АБИОГРАФИА
«Сара егьырҭ ирҿысҵааз рацәоуп»
АШЬХАҾЫ иҟаз ҳполк алашьцара ахатәеит. Ҳара Алжир ҳаҟан, уа аибашьра ӷәӷәа цон. Аԥслымӡ ала ирҭәыз ааҵәақәа рыла иҟаҵаз апост аҿы апулемиот кны сгылан. Иаалырҟьаны ашьапышьҭыбжь саҳаит. Сахьгылаз сгәы нҭыԥсааит. Уажәааигәоуп ҩажәа шықәса анысхыҵ, аӡә ишьра сҭахӡамызт, схаҭагьы сыԥсыр сҭахымызт. Сара сыҳәҳәеит: «Анцәа, усыцхраа!»
Уи ауха сзықәшәаз ахҭыс сыԥсҭазаара зегь аԥсахит. Убринахыс ауп Анцәа иԥшаара саналага. Уи ашьҭахь иҟалаз шәзеиҭасҳәаанӡа, маҷк ҳалацәажәап схәыҷра ашықәсқәа раан схәыцшьа ианырыз, насгьы Зегьзшаз иԥшаара сгәазҭазҵаз.
САБ ИҾЫСҴААУА РАЦӘОУП
Сара сиит 1937 шықәсазы Франциа аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу Генена захьӡу ашахтиортә қалақь аҿы. Саб дшахтиорн. Иара аџьабаа саиршьцылеит, насгьы еснагь иашарала схы мҩаԥызгаларц сирҵон. Саб аџьабаа цәгьа змаз ашахтиорцәа рзы аиашара дашьҭан. Убри аҟынтә аизарақәа иҽрылаирхәуан. Уи адагьы зажәақәеи зусқәеи еиқәымшәоз аԥшьаҩцәа рхымҩаԥгашьа игәы инархьуан. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы амал шрымазгьы цәгьала зхы ныҟәызгоз ашахтиорцәа афатәи аԥареи рымырхуан. Саб уи убриаҟара иламысдароуп ҳәа иԥхьаӡон адинхаҵареи Анцәеи рыӡбахә ахаан исеиҳәаӡомызт.
Ԥыҭрак ашьҭахь саргьы аиашамра сцәымыӷхо салагеит. Уи аԥсҭазаараҿы ирацәан. Иаҳҳәап Франциа инхоз атәымтәылауаа тәамбашақә ирызныҟәон. Сара исгәаԥхон урҭ рхәыҷқәа ашьапылампыл рыцасра. Уи адагьы сан милаҭла дполькан. Сара исҭахын ауаа зегь ҳаҭыр еиқәырҵаларц, насгьы ҭынч инхаларц.
АԤСҬАЗААРА ҴАКЫС ИАМОУ АЗХӘЫЦРА САЛАГОИТ
Арра саныҟаз
1957 шықәсазы сара арра сыргеит. Убас ауп Алжир ашьхақәа рахь сышнанагаз, хыхь зыӡбахә сҳәаз ахҭысгьы сахьақәшәаз. «Анцәа, усыцхраа!» ҳәа саныҳәҳәа ашьҭахь иааины исыдгалаз ҳзеибашьуаз аруаҩ иакәымкәа абна ҽада акәын. Шаҟа сгәырӷьазеи! Уи аҵхи аибашьреи аԥсҭазаара ҵакыс иамоу саздырхәыцит. Ҳзынхозеи ҳара? Хьаас ҳимоума Анцәа? Иҟалома знымзар-зны аҭынчра?
Аамҭак ашьҭахь сҭаацәа рҿы аԥсшьара саныҟаз Иегова ишаҳаҭ сиабадырит. Уи Абиблиа сиҭеит, убри аҟынтә Алжирҟа саныхынҳә аԥхьара салагеит. Еиҳарак сгәаҵанӡа инеит Аатра 21:3, 4 иану ажәақәа. Уа иануп: «Исаҳаит ажәҩан ахьтә абас аиԥш зҳәоз абжьы ӷәӷәа: ари ауаажәлар рыгәҭаны Анцәа иргылауа ԥшьаныҳәарҭоуп... Анцәа Ихаҭагьы дара ирыцу Рынцәа иакәзаауеит. Анцәа урҭ лаӷырз цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит, шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра, аҵәыуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом, избан акәзар ԥаса иҟаз мҩасит». Сзыԥхьаз даараӡа иџьасшьеит. Изыҟалома уи аҩыза? Усҟантәи аамҭазы Анцәеи Абиблиеи ирызкны акгьы сыздыруамызт.
