1914 шықәса иазкны ҳхәаԥшышьа деилҳаркаауеит
Абиблиа ҳаанаԥхьоит еснагь «аҭак аҟаҵара» ҳазхиазарц, «ҳаҭырла, аамысҭашәала» (1 Пиот. 3:15). Аха ҳара иаҳзымариамзар ауеит иҵаулоу абиблиатә ҵабыргқәа рҭак аҟаҵара, иаҳҳәап Аҳра 1914 шықәса инаркны анапхгара аҟаҵара ишалагаз иазкны. Ҳара цхыраагӡас иҳамоуп иҭыҵыз ҩ-статиак, «Абиблиа иазку атема алацәажәара. Ианбалагеи Анцәа Иаҳра анапхгара?» захьӡу. Арҭ астатиақәа ҳаԥшаар ҳалшоит октиабри ноиабри рзы ирыдаагало аброшиурақәа рҿы. Арҭ астатиақәа уанрыԥхьо, урызхәыц иаагоу азҵаарақәа астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу Кирилл зыхьӡу ажәабжьҳәаҩ ихы ишаирхәоз.
Дышԥаирҽхәеи Кирилл...
...иацәажәоз ауаҩы, анаҩстәи аицәажәара ашьаҭа азышьҭаҵаразы? (Аус. 17:22).
Ишԥааирԥши аҭынчра, игәрахаҵара анеиҭеиҳәоз? (Аус. 14:15).
Избан изхәарҭоу иара...
...аамҭа-аамҭала аихшьала ахьыҟаиҵоз, даҽа зхәыцрак ахь диасаанӡа?
...зны-зынла ааҭгыларақәа ахьыҟаиҵоз, насгьы ауаҩы зегь еиликаауама ҳәа дахьиазҵаауаз?
...зныкала ирацәаны аинформациа ахьеилимыргоз? (Иоан. 16:12)
Шаҟа аџьшьара ааҳарԥшлар акәзеи «Ҳамҩақәҵаҩ Ду» Иегова иахь, иҵаулоу аҵабырг адырра ӷәӷәала изҭаху реилыркаашьа ахьҳирҵо азы! (Ис. 30:20).