Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 декабр ад. 8—13
  • Иегова ахақәиҭра аиура дҳацхраауеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ахақәиҭра аиура дҳацхраауеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИСУС АХАҚӘИҬРА РЫЛЕИҲӘЕИТ
  • ЗЕГЬ РАԤХЬАӠА АХАҚӘИҬРА ЗАУЗ
  • МИЛЛИОНҨЫЛА АУАА АХАҚӘИҬРА РОУЕИТ
  • Ахақәиҭра ашықәс ахақәиҭра унаҭоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 декабр ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50

Иегова ахақәиҭра аиура дҳацхраауеит

«Адгьыл иқәынхо зегьы ахақәиҭра рылашәҳәароуп» (АЛЕВ. 25:10).

АШӘА 22 Иааиааит Анцәа Иԥсҳара!

АХҲӘААa

1, 2. а) Иазгәарҭозеи тәылақәак рҿы, насгьы изакәызи ахақәиҭра ашықәс? (Шәахәаԥш арамка «Изакәызи ахақәиҭра ашықәс?») б) Зыӡбахә иҳәози Иисус Лука 4:16—18 аҿы?

ТӘЫЛАҚӘАК рҿы ихадоу хҭысқәак ҟалеижьҭеи 50 шықәса анҵлак, уи ҷыдала иазгәарҭоит. Уи аныҳәа азгәарҭалар алшоит мышкы, мчыбжьык, мамзаргьы еиҳаны. Аха аныҳәа уеизгьы инҵәоит, насгьы ауаа уи ирзаанаго агәырӷьара ирласны ирхашҭуеит.

2 Ажәытәан Израиль аҿы ес-50 шықәса шықәсык дуӡӡа ахақәиҭра ашықәс азгәарҭон. Уи ашықәс азы Израильаа ахақәиҭра роуан. Избан иахьа уи ҳзалацәажәо? Избанзар Израильаа иазгәарҭоз ахақәиҭра ашықәс иаҳгәаланаршәоит Иисус зыӡбахә иҳәоз наӡаӡатәи ахақәиҭра ҳаурц азы Иегова иаҳзыҟаиҵаз. (Шәаԥхьа Лука 4:16—18.)

Изакәызи ахақәиҭра ашықәс?

Иегова Израильаа иреиҳәеит ес-50-тәи ашықәс азы иҷыдоу аныҳәа азгәарҭаларц. Уи ахақәиҭра ашықәс ҳәа иашьҭан. Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл аҿы анхара ианалага инаркны 6 шықәса рыҩныҵҟа амхқәа ларҵалар, идрашәалар, насгьы аҽаҩра ҭаргалалар рылшон. Абыжьбатәи ашықәс сабша шықәсан, убри аҟынтә уи ашықәс азы Израильаа амхқәа ларҵомызт, ашәырҵлақәагьы еилырхуамызт. 7 шықәса ицоз апериод бжьынтә ииасыр акәын (7 × 7 = 49), анаҩстәи 50-тәи ашықәс ахақәиҭра ашықәс акәын. Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл аҿы раԥхьаӡакәны ахақәиҭра ашықәс азгәарҭеит Тишри амза (сентиабр/октиабр) 1424 шықәсазы ҳера ҟалаанӡа (Алев. 25:2—4, 8—10).

Ахақәиҭра ашықәс Израильаа рзы гәырӷьара дуун, избанзар атәцәа рҭаацәарақәеи рыдгьылқәеи рахь ихынҳәуан (Шәахәаԥш абзац 3.)b

3. Хәарҭаз ирнаҭози ахақәиҭра ашықәс Израильаа, Алевит 25:8—12 иану инақәыршәаны?

3 Иисус иажәақәа еиӷьны еилаҳкаарц азы, шәааи раԥхьа ҳалацәажәап ажәытәан Анцәа Израильаа ириҭаз ахақәиҭра ашәықәс. Иегова ижәлар иреиҳәеит: «Шәара аҩынҩажәижәабатәи ашықәс шәыԥшьароуп, насгьы адгьыл иқәынхо зегьы ахақәиҭра рылашәҳәароуп. Уи шәара шәзы ахақәиҭра ашықәс акәхоит. Дарбанзаалак имазарахь дхынҳәыроуп, дасу — иара иҭаацәарахь». (Шәаԥхьа Алевит 25:8—12.) Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит Израильаа есымчыбжьа асабшамш ахьазгәарҭоз хәарҭас ирзаанагоз. Аха ирнаҭози дара ахақәиҭра ашықәс? Шәхаҿы иаажәг Израильаа руаӡәк иуалқәа ишәарц азы идгьыл аҭира иқәшәазшәа. Ахақәиҭра ашықәс азы идгьыл иара иахь ихынҳәуан. Уи абзоурала иара идгьыл ахь дхынҳәыр илшон, ихылҵуазгьы рыдгьыл рцәыӡуамызт. Мамзаргьы шәхаҿы иаажәг аӡәы иқәыз ауал ду ишәарц азы ихәыҷқәа рҟынтә аӡәы, мамзаргьы ихы тәыс иҭир акәхазшәа. Ахақәиҭра ашықәс азы тәыс иҟаз ауаҩы иҭаацәа рахь дхынҳәуан. Уи абзоурала аӡәымзар-аӡәгьы еснагь тәыс даанхомызт! Уи иаҳнарбоит Иегова ижәлар дышреиҷаҳауаз.

