АҴАРАЗЫ АСТАТИА 27
Уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵала
«Иисус Христос ихаҵара зауа дарбанзаалакь, ишьҭазаара, иԥхарсра иалагоит» (2 ТИМ. 3:12).
АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап
АХҲӘААa
1. Изҳахәҭоузеи ашьҭашәарыцарақәа рҽырзыҟаҵара?
ИҲАҚӘИҬУ Иисус Христос иԥсра уахык шагыз иҳәеит иҵаҩцәаны аҟалара зҭаххо зегьы ауаа ишырцәымыӷхо (Иоанн 17:14). Иахьа уажәраанӡагьы Анцәа изиашоу ақьырсианцәа ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәоит (2 Тим. 3:12). Ҳара иаҳдыруеит Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа, ҳаӷацәа еиҳа-еиҳа ҳшырцәымыӷхо (Матф. 24:9).
2, 3. а) Избан ашәара ашьацҳәа изаҩызоу? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ишԥаҳалшо ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵар? Иаҭахӡам иҳахьыр алшо зегьы ҳхаҿы аагара, избанзар уи ашәареи агәҭынчымреи ҳазцәырнагар алшоит. Ус ҟаҳҵалар, ашьҭашәарыцарақәа ҳрықәшәаанӡагьы ҳхала иаҳхәыцыз ашәарҭарақәа ирыхҟьаны Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵыр алшоит (Ажәам. 12:25; 17:22). Ашәара Аҩсҭаа ихы иаирхәо амч ду змоу ашьацҳәақәа ируакуп (1 Пиотр 5:8, 9). Иҟаҳҵар ҳалшозеи уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа рыхгара ҳҽазыҟаҳҵарц азы?
3 Ари астатиа иҳаилнаркаауеит Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәар шҳалшо, насгьы уи уажәнатә аҟаҵара зхадоу. Иара убас ҳахәаԥшуеит агәымшәара еизҳарҳарц азы иҟаҵатәу. Аҵыхәтәаны еилаҳкаауеит ауаа ҳанырцәымӷу ҳхы шымҩаԥаҳгалаша.
ИЕГОВЕИ ШӘАРЕИ ШӘЕИҨЫЗАРА ШӘЫРӶӘӶӘАР ШШӘЫЛШО
4. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи Ауриацәа рахь 13:5, 6 иану инақәыршәаны, насгьы изхадоузеи уи?
4 Иегова бзиа шәшибо, насгьы ахаангьы шәшаанимыжьуа агәра ганы шәыҟаз. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:5, 6.) Акыршықәса раԥхьа иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «Ибзианы Анцәа дыздыруа ауаҩы ашьҭашәарыцарақәа раан иара диқәгәыӷлоит». Уи ус акәҵәҟьоуп! Ашьҭашәарыцарақәа рҿы Иегова ҳизиашаны ҳаанхарц азы иара гәык-ԥсыкала бзиа даҳбалароуп, аҵыхәтәанынӡа игәра ҳгалароуп, насгьы бзиа ҳшибо дырны ҳаҟазароуп (Матф. 22:36—38; Иак. 5:11).
5. Ишәыцхраар алшозеи Иегова бзиа шәшибо аилкаара?
5 Есыҽны Абиблиа шәаԥхьала, Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәаларц азы (Иак. 4:8). Абиблиа шәанаԥхьо Иегова иҟазшьақәа шәрызхәыцла. Анцәа иҟаиҵоз, насгьы ииҳәоз атәы шәанаԥхьо бзиа шәшибо, насгьы дышшәеиҷаҳауа гәашәҭала (Ақәҵ. 34:6). Шьоукы ирцәыцәгьоуп Анцәа бзиа ишибо ахаҵара, избанзар дара ахаангьы аӡәгьы бзиа ибомызт. Шәаргьы ус шәхәыцуазар, шәҽазышәшәа Иегова шәара шәахь есыҽны агәшаҭареи ақьиареи шааирԥшуа џьара анҵара (Аԥсал. 78:38, 39; Рим. 8:32). Шәара шәхаҭа шәзықәшәо, насгьы Абиблиаҿы шәзыԥхьо ахҭысқәа шәрызхәыцлар, Иегова ишәзыҟаиҵаз шырацәоу жәбоит, насгьы ианышәҵаша рацәаны ишәоуеит. Иегова ишәзыҟаиҵаз ахә шаҟа ишәшьало аҟара, убри аҟара шәеиҩызара ӷәӷәахалоит (Аԥсал. 116:1, 2).
