Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Алагамҭа шырхиатәу
Уи зхадоу. Иҟаҳҵо алагамҭа ауаҩы аинтерес изцәырнамгозар, ацәажәара ҿахиҵәар ауеит, усҟан шаҳаҭра ҳазиҭаӡом. Убри аҟынтә алагамҭа — ари адгалараҿы зегь раасҭа ихадоу хәҭоуп. Адгаларақәа рыхкқәа «Ҳаҳратә маҵзураҿы», насгьы ашәҟәы «Аицәажәара» аҟны иаагоуп, аха урҭ рылагамҭақәа еснагь ихарҭәааны иҟам, уи ганкахьала ахақәиҭра ҳнаҭоит. Адгалара ахы инаркны аҵыхәанӡа иаагазаргьы, ажәабжьҳәаҩцәа уи рыԥсахыр ма рхала ирхәыцыр рылшоит. Убас ала ҳара ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамазаауеит, ауаҩы ашә анааиртуа раԥхьа ҳхаҿы иааиуа акәымкәа, ишахәҭоу еиԥш алагамҭақәа ҳархиозар (Ажәам. 15:28).
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аҭаацәаратә мҵахырхәараан ирхиа, насгьы еиҭаҳәа алагамҭа.
Ажәабжьҳәараҿы иуҳәараны уҟоу иуцу уҩыза изеиҭаҳәа (Ажәам. 27:17). Иҟауҵаз алагамҭа алҵшәа амоузар, иԥсах.