4, 5. Аинтерес заҵоузеи иахьа ҳара ҳзы ахақәиҭра ашықәс?

4 Иарбан хәарҭоу еиҭа Израильаа ирнаҭоз ахақәиҭра ашықәс? Иегова иҳәеит: «Убжьара иӷару дыҟамзароуп, избанзар Иегова хымԥада дузылԥхоит Унцәа Иегова иуиҭо адгьыл аҿы, уи уара иугарц азы» (Ҩынтә. 15:4). Шаҟа иеиԥшымзеи уи иахьатәи адунеи. Иахьа амал змоу еиҳагьы ибеиахоит, иӷару еиҳагьы иӷархоит!

5 Ахақәиҭра ашықәс иадҳәалаз азакәан инақәыршәаны тәыс иҟаз ахақәиҭра иоуан, ауалқәа зқәыз иуалқәа ианажьхон, насгьы ауаҩы идгьыл изыхынҳәуан. Ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟам. Убри аҟынтә уи азакәан иқәныҟәаӡом (Рим. 7:4; 10:4; Еф. 2:15). Ус шакәугьы, ахақәиҭра ашықәс ҳара ҳзы аинтерес аҵоуп. Избан? Избанзар уи иаҳгәаланаршәоит Иегова агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы иҟаиҵаз.

ИИСУС АХАҚӘИҬРА РЫЛЕИҲӘЕИТ

6. Иарбан хақәиҭроу ауаатәыҩса зызгәаҟуа?

6 Ҳара зегьы ахақәиҭра ҳҭахуп, избанзар зегь раасҭа еицәоу атәра ҳҿаҳәаны ҳамоуп, уи агәнаҳа ауп. Убри иахҟьаны ҳажәуеит, ҳачмазаҩхоит, ҳаԥсуеит. Аӡәырҩы асаркьа иахәаԥшцыԥхьаӡа, мамзаргьы аҳақьым иахь ицацыԥхьаӡа, агәнаҳа тәыс ишамоу ргәалашәоит. Иара убасгьы агәнаҳа ахьыҟаҳҵо иахҟьаны ҳгәы каҳауеит. Апостол Павелгьы «агәнаҳаратә закәанԥҟарақәа тәыс ирымоу аӡә» иеиԥш ихы иԥхьаӡон. Иара иҳәеит: «Сара — насыԥ змам уаҩуп, суаҩ рыцҳауп! Гәнаҳала иҭәу, аԥсра ззыԥшу абри сцәеижь ахьтә ахақәиҭра сыҭара зылшарыда?» (Рим. 7:23, 24).

7. Ииҳәазеи Исаиа ахақәиҭра иазкны?

7 Насыԥны, Анцәа алшара ҳаиҭеит ҳҿаҳәаны ҳазмоу агәнаҳа аҟынтә ҳхы ҳақәиҭхарц. Уи зыбзоурахаз Иисус Христос иоуп. Иара диаанӡа 700 шықәса раԥхьа аԥааимбар Исаиа иҳәеит ҳаԥхьаҟа ауаа ироуа ахақәиҭра Израильаа ахақәиҭра ашықәс азы ироуаз аасҭа ишеиҳахо. Иара иҩит: «Зегьирхаку Иҳақәиҭу Иегова идоуҳа сымоуп, избанзар Иегова ауаа ҟәымшәышәқәа ажәабжь бзиа рзеиҭасҳәаларц азы салихит. Иара сишьҭит згәы каҳаны иҟоу схәышәтәларц, итҟәаны иҟоу ахақәиҭра шроуа, насгьы иҭаку рылақәа шаатуа рыласҳәарц азы» (Ис. 61:1). Изызкыда ари аԥааимбаражәа?

