АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа»
Иегова иорганизациаҿы аҿар рзы иҟоу алшарақәа рацәоуп. Уахәаԥш авидеоролик «Иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа» асаит jw.org аҟынтә (АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА > АХБЫЏҚӘА), насгьы еилкаа Кемерон ҟәыӷарыла лқәыԥшра лхы ишалырхәаз. Анаҩс ҵаҟа иаагоу азҵаарақәа рҭак ҟаҵа.
Ихадази еснагь Кемерон лыԥсҭазаараҿы?
Ианбалыӡбеи, насгьы ишԥалыӡбеи лмаҵзура арҭбаара?
Лыҽшԥазыҟалҵеи лара ацхыраара ахьаҭаху даҽа тәылак аҿы амаҵ аура?
Иарбан уадаҩрақәоу Кемерон дзықәшәаз атәыла хараҿы амаҵ анылуаз?
Избан изхәарҭоу Иегова имаҵ аура ахаан амаҵ ахьаҳамуц атәылаҿы?
Иарбан зылԥхарақәоу Кемерон илоуз?
Избан Иегова имаҵ аура иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа закәу?
Иарбан лшарақәоу иара убас Иегова иорганизациаҿы аҿар ирымоу?