6. Хәарҭас иаҳзаанагозеи ҳгәы ҭыӷьӷьаа Иегова ҳиҳәозар, Аԥсалом 94:17—19 иану инақәыршәаны?
6 Еснагь Анцәа шәиҳәала. Шәхаҿы иаажәг аб иҷкәын дигәыдыҳәҳәаланы дикушәа. Аҷкәын акгьы дацәшәаӡом, насгьы дзықәшәаз зегьы — ацәгьагьы абзиагьы — иаб изеиҭеиҳәоит. Шәаргьы есыҽны шәгәы иҭоу зегьы Иегова изеиҭашәҳәалар, убас шәизааигәахоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 94:17—19.) Аҵәца аӡы анҭдыркәкәо еиԥш, Анцәа шәаниҳәо, шәгәы иҵхо зегьы бзиа шәызбо Шәаб изеиҭашәҳәала (Аҵә. 2:19). Хәарҭас ишәнаҭозеи уи? Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа иҭынчра шәоуеит (Флп. 4:6, 7). Шәгәы иҭоу зегьы Иегова изеиҭашәҳәацыԥхьаӡа еиҳа шәизааигәахалоит (Рим. 8:38, 39).
Иеговеи иара Иаҳреи рахь агәрахаҵара ӷәӷәа шәымазар, агәымшәара аашәырԥшлоит
Стенли Џьонс Анцәа Иаҳра иӷәӷәаны агәра ахьигоз абзоурала аԥышәарақәа ихигеит (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Агәра ганы ҳаҟазар зҳалшозеи Анцәа Иаҳра иазкны ииҳәаз зегь шынаигӡо?
7 Агәра ганы шәыҟаз Анцәа Иаҳра хымԥада азылԥхарақәа шышәзаанаго (Ахыԥхь. 23:19). Анцәа ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡо уиаҟара агәра шәымгозар, Аҩсҭаа иуаажәлари иареи шәыршәара рзымариахоит (Ажәам. 24:10; Аур. 2:15). Ишԥашәылшо уажәнатә шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәар? Иалшәх аамҭа Анцәа Иаҳра иазку ақәыргәыӷрақәа ҭышәҵаарц, насгьы урҭ рыгәра жәгар зшәылшо еилышәкаарц азы. Хәарҭас ишәзаанагозеи уи? Абар зыгәрахаҵаразы 7 шықәса иҭакыз Стенли Џьонс иҿырԥштәы. Ицхраазеи иара азиашара ахьчара? Абар ииҳәаз: «Сара издыруан Анцәа Иаҳра шыҟаҵәҟьоу, издыруан уи хымԥада азылԥхарақәа шаҳзаанаго, уи инадҳәаланы лакҩакракгьы сымамызт. Убри азоуп Иегова сизиашаны сзаанхаз». Анцәа ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡо агәра жәгозар, Иеговеи шәареи шәеиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит, уи инеиҳангьы ашәара шәҽашәҭаӡом (Ажәам. 3:25, 26).
8. Иаанарԥшуазеи аизарақәа ҳшырзыҟоу? Иҳаилшәыркаа.
8 Ақьырсиантә еизарақәа бжьашәмыжьлан. Аизарақәа ҳацхраауеит Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара арӷәӷәара. Ҳара урҭ ҳшырзыҟоу иаанарԥшуеит ҳаԥхьаҟа ҳзықәшәо ашьҭашәарыцарақәа рыхгара ҳалшоу иҳалымшоу (Аур. 10:24, 25). Избан? Уажәы ихадам амзызқәа ҽыҵгас иҟаҵаны аизарақәа бжьаҳажьуазар, иҟаҳҵозеи ҳаԥхьаҟа, аизарақәа рҭаара шәарҭахар? Аха уажәнатә аизарақәа бжьаҳмыжьуазар, ҳаӷацәа аизарақәа рымҩаԥгара ҳаҟәырхырц рҽазыршәаргьы, ҳарзаанкылаӡом. Убри аҟынтә ҳаизарақәа рахь иҳамоу абзиабара уажәнатә еизҳарҳалароуп. Аизарақәа бзиа иаҳбозар, ауадаҩрақәа ҳрықәшәаргьы, аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳҿагыларгьы, ауаа раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩлоит (Аус. 5:29).