8. Изызкыда ахақәиҭра иазкыз Исаиа ииҳәаз аԥааимбаражәа?

8 Ахақәиҭра иазкыз аҵак ду змаз ари аԥааимбаражәа анаӡара иалагеит Иисус адгьыл аҿы Анцәа имаҵ аура даналага. Иқалақь гәакьа Назарет иҟаз асинагогахь даннеи, иара уа еизаз ауаа Исаиа иажәақәа дырзаԥхьеит. Иисус ихы иадкылан иҳәеит: «Исхоуп Иҳақәиҭу Иԥсы [«Иегова идоуҳа», АдҾ]; Уи сиԥшьеит арыцҳацәа агәырӷьажәа расҳәаларазы; Сааишьҭит згәы цҟьа-шәҟьоу ргәы еибгастәразы, итҟәаны игоу рырхынҳәразы суазҳәаразы, илашәу рыблақәа рыхтразы, иргәаҟуа ирымоу ахақәиҭра рыҭаны раужьразы, Иҳақәиҭу иныҳәа-шықәс сазуазҳәаразы» (Лука 4:16—19). Ишԥанаигӡеи Иисус ари аԥааимбаражәа?

ЗЕГЬ РАԤХЬАӠА АХАҚӘИҬРА ЗАУЗ

Иисус назареттәи асинагогаҿы еизаз ахақәиҭра рылеиҳәоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)

9. Иарбан хақәиҭроу Иисус ихаан ауаа ззыԥшыз?

9 Иисус ихаан ауаа ироуа иалагеит Исаиа зыӡбахә иҳәаз, насгьы Иисус дзыԥхьаз ахақәиҭра. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит Иисус ииҳәаз ажәақәа: «Иахьа инаӡеит абра шәыззыӡырҩыз аҩыра иаҳәауа» (Лука 4:21). Иҟалап Иисус Исаиа иԥааимбаражәа дшаԥхьоз заҳауаз аӡәырҩы ауаа римтәи анапхгара аҟынтә ахьыԥшымра анроуа иазыԥшызҭгьы. Христос иҵаҩцәагьы уи иазыԥшызҭгьы ауан, избанзар ԥыҭрак ашьҭахь урҭ рахьтә ҩыџьа ирҳәеит: «Ҳара ҳгәыӷуан Уи Израил еиқәзырхараны, иҿызхраны иҟоу Иоуп ҳәа» (Лука 24:13, 21). Аха ишаҳдыруа еиԥш, Иисус иҵаҩцәа римтәи анапхгара иаҿагылатәуп ҳәа реиҳәомызт. Уи аҭыԥан иҵаҩцәа иреиҳәон: «Акьесар иитәу — акьесар ишәҭала» (Матф. 22:21). Нас иарбан хақәиҭроу Иисус ауаа ириҭаз?

10. Иарбан хақәиҭроу Иисус ауаа ириҭоз?

10 Анцәа Иԥа адгьыл ахь дзааз ауаа ахақәиҭра риҭарц азоуп. Иарбан хақәиҭроу? Актәи, адиннапхгаҩцәа рымц аҟынтә ахақәиҭра. Усҟантәи аамҭазы Аиудеиаа аӡәырҩы ақьабзқәеи амцҵарақәеи итҟәаны ирыман (Матф. 5:31—37; 15:1—11). Ауаа Анцәа имҵахырхәара ҳрыцхраауеит ҳәа зҳәоз адиннапхгаҩцәа рхаҭа Анцәа ииашаны имҵахырхәомызт, убри аҟынтә алашәцәа иреиԥшын. Дара Мессиеи уи идирҵоз аҵабырги мап рцәыркит аҟынтә, ишылашәыз иаанхеит, рыгәнаҳақәагьы изрыҵымҵит (Иоанн 9:1, 14—16, 35—41). Иисус ауаа аҵабырг дирҵон, аҿырԥш бзиагьы дирбон, убас ала ауаа ҟәымшәышәқәа адоуҳатә хақәиҭра риҭон (Марк 1:22; 2:23—3:5).

11. Иарбан лшароу еиҭа Иисус ауаа ириҭаз?