Аибашьра анеилга ашьҭахь 1959 шықәсазы сара Франсуа зыхьӡыз Иегова ишаҳаҭ сиабадырит. Уи абиблиатә ҵабыргқәа рацәаны реилкаара дсыцхрааит. Иаҳҳәап, иара Абиблиаҿы исирбеит Анцәа Иегова шихьӡу (Аԥсал. 83:18). Иара убас исзеиҭеиҳәеит Иегова адгьыл аҿы аиашара шеиҭашьақәиргыло, адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо, насгьы Аатра 21:3, 4 иану ақәыргәыӷра шынаигӡо.
Абиблиа аҟынтә еилыскааз сгәаҵанӡа инеит. Аха убри аамҭазгьы аԥшьаҩцәа ргәаӷ сыман, урҭ Абиблиа ианыз акәӡамызт ауаа иддырҵоз. Дара шиашамыз расҳәар сҭахын, убри аҟынтә цәгьала сҽааныскылон! Ажәакала саб исылаиааӡаз сныруан.
Франсуеи ҩызцәас ишьҭысхыз егьырҭ Иегова ишаҳаҭцәеи рыбзоурала сара аҽынкылара аарԥшышьа сҵеит. Дара исеилдыркаауан ауаа рықәыӡбара акәымкәа, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭаҳҳәалар шҳахәҭоу. Уи ауп Иисус дызҿыз, иҵаҩцәагьы ирыдиҵаз (Матф. 24:14; Лука 4:43). Уи адагьы сара ахаареи ақьиареи аарԥшны ауаа срацәажәалар акәын, урҭ зыгәра рго зеиԥшразаалакгьы, избанзар Абиблиаҿы иануп: «Иҳақәиҭу имаҵ зуа аиҿагыларақәа дрыламзароуп, зегьы гәҭыӷьӷьаала дырзыҟазароуп» (2 Тим. 2:24).
Сара сҽысыԥсахырц азы ирацәаны схы аус адызулон, анаҩс 1959 шықәсазы араионтә конгресс аҿы аӡы сыҽӡаасхит. Уа Анжель зыхьӡыз иқәыԥшыз иаҳәшьак слабадырит. Лара даараӡа дысгәаԥхеит. Анжель дахьныҟәоз аизарахь саргьы аныҟәара салагеит. 1960 шықәсазы ҳара аҭаацәара ҳаицалалеит. Лара дыԥҳәыс бзиоуп, хатәҩыза бзиоуп, насгьы Иегова иҟынтә ҳамҭа ҳаракуп (Ажәам. 19:14).
Ҳанеибагаз аҽны
АԤЫШӘА ЗМОУ ИҞӘЫӶОУ АИШЬЦӘА РҾЫ АҴАРА СҴОИТ
Смаҵзура ашықәсқәа раан иҟәыӷоу, насгьы аԥышәа змоу аишьцәа ирҿысҵааз рацәоуп. Абар зегь раасҭа ихадоу аурокқәа руак: иҳадырҵо адҵа шаҟа ицәгьазаалакгьы уи наҳагӡарц азы ахынраалара ааҳарԥшлароуп, насгьы абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара шыҟало ҳхаҳмыршҭлароуп (Ажәам. 15:22).
Араионтә маҵзураан (Франциа, 1965)
1964 шықәсазы араионтә хылаԥшҩыс саныҟала Ажәамаанақәа иану ажәақәа сара сзы еиҳагьы аҵакы роуит. Сара аизарақәа сырҭаауа салагеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы, насгьы доуҳала рырӷәӷәаразы. Аха усҟан сара 27 шықәса ракәын исхыҵуаз, исымаз аԥышәа сызхаӡомызт. Ҳәарада агхақәагьы сыхьуан, аха урҭ ахәарҭа рылгара сҽазысшәон. Уи адагьы аԥышәа змаз аишьцәа исырҭоз алабжьарақәа сыцхраауан.
