Ҳрыцхраауеит рыгәрахаҵараҿы иӷәӷәахарц
Уеигәырӷьаратә иҟоуп Иегова аҭагалара аус азылԥхара шаиҭо, насгьы есышықәса 250 нызқьҩык инареиҳаны аӡы рҽахьӡаархуа (Ҩынтә. 28:2). Зны-зынла иҟалалоит Абиблиа зҵо ауаҩы аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь, ажәабжьҳәаҩ уи данаанижьуа, иаамҭа даҽа шьоукы ирзикырц азы. Мамзаргьы зыҽӡаазхыз ихаҭа аҵара даҟәыҵуеит ирацәаны ажәабжьҳәара иҽалаирхәырц. Аха даараӡа ихадоуп Абиблиа зҵо аиашараҿы рҽышьақәдырӷәӷәарц. Дара ирыхәҭоуп Христос иҿы рдац-ԥашә, насгьы рыгәрахаҵара дырӷәӷәар (Кәал. 2:6, 7; 2 Тим. 3:12). Убри аҟынтә ауаҩы аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь, ажәабжьҳәаҩ арҵара ациҵар ихәҭоуп ашәҟәқәа «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», насгьы «Анцәа ибзиабара» рыла. (Шәахәаԥш «Ҳаҳратә маҵзура» апрель 2011 шықәса, адаҟьа 2.)