11 Аҩбатәи, Иисус ауаа ирҭынхаз агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра роурц алшара риҭеит. Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала Анцәа илшон аҿыхра агәра згоз, насгьы уи агәра шырго усла иаазырԥшуаз ауаа рыгәнаҳақәа ранаижьыр (Аур. 10:12—18). Иисус иҳәеит: «Аԥа шәарҭ ахақәиҭра шәиҭар, убасҟан, иаша-ҵабыргла ахақәиҭра зауз шәакәхоит» (Иоанн 8:36). Уи ахақәиҭра ажәытәан Израильаа ироур рылшоз ахақәиҭра аасҭа акырӡа еиӷьын! Иаҳҳәап, ахақәиҭра ашықәс азы ахақәиҭра зауаз ауаҩы еиҭах тәыс дҟалар ауан, насгьы знымзар-зны дыԥсуан. Аха Иисус иҳаиҭо ахақәиҭра ахаангьы акгьы иҳамнахуам.

12. Иззаанагада ахәарҭа Иисус зыӡбахә иҳәоз ахақәиҭра зегь раԥхьаӡа иргыланы?

12 Аҩынҩажәижәабамшы 33 шықәса ҳ. ҳ. аан Иегова апостолцәеи изиашаз егьырҭ ахацәеи аҳәсеи иԥшьоу адоуҳала иалихит. Иара урҭ аамҭак ашьҭахь ажәҩан аҿы рыԥсы ҭаҵахарц, насгьы Иисус аҳра ицруларц азы иԥацәаны иҟаиҵеит (Рим. 8:2, 15—17). Арҭ ақьырсианцәа ракәын Иисус назареттәи асинагогаҿы зыӡбахә иҳәаз ахақәиҭра зегь раԥхьаӡа изауз. Дара аиудеиатә диннапхгаҩцәа рымцҵарақәеи Аҩыра иаҿагылоз ақьабзқәеи уаҳа тәыс ирымамызт. Уи адагьы, Анцәа изы дара аԥсрахьы уназго агәнаҳа атәра уаҳа иҿаҳәаны иамамызт. Асимволтә ҵакы змоу ахақәиҭра ашықәс алагеит 33 шықәса ҳ. ҳ. азы, Христос напхгара ицзуло иԥшьоу адоуҳала ианалхыз, инҵәоит Зқьышықәсатәи Христос инапхгара анхыркәшахо. Иарбан усқәоу инагӡахо уи аамҭа нҵәаанӡа?

Асимволтә ҵакы змоу ахақәиҭра ашықәс

  1. 30 ШЫҚӘСА Ҳ. Ҳ.: Иисус назареттәи асинагогаҿы еизаз ахақәиҭра рылеиҳәеит (Лука 4:21)

  2. 33 ШЫҚӘСА Ҳ. Ҳ.: асимволтә ҵакы змоу ахақәиҭра ашықәс алагеит Иегова Христос иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳала ралхра даналага (Рим. 8:2, 15—17)

  3. ИАХЬА: иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа асимволтә ҵакы змоу ахақәиҭра ашықәс ирацәаны азылԥхарақәа рнаҭоит

  4. ЗҚЬЫШЫҚӘСАТӘИ ХРИСТОС ИНАПХГАРА: зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан ауаатәыҩса агәнаҳаи анамӡареи рҟынтә ахақәиҭра роуеит

  5. ЗҚЬЫШЫҚӘСАТӘИ ХРИСТОС ИНАПХГАРА АНХЫРКӘШАХО: асимволтә ҵакы змоу ахақәиҭра ашықәс хыркәшахоит, ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә наунагӡа ахақәиҭра роуеит (Рим. 8:21, АдҾ)

МИЛЛИОНҨЫЛА АУАА АХАҚӘИҬРА РОУЕИТ

13, 14. Изауада Иисус зыӡбахә иҳәаз ахақәиҭра, иԥшьоу адоуҳала иалху рыда?

13 Иахьа еиуеиԥшым ажәларқәеи амилаҭқәеи ирыҵанакуа миллионҩыла згәы аарту ауаа егьырҭ ауасақәа ирхыԥхьаӡалоуп (Иоанн 10:16). Анцәа урҭ алимхӡеит Иисус ажәҩан аҿы напхгара ицҟарҵаларц азы. Аха дара ирымоуп Абиблиа шьаҭас измоу агәыӷра — наӡаӡа адгьыл аҿы анхара.

14 Шәаргьы уи аҩыза агәыӷра шәымазар, Анцәа Иаҳраҿы напхгара ҟазҵало ироуз зылԥхарақәак уажәнатә ишәоур шәылшоит. Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны Анцәа шәыгәнаҳақәа шәанаижьырц шәиҳәалар шәылшоит. Уи абзоурала Анцәа дышәзыразхоит, насгьы иҿаԥхьа шәыламыс цқьазаауеит (Еф. 1:7; Аат. 7:14, 15). Шәхаҿы иаажәг закәытә зылԥхарақәоу ишәзаанагаз Абиблиа иаҿагылоу амцҵарақәа рҟынтә ишәоуз ахақәиҭра. Иисус иҳәеит: «Аҵабырг закәу шәзаатуеит, уи аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Изакәытә гәырӷьароузеи уи ахақәиҭра иаҳзаанаго!