Исгәалашәоит араионтә маҵзура саналага сзықәшәаз хҭыск. Зны Париж еизарак саҭаауан. Амчыбжь анынҵәоз доуҳала ишәыз иашьак днасыдгыланы дсацәажәарц шиҭаху сеиҳәеит. Иара ус дсазҵааит: «Луи, аҳақьым аӡә иҩны даннеилак иибар ииҭахыда?» — «Ичмазҩу»,— сҳәеит сара. «Уиашоуп,— иҳәеит аиашьа.— Аха сара игәасҭеит еиҳараӡак уара узацәажәоз доуҳала иӷәӷәоу шракәыз, иаҳҳәап аизара аиҳабы. Ҳара ҳаизараҿы ирацәаҩуп згәы каҳаны иҟоу, иԥхашьаҩу, ма ааигәа Иегова имаҵ аура иалагаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Урҭ еиҳа аамҭа рзалухызҭгьы, ма шьыбжьхьа афара урызнеизҭгьы ргәы ҟанаҵон».
Сара уи аиашьа иҟәыӷоу иажәақәа рзы иҭабуп ҳәа иасҳәеит. Иара Иегова иуасақәа рахь имаз абзиабара сгәаҵанӡа инеит. Убри аҟынтә ахынраалара аарԥшны исиҭаз алабжьара схы иасырхәеит. Урҭ рҩызцәа аишьцәа рзы Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит.
1969-тәи, 1973-тәи ашықәсқәа рзы Париж азааигәара Коломб аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконгрессқәа ирҭаауаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирфаша еиҿыскаарц сыдырҵеит. 1973 шықәсазы имҩаԥысыз аконгресс аҿы 60 нызқьҩык хәымш рыҩныҵҟа акрырҿаҵалатәын. Сара иҟасҵаша сыздыруамызт. Аха усҟангьы Ажәамаанақәа 15:22 иану ажәақәа сыцхрааит. Аԥышәа змаз, доуҳала ишәыз аишьцәа ацхырааразы срыҳәеит. Урҭ рыбжьара иҟан акәацҭиҩцәа, ауҭраҭых ааӡаҩцәа, насгьы еидкыланы афатә аазхәоз аишьцәа. Ҳара зегь ҳаицхырааны, зынагӡара уадаҩыз адҵа наҳагӡеит.
1973 шықәсазы сыԥшәмеи сареи Франциатәи афилиал ахь ҳаарыԥхьеит. Уа исоуз раԥхьатәи адҵагьы мариамызт. 1970 шықәса инаркны 1993-тәи аҟынӡа ажәабжьҳәаратә ус мап ахьацәкыз Африкатәи атәыла Камерун аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи апубликациақәа шрызнаҳгалаша азнеишьақәа сыԥшаалар акәын. Усҟангьы уи шыҟасҵара сыздыруамызт. Франциатәи афилиал аҿы хылаԥшҩыс амаҵ зуаз аиашьа иҟалап уи гәеиҭазар, убри аҟынтә сгәы шьҭихырц азы абас сеиҳәеит: «Камерунтәи аишьцәа адоуҳатә фатә рҭахуп, ҳара акрырҿаҳҵароуп!» Убас иагьыҟаҳҵеит.
Камерунтәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи сареи иҷыдоу ҳаиқәшәара (Нигериа, 1973)
Сара Камерун азааигәара иҟаз атәылақәа рахь изныкымкәа сцахьан, Камерунтәи аизара аиҳабацәеи сареи ҳаиқәшәарц азы. Агәымшәареи аҟәыӷареи злаз урҭ аишьцәа рыцхыраарала Камерунтәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә фатә роуан. Иегова ҳџьабаа дазылԥхеит. 20 шықәса инареиҳаны Камерун ажәабжьҳәаратә ус мап шацәкызгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажурнал «Ахьчаратә бааш», насгьы «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҭыжьымҭақәа зегьы еиԥмырҟьаӡакәа ироуан.
Анжельи сареи камерунтәи араионтә хылаԥшыҩцәа рыҳәсеи дареи реиқәшәараҿы (Нигериа, 1977)
АКЫР ИСЗАԤСОУ СЫԤШӘМА ИЛҾЫСҴААУА РАЦӘОУП
Анжельи сареи аибадырра ҳаналага сара игәасҭеит лара Иегова гәык-ԥсыкала бзиа дшылбо. Ҳанеибага ашьҭахь уи еиҳагьы агәра згеит. Иаҳҳәап, ҳчара анеилга ауха лара дсыҳәеит ҳхы ҳамеигӡакәа Иегова имаҵ еицаҳаулар шаҳҭаху анцәаиҳәараҿы Иегова иасҳәарц. Иегова ҳаҳәара аҭак ҟаиҵеит.
