Амаҵзуразы ихәарҭоу арубрика
1. Иарбан ҩ-хықәкыку арубрика «Библиатә темак алацәажәара» иамоу?
1 Аамҭа-аамҭала аларҵәаразы аброшиурақәа рҿы арубрика «Библиатә темак алацәажәара» аҿы ианылоит астатиақәа. Уи арубрика иамоуп ҩ-хықәкык: абиблиатә ҵарақәа еиҳа интересны ишаарԥштәу, насгьы иалкаау темак ҳаҭырбарала ишалацәажәатәу аарԥшра (1 Пиот. 3:15). Излаҳахәарҭоузеи ари арубрика аҟынтәи астатиақәа?
2. Ишԥаҳалшо амаҵзураҿы ари арубрика ҳхы иаҳархәар?
2 Амаҵзураҿы шәхы иашәырхәала. Шәара ари арубрика аҟынтә астатиа зну аброшиурақәа ԥыҭк шәҵәахыр шәылшоит. Аԥшәма, аинтерес змоу ауаҩы, ма Абиблиа зҵо ауаҩы ари арубрикаҿы еилыргаз азҵаара, ма ажәаҿархьра ҟаиҵозар, иақәнагоу астатиа зну аброшиура изааншәыжь, насгьы идышәгал еицеилшәыргарц. Шәара ари аброшиура шәымамзар, аматериал ҭыжәгар шәылшоит асаит jw.org аҟынтә.
3. Ишԥеилыргатәу ари арубрика аҟынтә астатиа?
3 Ишԥеилыргатәу ари арубрика аҟынтә астатиа? Шьоукы ирыӡбоит астатиа рыбжьы рдуны еицаԥхьарц: изацәажәо ауаҩы аԥшәма иажәақәа дрыԥхьалар илшоит, ажәабжьҳәаҩ — Ашаҳаҭ иажәақәа. Ус иҟоу азнеишьа лассы-лассы алҵшәа аанагоит, усҟан ауаҩы ҳагәрахаҵара атәы ҭынч еиликаар илшоит (Ҩынтә. 32:2).
4. Ишԥаҳалшо арҭ астатиақәа ҳхы иаҳархәарц аҵара ахьаҳҵо?
4 Аҵара шәҵала, егьырҭгьы идшәырҵала. Арҭ астатиақәа шәанрыԥхьо, шәрызхьаԥшла Аҩыра аҭыԥқәа, аҿырԥшқәеи азхәыцшьеи, насгьы аматериал шанҵоу. Нас ари азнеишьа амаҵзураҿы шәхы иашәырхәарц шәҽазышәшәа (Ажәам. 1:5; 9:9). Ҳаҳәшьак ус лҳәоит: «Арҭ астатиақәа санрыԥхьо, сара „инаӡоу“ аҩыза-апионер — есымша иҳәатәу, насгьы ианҳәатәу здыруа иҿы аҵара сҵозшәа збоит!»
5. Ишԥарыцхраатәу Абиблиа зҵо ауаа амаҵзура аҽазыҟаҵара?
5 Убри адагьы, Абиблиа зҵо ауаа ажәабжьҳәара аҽазыҟаҵара шәрыцхраарц, астатиақәа шәхы иашәырхәар ауеит. Астатиа шәеицаԥхьа, уиҳәа Абиблиа зҵо ажәабжьҳәаҩ иажәақәа дрыԥхьарц. Абас иара иҵоит ҳаҭырбарала игәрахаҵара алацәажәара (Кәал. 4:6). Ари арубрика — Иегова «ишаҭәоу еиԥш» ҳмаҵзура анагӡара дызлаҳацхраауа амыругақәа ируакуп (2 Тим. 4:5).