Уажәы абиблиатә жәеинраалақәеи Аҳра ашәақәеи шәҵозар, ашьҭашәарыцарақәа раан урҭ шәыхәоит (Шәахәаԥш абзац 9.)d
9. Избан ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала изҵалатәу?
9 Бзиа ижәбо абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала ишәҵала (Матф. 13:52). Иҟалап шәара ишәҵо зегьы шәызгәнымкылозар, аха Иегова идоуҳамч ихы иархәаны ишәҵахьаз шәгәалаиршәар илшоит (Иоанн 14:26). Абар Мрагыларатәи Германиа зымацара иҭакыз ҳашьа ииҳәаз: «Шаҟа исыхәазеи сҭаркаанӡа шәкыла абиблиатә жәеинраалақәа ахьысҵаз! Уи абзоурала схала сшыҟазгьы, сзызхәыцшаз рацәан». Ҳашьа абиблиатә жәеинраалақәа дахьрызхәыцуаз абзоурала Иеговеи иареи реиҩызара мԥсыҽхаӡеит, насгьы Анцәа дизиашаны даанхеит.
(Шәахәаԥш абзац 10.)e
10. Изаҭахузеи ашәақәа рҵара?
10 Иегова дҳаразкуа ашәақәа шәҵала, насгьы ишәҳәала. Ақалақь Филиппқәа рҿы Павели Силеи абахҭа ианҭарк, дара ашәа рҳәон (Аус. 16:25). Иаҳҳәар ҳалшозеи Асовет Еидгыла аан Сибраҟа ирышьҭыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирызкны? Аиаҳәшьа Мариа Федунь илгәалашәоит: «Ашәаҳәагатә шәҟәы аҟынтә иаҳгәалашәоз ашәақәа зегь ҳҳәон». Лара илҳәоит урҭ ашәақәа даараӡа ргәы шдырӷәӷәоз, насгьы Иегова ишизааигәанатәуаз. Иҟалап шәаргьы зегь раасҭа бзиа ижәбо шәымч ҭазҵо ашәақәа шәымазар. Уажәнатә урҭ ҿырҳәала ишәҵа! (Шәахәаԥш арамка «Дай мне сил быть смелым».)
АГӘЫМШӘАРА ШЕИЗЫРҲАЛАТӘУ
11, 12. а) Ицхраазеи Давид агәымшәара аарԥшра 1 Самуил 17:37, 45—47 иану инақәыршәаны? б) Иаҳнарҵозеи Давид иҿырԥштәы?
11 Ашьҭашәарыцарақәа шәхыжәгарц азы агәымшәара шәымазар ауп. Аха иҟашәҵар шәылшозеи уи шышәзымхо жәбозар? Ишәхашәмыршҭлан ииашаҵәҟьоу агәымшәара зхьыԥшу шәоуреи, шәыҭбаареи, шәымчи, шәылшареи шракәым. Ишәгәалашәома иқәыԥшыз Давид Голиаф дшиҿагылаз? Уи адауи Давиди узеидкыломызт. Голиаф ддуун, еиҳа дыӷәӷәан, насгьы бџьарла деиқәных деибыҭан. Давид аҳәаҵәҟьа имамызт. Аха иара агәымшәара ду аарԥшны, зхы иақәгәыӷцәоз адау диҿагылеит.
12 Изҭазеи Давид абриаҟара агәымшәара? Иара Иегова дышицу агәра ганы дыҟан. (Шәаԥхьа 1 Самуил 17:37, 45—47.) Давид Голиаф дзаҟараз мыцхәы дазхәыцуамызт. Иара дзызхәыцуаз Голиаф Иегова иҿаԥхьа шаҟа дхәыҷыз ауп. Иаҳнарҵозеи уи? Ҳара агәымшәара ааҳарԥшлоит Иегова дышҳацу, насгьы Зегьзымчу Анцәа иҿаԥхьа ҳаӷацәа рымч шкәадоу агәра ганы ҳаҟазар (2 Аш. 20:15; Аԥсал. 16:8). Ишԥаҳалшо ашьҭашәарыцарақәа ҳрықәшәаанӡа агәымшәара аизырҳара?
13. Иҳацхраауазеи агәымшәара аизырҳара? Иҳаилшәыркаа.
