамкәа ишыҟасҵаз, насгьы уи сгәы ишалоу иасҳәеит. Анаҩс алабжьара сызҭаз аиашьа сиацәажәеит. Иара гәыкала дысзыӡырҩит, насгьы исанаижьит. Уи ахҭыс урок бзианы исзыҟалеит. Сара еилыскааит ахынраалара сылазар шаҟа ихадоу (Ажәам. 16:18). Сара уи азы Иегова акырынтә сиҳәон, насгьы еснагь алабжьарақәа сырзыӡырҩларц сыӡбеит.
Сара канадатәи Вефиль аҿы амаҵ зуеижьҭеи 45 шықәса иреиҳауп, урҭ рҟынтә 40 шықәса раҟара, 1985 шықәса раахыс, афилиал акомитет аҿы. 2021 шықәса, февраль мзазы акыр исзаԥсоу Шеила дыԥсит, лара даара дыгәхьаазгоит. Уиаҟара агәабзиара шсымамгьы, Иегова ирацәаны адҵақәа сиҭоит, уи абзоурала ахәарҭа шаазго збоит. Сара насыԥ сымоуп, аԥсҭазаара шаҟа икьаҿу азхәыцхагьы сымаӡам (Еккл. 5:20). Ааи, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа ауадаҩрақәа ҳрықәшәон, аха ҳзыргәырӷьоз еиҳа ирацәан. Сара ахаан сахьымхәӡацт сыԥсҭазаараҿы Иегова раԥхьатәи аҭыԥ аҿы дыргыланы 70 шықәса инареиҳаны саамҭа зегьы имаҵ аура иахьазыскыз. Сара иара сиҳәоит иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы рыԥсҭазаара имаҵ аура иазыркырц. Избанзар усҟан ауп рыԥсҭазаара аҵакы аманы, аинтерес аҵаны ианыҟало!
a Шәахәаԥш 2000 шықәса, февраль 1 азы аҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану Марсель Фильто ибиографиа «Иегова мне прибежище и сила».
b 1957 шықәсанӡа Африка ари атерриториа британиатәи колонианы иҟан, Золотой Берег ҳәагьы ахьӡын.
c Шәахәаԥш 2000 шықәса, декабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану Херберт Џьеннингс ибиографиа «Вы не знаете, что будет с вашей жизнью завтра».
d Усҟан Неитан Норр Иегова ишаҳаҭцәа рус напхгара аиҭон.