15. Иарбан хақәиҭроу ҳара иаарласны иҳауа, насгьы изеиԥшрахозеи усҟан ҳаԥсҭазаара?

15 Ҳаԥхьаҟа шәара еиҳа еиӷьу ахақәиҭра шәоуеит. Иаарласӡаны Иисус амцдинхаҵареи ицәгьоу ауаатәыҩсатә напхгарақәеи рҵыхәтәа ԥиҵәоит. Анцәа ҵҩа змам имаҵзуҩцәа ихьчоит, насгьы џьанаҭ дгьыл аҿы инирхоит (Аат. 7:9, 14). Усҟан иара хыԥхьаӡара змам ауаа рыԥсы ҭеиҵоит. Дара Иегова имаҵ аура рҭаххар, ахаангьы ичмазаҩхаӡом, иажәӡом, иԥсӡом (Аус. 24:15).

16. Иарбан зеиԥшыҟам хақәиҭроу ауаа ҳаԥхьаҟа ироуа?

16 Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан Аҳра ицзулои иареи рыцхыраара абзоурала ауаа инаӡоу агәабзиара роуеит, насгьы Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит. Израильаа ахақәиҭра ашықәс агәырӷьара шырзаанагоз еиԥш, Зқьышықәсатәи Христос инапхгара ауаа еиҳау агәырӷьара рзаанагоит. Адгьыл аҿы Иегова имаҵ зуло зегьы наӡахоит, насгьы агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра роуеит.

Адунеи ҿыц аҿы ҳара ҳгәы иахәало аус ҳалагәырӷьалоит (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Изеиԥшрахозеи Анцәа ижәлар рыԥсҭазаара, Исаиа 65:21—23 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

17 Исаиа 65:21—23 (шәаԥхьа) аҿы ҳаԥхьар ҳалшоит џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо атәы зҳәо аԥааимбаражәа. Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳара усда ҳтәазааӡом. Абиблиаҿы иҳәоуп усҟан Анцәа ижәлар аус шыруло, насгьы уи агәахәара шырзаанагало. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Зқьышықәсатәи Христос инапхгара ахырқәшамҭазы Анцәа ишамҭақәа абаара-аиаӡаара ишацәыхьчахо, насгьы Анцәа ихәыҷқәа ирымоу зеиԥшыҟам ахақәиҭра шроуа (Рим. 8:21, АдҾ).

18. Избан аԥеиԥш лаша шаҳзыԥшу агәра ганы ҳзыҟоу?

18 Ажәытәан Иегова ижәлар асабшамш рзалихит, уи абзоурала дара рыԥсы ршьалар, насгьы раамҭа адоуҳатә усқәа ирзырклар рылшон. Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан ҳаргьы адоуҳатә усқәа ҳаамҭа рзаҳклоит. Анасыԥ ҳзаазго Анцәа имҵахырхәара ауп, убри аҟынтә адунеи ҿыц аҿгьы уи аамҭа азаҳклоит. Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан Анцәа изиашоу ауаа зегьы насыԥ рымазаауеит, избанзар инарыгӡало аус агәахәара рзаанагалоит, насгьы зегьы Анцәа имаҵ рулоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изакәызи Израильаа иазгәарҭоз ахақәиҭра ашықәс, насгьы хәарҭас ирзаанагози уи?

  • Ишԥариҭеи Иегова ахақәиҭра иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа?

  • Ишԥариҭо Иегова ахақәиҭраҵәҟьа егьырҭ ауасақәа?

АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом

a Ажәытәан Израильаа рҿы аӡәы тәыс даныҟалоз, Иегова уи ахақәиҭра аиура дицхраауан. Атәра иҭашәаз ауаҩы ахақәиҭра ашықәс азы ахақәиҭра иоуан. Ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟам, аха уеизгьы ахақәиҭра ашықәс иҳаилнаркаауа рацәоуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Израильаа иазгәарҭоз ахақәиҭра ашықәс Иегова ҳара ҳзы иҟаиҵаз шаҳгәаланаршәо, насгьы уи хәарҭас иаҳзаанаго.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ахақәиҭра ашықәс азы атәцәа ахақәиҭра роуан, насгьы рыҩнқәеи рыдгьылқәеи рахь ихынҳәуан.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра