Аицәажәара шәалагала «Анцәа Иажәа раԥхьатәи абадырра» захьӡу аброшиура ацхыраарала
1. Иарбан мыругоу ажәабжьҳәаразы ҳара иҳауз?
1 Арегионалтә конгресс «Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа Иаҳра шәашьҭаз!» захьӡыз аҿы ирылаҳәан ишҭыжьыз аброшиура «Анцәа Иажәа раԥхьатәи абадырра» (аурыс). Ишԥаҳалшо ҳара ари амыруга ҿыц ахархәара, ажәабжьҳәаразы адгаларақәа ҳҽанырзыҟаҳҵо? Уаҟа Аҩыра аҟынтә ажәеинраалақәа еиқәыршәоуп еиуеиԥшым абиблиатә темақәа рыла, ашәҟәы «Аицәажәара» (аурыс) аҟны еиԥш, убри азы уи ацхыраарала аицәажәара ҳалагар ҳалшоит.
2. Ишԥаҳалшо аброшиура «Анцәа Иажәа раԥхьатәи абадырра» ажәабжьҳәараҿы ахархәара?
2 Иаҳҳәап, азҵаара 8 алхны, иаҳҳәар ҳалшоит: «Ҳара иааркьаҿны ҳалацәажәоит аӡәырҩы зызхәыцуа азҵаара: „Ихароума Анцәа ауаа ахьгәаҟуа?“ [Зны-зынла еиӷьуп ҳзацәажәо азҵаара ахьану иҳарбар.] Шәгәы ишԥаанаго? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиаҿы иануп уи азҵаара аҭак». Абиблиа аҟынтә уаԥхьа, ма уахцәажәа уа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Узацәажәо ауаҩы аинтерес ааирԥшуазар, ирба аброшиура аҵакы аҟны иану 20 зҵаара, нас уиазҵаа, иарбан зҵаароу зҭак иоур иҭаху даҽазны шәанеиқәшәо. Мамзаргьы уара идугалар улшоит шәызлацәажәаз атема еиҳа инарҭбааны иахьеилыргоу арҵагацхыраагӡа.
3. Ишԥаҳацхраауеи аброшиура «Анцәа Иажәа раԥхьатәи абадырра» ақьырсианра ахьныҟәрымго аҭыԥқәа рҿы ауаа рацәажәара алагара?
3 Азҵаарақәа 4, 13—17 еиҳараӡак иҳахәоит ақьырсианра ахьныҟәрымго аҭыԥқәа рҿы ажәабжь анаҳҳәо. Иаҳҳәап, азҵаара 17 аҟынтә аинформациа ҳхы ианаҳархәо, иаҳҳәар ҳалшоит: «Иахьа ҳара ҳалацәажәоит аҭаацәаратә ԥсҭазаара. Шәақәшаҳаҭума шәара ҳаамҭазы аҭаацәарақәа ауадаҩрақәа ишрықәшәо? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абар аӡәырҩы аҭаацәарақәа ирыцхраауа алабжьара: „Аԥҳәыс лхаҵа ӷәӷәала пату иқәылҵалароуп“ (Ефес. 5:33, АдҾ). [Арҭ ажәақәа Ефесаа рахь 5:33 аҟынтә ишааго умҳәар улшоит. Аԥҳәыс улацәажәозар иуҳәар улшоит Ефесаа рахь 5:28 иану.] Шәгәы ишԥаанаго, иарӷәӷәар алшома аҭаацәалазаара ари алабжьара ахархәара?»
4. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара, ақьырсианра ныҟәзымго ауаҩы иацәажәара ҳаналго?
4 Аицәажәара шәаналгалак, даҽазны шәанеиқәшәаша еибышәҳәа. Иаҳҳәап, еилшәыргар шәылшоит шәызлацәажәаз азҵаара аҟынтә даҽа жәеинраалак. Иаамҭоуп ҳәа иануԥхьаӡо, узацәажәо иеилыркаа арҭ иҟәыӷоу азхәыцрақәа Абиблиа аҟынтә ишаагоу. Узацәажәо ауаҩы Абиблиа дшазыҟоу, иара убас уаанӡатәи шәеицәажәара уазхәыцны, уара угәаанагарала, иара аинтерес изцәырызго апубликациа идгал. (Уахә. 2013 шықәса декабр мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура» агәылаҵа.)