Анжель лыцхыраарала сара еиҳагьы Иегова иқәгәыӷшьа сҵеит. Иаҳҳәап, 1973 шықәсазы Вефиль ахь ҳанаарыԥхьа араионтә маҵзура бзиа иахьызбоз азы уи ааԥхьара адкылара сахыццакуамызт. Аха Анжель исгәалалыршәеит ҳара ҳаԥсҭазаара Иегова имаҵ аура ишазаҳкыз. Убри аҟынтә иорганизациа иҳаднагало зегьы ҳадаҳкылалар шҳахәҭоу (Аур. 13:17). Ҳәарада, сара уи сақәшаҳаҭхеит. Убас ала Вефиль аҿы амаҵ аура ҳалагеит. Сыԥшәма Иегова бзиа дызбаҵәҟьо иҟәыӷоу ԥҳәысуп. Акыршықәса рыҩныҵҟа лара ҳаизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо, насгьы аӡбара иашақәа рыдкылара иҳацхраауа аҟазшьа бзиақәа аалырԥшуеит.
Анжельи сареи франциатәи Вефиль аҿы
Ашықәсқәа цоит, аха Анжель еснагь еиԥш дсывагылоуп. Иаҳҳәап, англыз бызшәала имҩаԥысуа атеократиатә школқәа рҿы аҵара ҳахысырц азы Анжельи сареи англыз бызшәа еиҳа еиӷьны иаҳҵарц ҳаӡбеит. Уи азы 70 шықәса ҳшырҭысхьазгьы англыз бызшәала имҩаԥысуа аизарахь ҳаиасит. Атәым бызшәа аҵара сцәыцәгьан, избанзар сара франциатәи афилиал аҿы амаҵ зуеит, аҭакԥхықәрақәагьы рацәаны исыдуп. Аха Анжельи сареи ҳаицхыраауан. Уажәы 80 шықәса ҳшырҭысхьоугьы англыз бызшәалагьы афранцыз бызшәалагьы аизарақәа ҳҽырзыҟаҳҵоит. Иара убас ҳара иахьынӡаҳалшо аизарақәа ҳаҽрылаҳархәуеит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцаҳҳәоит. Иегова ҳџьабаа дазылԥхеит.
2017 шықәсазы Иегова даҽа ҳамҭак ҳзыҟаиҵеит. Анжельи сареи ҳаарыԥхьеит афилиал акомитет иалахәу рыҳәсеи дареи рзы иҟоу ашкол ахь. Уи мҩаԥысуеит Паттерсон (Еиду аштатқәа, Ниу-Иорк) иҟоу Ахьчаратә бааш арҵаратә центр аҿы.
Иегова Ҳамҩақәҵаҩ Ду иоуп (Ис. 30:20). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам имаҵзуҩцәа зегьы, иқәыԥшу реиԥш зықәрахь инеихьоугьы зегь иреиӷьу арҵара ахьриҭо (Ҩынтә. 4:5—8). Сара избон иқәыԥшу ақьырсианцәа Иеговеи аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ианырзыӡырҩуа доуҳала ишеизҳауа, Анцәагьы изиашаны имаҵ шыруа. Шаҟа ииашоузеи Ажәамаанақәа 9:9 иану ажәақәа: «Уилабжьа иҟәыӷоу, уи еиҳагьы дҟәыӷахоит. Ииашоу ауаҩы адыррақәа иҭ, уи еиҳагьы идыруа дҟалоит»!
Зны-зынла сара исгәалашәоит 60 шықәса раԥхьа алжиртәи ашьхақәа рҿы сзықәшәаз. Усҟан шаҟа бзиара сзыԥшыз схаҿгьы исзаагомызт! Сара егьырҭ ирҿысҵааз рацәоуп. Иегова Анжельи сареи ҳаԥсҭазаара азылԥхарақәа рыла ирҭәит. Ҳара иаҳҭахуп Иеговеи иара бзиа дызбо иҟәыӷоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы анаҩсгьы аҵара ҳҵаларц.