Адгаларақәа рыхкқәа
Сентиабр амза раԥхьатәи асабшазы абиблиатә ҵара ишалагатәу.
«Мшыбзиақәа! Ҳара иахьа иааркьаҿны ауаа ҳрацәажәоит, насгьы иазхьаҳарԥшуеит хаҵеи-ԥҳәыси анасыԥ рзаазго анапхгара. Иаԥырхагоузеи, шәгәанала, аҭаацәалазаара анасыԥ аиураҿы?» Уазыӡырҩы аҭак. Ирба сентиабр амзазы иҭыҵыз аброшиура «Избан агәаҟрақәа абас изырацәоу? Ианбаԥҵәо урҭ рҵыхәтәа?» захьӡу аҵыхәтәантәи адаҟьа, уалацәажәа актәи азҵаара ашьҭахь иану аматериал, насгьы ҵаҟа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиурақәа идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Избан агәаҟрақәа абас изырацәоу? Ианбаԥҵәо урҭ рҵыхәтәа?».
«Ҳара игәаҳҭеит ҳҭыԥаҿ инхо ауаа Анцәа абриаҟара агәаҟрақәа зиаҩижьуазеи ҳәа азҵаара шрызцәырҵуа. Шәазхәыцхьоума шәара зныкыр ари азҵаара? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиа инақәыршәаны, иаарласны иҟалоит убри аҩыза аамҭа, аҵәыуареи ахьааи аныҟамло. [Уаԥхьа Аатра 21:4]. Ари аброшиураҿы иаагоуп ихадоу хә-мзызк, агәаҟрақәа зырацәоу узырбо. Уаҟа иара убасгьы иануп, Абиблиа инақәыршәаны, Анцәа агәаҟрақәа рҵыхәтәа шԥиҵәо».
Аброшиура «Хеллоуин иазку аиаша».
«Ишәаҳахьоума шәара зныкыр мраҭашәарахь ирылаҵәаны иҟоу аныҳәа Хеллоуин аӡбахә, Урыстәылагьы рылаҵәара иаҿу? Аԥсны иара убас уи аныҳәа ааигәа азгәаҭара иалагеит. Шьоукы ирыӡбеит уи аныҳәа азгәарымҭаларц, избанзар ирыԥшааит Абиблиа иану абарҭ ажәақәа. [Уаԥхьа Алевит 19:31.] Егьырҭ адоуҳақәа шыҟоу агәра ргаӡом, насгьы Хеллоуин цәгьара злам гәырҿыхаганы ирыԥхьаӡоит. Шәышԥазыҟоу шәара ари аныҳәа? [Уазыӡырҩы аҭак.] Ари аброшиура аҟынтә шәара еилышәкаауеит Хеллоуин ихәашьу ахыҵхырҭа».