13 Ҳара агәымшәара еизҳарҳар ҳалшоит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭаҳҳәозар. Избан? Избанзар ажәабжь анаҳҳәо ҳара Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵоит, насгьы ауаа рҿаԥхьа ашәара ҳаиааиуеит (Ажәам. 29:25). Абаҩрҵәыра аныҟаҳҵо ҳшыӷәӷәахо еиԥш, ауаа ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо, агәымшәара еизҳарҳауеит. Ҳара ажәабжь ҳҳәоит ҩнаҭацыԥхьаӡа, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, ауаа русурҭа ҭыԥқәа рҿы, насгьы ҳусқәа ҳанырҿу. Иахьа ажәабжьҳәара ҳамшәозар, аҳәынҭқарратә мчрақәа уи аус мап ацәыркыргьы, ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵӡом (1 Фес. 2:1, 2).
Нанси Иуен ажәабжьҳәара даҟәырхырц ишашьҭазгьы, лара уи даҟәыҵуамызт (Шәахәаԥш абзац 14.)
14, 15. Иаҳнарҵозеи Нанси Иуен, насгьы Валентина Гарновскаиа рҿырԥштәқәа?
14 Агәымшәара ду аазырԥшыз ҩыџьа аиаҳәшьцәа рҿырԥштәы иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Акоммунизм ахьыҟаз Китаи инхоз Нанси Иуен метраки бжаки ракәын дахьыҟаз, аха агәымшәара ду лыланb. Нанси Аҳра иазку ажәабжь ауаа рылаҳәара даҟәырхыр рҭахын, аха уи рылымшеит. Убри аҟынтә абахҭа дҭаркит. Уа лара 20 шықәса инареиҳаны дҭакын. Нанси лҿахәы лҿызхуаз ус ларҳәеит: «Ҳтәылаҿы иаҳзымбжьаз бара заҵәык боуп».
Валентина Гарновскаиа Иегова дышлыцу агәра ганы дыҟан (Шәахәаԥш абзац 15.)
15 Валентина Гарновскаиа Асовет Еидгыла аан хынтә абахҭа дҭаркхьан. Иааизакны лара абахҭаҿы 21 шықәса лхылгеитc. Избан? Лара ажәабжь бзиа гәацԥыҳәарала еиҭалҳәон аҟынтә, аҳәынҭқаруаа «зегь раасҭа ишәарҭоу ацәгьаҟаҵаҩ» ҳәа лзырҳәеит. Ирызҭазеи арҭ аиаҳәшьцәа абри аҩыза агәымшәара? Дара Иегова дышрыцу агәра ганы иҟан.
16. Иҳацхраауазеи ииашаҵәҟьоу агәымшәара аизырҳара?
16 Ишеилаҳкааз еиԥш, агәымшәара еизҳарҳарц ҳҭахызар, ҳхи ҳалшарақәеи ракәымкәа, Иегова ҳиқәгәыӷлар ауп. Ҳара Иегова дышҳацу, насгьы ҳаӷацәа дшырҿагылоу агәра ганы ҳаҟазар ауп (Ҩынтә. 1:29, 30; Зах. 4:6). Убасҟан ауп ҳара агәымшәараҵәҟьа анҳауа.
АУАА ҲАНЫРЦӘЫМӶУ
17, 18. Иарбан гәҽанҵароу Иисус иҳаиҭаз Иоанн 15:18—21 иану инақәыршәаны? Иҳаилшәыркаа.
17 Ҳәарада, ҳара иаҳгәаԥхоит ауаа ҳаҭыр анҳақәырҵо, аха ҳаҭыр ҳақәрымҵозар, акгьы ҳаԥсам ҳәа ҳамхәыцлароуп. Иисус иҳәеит: «Бзазара шәымоуп шәарҭ, ауаа анышәзыӷьашкуа аамҭазы, Ауаҩытәыҩса Иԥа имшала шәанрылырцауа, шәыцәгьа анырҳәауа, шәыхьӡ ҳаҭырданы ианрыладырҵәауа» (Лука 6:22). Ииҳәарц ииҭахызи иара?
18 Иисус иҳәарц иҭахӡамызт ауаа ҳахьырцәымӷу ҳаигәырӷьалароуп ҳәа. Иара иҭахын иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарзыҟаиҵарц. Ҳара ари адунеи ҳатәӡам, насгьы Иисус иҵарақәа инарықәыршәаны ҳанхоит, иара убас ауаа ирылеиҳәоз ажәабжь рылаҳҳәоит. Убри аҟынтә адунеи иатәу ауаа ҳарцәымӷуп. (Шәаԥхьа Иоанн 15:18—21.) Ҳара ҳзышьҭоу Иегова иргәырӷьара ауп. Жәҩантәи Ҳаб бзиа дахьаҳбо азы ауаа ҳарцәымӷзар, уи дара ирусуп.
19. Ишԥаҳалшо апостолцәа рҿыԥшра?
19 Ауаа ирҳәозаалакгьы ма иҟарҵозаалакгьы, ахаангьы шәацәыԥхамшьан Иегова имаҵ ахьыжәуа (Мих. 4:5). Апостолцәа рҿырԥшы ауаа рҿаԥхьа ашәара аиааира иҳацхраар алшоит. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иисус даныршь ашьҭахьҵәҟьа апостолцәа Иерусалим иҟарҵоз. Дара ибзиаҵәҟьаны ирдыруан иауриаз адиннапхгаҩцәа ишырцәымӷыз (Аус. 5:17, 18, 27, 28). Аха уеизгьы есыҽны ауахәамаҿы, насгьы ауаа ахьеизоз аҭыԥқәа рҿы ажәабжь бзиа рҳәон. Убри ала Иисус иҵаҩцәа шракәыз аадырԥшуан (Аус. 5:42). Дара ашәара рҽарымҭаӡеит. Ҳаргьы ашәара ҳаиааиуеит аус зцаҳуа, аҵара зцаҳҵо, насгьы ҳгәылацәа Иегова имаҵ шаҳуа рзеиҭаҳҳәозар (Аус. 4:29; Рим. 1:16).
20. Изырцәымӡзеи апостолцәа агәырӷьара, ауаа ишырцәымӷызгьы?
20 Избан апостолцәа агәырӷьара зырцәымӡуаз? Дара ирдыруан ауаа изырцәымӷыз, насгьы Анцәа игәаԥхара ахьынарыгӡоз иахҟьаны иахьгәаҟуаз ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡон (Лука 6:23; Аус. 5:41). Ԥыҭрак ашьҭахь апостол Пиотр иҩит: «Аиаша-ҵабырг ахгәаҟра шәықәшәар — насыԥ змоу шәреиуоуп» (1 Пиотр 2:19—21; 3:14). Ҳаргьы ҳзырцәымӷу ҳхы ииашаны иахьымҩаԥаҳго азоуп. Уи ҳхаҳмыршҭуазар, ауаа рҿаԥхьа ашәара ҳҿанаҳәартә алҳаршом.
АҼАЗЫҞАҴАРА ЗХАДОУ
21, 22. а) Иҟашәҵозеи шәара, ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵарц азы? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
21 Ҳара иҳаздырӡом ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо, мамзаргьы аҳәынҭқарцәа ҳус мап анацәыркуа. Аха иаҳдыруеит ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵар шҳахәҭоу. Уи азы иахьа Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп, агәымшәара еизҳарҳалароуп, насгьы ауаа ҳарцәымӷзаргьы, ҳгәы каҳмыжьлароуп. Иахьа ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵозар, аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵӡом.
22 Аха иҟаҳҵарызеи ҳус мап ацәыркхьазар? Анаҩстәи астатиаҿы иану апринципқәа ҳацхраауеит уи аҭагылазаашьаҿгьы Иегова имаҵ аура.
АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»
a Ҳара ауаа ҳарцәымӷзарц ҳҭахӡам. Аха знымзар-зны ашьҭашәарыцарақәа ҳрықәымшәар залшом. Ари астатиа ҳацхраауеит ашьҭашәарыцарақәа гәымшәарала рԥылара.
b Шәахәаԥш ианвар 1, 1981 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня», адаҟьақәа 4—7. Иара убас шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Имя Иеговы будет открыто» JW Broadcasting® аҿы (аҟәша ИНТЕРВЬЮ И СЛУЧАИ ИЗ ЖИЗНИ).
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы аҭаацәа рхәыҷқәа абиблиатә жәеинраалақәа ддырҵарц азы акарточкақәа рхы иадырхәоит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аҭаацәа рхәыҷқәа рыманы амҩа иқәуп. Аизарахь инеиаанӡа дара Аҳра ашәақәа рҳәоит.